Алевит
16 Ааро́н иԥацәа ҩыџьа Иегова иахь иахьнеиз иахҟьаны ианԥсы ашьҭахь, Иегова Моисеи диацәажәеит. 2 Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: «Уашьа Ааро́н иаҳә ианааиҭаххалак аиҩкаагатә ԥарда ашьҭахь иҟоу ауада, аковчег ахьгылоу Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ, дыҩналар шыҟамло. Дыҩналар, дыԥсуеит, избанзар сара аковчег ахҩа аханы иҟоу аԥсҭҳәаҿы сыҟазаауеит.
3 Ааро́н Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ ахь дыҩналаанӡа агәнаҳазы кәырбанс ацәҵыс неигааит, ирбылуа кәырбанс — аҭыӷь. 4 Иара иауу ақәны иалху иԥшьоу ахарԥ ишәиҵааит, иара убас ицәеижь хызҩо, ақәны иалху икьаҿу аиқәа* ишьеиҵааит. Ақәны иалху амаҟа имӷеиҵааит, ақәны иалху атиурбангьы ихеиҵааит. Ари иԥшьоу маҭәоуп. Иҽыӡәӡәаны урҭ ишәиҵааит.
5 Иара израильтәи ажәлар агәнаҳазы кәырбанс абаӷь ҿақәа ҩба рымихааит, ирбылуа кәырбанс ҭыӷьк рымихааит.
6 Ааро́н ацәҵыс игәнаҳазы кәырбанс инеигароуп, ихы ҿихырц азы, иҭаацәарагьы ҿихырц азы.
7 Иара ҩ-баӷьык Иегова иҿаԥхьа, аиқәшәара ақьала аҩналарҭаҿы иргылоит. 8 Ааро́н абаӷьқәа рҟынтә Иегова изы иалихуа, насгьы азазе́л* азы иалихуа иӡбарц азы аҵәы ҭеиԥсоит. 9 Ааро́н аҵәы ҭаԥсаны Иегова изы иалихыз абаӷь агәнаҳазы кәырбанс инеигоит. 10 Аҵәы ҭаԥсаны азазе́л азы иалихыз абаӷь аԥсы шҭоу Иегова иҿаԥхьа иргылатәуп, ажәлар рыгәнаҳа рхыххарц, насгьы уи абаӷь азазе́л азы ацәҳәырахь идәықәырҵарц азы.
11 Ааро́н игәнаҳазы кәырбанс инеиго ацә иманы дааины ихгьы ҿихуеит, иҭаацәарагьы ҿихуеит, нас уи ацә ишьуеит.
12 Иара Иегова иҿаԥхьа игылоу акәырбаннагарҭа иақәу ижжаӡа иаку акәицқәа рыла афимиамҭра ирҭәуеит. Нас уи афимиамҭреи игәӡаны иху ҩ-уаԥсҵәык афимиами аашьҭыхны аиҩкаагатә ԥарда ашьҭахь иҟоу ауада, Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ, дыҩналоит. 13 Иара афимиам Иегова иҿаԥхьа амца иақәиҵоит, уи иахылҵуа алҩагьы аиқәшаҳаҭра аковчег ахҩа хнаҩоит, Ааро́н дымԥсырц азы.
14 Иара ацә ашьа аашьҭыхны, инацәкьыс ӡааишьуеит, нас ахҩа аҿаԥхьа, мрагыларахь ала иҟьоит. Иара ашьа иӡааишьыз инацәкьыс ахҩа аҿаԥхьа бжьынтә иҟьоит.
15 Анаҩс ажәлар рыгәнаҳазы инаргаз абаӷь ишьуеит. Нас уи ашьа аиҩкаагатә ԥарда ашьҭахь иҟоу Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ иҩнеигалоит. Иара абаӷь ашьа ацә ашьа еиԥш ахҩа аҿаԥхьа иҟьоит.
16 Ааро́н израильаа ицқьам русқәеи, рыцәгьоурақәеи, рыгәнаҳақәеи аԥшьаҭыԥ иахихуеит. Убасҵәҟьа ҟаиҵароуп зусқәа цқьам ажәлар рыгәҭа иҟоу аиқәшәара ақьала азгьы.
17 Ааро́н агәнаҳақәа рхыхразы Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ даныҩналалак инаркны дыҩныҵаанӡа, аиқәшәара ақьала аӡәгьы дыҩнамлароуп. Иара ихи иҭаацәареи ҿихуеит, иара убас израильтәи ажәлар зегь ҿихуеит.
18 Уи ашьҭахь дыҩныҵны Иегова иҿаԥхьа игылоу акәырбаннагарҭахь днеиуеит, уи агәнаҳа ахихырц азы. Иара ацә ашьеи абаӷь ашьеи аашьҭыхны, акәырбаннагарҭа атәыҩақәа зегьы ирхьишьуеит. 19 Нас инацәкьыс ашьа иӡаашьны, бжьынтә акәырбаннагарҭа иақәирԥҟҟоит, иара уи иԥшьоит, израильаа ицқьам русқәа рҟынтәгьы ирыцқьоит.
20 Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥи, аиқәшәара ақьалеи, акәырбаннагарҭеи агәнаҳа анырхихлак ашьҭахь, иара зыԥсы ҭоу абаӷь ааигоит. 21 Ааро́н инапқәа абаӷь ахы иақәҵаны израильаа рыгхақәеи, рыцәгьоурақәеи, рыгәнаҳақәеи аартны иҳәоит, анаҩс урҭ абаӷь ахы иақәҵаны ацәҳәырахь ишьҭуеит, уи азы иалху ауаҩы ила. 22 Ацәҳәырахь ирышьҭуа абаӷь урҭ рыгәнаҳақәа зегь аманы ицоит.
23 Ааро́н иԥшьоу ақьала дыҩналоит. Иара Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ даныҩналоз ишәиҵаз ақәны цқьа иалху амаҭәа ишәыхны уа иаанижьуеит. 24 Иара иԥшьоу аҭыԥ аҿы иҽыӡәӡәаны имаҭәа ишәиҵоит. Уи ашьҭахь ддәылҵны ирбылуа акәырбан ихазы инеигоит, нас ажәлар рзгьы инеигоит. Убасала ихгьы ҿихуеит, ажәларгьы ҿихуеит. 25 Агәнаҳазы кәырбанс инагаз ашьтәа ашша акәырбаннагарҭаҿы ибылуеит.
26 Азазе́л азы абаӷь ацәҳәырахь изгаз ауаҩы имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп. Уи ашьҭахь алагер ахь дааир илшоит.
27 Агәнаҳазы кәырбанс инаргаз, насгьы агәнаҳа ахыхразы зшьа Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ иҩнаргалаз ацәи абаӷьи алагер анҭыҵ иганы, рцәеи, ркәаци, руаци рблыроуп. 28 Урҭ збылуа имаҭәа иӡәӡәароуп, иҽиӡәӡәароуп, уи ашьҭахь алагер ахь днеир ҟалоит.
29 Абыжьбатәи амза ажәабатәи амш азы шәыгәнаҳақәа шәгәы шышәдырхьуа аашәырԥшла*. Уи аҽны шәусқәа зегь шәырҟәаҵроуп, — шәхаҭагьы, ишәыланхо атәымтәылауаагьы. Ари шәзықәныҟәалаша ԥсахра зқәым ԥҟарахоит. 30 Уи аҽны аԥшьаҩ хада шәыгәнаҳақәа шәхихуеит, шәыцқьахарц азы. Шәара Иегова иҿаԥхьа шәыгәнаҳақәа зегь рҟынтә шәыцқьахоит. 31 Уи шәара шәзы аԥсшьара иазку сабшоуп, шәыгәнаҳақәа шәгәы шышәдырхьуа аашәырԥшла. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп.
32 Ахәша зыхьшьхо, насгьы иаб ишьҭахь ԥшьаҩыс амаҵ иуларц азы иалххо аԥшьаҩы агәнаҳақәа рхихуеит, насгьы ақәны иалху амаҭәа, иԥшьоу амаҭәа, ишәиҵоит. 33 Иара Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥи, аиқәшәара ақьалеи, акәырбаннагарҭеи агәнаҳа рхихуеит, иара убас аԥшьаҩцәеи израильтәи ажәлари рыгәнаҳа рхихуеит. 34 Шықәсык ахь знык израильаа рыгәнаҳақәа зегь рхышәхла. Ари ԥсахра зқәым ԥҟароуп».
Ааро́н Иегова Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит.