Алевит
20 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: 2 «Израильаа абас сызраҳә: „Израильаа рҟынтә аӡәы ма Израиль инхо атәымтәылауаҩ ихәыҷы Моло́х дииҭар, дышьтәуп. Ажәлар уи ахаҳә дарганы дыршьыроуп. 3 Сара уи ауаҩы сиҿагылоит, дагьысшьуеит, избанзар ихәыҷы Моло́х дииҭеит, иԥшьоу сҭыԥ хәымгеитәит, иԥшьоу сыхьӡгьы ирцәгьеит. 4 Ажәлар уи ауаҩы ихәыҷы Моло́х дахьииҭаз рыла иамбазшәа ҟарҵар, дагьырымшьыр, 5 сара схаҭа уи ауаҩы иҭаацәеи иареи сырҿагылоит, иагьысшьуеит, иара идгыланы Моло́х имҵахырхәозгьы сшьуеит.
6 Аӡәы сара сааныжьны аԥсцәа ирацәажәои аԥшыҩцәеи дрышьҭалар, уи ауаҩ сиҿагылоит, дагьысшьуеит.
7 Шәҽышәыԥшьала, шәыԥшьаз, избанзар сара Шәынцәа Иегова соуп. 8 Сыԥҟарақәа шәрықәныҟәала. Сара шәыԥшьаны шәҟазҵо Иегова соуп.
9 Аӡәы иаб ма иан дишәиир, дышьтәуп. Уи иаб ма иан дишәиит азы иԥсра иара иоуп изхароу.
10 Ахаҵа изааигәоу аӡәы иԥҳәыс длыцышьҭалар, уи аԥҳәысгьы иаргьы шьтәуп. 11 Заб иԥҳәыс илыцышьҭалаз ахаҵа иаб ипату лаирҟәуеит. Урҭ шьтәуп. Рыԥсра дара роуп изхароу. 12 Ахаҵа иҭаца длыцышьҭалар, урҭ шьтәуп. Дара ирықәнагамыз аус ҟарҵеит. Рыԥсра дара роуп изхароу.
13 Ахаҵа аԥҳәыс дышлыцышьҭало еиԥш ахаҵа дицышьҭалар, урҭ рҩыџьагьы ахәымгара ҟарҵеит. Урҭ шьтәуп. Рыԥсра дара роуп изхароу.
14 Ахаҵа аԥҳәысгьы уи лангьы дрыцышьҭалар, уи ламысдароуп*. Иаргьы дбылтәуп, даргьы былтәуп, шәыбжьара аламысдара ыҟамзарц азы.
15 Ахаҵа ԥстәык дазнеир, уи дышьтәуп, аԥстәгьы шьтәуп. 16 Аԥҳәыс аԥстәы дазнеир, аԥҳәысгьы аԥстәгьы шәшьы. Урҭ шьтәуп, рыԥсра дара роуп изхароу.
17 Ахаҵа иаҳәшьа длыцышьҭалар, уи иаб иԥҳа лакәзаргьы, иан лыԥҳа лакәзаргьы, уи хьымӡӷуп. Урҭ ажәлар рыла ишабо ишьтәуп. Иара иаҳәшьа лыпату лаирҟәит, иҟаиҵаз агәнаҳазы аҭак ҟаиҵароуп.
18 Ахаҵа аԥҳәыс аменструациа анлымоу длыцышьҭалар, иаргьы ларгьы шьтәуп, избанзар ашьа пату ақәрымҵаӡеит, уи дара рзы ишыԥшьам аадырԥшит.
19 Шәан лаҳәшьа ма шәаб иаҳәшьа шәлыцышьҭамлан, уи ала шәыуа гәакьа лыпату лашәырҟәуеит. Ус зхы мҩаԥызго рыгәнаҳазы аҭак ҟарҵароуп. 20 Заб иашьа иԥҳәыс илыцышьҭалаз ахаҵа иаб иашьа ипату лаирҟәуеит. Урҭ рҩыџьагьы рыгәнаҳазы аҭак ҟарҵароуп. Урҭ ахшара рмоуӡакәа иԥсуеит. 21 Ахаҵа иашьа иԥҳәыс длыцышьҭалар, уи хәымгароуп, иара иашьа ипату лаирҟәуеит. Урҭ ахшара роуӡом.
22 Сыԥҟарақәеи сзакәанқәеи зегьы шәрықәныҟәала, шәахьызго адгьыл аҟынтә шәықәсымгарц азы. 23 Наҟ иқәысцо ажәларқәа рҵасқәа рҿышәымҵаан, избанзар дара арҭ аус хәымгақәа зегь ахьыҟарҵоз азоуп изысцәымӷхаз. 24 Убри азоуп абас зшәасҳәаз: ‚Ахши ацхеи меигӡарахда иахьыҟоу урҭ рыдгьыл шәара ишәтәхоит, сара уи шәара ишәысҭоит. Сара ажәларқәа зегь рҟынтә шәалызхыз Шәынцәа Иегова соуп‘. 25 Шәара ицқьоу аԥстәқәеи ицқьам аԥстәқәеи еиҩыжәдыраалароуп, иара убас ицқьам аԥсаатәқәеи ицқьоу аԥсаатәқәеи еиҩыжәдыраалароуп, насгьы ицқьаӡам ҳәа исыԥхьаӡаз аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, егьырҭ ашамҭақәеи* рыла шәыҽхәымгашәымтәлароуп. 26 Шәыԥшьаз сара сзы, избанзар сара, Иегова, сыԥшьоуп, сара шәыстәхарц азгьы егьырҭ ажәларқәа рҟынтә шәалсхуеит.
27 Аԥсцәа срацәажәоит ҳәа зҳәо ауаҩы ма аԥшҩы дышьтәуп, уи дхаҵазаргьы дыԥҳәысзаргьы. Ажәлар урҭ ахаҳә иарганы иршьыроуп. Рыԥсра дара роуп изхароу“».