Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Ахәаша, сентиабр 26

Ашьжьымҭан... [Иисус] аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥ ахь дцан, Анцәа иҳәара далагеит (Марк 1:35).

Иисус Анцәа ишиҳәалатәу аҿырԥшы иҵаҩцәа ирзынижьит. Иара адгьыл аҿы амаҵ аниуаз лассы-лассы Иегова диҳәон. Уи азы аамҭа алихлар акәын, избанзар иааигәара есымша ауаа рацәан, ихазы минуҭк анимамызгьы ыҟан (Марк 6:31, 45, 46). Иисус ҭынч Анцәа диҳәарц азы шьыжьымҭан шаанӡа дгылон. Ҳара иаҳдыруеит зны иара ихадоу аӡбара идикыларц азы аухантәарак Анцәа дышиҳәоз (Лука 6:12, 13). Иԥсра уахык шагызгьы иара зныкымкәа Анцәа диҳәон, избанзар адгьыл аҿы дыҟанаҵы ихигахьаз аԥышәарақәа рҟынтә зегь раасҭа иуадаҩыз аԥышәара ихигар акәын (Матф. 26:39, 42, 44). Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵоит егьа аус ҳамазаргьы, Анцәа иҳәаразы аамҭа алаҳхлар шҳахәҭоу. Иҟалап уи азы ҳаграфик аҿы аамҭа алхтәхар. Иаҳҳәап, еиҳа заа ҳгылалар ҳалшоит, мамзаргьы абжьааԥны еиԥш акәымкәа, ҳацәара аамҭа маҷк инаскьаҳгар ҳалшоит. Убас Иегова иҳарбоит иҷыдоу уи аҳамҭа ахә ҳаракны ишаҳшьо. w23.05 3, абз. 4, 5

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, сентиабр 27

Анцәа иԥшьоу идоуҳала бзиа ҳшибо ааирԥшуеит (Рим. 5:5).

Шәрызхәыц «бзиа ҳшибо ааирԥшуеит» ҳәа хыхь иаагоу ажәеинраалаҿы иҳәоу ажәақәа. Абар еилыркаагатә усумҭак аҿы уи ишахцәажәо: иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа рыгәқәа рахь абзиабара «арҩаш еиԥш идәықәлеит». Шаҟа ибзианы иаадырԥшуазеи арҭ ажәақәа Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа абык иаҳасабала бзиа ишибо! Дара Анцәа бзиа ишибо рдыруеит (Иуда 1). Абар апостол Иоанн урҭ рцәаныррақәа дышрыхцәажәаз: «Шәахәаԥш Ҳаб ибзиабара ҳара ҳахь шаҟа иӷәӷәоу — иара ихәыҷқәа ҳакәны ҳҟалартә алшара ҳаиҭеит» (1 Иоанн 3:1). Аха Иегова иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа мацара роума бзиа иибо? Мап. Ҳара зегьы бзиа ҳшибо ҳаилзыркаауа ашьақәырӷәӷәарақәа ҳамоуп. Зегь раасҭа ишьақәзырӷәӷәои Анцәа бзиа ҳшибо? Аҿыхра. Уи еиҳау акрыҟоума? (Иоанн 3:16; Рим. 5:8). w24.01 28, абз. 9, 10

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Амҽыша, сентиабр 28

Ацхырааразы сануҳәалак, саӷацәа бналоит. Агәра ганы сыҟоуп: Анцәа сара дсыдгылоуп (Аԥсал. 56:9).

Хыхь иаагоу ажәеинраала иаҳнарбоит Давид ашәара аиааира ицхраауаз. Иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, Иегова аԥхьаҟа иара изы иҟаиҵо дазхәыцуан. Давид идыруан ианаамҭоу Иегова дшеиқәирхо, избанзар иара Израиль анаҩстәи аҳас дшалихыз иҳәахьан (1 Сам. 16:1, 13). Давид агәра ганы дыҟан: Иегова ак иҳәазар, уи намӡакәа инхаӡом. Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова ҳара зегьы? Иара ауадаҩрақәа зегь ҳарцәихьчалоит ҳәа ҳазыԥшӡам. Аха ҳара иаҳдыруеит, адунеи ҿыц аҿы Иегова иахьа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь шықәиго (Ис. 25:7—9). Ҳазшаз амч имоуп иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы, ҳчымазарақәа рҟынтә ҳахәышәтәразы, аемоциатә чымазарақәагьы уахь иналаҵаны, насгьы ҳаӷацәа рықәгаразы (1 Иоанн 4:4). w24.01 6, абз. 12, 13

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра