Алевит
23 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас раҳә: „Ажәлар ирылашәҳәараны иҟоу есышықәсатәи Иегова иныҳәақәа иԥшьоу еизарақәоуп. Абар есышықәсатәи сныҳәақәа.
3 Фымш аус жәулар шәылшоит, абыжьбатәи амш сабшоуп, аԥсшьара иазку мшуп, иԥшьоу еизароуп. Уи аҽны шәусқәа зегь шәырҟәаҵроуп. Уи Иегова изку сабшоуп. Шәахьынхозаалакгьы ари азакәан шәықәныҟәала.
4 Абар есышықәса иазгәашәҭалаша Иегова изку аныҳәақәа, иԥшьоу аизарақәа. Шәара урҭ ирзалху аамҭазы ажәлар ирылашәҳәалароуп. 5 Актәи амза ажәиԥшьтәи амш азы, аилашәшәымҭаз*, Иегова изку Мшаԥныҳәоуп.
6 Уи амза ажәохәтәи амш Иегова изку Арҵәыга злам ача аныҳәа ауп. Бжьымш арҵәыга злам ача шәфала. 7 Актәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц азы шәеизоит, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом. 8 Бжьымш Иегова ирбылуа акәырбан изнажәгала. Абыжьбатәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц шәеизоит, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом“».
9 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 10 «Израильаа абас сызраҳә: „Ишәысҭо адгьыл ахь шәаннеилак, уа аҽаҩра анҭажәгало, раԥхьатәи аҿаҳәара аԥшьаҩы изнажәг. 11 Иара уи аҿаҳәара Иегова иҿаԥхьа иҟьоит, Анцәа дышәзыразхарц азы. Аԥшьаҩы уи иҟьароуп асабша иашьҭанеиуа амш азы. 12 Аҿаҳәара аниҟьо амш аҽны шықәсык еиҳам гра змам аҭыӷь ирбылуа кәырбанс Иегова изнажәг. 13 Уи иадкыланы кәырбанс ача нажәгароуп, ахәша злаҭәоу игәӡаны илагоу ачашыла ҩ-е́фак ажәабатәи ахәҭа*, уи амца иақәҵаны ирбылуа Иегова изнарго кәырбанҵас инажәгароуп. Уи Анцәа игәы иахәо* фҩуп. Иара убас уи иадкыланы гинк аԥшьбатәи ахәҭа* аҩы кәырбанс инагатәуп. 14 Шәынцәа акәырбан изнажәгаанӡа арыц ҿа шәфар ҟалаӡом, ишаӡоу акәзаргьы, иӡны акәзаргьы, ача алхны акәзаргьы. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәахьынхозаалакгьы шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп.
15 Аҿаҳәара ирҟьо кәырбанҵас ианнажәгалак ашьҭахь, асабша иашьҭанеиуа амш ашьҭахь, быжь-сабшак, бжьымчыбжьа шәыԥхьаӡа. 16 Абыжьбатәи асабша иашьҭанеиуа амш аҟынӡа 50 мшы шәыԥхьаӡа, уи амш азы Иегова ача ҿа кәырбанс изнажәг. 17 Шәынхарҭа ҭыԥқәа рҟынтә ирҟьо кәырбанҵас ҩ-чак нажәг. Урҭ игәӡаны илагоу ачашыла ҩ-е́фак ажәабатәи ахәҭа иалхны иӡтәуп. Уи Иегова изнарго раԥхьатәи аҽаҩра еиԥш арҵәыга аҭаны иҟаҵазароуп. 18 Уи ача иадкыланы инажәг шықәсык зхыҵуа гра змам быжь-сыски, цәҵыски, ҩ-ҭыӷьки. Урҭ кәырбанс инарго ачеи аҩи ирыдкыланы инагатәу, Иегова изы ирбылуа, амца иақәҵаны ирбылуа, Иегова игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбанхоит. 19 Иара убас агәнаҳазы кәырбанс баӷь ҿак нажәг, аҭынчратә кәырбанс — шықәсык зхыҵуа ҩ-сыск. 20 Аԥшьаҩы асарақәеи раԥхьатәи аҽаҩра иалху ачеи Иегова иҿаԥхьа ирҟьо кәырбанҵас инеигоит. Уи Иегова изы даараӡа иԥшьоу ак акәхоит, аԥшьаҩгьы итәхоит. 21 Уи амш азы ажәлар еизыжәга, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәахьынхозаалакгьы шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп.
22 Шәымхаҿы аҽаҩра анҭажәгалало, амхы аҵыхәанӡа иҭашәымгалан, аҽаҩра анҭажәгалалак ашьҭахь ишәцәынхазгьы еизышәымгалан. Уи аӷарцәеи атәымтәылауааи рзы иааншәыжь. Сара Шәынцәа Иегова соуп“».
23 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 24 «Израильаа абас раҳә: „Абыжьбатәи амза актәи амш азы шәусқәа зегь шәырҟәаҵроуп, уи аԥсшьара иазку мшхоит. Уи аҽны абыкь шәасла, уи амш Анцәа шәимҵахырхәаларц азы шәанеизо иԥшьоу амш шакәу шәхамышҭларц азы. 25 Уи аҽны аус хьанҭақәа рынагӡара ҟалаӡом. Шәара Иегова амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан изнажәгароуп“».
26 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 27 «Абыжьбатәи амза ажәабатәи амш азы Агәнаҳақәа рхыхра амш азгәашәҭала. Уи аҽны Анцәа шәимҵахырхәарц азы шәеиза, уи иԥшьоу еизарахоит. Шәыгәнаҳақәагьы шәгәы шышәдырхьуа аашәырԥшла*, насгьы Иегова ирбылуа акәырбан изнажәгала. 28 Уи аҽны шәусқәа зегь шәырҟәаҵроуп, избанзар уи агәнаҳақәа рхыхра иамшуп, Шәынцәа Иегова иҿаԥхьа шәыгәнаҳақәа анышәхыхтәу мшуп. 29 Уи амш азы аӡәы игәнаҳақәа игәы шидырхьуа ааимырԥшыр*, дышьтәуп. 30 Сара уи аҽны аус зуз дысшьуеит. 31 Уи аҽны аусура ҟалаӡом. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 32 Уи сабшоуп, аԥсшьара иазку мшуп. Амза ажәбатәи амш азы ахәылбыҽха шәыгәнаҳақәа шәгәы шышәдырхьуа аашәырԥшы. Ахәылбыҽха инаркны иааиуа хәылбыҽханӡа асабша азгәашәҭала».
33 Анаҩс Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 34 «Израильаа абас сызраҳә: „Абыжьбатәи амза ажәохәтәи амш азы Иегова изку Ақьалақәа рныҳәа алагоит. Уи бжьымш иазгәашәҭалоит. 35 Актәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц шәеизоит, уи иԥшьоу еизарахоит. Уи амш азы аус хьанҭа анагӡара ҟалаӡом. 36 Бжьымш Иегова амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан изнажәгала. Аабатәи амш азы Анцәа шәимҵахырхәарц шәеизоит, уи иԥшьоу еизарахоит, уи амш азгьы Иегова амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан изнажәгароуп. Уи иҷыдоу еизарахоит. Уи амш азы аус хьанҭа анагӡара ҟалаӡом.
37 Ари есышықәса иазгәашәҭалаша, иԥшьоу еизарақәаны ажәлар ирылашәҳәалаша Иегова изку ныҳәақәоуп. Урҭ аныҳәақәа раан шәара Иегова амца иақәҵаны ирбылуа акәырбан изнажәгалароуп: ирбылуа акәырбани, кәырбанс инарго ачеи аҩи, амш иазалху акәырбан зеиԥшроу еиԥш. 38 Урҭ акәырбанқәа нажәгалароуп Иегова изку асабша мшқәа рзы инажәгало акәырбанқәеи, ҳамҭас инажәгало акәырбанқәеи, Анцәа ажәа ахьишәҭаз азы инажәгало акәырбанқәеи, хатәгәаԥхарала Иегова изнажәгало акәырбанқәеи инарыцҵаны. 39 Абыжьбатәи амза ажәохәтәи амш азы аҽаҩра анҭажәгалалак ашьҭахь бжьымш Иегова изку аныҳәа азгәашәҭала. Актәи амш — аԥсшьара иазку мшхоит, аабатәи амшгьы — аԥсшьара иазку мшхоит. 40 Актәи амш азы иреиӷьу ашәырҵлақәа ршәыри, апальмақәа рымахәҭақәеи, абыӷьқәа змоу аҵлақәа рымахәҭақәеи, арха изызҳауа аӷшҵлақәа* рымахәҭақәеи аашьҭыхны, бжьымш Шәынцәа Иегова иҿаԥхьа шәгәырӷьала. 41 Иегова изку ари аныҳәа есышықәса иазгәашәҭала. Уи абыжьбатәи амзазы бжьымш иазгәашәҭала. Ари ишәхылҵуа абиԥарақәеи шәареи шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟароуп. 42 Бжьымш ақьалақәа рҿы шәынхала. Израильаа зегьы ақьалақәа рҿы инхалароуп, 43 ишәхылҵуа ирдыруазарц израильаа Египет ианалызгоз, ақьалақәа рҿы ишынсырхаз. Сара Шәынцәа Иегова соуп“».
44 Моисеи израильаа есышықәса иазгәарҭалаша Иегова изку аныҳәақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит.