Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Алагамҭа 36
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Алагамҭа. Ахҳәаа

      • Исав ихылҵшьҭра (1—30)

      • Едомтәи аҳцәеи абиԥарақәа рхадацәеи (31—43)

Алагамҭа 36:7

Албаагақәа

  • *

    Ма «атәымтәылауаа реиԥш инхон».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
  • 37
  • 38
  • 39
  • 40
  • 41
  • 42
  • 43
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Алагамҭа 36:1–43

Алагамҭа

36 Абар Иса́в, даҽакала иуҳәозар, Едо́м, ихылҵқәаз.

2 Иса́в Ханаа́н иатәыз абарҭ аҳәсақәа игеит: ахе́тт Ело́н иԥҳа А́деи ахиве́и Цивео́н имоҭа, А́на иԥҳа Оливе́меи, 3 Наваио́ф иаҳәшьа, Измаил иԥҳа Басема́ти.

4 А́да Иса́в иҟынтә Елифа́з длоуит, Басема́т Рагуи́л длоуит,

5 Оливе́ма илоуит Иеу́ш, Иала́м, Коре́и.

Арҭ Иса́в Ханаа́н иоуз иԥацәа роуп. 6 Нас Иса́в иҳәсеи, иԥацәеи, иԥҳацәеи, иҩнаҭа иатәызи, ирахә-ишәахәи, егьырҭ аԥстәқәеи, Ханаа́н еидикылаз имазара зегьы аашьҭихын, иашьа Иаков иҟынтә даҽа дгьылк ахь дцеит. 7 Дара уаҳа изеицынхаӡомызт, избанзар рмазара мыцхәы идухеит. Рырахә-рышәахә рацәахеит азы, иахьынхоз адгьыл рзымхо иалагеит*. 8 Иса́в Сеи́р ашьхақәа рҿы анхара далагеит. Иса́в иара убас Едо́м ихьӡын.

9 Абар Сеи́р ашьхақәа рҿы инхақәоз едо́маа раб Иса́в ихылҵқәаз.

10 Абар Иса́в иԥацәа ирыхьӡыз: Иса́в иԥҳәыс А́да лԥа Елифа́з; Иса́в иԥҳәыс Басема́т лԥа Рагуи́л.

11 Елифа́з иԥацәа: Тема́н, Ома́р, Це́фо, Гата́м, Кена́з. 12 Ти́мна Иса́в иԥа Елифа́з иҳәса руаӡәк лакәын. Лара Елифа́з иҟынтә Амали́к длоуит. Арҭ Иса́в иԥҳәыс А́да лԥацәа роуп.

13 Рагуи́л иԥацәа: Наха́т, Зера́х, Ша́мма, Ми́за. Арҭ Иса́в иԥҳәыс Басема́т лԥацәа роуп.

14 Абар Иса́в иԥҳәыс Оливе́ма, А́на иԥҳа, Цивео́н имоҭа, Иса́в иҟынтә илхылҵқәаз: Иеу́ш, Иала́м, Коре́и.

15 Абар Иса́в ихылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа: Иса́в иԥеиҳаб Елифа́з иԥацәа: Тема́н, Ома́р, Це́фо, Кена́з, 16 Коре́и, Гата́м, Амали́к. Арҭ Едо́м адгьыл аҿы Елифа́з ихылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа роуп. Арҭ А́да лԥацәа роуп.

17 Иса́в иԥа Рагуи́л иԥацәа: Наха́т, Зера́х, Ша́мма, Ми́за. Арҭ Едо́м адгьыл аҿы Рагуи́л ихылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа роуп. Арҭ Иса́в иԥҳәыс Басема́т лԥацәа роуп.

18 Иса́в иԥҳәыс Оливе́ма лԥацәа: Иеу́ш, Иала́м, Коре́и. Арҭ Иса́в иԥҳәыс, А́на иԥҳа Оливе́ма илхылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа роуп.

19 Арҭ Иса́в, даҽакала иуҳәозар, Едо́м, иԥацәа роуп, ихылҵқәаз абиԥарақәа рхадацәа.

20 Абар уи адгьыл аҿы инхақәоз ахорре́и Сеи́р иԥацәа: Лота́н, Шова́л, Цивео́н, А́на, 21 Дишо́н, Еце́р, Диша́н. Арҭ едомтәи адгьыл аҿы инхақәоз Сеи́р иԥацәа, хорре́иаа, рабиԥарақәа рхадацәа роуп.

22 Лота́н иԥацәа: Хо́ри, Гема́н; Ти́мна Лота́н иаҳәшьа лакәын.

23 Шова́л иԥацәа: Алва́н, Манаха́т, Гева́л, Ше́фо, Она́м.

24 Цивео́н иԥацәа: А́иа, А́на. Ари А́на ацәҳәыраҿы аӡырԥха ахьыҵыҵуаз зыԥшааз иоуп. Усҟан иара иаб Цивео́н иҽадақәа дрыцын.

25 А́на ихәыҷқәа: иԥа Дишо́н, иԥҳа Оливе́ма.

26 Дишо́н иԥацәа: Хемда́н, Ешба́н, Ифра́н, Хера́н.

27 Еце́р иԥацәа: Билга́н, Заава́н, Ака́н.

28 Диша́н иԥацәа: Уц, Ара́н.

29 Абар хорре́иаа рабиԥарақәа рхадацәа: Лота́н, Шова́л, Цивео́н, А́на, 30 Дишо́н, Еце́р, Диша́н. Арҭ Сеи́р адгьыл аҿы инхоз хорре́иаа рабиԥарақәа рхадацәа роуп.

31 Абар едомтәи адгьыл аҿы иҟаз аҳцәа. Уи аамҭазы израильаа аҳцәа рмоуӡацызт. 32 Едо́м аҳас дыҟан Бео́р иԥа Бе́ла, иқалақь Динха́ва ахьӡын. 33 Бе́ла данԥсы, ихаҭыԥан Бо́цра иатәыз Зера́х иԥа Иова́в аҳас дҟалеит. 34 Иова́в данԥсы, ихаҭыԥан тема́наа рыдгьыл иатәыз Хуша́м аҳас дҟалеит. 35 Хуша́м данԥсы, ихаҭыԥан моавтәи адгьыл аҿы мадиа́наа ириааиз Беда́д иԥа Хада́д аҳас дҟалеит, иқалақь Ави́т ахьӡын. 36 Хада́д данԥсы, ихаҭыԥан Масре́ка иатәыз Са́мла аҳас дҟалеит. 37 Са́мла данԥсы, ихаҭыԥан аӡиас азааигәара иҟаз Рехово́т иатәыз Сау́л аҳас дҟалеит. 38 Сау́л данԥсы, ихаҭыԥан Ахбо́р иԥа Ваа́л-Хана́н аҳас дҟалеит. 39 Ахбо́р иԥа Ваа́л-Хана́н данԥсы, ихаҭыԥан Хада́р аҳас дҟалеит. Иара иқалақь Па́у ахьӡын, иԥҳәыс Мегетаве́ль лыхьӡын. Лара Матре́д диԥҳан, Мезага́в имоҭа лакәын.

40 Абар Иса́в ихылҵқәаз рабиԥарақәа рхадацәа рҭаацәарақәеи иахьынхоз аҭыԥқәеи рыла: Ти́мна, А́лва, Иете́ф, 41 Оливе́ма, Е́ла, Пино́н, 42 Кена́з, Тема́н, Мивца́р, 43 Магдии́л, Ира́м. Арҭ едо́маа рабиԥарақәа рхадацәа роуп, дара иртәыз адгьыл аҿы иахьынхоз аҭыԥқәа рыла. Арҭ едо́маа раб Иса́в ихылҵқәаз роуп.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра