ИИУЛЬ 28 — АВГУСТ 3
АЖӘАМААНАҚӘА 24
Ашәа 38, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Иуадаҩу аамҭақәа шәҽырзыҟашәҵа
(10 мин.)
Ишәымоу адыррақәа еизшәырҳала, шәҟәыӷара иацышәҵала (Ажәм 24:5; it-2-U 473, абз. 5).
Иуадаҩу аамҭақәа раан шәгәы каҳазар, Анцәа иҳәареи, Абиблиа аԥхьареи, аизарақәа рҭаареи шәаҟәымҵын (Ажәм 24:10; w09-U 15/12 18, абз. 12, 13).
Ахаҵара ӷәӷәеи Иегова иахь абзиабареи ауадаҩрақәа зегь рыхгара ишәыцхраауеит (Ажәм 24:16; w20.12 15, абз. 1, 2, 8).
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Ажәм 24:27. Ҵакыс иамоузеи ари ажәамаана? (w09-U 15/10 12, абз. 5—7).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Лк 2:21—35 (th аурок 11).
4. Ацәажәара шәалага
(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҟынтә зхәыцрак изеиҭаҳәара уахьӡаанӡа аицәажәара хиркәшоит (lmd аурок 2, апункт 4).
5. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 3, апункт 4).
6. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы абиблиатә курс аӡбахә изеиҭаҳәа, насгьы уи акурс ахь ухьазырԥшуа абӷьыц иҭ (lmd аурок 4, апункт 3).
7. Ажәахә
(3 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 11. Атема: «Анцәа ҳара ҳзы акрызҵазкуа аацҳара имоуп» (th аурок 6).
Ашәа 99
8. Иуадаҩу аамҭақәа раан шәеицхыраала
(15 мин.). Ахцәажәара.
Ақьырсианцәа аепидемиақәеи, аԥсабаратә рыцҳарақәеи, атәылаҿы аилаҩынтрақәеи, аибашьрақәеи, ашьҭашәарыцарақәеи ианрықәшәо дара-дара еицхыраауеит. Урҭ ауадаҩрақәа хаҭала иаҳкьымсзаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи хьаас иҳамоуп, ҳрыцхраарц азгьы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит (1Кр 12:25, 26).
Аӡырҩцәа 1 Аҳцәа 13:6, насгьы Иаков 5:16б иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:
Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Анцәа ҳаниҳәо, уи амч ду замоу?
Аӡырҩцәа Марк 12:42—44, насгьы 2 Коринфаа 8:1—4 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:
Избан хатәгәаԥхарала иалаҳҵо аԥара зхадоу, ацхыраара зҭаху аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхрааразы ирацәаны аԥара ҳзаламҵозаргьы?
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ашьҭашәарыцарақәа раан аишьцәа ргәы ҳарӷәӷәоит». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Ишԥаадырԥшуаз аишьцәа ахамеигӡара, Мрагыларатәи Европа инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраарц азы, уа Иегова ишаҳаҭцәа рус мап анацәкыз?
Ишԥақәныҟәоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ашьҭашәарыцарақәа раан аизарақәа ааншәмыжьлан, шәыгәқәа шьҭибахла ҳәа Абиблиа иану? (Аур 10:24, 25).
9. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) lfb аурокқәа 4, 5