АӠБАҨЦӘА
1 Иисус Нави́н данԥсы ашьҭахь израильаа Иегова иазҵааит: «Ханаа́наа рабашьра ҳара ҳҟынтә раԥхьа ицода?» 2 Иегова иҳәеит: «Иуда дцоит. Сара ари адгьыл иара исҭоит». 3 Убасҟан Иуда ихылҵқәаз рашьцәа, Симеон ихылҵқәаз, ус рарҳәеит: «Шәаала шәҳацны аҵәы анҭарыԥсаз иҳақәшәаз адгьыл ахь, ханаа́наа рабашьразы, нас ҳара аҵәы анҭарыԥсаз ишәықәшәаз адгьыл ахь ҳшәыцны ҳцоит». Усҟан Симеон ихылҵқәаз урҭ ирыцны ицеит.
4 Иуда ихылҵқәаз ханаа́нааи ферезе́иааи ирҿагыланы ианрабашь, Иегова урҭ ириааиртә алшара риҭеит, убри аҟынтә дара Везе́к 10 000-ҩык ауаа ршьит. 5 Уа Адо́ни-Везе́ки дареи еиқәшәеит, иагьиабашьит, ханаа́наагьы ферезе́иаагьы ԥыххааса иқәырҵеит. 6 Адо́ни-Везе́к дыбналеит, аха дара ихьӡан дыркит, нас инацәкьыс дуқәеи ишьацәкьыс дуқәеи хырҵәеит. 7 Убасҟан Адо́ни-Везе́к ус иҳәеит: «Знацәкьыс дуқәеи зшьацәкьыс дуқәеи хҵәаз 70-ҩык аҳцәа сыстол аҵаҟа ахәаша-машақәа шьҭырхуан. Сара урҭ сышрызныҟәаз еиԥш Анцәагьы убас дсызныҟәеит». Иара Иерусалимҟа дааргеит, уаҟагьы дыԥсит.
8 Анаҩс Иуда ихылҵқәаз Иерусалим иақәлеит, иагьыргеит. Дара уа инхоз аҳәала иршьит, ақалақьгьы рблит. 9 Уи ашьҭахь ашьха инхоз ханаа́наа ирабашьырц идәықәлеит, Неге́ви Шефе́ли инхоз ирабашьырц азгьы. 10 Иуда ихылҵқәаз Хевро́н (уаанӡа Хевро́н Кириа́т-Арба́ ахьӡын) инхоз ханаа́наа ирҿагыланы ирабашьит, Шеша́игьы, Ахима́нгьы, Талма́игьы ириааит.
11 Уаантәи Деви́р инхоз рахь идәықәлеит. (Уаанӡа Деви́р Кириа́т-Сефе́р ахьӡын.) 12 Убасҟан Хале́в ус иҳәеит: «Кириа́т-Сефе́р иақәланы изго сыԥҳа А́хса ԥҳәысс дисҭоит». 13 Уи игеит Хале́в иашьеиҵбы Кена́з иԥа Отнии́л. Хале́вгьы иԥҳа А́хса уи ԥҳәысс дииҭеит. 14 Лхаҵа иҩнахьы дандәықәлоз, уи диацәажәеит, лаб адгьыл азы диҳәарц. Лара аҽада данылбаа* Хале́в ус длазҵааит: «Ибҭахузеи?» 15 А́хса ус лҳәеит: «Усықәныҳәа. Алада* иҟаз адгьыл суҭеит, Гулло́т-Маи́мгьы* сыҭ». Иаргьы Аҩадатәи Гулло́ти Аладатәи Гулло́ти лиҭеит.
16 Моисеи иабхәа акене́и Иофо́р ихылҵқәаз Иуда ихылҵқәаз ирыцны Апальмақәа рықалақь аҟынтә Ара́д аладахьы иҟоу иудеиатәи ацәҳәырахь ицеит. Урҭ уа уи ажәлар ирыланхо иалагеит. 17 Иуда ихылҵқәази Симеон ихылҵқәаз урҭ рашьцәеи Цефа́т инхоз ханаа́наа ирықәлан, ақалақь ықәырхит. Убри азы уи ақалақь Хо́рма* ахьӡырҵеит. 18 Уи ашьҭахь Иуда ихылҵқәаз Газеи, Ашкело́ни, Екро́ни, урҭ рыкәша-мыкәша иҟаз аҭыԥқәеи ргеит. 19 Иегова урҭ дрыцын, убри аҟынтә ашьхақәа рнапаҿы иааргеит, аха акаршәраҿы инхоз ауаа рықәцара рылымшаӡеит, избанзар урҭ аихатәы чаалақәа змаз аҽыуардынқәа* рыман. 20 Хевро́н Хале́в ирҭеит, Моисеи ишиҳәахьаз еиԥш, иара уантәи Ана́к иԥацәа хҩык ықәицеит.
21 Вениамин ихылҵқәаз Иерусалим инхоз иеву́саа ықәрымцаӡеит, убри аҟынтә иеву́саа иахьа уажәраанӡагьы урҭ уа ирыланхоит.
22 Уи аамҭазы Иосиф ихылҵқәаз Вефи́ль иабашьырц идәықәлеит, Иегова урҭ дрыцын. 23 Урҭ рыԥшыхәцәа Вефи́ль иацклаԥшуа иалагеит. (Уи ақалақь уаанӡа Луз ахьӡын.) 24 Дара ақалақь иалҵны иаауаз ауаҩы дырбан, ус иарҳәеит: «Иҳарба ақалақь ахь ҳазланеиуа, усҟан ҳулакьысӡом*». 25 Уи ауаҩ ақалақь ахь изланеиуаз дирбеит. Дара уа инхоз зегьы аҳәала иршьит, уи ауаҩ иакәзар, иҭаацәеи иареи аурышьҭит. 26 Иара хе́ттаа рыдгьыл ахь дцан, уа ақалақь иргылеит, иагьахьӡиҵеит Луз. Уи иахьа уажәраанӡагьы ус ахьӡуп.
27 Мана́ссиа ихылҵқәаз Бет-Шеа́ни уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи, Таана́хи уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи, До́ри уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи, Ивлеа́ми уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи, Мегги́дои уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи рҿы инхоз ауаа ықәрымцаӡеит. Ханаа́наа уа ишынхац инхон. 28 Израильаа еиҳа ианыӷәӷәаха, ханаа́наа маҵуцәас иҟарҵеит, дара урҭ зегь ықәрымцаӡеит.
29 Ефрем ихылҵқәаз Гезе́р инхоз ханаа́наа ықәрымцаӡеит, убри аҟынтә ханаа́наа урҭ уа ирыланхон.
30 Завуло́н ихылҵқәаз Китро́ни Нахало́ли инхоз ықәрымцаӡеит, убри аҟынтә ханаа́наа урҭ ирыланхон. Дара ханаа́наа маҵуцәас иҟарҵеит.
31 Аси́р ихылҵқәаз А́кко, Сидон, Ахла́в, Ахзи́в, Хе́лба, Афе́к, насгьы Рехо́в инхоз ауаа ықәрымцаӡеит. 32 Аси́р ихылҵқәаз уи адгьыл аҿы инхоз ханаа́наа ирыланхон, избанзар урҭ ықәрымцаӡеит.
33 Неффали́м ихылҵқәаз Бет-Шеме́ши Бет-Ана́ти инхоз ықәрымцаӡеит, убри аҟынтә уи адгьыл аҿы инхоз ханаа́наа ирыланхон. Дара Бет-Шеме́ши Бет-Ана́ти инхоз маҵуцәас иҟарҵеит.
34 Аморе́иаа Дан ихылҵқәаз ашьха иқәырцалеит, акаршәрахь илбааргьы руӡомызт. 35 Аморе́иаа ашьха Хере́си, ақалақьқәа Аиало́ни Шаалви́ми рҿы ишынхац инхон. Аха Иосиф ихылҵқәаз аныӷәӷәаха, урҭ маҵуцәас иҟарҵеит. 36 Аморе́иаа рыдгьыл Акраби́м захьӡу ашьхахыҵырҭа аҟынтә иалагон, Се́ла аҩадахьгьы ицон.
2 Иегова имаалықь Гилгалынтәи Бохи́мҟа даан, ус иҳәеит: «Сара Египет шәалганы, шәабацәа рабацәа сықәны ирасҳәахьаз адгьыл ахь шәаазгеит. Иара убасгьы исҳәеит: „Сара шәареи сареи иҳабжьасҵаз аиқәшаҳаҭра ахаангьы еилазгаӡом. 2 Шәаргьы ари адгьыл иқәынхои шәареи аиқәшаҳаҭра шәыбжьашәымҵан, ркәырбаннагарҭақәагьы ықәыжәга“. Аха шәара шәысзымӡырҩӡеит. Избан ус зыҟашәҵаз? 3 Убри аҟынтә ус сҳәеит: „Сара урҭ ықәысцаӡом, дара шәара шәзы ашьацҳәа иаҩызахоит, рынцәақәа рахьгьы шәиаргоит“».
4 Иегова имаалықь арҭ ажәақәа израильаа ианреиҳәа, рыбжьы ҭыганы аҵәыуара иалагеит. 5 Убри аҟынтә уи аҭыԥ Бохи́м* ахьӡырҵеит, насгьы уа Иегова акәырбанқәа изнаргеит.
6 Иисус Нави́н ажәлар ауишьҭит, даргьы дасу ирзалхыз адгьылқәа рахь ицеит, иргарц азы. 7 Ажәлар Иегова имаҵ руан Иисус Нави́н ихаани Иисус Нави́н ишьҭахь инхоз, Иегова Израиль азы иҟаиҵаз аус дуқәа збоз ажәлар реиҳабацәа рхаани. 8 Иегова имаҵзуҩы Иисус Нави́н 110 шықәса анихыҵуаз дыԥсит. 9 Иара анышә дарҭеит биԥарала изалхыз адгьыл аҿы, Тимна́т-Хере́с, Гаа́ш ашьха аҩадахьы ишьҭоу Ефрем ашьхақәа рҿы. 10 Уи абиԥара зегь ԥсит, анаҩс Иегова дыззымдыруаз, иара убас иара израильаа рзы иҟаиҵаз ззымдыруаз абиԥара гылеит.
11 Израильаа Иегова ицәымӷу аҟаҵареи Ваа́лқәа рымаҵ ауреи иалагеит. 12 Дара Египет иалызгаз рабацәа Рынцәа Иегова дааныжьны, егьырҭ анцәақәа ирышьҭалеит — иаарыкәыршаны иҟаз ажәларқәа рынцәақәа. Дара урҭ ирымҵахырхәон, Иегова игәгьы ԥыржәон. 13 Дара Иегова дааныжьны Ваа́ли Аста́ртақәеи рымаҵ аура иалагеит. 14 Усҟан Иегова израильаа игәы рзыԥжәан, арҳәцәа ириҭеит, арҳәцәагьы урҭ рырҳәра иалагеит. Иара урҭ иаарыкәыршаны иҟаз раӷацәа ириҭеит*, израильаагьы уаҳа урҭ рҿагылара рылшомызт. 15 Иҟарҵозаалакгьы Иегова урҭ дырҿагылан, арыцҳарақәагьы ирықәиршәон, Иегова ишреиҳәахьаз еиԥш, Иегова дықәны ишреиҳәахьаз еиԥш. Убасала урҭ агәаҟра ӷәӷәа иҭагылеит. 16 Убри аҟынтә Иегова урҭ ақәылаҩцәа рҟынтә еиқәзырхоз аӡбаҩцәа риҭо далагеит.
17 Аха дара рыӡбаҩцәагьы ирзыӡырҩӡомызт, егьырҭ анцәақәа рымаҵ руан, иагьреихырхәон. Дара Иегова иԥҟарақәа назыгӡоз рабацәеи рабдуцәеи рымҩа иаразнак ианыҵит. Дара урҭ ирҿыԥшӡомызт. 18 Иегова урҭ аӡбаҩ данриҭоз, Иегова уи аӡбаҩ дицын, насгьы уи аӡбаҩ ихаан раӷацәа рҟынтә еиқәирхон. Иегова урҭ рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа ишдыргәаҟуаз анибоз, ирыцҳаишьон.
19 Аха аӡбаҩ данԥслак, рабацәа раасҭа еицәаны рхы мҩаԥырго иалагон, егьырҭ анцәақәа ирышьҭалон, рымаҵ руан, иагьреихырхәон. Дара ацәгьара шыҟарҵац иҟарҵон. 20 Усҟан Иегова израильаа игәы рзыԥжәеит, иагьиҳәеит: «Арҭ ауаа рабацәеи рабдуцәеи сареи ҳабжьара ибжьасҵаз аиқәшаҳаҭра еиларгеит, иагьсзыӡырҩӡомызт, 21 убри аҟынтә саргьы Иисус Нави́н данԥсы ашьҭахь иаанхаз ажәларқәа ықәысцаӡом. 22 Уи зыҟасҵо израильаа ԥысшәарц, рабацәа реиԥш Иегова имҩала ицалоу-имцалоу гәасҭарц азоуп». 23 Убри аҟынтә Иегова урҭ ажәларқәа аанижьит, иара урҭ иаразнак иқәимцаӡеит, Иисус Нави́нгьы урҭ дыриааиртә алимыршаӡеит.
3 Абар Иегова ханаа́наа ирҿагыланы ирмабашьыцыз израильаа ԥишәарц азы иаанижьыз ажәларқәа 2 (аибашьра зымбацыз абиԥарақәа аибашьра закәу рдыруазарц азы): 3 филисти́маа рнапхгаҩцәа хәҩык, ханаа́наа зегьы, иара убас Ливантәи ашьхақәа рҿы Ваа́л-Ермо́н ашьха инаркны Лево́-Ха́мат аҟынӡа инхоз сидо́нааи хиве́иааи. 4 Арҭ ажәларқәа зааныжьыз израильаа рԥышәаразы ауп, Иегова Моисеи ила рабацәа ириҭаз аԥҟарақәа ирықәныҟәалоу-ирықәымныҟәалоу еилкаахарц азы. 5 Убри аҟынтә израильаа ханаа́нааи, хе́ттааи, аморе́иааи, ферезе́иааи, хиве́иааи, иеву́сааи ирыланхон. 6 Дара урҭ рыԥҳацәа ԥҳәысс ирго иалагеит, рыԥҳацәагьы урҭ рыҷкәынцәа ирырҭон, рынцәақәагьы рымаҵ аура иалагеит.
7 Израильаа Иегова ицәымӷыз ҟарҵон. Дара Рынцәа Иегова дырхаршҭны Ваа́лқәа рымаҵ руан, иԥшьоу ашьаҟақәагьы* иреихырхәон. 8 Уи азы Иегова израильаа игәы рзыԥжәан, Месопотамиа* аҳ Куша́н-Ришатаи́м инапаҿы иааигартә иҟаиҵеит. Даргьы 8 шықәса Куша́н-Ришатаи́м имаҵ руан. 9 Израильаа Иегова ацхырааразы иҳәо ианалага, Иегова урҭ еиқәирхарц азы Хале́в иашьеиҵбы Кена́з иԥа Отнии́л еиқәырхаҩыс дриҭеит. 10 Иара Иегова идоуҳа иоун, Израиль ӡбаҩыс дҟалеит. Еибашьра данца, Иегова Месопотамиа* аҳ Куша́н-Ришатаи́м иара дииҭеит, иаргьы уи дииааит. 11 Уи ашьҭахь уи адгьыл аҿы 40 шықәса аҭынчра ыҟан. Ԥыҭрак ашьҭахь Кена́з иԥа Отнии́л дыԥсит.
12 Израильаа еиҭах Иегова ицәымӷу аҟаҵара иалагеит. Усҟан Иегова моавтәи аҳ Егло́н израильаа дыриааиртә алшара ииҭеит, избанзар дара Иегова ицәымӷыз ҟарҵон. 13 Егло́н аммо́нааи амали́кааи ицырхырааны Израиль дақәлеит, Апальмақәа рықалақьгьы игеит. 14 Израильаа моавтәи аҳ Егло́н 18 шықәса имаҵ руан. 15 Дара Иегова ацхырааразы иҳәо иалагеит, усҟан Иегова Вениами́н ишьҭра иатәыз Ге́ра иԥа Еху́д еиқәырхаҩыс дриҭеит, уи дарыман. Израильаа уи моавтәи аҳ Егло́н иахь ашәахтә иҭаны дрышьҭит. 16 Еху́д мышьхәылҵк* иҟаз, ҩ-ҿык змаз ицҳафыруаз аҳәа ҟаиҵан, иарӷьарахь ала имаҭәа аҵаҟа икнеиҳаит. 17 Анаҩс иара моавтәи аҳ Егло́н ашәахтә изнеигеит. Егло́н даара изцыз, ажьы зкыз уаҩын.
18 Еху́д ашәахтә анриҭа, иаазгаз ауаа ауишьҭит, 19 ихаҭагьы Гилга́л иҟаз ахаҳәқәа ирылхыз аидолқәа* рҟынӡа днеит, аха нас дхынҳәны дааин, ус иҳәеит: «Саҳ, имаӡоу жәабжьк сымоуп». «Ашьшьыҳәа! Ҿумҭын!» — иҳәеит аҳ. Усҟан амаҵуцәа зегь дәылҵны ицеит. 20 Еху́д аҳ иахь дыҩналеит уи ихьшәашәаз хыхьтәи ауадаҿы ихала дантәаз. Еху́д иҳәеит: «Анцәа иҟынтә жәабжьк сымоуп». Аҳ дҩагылеит. 21 Еху́д иарма напала иарӷьараҿы икнаҳаз иаҳәа ааҭиԥаан, Егло́н имгәацәа иналаиршьшьит. 22 Аҳәа ахәы шамаз имгәацәа иналашьшь ицеит, ашшагьы аҳәа аҵәахит. Еху́д уи имгәацәа аҳәа алимхӡеит, идәынцарагьы арахь иҭыҩрит. 23 Еху́д ауада ашәқәа аиркын, абарҵала* дцеит. 24 Иара данца, аҳ имаҵуцәа ааин хыхьтәи ауада ашәқәа шаркыз рбеит, иагьырҳәеит: «Аҩныҵҟатәи ауадаҿы ашьышьмаҭрахьы днеизар ҟалап». 25 Ԥыҭраамҭак иԥшын, аха аҳ хыхьтәи ауада ашәқәа ааиртӡомызт, убри аҟынтә агәҭынчымра рызцәырҵит. Ацаԥха аашьҭыхны ашәқәа анаадырт, раҳ дыԥсны адашьма дшықәжьыз рбеит.
26 Урҭ ахьынӡеилыхоз Еху́д дыбналеит. Иара ахаҳәқәа ирылхыз аидолқәа драҩсын, Сеи́рынӡа днеит. 27 Уа даннеи, ефремтәи ашьхақәа рҿы абыкь* дасит. Израильаагьы иара ицны ашьха илбааит. 28 Иара урҭ ус реиҳәеит: «Шәсышьҭаланы шәаала, избанзар Иегова шәаӷацәа, моа́ваа, шәыриааиртә алшара шәиҭеит». Даргьы ицны ицан, моа́ваа рхы иадырхәоз Иордан арырҭа ҭыԥқәа ркит, аӡәы дырыргьы рмуӡеит. 29 Израильаа 10 000-ҩык раҟара моа́ваа ршьит. Урҭ зегь уаа ӷәӷәақәан, уаа гәымшәақәан, аха аӡәгьы дзеиқәымхаӡеит. 30 Уи аҽны израильаа моа́ваа ириааит, уи ашьҭахь 80 шықәса аҭынчра ыҟан.
31 Еху́д ишьҭахь израильаа еиқәырхаҩыс дроуит Ана́т иԥа Шамга́р. Иара ацәқәа злакарцо алабала* 600-ҩык филисти́маа ишьит.
4 Еху́д данԥсы, израильаа еиҭах Иегова ицәымӷу аҟаҵара иалагеит. 2 Убри аҟынтә Иегова урҭ Хацо́р аҳра зуаз ханаантәи аҳ Иави́н инапаҵаҟа иҟалартә иҟаиҵеит. Уи ир еиҳабыс даман Хароше́т-ха-Гои́м инхоз Сиса́ра. 3 Иара иман аихатәы чаалақәа змаз 900 ҽыуардын. Уи рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа израильаа 20 шықәса иргәаҟуан. Израильаа ацхырааразы иӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова иҳәара иалагеит.
4 Уи аамҭазы Израиль ӡбаҩыс дыҟан Лаппидо́т иԥҳәыс аԥааимбарԥҳәыс Дево́ра. 5 Лара ефремтәи ашьхақәа рҿы, Ра́ми Вефи́льи рыбжьара, лпальма аҵаҟа дтәан. Израильаа ӡбатәык анрымаз лара лахь инеиуан. 6 Лара Кеде́ш-Неффали́мҟа Авиноа́м иԥа Вара́к ауаа изыналышьҭын, ус иалҳәеит: «Израильаа Рынцәа Иегова абас уеиҳәоит: „Неффали́ми Завуло́ни рышьҭра иатәу 10 000-ҩык ауаа уманы ашьха Фаво́р ухал. 7 Сара Иави́н ир реиҳабы Сиса́ра иҽыуардынқәеи ируааи иманы арха* Кишо́нҟа дузназгоит, уииааиртәгьы иҟасҵоит“».
8 Вара́к ус леиҳәеит: «Бара бсыцны бцозар, сцоит, бымцозар — сцаӡом». 9 Лара ус лҳәеит: «Суцны сцоит, аха ари ажәылара ахьӡ-аԥша ззаанаго уара уакәӡам — Иегова Сиса́ра аԥҳәыс лнапала дҭаирхоит». Уи ашьҭахь Дево́ра дҩагылан, Вара́к дицны Кеде́шҟа дцеит. 10 Вара́к Завуло́ни Неффали́ми рышьҭра иатәу Кеде́шҟа дрыԥхьеит. Убасҟан 10 000-ҩык ауаа иццеит. Дево́рагьы дицны дцеит.
11 Акене́и Хеве́р Моисеи иабхәа Хова́в ихылҵқәаз акене́иаа дрылҵны хазы дынхон. Иқьала Кеде́ш Цаананни́м иҟаз аҵла ду азааигәара игылан.
12 Сиса́ра иҟынӡа инаргеит Авиноа́м иԥа Вара́к ашьха Фаво́р дышхалаз. 13 Сиса́ра иаразнак иҽыуардынқәа зегь еидикылеит — аихатәы чаалақәа змаз 900 ҽыуардын, иара убас ируаа зегь еидикылан, Хароше́т-ха-Гои́м аҟынтәи арха Кишо́нҟа ддәықәлеит. 14 Дево́ра Вара́к ус иалҳәеит: «Уца, иахьа Иегова Сиса́ра дуиҭоит, избанзар Иегова уаԥхьа дгыланы дцоит!» Усҟан Вара́к 10 000-ҩык ауаа иманы ашьха Фаво́р дылбааит. 15 Вара́к урҭ данрыжәла, Иегова Сиса́рагьы, ируаагьы, иҽыуардынқәа ирықәтәазгьы иҟарҵо рзымдыруа иқәирхеит. Сиса́ра иҽыуардын дҩалбааԥан, дыҩны дцеит. 16 Вара́к Хароше́т-ха-Гои́мынӡа аҽыуардынқәеи аруааи дрышьҭан. Сиса́ра ир зегьы аҳәала иҭадырхеит, аӡәымзар-аӡәгьы аҳәа дзацәымцеит.
17 Сиса́ра иакәзар, акене́и Хеве́р иԥҳәыс Иае́ль лқьалахь дыҩны дааит, избанзар Хацо́р аҳ Иави́ни акене́и Хеве́ри рыбжьара аҭынчра ыҟан. 18 Иае́ль Сиса́ра днеиԥылан, ус иалҳәеит: «Уааи, саҳ, уҩнал арахь, умшәан». Иара ақьала дыҩналеит, ларгьы ақәыршә наиқәлыршәит. 19 Иара иҳәеит: «Аӡба сакит, сбыҳәоит, аӡы сыржә». Лара ахш зҭаз аҳаҭа* аалыртын, ахш илыржәит, нас еиҭах ақәыршә иқәлыршәит. 20 Иара ус леиҳәеит: «Ақьала аҩналарҭаҿы бгыл. Аӡәы дааины „аӡәыр дыҟоума“ ҳәа дбазҵаар, „мамоу“ ҳәа иаҳә».
21 Хеве́р иԥҳәыс Иае́ль ақьала иамаз аҵәи ажьаҳәа хәыҷи аашьҭыхны, Сиса́ра дааԥсаха дахьыцәаз ашьшьыҳәа днеин, аҵәы ихы аган иалалҵан, адгьыл далалырҟацеит, иаргьы дыԥсит.
22 Сиса́ра ишьҭаз Вара́кгьы дыҩуа уахь днеит. Иае́ль уи диԥылан, ус иалҳәеит: «Уаала, узышьҭоу ауаҩы дусырбоит». Вара́к ақьала даныҩнала, Сиса́ра ихы аҵәы алыҳәҳәо дыԥсны дшышьҭаз ибеит.
23 Убри аҽны Анцәа ханаантәи аҳ Иави́н израильаа рҿаԥхьа имаз амчра имихит. 24 Израильаа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, аҵыхәтәангьы ханаантәи аҳ Иави́н дықәырхит.
5 Уи аҽны Дево́реи Авиноа́м иԥа Вара́ки абас еиԥш иҟаз ашәа рҳәеит:
2 «Израильтәи аибашьцәа рыхцәқәа ахьоурышьҭыз азы*,
Ауаагьы хатәгәаԥхарала еибашьра иахьцаз азы,
Хьӡи-ԥшеи ишәҭала Иегова!
3 Шәӡырҩы, аҳцәа! Шәааӡырҩы, анапхгаҩцәа!
Сара Иегова ашәа изысҳәалоит.
Израильаа Рынцәа Иегова ашәала дҳарасклоит.
4 Иегова, уара Сеи́р уаналҵ,
Едо́м аҟынтә уандәықәла,
Адгьыл хыџхыџуан, ажәҩан аҟынтәгьы аӡы леиуан,
Аԥҭа еиқәаҵәақәа ақәа ларышьҭуан.
5 Ашьхақәа ӡыҭуан* Иегова иҿаԥхьа,
Иӡыҭуан Синаиҵәҟьагьы израильаа Рынцәа Иегова иҿаԥхьа.
6 Ана́т иԥа Шамга́р ихаан,
Иае́ль лхаан иҭацәит амҩақәа,
Аныҟәаҩцәа амҩадуқәа рыла иныҟәомызт, амҩахәасҭақәа рыла иахыкәшаны ицон.
7 Израиль ақыҭақәа ҭацәын,
Сара, Дево́ра, сгылаанӡа,
Анык леиԥш Израиль сгылаанӡа.
8 Рхазы анцәа ҿыцқәа алырхит,
Убри азоуп аибашьра агәашә изылагылоу.
Аԥыракгьы, аԥсагьы ыҟамызт
Ҩынҩажәа нызқьҩык израильаа рыбжьара.
9 Сгәы Израиль аиҳабацәа ирыцуп,
Ажәлар ирыцны ицар зҭаххаз аиҳабацәа.
Хьӡи-ԥшеи ишәҭала Иегова!
10 Шәара, аҽадаԥшьқәа ирықәтәаны иныҟәо,
Шәара, ауарҳал ԥшӡақәа ирықәтәоу,
Шәаргьы, амҩа иану,
Шәазхәыц!
11 Аҵеџь аӡы ҭызгоз рыбжьқәа уаҳауан.
Уаҟа дара еиҭарҳәон Иегова иҟаиҵаз аус бзиақәа,
Иара убас израильтәи ақыҭақәа рҿы инхоз ауаа иҟарҵаз аус бзиақәа.
Убасҟан Иегова ижәлар агәашә ахь еихеит.
12 Бааԥшы, бҿыха, Дево́ра!
Бааԥшы, бҿыха, иҳәа ашәа!
Угыл, Вара́к! Ига атҟәацәа, Авиноа́м иԥа!
13 Усҟан еиқәхаз ауаа дуқәа рахь инеит,
Иегова ижәлар сара сахь иааит, аӷәӷәақәа ирҿагыларц азы.
14 Арха иҟаз Ефрем иҟынтә иааит,
Дара уара иушьҭанеиуеит, Вениамин, ужәлар ирылагыланы.
Махи́р иҟынтә аиҳабацәа ааит,
Завуло́н иҟынтәгьы — ар еизызго*.
15 Иссаха́р иҭауадцәа Дево́ра илыцын,
Иссаха́р еиԥш, Вара́кгьы.
Иара шьапыла архаҟа дылбааит.
Руви́м иеибашьцәа ахәыцра иҭанагаланы иаман*.
16 Наҟ-ааҟ аидара зқәу аԥстәы еиԥш узтәази,
Аԥсасазы аҿарпын шадырҳәо уазыӡырҩуа?
Руви́м иеибашьцәа ахәыцра иҭанагаланы иаман.
17 Галаа́д Иорда́н нырцә инхеит,
Дангьы — дызрықәымҵи аӷбақәа?
Аси́р усда-ҳәысда амшын аԥшаҳәаҿы дтәан,
Исқьалақәа дрыдымҵӡеит.
18 Завуло́н иакәзар, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит, аԥсра дацәымшәаӡеит;
Неффали́мгьы ашьхақәа рҿы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит.
19 Аҳцәа аан, еибашьит,
Еибашьит Ханаа́н аҳцәа
Танаа́х Меги́ддо аӡқәа рҿы.
Ирмоуӡеит урҭ араӡны.
20 Аеҵәақәа ажәҩан аҟынтә еибашьуан,
Ажәҩан аҟынтә Сиса́ра иабашьуан.
21 Аӡиас Кишо́н урҭ аманы ицеит,
Жәытәнатә аахыс иаауа аӡырҩаш, аӡиас Кишо́н.
Сыԥсы*, уара иӷәӷәақәаз укәаҳауан.
22 Усҟан аҽқәа ршьапқәа адгьыл ианырҟьон,
Рҽеибашьқәа ԥхьаҟа еихон.
23 „Ишәшәила Меро́з, — иҳәеит Иегова имаалықь, —
Ишәшәила уа инхо ауаа,
Избанзар дара Иегова ицхраарц имааӡеит,
Ауаа ӷәӷәақәа ирывагыланы Иегова ицхраарц“.
24 Акене́и Хеве́р иԥҳәыс Иае́ль
Аҳәса рыбжьара зегь реиҳа ихьӡырҳәагоу ԥҳәысуп,
Ақьалақәа рҿы инхо аҳәса рыбжьара.
25 Иара аӡы даҳәан — лара ахш илҭеит,
Аҵәца ԥшӡа иҭаҭәаны ахҷаҭ илҭеит.
26 Лара ақьала иамаз аҵәы лгарц лнапы неиҵылхит,
Ларӷьа напгьы — амҿтәы жьаҳәа хәыҷы лгарц азы,
Далалырҟацеит адгьыл Сиса́ра, иаллырҟьеит ихы аҵәы,
Иҭаԥылҽит, икылылҵәеит ихы.
27 Уа длымҵаҳаит уи, агәараҳәа длымҵаҳаит, дымҵысӡакәа дышьҭоуп;
Длымҵаҳаит уи, агәараҳәа длымҵаҳаит;
Дахькаҳаз даанхеит, дышьны дкажьын уа.
28 Аԥҳәыс аԥенџьыр дкылԥшуан,
Сиса́ра иан аихац дкылԥшуан:
„Иҽыуардын абысҟаамҭа изынхеи?
Иҽышьҭыбжь зысмаҳауеи?“
29 Еицырдыруаз аҳәса рҟынтә зегь реиҳа иҟәышыз ус ларҳәон,
Лара лхаҭагьы ус лҳәон:
30 „Иргаз амал еиҩыршозар ҟалап,
Аруаа рыцыԥхьаӡа ӡӷабк-ӡӷабк, мап, рыцыԥхьаӡа ҩыџьа-ҩыџьа,
Сиса́ра изы аԥштәы змоу амаҭәа, аԥштәы змоу амаҭәа иара изы.
Иқәҵаны иӡаху амаҭәа, аԥштәы змоу амаҭәа, иқәҵаны иӡаху ҩ-шәҵатәык
Амал згаз рыхәда ихыршьуеит“.
31 Иҭахааит уаӷацәа зегьы, Иегова,
Бзиа узбо ракәзар, амреиԥш икаҷҷалааит!»
Адгьыл аҿгьы 40 шықәса аҭынчра ыҟан.
6 Израильаа еиҭах Иегова ицәымӷу аҟаҵара иалагеит, убри аҟынтә Иегова урҭ бжьышықәса ҳәа мадиа́наа ириҭеит. 2 Мадиа́наа израильаа дыргәаҟуан, убри аҟынтә урҭ аҽыҵәахырҭақәа* ҟарҵеит ашьхақәа рҿы, аҳаԥқәа рҿы, анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҿы. 3 Израильаа анылаҵоз мадиа́нааи, амали́кааи, Мрагылара инхоз ауааи рықәлон. 4 Дара ааны лагерла игылон, израильаа рҽаҩрагьы Газанӡа иԥхасҭартәуан. Дара израильаа фатәыда, уасада, цәыда, ҽадада иаанрыжьуан. 5 Урҭ рырахәи рқьалақәеи рыманы иаауан, асаранча еиԥш рхыԥхьаӡара рацәан, рмахҽқәеи дареи ԥхьаӡашьак рымамызт. Дара аауан, адгьылгьы цәдырҳәуан. 6 Мадиа́наа ирыхҟьаны израильаа даараӡа иӷархеит, убри аҟынтә израильаа Иегова ацхырааразы иҳәара иалагеит.
7 Израильаа Иегова мадиа́наа рҟынтә еиқәирхарц ианиҳәа, 8 Иегова урҭ аԥааимбар дырзынаишьҭын, абас реиҳәеит: «Абас иҳәоит израильаа Рынцәа Иегова: „Сара Египет шәалганы атҟәара аҟынтә шәхы шәақәиҭыстәит. 9 Сара Египтаа шәырцәысыхьчеит, шәзыргәаҟуаз зегь рҟынтә шәеиқәсырхеит. Сара урҭ ықәысцан, рыдгьыл шәара ишәысҭеит. 10 Иара убас ишәасҳәеит: ‚Сара Иегова, Шәынцәа соуп. Шәырмеихырхәалан зыдгьыл аҿы шәынхо аморе́иаа рынцәақәа‘. Аха шәара шәысзыӡырҩӡомызт“».
11 Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова имаалықь О́фраҟа даан, Авиезе́р ишьҭра иатәыз Иоа́с иҵла ду амҵан днатәеит. Уи иҷкәын Гедео́н ажь ахьырхәоз ачарыц иҭәаҭәон*, мадиа́наа ирцәиҵәахырц азы. 12 Иегова имаалықь Гедео́н иҿаԥхьа даацәырҵын, ус иҳәеит: «Иегова дуцуп, аибашьҩы ӷәӷәа». 13 Гедео́н ус иҳәеит: «Саҭоумҵан, ухаҵкы, аха Иегова дҳацзар, абарҭқәа зегь ҳазрықәшәеи? Иабаҟоу „Иегова Египет ҳалигеит“ ҳәа ҳабацәа иаҳзеиҭарҳәоз иус џьашьахәқәа? Уажәшьҭа Иегова ҳаанижьит, мадиа́наагьы ҳриҭеит». 14 Иегова уи днаихәаԥшын, ус иҳәеит: «Уара амч умоуп, уца, израильаа мадиа́наа рҟынтә еиқәурхоит. Сара усышьҭуеит». 15 Гедео́н ус иҳәеит: «Саҭоумҵан, Иегова, излеиқәсырхои сара Израиль? Сышьҭра Мана́ссиа ишьҭраҿы зегьы иреиҵоуп, саргьы саб иҭаацәараҿы зегьы среиҵоуп». 16 Иегова ус иҳәеит: «Сара суцзаауеит, убри аҟынтә аӡәы заҵәык ушииааирыз еиԥш мадиа́наа уриааиуеит».
17 Гедео́н иҳәеит: «Усзыразызар, исыҭ адырга, исацәажәо уара шуакәу еилыскаарц азы. 18 Суҳәоит, афатә рхианы иузаазгаанӡа џьаргьы умцан». «Ухынҳәаанӡа ара сыҟазаауеит», — иҳәеит амаалықь. 19 Гедео́н дцан, аӡыс ирхиеит, ефак* ачашыла иалхны арҵәыга злам ачагьы иӡит. Иара акәац акаҵкәыр иҭеиҵеит, атәан аҟәџьал иҭеиҭәеит, нас уи зегьы аҵла ду амҵан итәаз амаалықь изнеигеит.
20 Анцәа ду имаалықь Гедео́н ус иеиҳәеит: «Акәаци арҵәыга злам ачеи аашьҭыхны, абни ахаҳә ду иқәҵа, атәангьы каҭәа». Иаргьы убасҵәҟьа ҟаиҵеит. 21 Иегова имаалықь иикыз алабашьа неиҵыхны акәаци ачеи днарылакьысит, убасҟан ахаҳә аҟынтә амца аахәыҵҟьан, акәаци ачеи ахәланагалеит. Уи ашьҭахь Иегова имаалықь дныҵаба дцеит. 22 Гедео́н уи Иегова имаалықь шиакәыз еиликаан, ус ҿааиҭит: «Хыхь иҟоу Анцәа Ду Иегова, сара сҭахеит, избанзар лабҿаба Иегова имаалықь дызбеит!» 23 Иегова ус иҳәеит: «Угәы рҭынч*. Умшәан. Уԥсӡом». 24 Гедео́н уа Иегова изы акәырбаннагарҭа иргылеит, уи иахьа уажәраанӡагьы Иегова-Шало́м* ахьӡуп. Уи акәырбаннагарҭа иахьагьы Авиезе́р ихылҵқәаз рықалақь О́фра иҟоуп.
25 Уи ауха Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Уаб ирахә рҟынтә ацәҵыс га, бжьышықәса зхыҵуа ацә*, уаб иитәу Ваа́л икәырбаннагарҭа ԥыххааса иқәҵа, иавагылоу иԥшьоу ашьаҟагьы* хҵәаны икажь. 26 Уи ахыхьчарҭа ахәаҿы ахаҳәқәа еиқәҵаны, Унцәа Иегова изы акәырбаннагарҭа ргыл. Нас уи ацәҵыс* уа ишеибгоу ирбылуа кәырбанҵас инаг, иԥуҟо иԥшьоу ашьаҟагьы мҿыс ухы иархәа». 27 Гедео́н 10-ҩык амаҵуцәа иманы дцан, Иегова ишиеиҳәаз еиԥш зегь ҟаиҵеит, аха уи ҽынла акәымкәа, уахынла иҟаиҵеит, избанзар иаб иҭынхацәеи ақалақь аҿы инхоз ауааи дрыцәшәон.
28 Адырҩаҽны ақалақь аҿы инхоз ауаа ашьыжь шаанӡа иангыла, ирбеит Ваа́л икәырбаннагарҭа ԥыххааса ишықәҵаз, уи иавагылаз иԥшьоу ашьаҟа шыхҵәаз, ацәҵысгьы ҿыц иргылаз акәырбаннагарҭаҿы ишеибгоу ирбылуа кәырбанҵас ишнагаз. 29 «Ари ҟазҵаз дызусҭада?» ҳәа еизҵаауа иалагеит. Иҟазҵаз данеилыркаа: «Иоа́с иԥа Гедео́н иоуп иҟазҵаз» — рҳәеит. 30 Усҟан ақалақь аҿы инхоз ауаа Иоа́с ус иарҳәеит: «Уҷкәын арахь даҳзааг, даҳшьыроуп, избанзар иара Ваа́л икәырбаннагарҭа ԥыххааса иқәиҵеит, иавагылаз иԥшьоу ашьаҟагьы хиҵәеит». 31 Иоа́с икәшаны игылаз ауаа ус реиҳәеит: «Шәара шәоума Ваа́л дзыхьчаша? Шәара шәоума уи деиқәзырхаша? Уи дзыхьчо абри ашьыжь иахымгаӡакәа дышьтәуп. Дынцәазар, ихала ихы ихьчааит, иара икәырбаннагарҭа ауми идырбгаз!» 32 Уи аҽны иара Гедео́н Иероваа́л* ихьӡиҵеит, иагьиҳәеит: «Ваа́л икәырбаннагарҭа ԥырҽзар, иара ихала ихы ихьчааит».
33 Мадиа́нааи, амали́кааи, Мрагылара инхоз ауааи рҽеидкыланы аӡиас ирын, рлагер Изрее́ль арха идыргылеит. 34 Убасҟан Гедео́н Иегова идоуҳа иоун, абыкь дасит*, Авиезе́р ишьҭра иатәқәазгьы ицхраарц иааит. 35 Иара Мана́ссиа идгьылқәа рахь ауаа ишьҭит, убасҟан Мана́ссиа ишьҭра иатәқәазгьы ицхраарц иааит. Иара убас ауаа ишьҭит Аси́ри, Завуло́ни, Неффали́ми рыдгьылқәа рахь, урҭгьы ицхраарц иааит.
36 Гедео́н Анцәа ду ус иеиҳәеит: «Ишуҳәахьаз еиԥш, Израиль снапала еиқәурхарц уҭахызар, 37 ачарыц ахьырҭәаҭәо ауасахәы шьҭасҵоит, аӡаӡа аласа мацара иақәнаҳәҳәар, аха аласа иаакәыршаны адгьыл бахҵәаӡа иаанхар, усҟан еилыскаауеит, ишуҳәахьаз еиԥш, Израиль сара снапала ишеиқәурхо». 38 Убас иагьыҟалеит. Адырҩаҽны Гедео́н ашьыжь шаанӡа дҩагылан, аласа ирҩеит, уи иалҵыз аӡы гәыблаа дук арҭәыр алшон. 39 Аха Гедео́н Анцәа ду ус иеиҳәеит: «Усзымгәаан, даҽазнык суҳәар сҭахын. Иҟалозар, аласа даҽазнык иԥысшәар сҭахуп. Адгьыл аҿы аӡаӡа ыҟазааит, аласа акәзар, ибахҵәаӡа иаанхааит». 40 Уи ауха Анцәа убас иагьыҟаиҵеит. Аласа заҵәык бахҵәаӡа иаанхеит, адгьыл аҿы акәзар, аӡаӡа ыҟан.
7 Иероваа́л, мамзаргьы Гедео́н, ицыз ауаагьы иаргьы ашьыжь шаанӡа игылан, аӡыхь Харо́д аҿы рлагер дыргылеит. Мадиа́наа рлагер аӡыхь Харо́д аҩадахьы, арха игылан, Море́ ҳәа изышьҭаз ахәаҿы. 2 Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Иуцу ауаа рацәоуп. Сара мадиа́наа шәысҭаӡом, израильаа рымчала аиааира ргазшәа аҽхәара иаламгарц азы. 3 Убри аҟынтә иуцу ауаа абас рылаҳәа: „Ишәо, зшьамхқәа аҟәара-ҟәараҳәа еиҵасуа иҩныҟа дхынҳәааит“». Убас Гедео́н урҭ ԥишәеит. Усҟан 22 000-ҩык рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит, иаанхеит 10 000-ҩык.
4 Аха Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Иуцу ауаа уеизгьы ирацәоуп. Рызегьы аӡахьы илбааит, уа сара урҭ ԥысшәоит. „Абри дуццоит“ ҳәа ззысҳәо дуццоит, „абри дуццаӡом“ ҳәа ззысҳәо дуццаӡом». 5 Гедео́н ауаа аӡахьы илбаарц реиҳәеит.
Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Ала аӡы шажәуа еиԥш знапаҟынтә аӡы зжәлои ишьамхышгыланы аӡы зжәлои еилых». 6 Знапаҟынтә аӡы зжәуаз 300-ҩык ҟалеит. Егьырҭ зегьы ишьамхышгыланы акәын аӡы шыржәуаз.
7 Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Сара знапаҟынтә аӡы зжәуаз 300-ҩык рыла шәеиқәсырхоит, мадиа́наагьы уриааиртә иҟасҵоит. Егьырҭ зегьы рыҩныҟақәа рахь ицааит». 8 Гедео́н 300-ҩык аанижьит, егьырҭ, афатәи абыкьқәеи рымхны, рыҩныҟақәа рахь идәықәиҵеит. Мадиа́наа рлагер ҵаҟа арха игылан.
9 Уи ауха Иегова Гедео́н ус иеиҳәеит: «Угыл, уақәла алагер, сара уи уара иусҭоит. 10 Ушәозар, умаҵуҩы Пу́ра думаны алагер ахь улбаа. 11 Мадиа́наа еибырҳәо уазыӡырҩы. Уи алагер уақәларц азы агәымшәара унаҭоит». Гедео́н имаҵуҩы Пу́ра диманы алагер ахь дылбааит.
12 Мадиа́нааи, амали́кааи, Мрагылара инхоз ауааи асаранча еиԥш арха иахыҵәеит, рмахҽқәа амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш ирацәан. 13 Гедео́н урҭ рааигәара днеит. Уа аӡәы иԥхыӡ даҽаӡәы изеиҭеиҳәон: «Абар избаз: ачаԥшь иалхыз ача гьежь кәымпылуа мадиа́наа рлагер ахь илбаауан, ақьала аҟынӡа ианнеи, ақьала каҳартә еиԥш иӷәӷәаны иасит, ихыршәҭныгьы иканажьит». 14 Убасҟан иҩыза ус иҳәеит: «Уи Израиль иатәу Иоа́с иԥа Гедео́н иаҳәа ауп. Анцәа мадиа́наагьы алагергьы зегьы уи ииҭеит».
15 Гедео́н аԥхыӡгьы уи иаанагозгьы шааиаҳаҵәҟьаз еиԥш Анцәа диеихырхәеит. Уи ашьҭахь иара израильаа рлагер ахь дхынҳәын, ус реиҳәеит: «Шәгыл, Иегова мадиа́наа рлагер ҳара иҳаиҭеит». 16 Анаҩс иара 300-ҩык ауаа х-гәыԥкны ишан, рыцыԥхьаӡа абыкьқәеи афакел зҭаз аԥҳал дуқәеи диркит. 17 Гедео́н урҭ ус реиҳәеит: «Сара шәсыхәаԥшла, иҟасҵогьы ҟашәҵала. Рлагер саназааигәахалак, иҟасҵо ҟашәҵала. 18 Исыцуи сареи абыкь* ҳанаслак, шәаргьы алагер шәакәшаны абыкь шәасуа ҿышәҭла: „Ари Иеговеи Гедео́ни реибашьра ауп!“».
19 Гедео́н ицыз 100-ҩык ауааи иареи аҵх агәахьы инеиаанӡа*, аҷаԥшьаҩцәа рҽанырыԥсах ашьҭахьҵәҟьа, алагер инадгылеит. Дара абыкь иасит, иркыз аԥҳалқәагьы ԥырҽит. 20 Рыхгәыԥкгьы рбыкьқәа ирысын, рыԥҳалқәа ԥырҽит. Дасу иарма напаҿы афакел икын, иарӷьа напаҿы — абыкь. Дара абыкь иасуа ҿырҭуан: «Ари Иеговеи Гедео́ни реибашьра ауп!» 21 Дара алагер иакәшаны дасу рҭыԥқәа рҿы игылан. Алагер аҿы иҟаз зегь еибарҳәҳәо иҩны идәықәлеит. 22 Урҭ 300-ҩык ахацәа иааҟәымҵӡакәа абыкь иасуан. Усҟан Иегова алагер аҿы иҟаз аибашьцәа дара-дара еибашьыртә иҟаиҵеит. Ар бналаны Бет-Ши́ттынӡа, Цере́ранӡагьы, Табба́т иҟоу Аве́л-Мехо́ла иаҵанакуаз аҭыԥқәа рҟынӡаҵәҟьагьы ицеит.
23 Усҟан Неффали́ми Аси́ри рышьҭра иатәыз израильааи Мана́ссиа ишьҭра иатәыз израильааи зегьы ирыԥхьеит, даргьы мадиа́наа ирышьҭалеит. 24 Гедео́н ефремтәи ашьхақәа зегь рахь ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭит, уа инхоз абас рарҳәарц азы: «Шәылбааны мадиа́наа шәрықәла, Иордан арырҭа ҭыԥқәеи уи аӡқәа ахьалало аҭыԥқәеи Бет-Ба́ранӡа ишәкы». Ефре́маа зегьы еизан, Иордан арырҭа ҭыԥқәеи уи аӡқәа ахьалалоз аҭыԥқәеи Бет-Ба́ранӡа иркит. 25 Иара убас дара мадиантәи ҩыџьа аҭауадцәа Ори́ви Зи́ви ркит. Ори́в Ори́в ицаҟьаҿы дыршьит, Зив — Зив ижьхәарҭаҿы. Дара мадиа́наа ирышьҭан, Ори́ви Зи́ви рыхқәа хҵәангьы Иорданҟа Гедео́н изнаргеит.
8 Ефре́маа Гедео́н ус иарҳәеит: «Абас заҳзууи? Мадиа́наа рабашьра узаҳмыԥхьеи?» Дара ргәы ԥжәаны ажәа имаркуан. 2 Иара урҭ ус реиҳәеит: «Иҟасҵеи сара, шәара иҟашәҵаз иаҿурԥшуазар? Ефрем иоуз аҵыхәтәантәи ажьымжәақәа еиҳа еиӷьӡами Авиезе́р иҭеигалаз аҽаҩра зегь аасҭа? 3 Анцәа мадиантәи аҭауадцәа Ори́ви Зи́ви шәыриааиртә иҟаиҵеит. Иҟасҵеи сара, шәара иҟашәҵаз иаҿурԥшуазар?» Абарҭ ажәақәа анраҳа, дара рҽааиқәыркит.
4 Уи ашьҭахь Гедео́н Иордан днеин, нырцәҟа дырит. Ицқәаз 300-ҩыки иареи ааԥсеит, аха раӷацәа ишрышьҭац ирышьҭан. 5 Убри аҟынтә иара Сукко́т инхоз ус реиҳәеит: «Сшәыҳәоит, исыцу ауаа ача рышәҭ. Дара ааԥсеит, ҳара мадиантәи аҳцәа Зеве́ии Цалму́ннеи ҳрышьҭоуп». 6 Аха Сукко́т аҭауадцәа ус иарҳәеит: «Зеве́ии Цалму́ннеи уриааихьоума, уеибашьцәа ача раҳҭартә еиԥш?» 7 Усҟан Гедео́н ус реиҳәеит: «Ибзиоуп, ус акәзар, Иегова имчала Зеве́ии Цалму́ннеи саныриааилак, ақәыц ала шәыбӷақәа рцәа рхысхуеит». 8 Уантәи иара Пенуе́лҟа дцеит, уа инхоз ауаа рҿгьы ача даҳәеит, аха урҭгьы Сукко́т инхоз ауаа реиԥш аҭак ҟарҵеит. 9 Усҟан Гедео́н Пенуе́л инхоз ус реиҳәеит: «Аиааира ганы саныхынҳәлак, шәбааш сырбгоит».
10 Зеве́ии Цалму́ннеи 15 000-ҩык раҟара аибашьцәа рыманы Карко́р иҟан. Мрагылара инхоз рыр аҟынтә иаанхаз урҭ ракәын. Дара аҳәала еибыҭаз 120 000-ҩык аибашьцәа рыцәҭахеит. 11 Гедео́н ақьалақәа рҿы инхоз рымҩала, Нава́хи Иогбе́геи рҟынтә мрагыларатәи аган ала ицоз амҩала дцеит, ар ргәырҽанӡамкәагьы дрықәлеит. 12 Мадиантәи аҳцәа Зеве́ии Цалму́ннеи иҩны идәықәлеит, аха иара урҭ дрышьҭалан икит, рыргьы иҟарҵо рзымдыруа иқәирхеит.
13 Иоа́с иԥа Гедео́н аибашьра аҟынтә Хере́с ихало амҩала дхынҳәит. 14 Амҩан Сукко́т инхоз ҷкәынак дитҟәан, иҿахәы иҿихит. Уи аҷкәын Сукко́т инхоз 77-ҩык аҭауадцәеи аиҳабацәеи рыхьӡқәа ҩны Гедео́н ииҭеит. 15 Усҟан иара Сукко́т инхоз рахь дцан, ус реиҳәеит: «„Зеве́ии Цалму́ннеи уриааихьоума, иааԥсаз уеибашьцәа ача раҳҭартә еиԥш“ ҳәа шәысхымыччози. Абар Зеве́ии Цалму́ннеи ахьыҟоу». 16 Анаҩс ақалақь аиҳабацәа ааникылан, ақәыц аашьҭыхны Сукко́т инхоз ахьирхәит. 17 Иара убас Пенуе́л иҟаз абааш ирбгеит. Ақалақь аҿы инхоз ахацәагьы ишьит.
18 Гедео́н Зеве́ии Цалму́ннеи «Фаво́р ашьхаҿы ишәшьыз ауаа зеиԥшрази?» ҳәа дразҵааит. Дара ус рҳәеит: «Урҭ зегьы уара иуеиԥшын, аҳ иԥацәа рсахьа рыман». 19 Иара иҳәеит: «Урҭ сан илхылҵыз сашьцәа ракәын. Зыԥсы ҭоу Анцәа Иегова имаҿоуп, урҭ шәрыламкьысызҭгьы, шәысшьӡомызт». 20 Иара иԥеиҳаб Иете́р ус иеиҳәеит: «Унеины наҟ ишьы». Аха арԥыс иаҳәа ҭимгаӡеит. Иара дшәон, избанзар дқәыԥшын. 21 Усҟан Зеве́ии Цалму́ннеи ус рҳәеит: «Уара ухаҭа ҳшьы, избанзар ауаҩы дзеиԥшроу еиԥш ауп имчгьы шыҟоу». Гедео́н Зеве́ии Цалму́ннеи ишьит, рмахҽқәа рыхәда ихшьыз амзаҿа аԥшра змаз ахәдахаҵақәагьы рхихит.
22 Ԥыҭрак ашьҭахь израильаа Гедео́н ус иарҳәеит: «Уаҳхагыл уара. Уҷкәыни умоҭеи ҳхагылазааит, избанзар мадиа́наа рҟынтә ҳаиқәурхеит». 23 Гедео́н урҭ ус реиҳәеит: «Саргьы сышәхагылаӡом, сыҷкәынгьы дышәхагылаӡом, Иегова дышәхагылазаауеит». 24 Анаҩс Гедео́н иациҵеит: «Амала, аказы сшәыҳәоит: дасу аибашьра иалигаз аҟынтә рԥынҵа иарҭо мацәазк-мацәазк сиҭааит». (Аибашьра иаҵахаз рԥынҵа иарҭо ахьтәы мацәазқәа рыман, избанзар измаи́лаа ракәын.) 25 Дара ус рҳәеит: «Ишԥауаҳамҭо». Нас амаҭәа неиҵыхны ишьҭарҵан, дасу иигаз аҟынтә рԥынҵа иарҭо мацәазк-мацәазк анырыԥсалеит. 26 Ахьтәы мацәазқәа рыкапан 1 700 ше́кель* ҟалеит. Уи адагьы дара Гедео́н ирҭеит амзаҿа аԥшра змаз арԥшӡагақәа, ахьнырҳалақәа, апурпурԥштәы змаз аласа иалхыз мадиантәи аҳцәа рымаҭәа, иара убас амахҽқәа рыхәда иахаз ахәдахаҵақәа.
27 Гедео́н уи иалхны аефо́д ҟаиҵан, О́фра иргылеит, иқалақь аҿы. Израиль зегьы аефо́д иамҵахырхәо иалаган, Анцәа ицәхьаҵит. Уи Гедео́н иҩнаҭеи иареи шьацҳәаны ирзыҟалеит.
28 Абасала израильаа мадиа́наа ириааит. Мадиа́наагьы урҭ уаҳа ԥырхага рырҭомызт. Гедео́н ихаан 40 шықәса адгьыл аҿы аҭынчра ыҟан.
29 Иоа́с иԥа Иероваа́л иҩныҟа дхынҳәит, уа дагьынхон.
30 Гедео́н 70-ҩык аԥацәа иман, избанзар аҳәса рацәаны иман. 31 Шехе́м инхоз иҳәса руаӡәкгьы аԥа длоуит. Иара уи Авимеле́х ихьӡиҵеит. 32 Иоа́с иԥа Гедео́н ақәра ду ниҵит. Данԥсы Авиезе́р ихылҵқәаз рықалақь О́фра иҟоу иаб идамраҿы дыржит.
33 Гедео́н данԥсы ашьҭахь израильаа еиҭах Ваа́лқәа реихырхәара иалаган, Анцәа иҿагылеит. Дара Ваа́л-Бери́т нцәас дҟарҵеит. 34 Израильаа иаарыкәыршаны иҟаз раӷацәа рҟынтә еиқәзырхаз Рынцәа Иегова дырхашҭит, 35 Иероваа́л, мамзаргьы Гедео́н, иҩнаҭа иатәыз рахьгьы ақьиара* аадмырԥшӡеит, иара Израиль азы абриаҟара шыҟаиҵазгьы.
9 Иероваа́л иԥа Авимеле́х Шехе́мҟа иан лашьцәа рахь дцан, иабду иҩнаҭа иатәыз* зегьи иан лашьцәеи ус реиҳәеит: 2 «Шехе́м инхо* абас шәразҵаа: „Еиҳа еиӷьуи шәара шәзы: Иероваа́л иԥацәа 70-ҩык шәхагылазар акәу, аӡәы дышәхагылазар акәу? Иагьшәхашәмыршҭын сара шәшьа-шәда* сшалҵыз“».
3 Ианшьцәа иажәақәа Шехе́м инхоз рҟынӡа инаргеит, урҭгьы «ҳашьа иоуп» рҳәан, Авимеле́х иган ааныркылеит. 4 Дара Ваа́л-Бери́т иныҳәарҭаҟынтә 70 ше́кель* араӡны рган, Авимеле́х ирҭеит. Иара уи аԥара усда-ҳәысда игәараз, ламыс зламыз ауаа ириҭеит. 5 Нас урҭ иманы иаб иҩнаҭахьы О́фраҟа дцан, хаҳәк аҿы иашьцәа зегьы ишьит — Иероваа́л иԥацәа 70-ҩык. Иероваа́л иԥеиҵбы Иофа́м заҵәык деиқәхеит, избанзар иҽиҵәахит.
6 Уи ашьҭахь Шехе́ми Бет-Ми́ллои рҿы инхоз зегьы Шехе́м иҟаз ашьаҟа азааигәара игылаз аҵла ду амҵан еизан, Авимеле́х аҳас дҟарҵеит.
7 Иофа́м уи зегь анизеиҭарҳәа, ашьха Гаризи́м ақәцә дхалан, ибжьы ҭыганы ҿааиҭит: «Шәысзыӡырҩы, Шехе́м инхо! Шәысзыӡырҩы, Анцәагьы дышәзыӡырҩуеит!
8 Ҽнак зны аҵлақәа рхазы аҳ далырхырц рыӡбеит. Дара амаслинаҵла ус арҳәеит: „Уара уаҳхагыл“. 9 Аха амаслинаҵла ус аҳәеит: „Анцәеи ауааи злаҳараркуа сыхәша шԥаансыжьуеи, сымахәқәа рҵысуа егьырҭ аҵлақәа сырхыҳәҳәалоит ҳәа?“ 10 Усҟан аҵлақәа алаҳаҵла ус арҳәеит: „Уара уаҳхагыл“. 11 Аха алаҳаҵла ус аҳәеит: „Сшәыр хаақәа шԥаансыжьуеи, сымахәқәа рҵысуа егьырҭ аҵлақәа сырхыҳәҳәалоит ҳәа?“ 12 Усҟан аҵлақәа аӡахәа ус арҳәеит: „Уара уаҳхагыл“. 13 Аӡахәа ус аҳәеит: „Анцәеи ауааи ргәы зыргәырӷьо сҩы шԥаансыжьуеи, сымахәқәа рҵысуа егьырҭ аҵлақәа сырхыҳәҳәалоит ҳәа?“ 14 Аҵыхәтәаны аҵлақәа зегьы амаӷ злыҳәҳәо иҟаз ачықь ус арҳәеит: „Уаҳхагыл уара“. 15 Усҟан ачықь ус аҳәеит: „Ииашаҵәҟьаны аҳас сҟашәҵарц шәҭахызар, шәааины сышәшьыра шәыҵагыл. Мап акәзар, сара сҟынтәи амца хәыҵҟьаны ливантәи акедрқәа ықәыццышәаа иагоит“.
16 Авимеле́х аҳас дахьыҟашәҵаз ииашаны, ибзианы иҟашәҵеит ҳәа шәгәы иаанагома? Иероваа́л иҩнаҭеи иареи ибзианы шәрызныҟәама? Ишиқәнагаз еиԥш аума Иероваа́л шәышизныҟәаз? 17 Саб шәара шәзы данеибашьуаз, мадиа́наа рҟынтә шәеиқәирхарц азы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылон. 18 Аха шәара иахьа саб иҩнаҭа шәаҿагылеит, 70-ҩык иԥацәагьы хаҳәк аҿы ишәшьит, имаҵуҩԥҳәыс лыҷкәын Авимеле́х дахьшәашьаз азы аҳас дышәхашәыргылеит. 19 Иахьа Иероваа́л иҩнаҭеи иареи ииашаны, ибзианы шәрызныҟәазар, Авимеле́х шәилагәырӷьала, иаргьы дшәылагәырӷьалааит. 20 Ус акәымзар, Авимеле́х иҟынтә амца хәыҵҟьаны Шехе́м инхои Бет-Ми́лло инхои ықәыццышәаа иагааит. Шехе́м инхои Бет-Ми́лло инхои рҟынтәгьы амца хәыҵҟьаны Авимеле́х дықәыццышәаа дагааит».
21 Уи ашьҭахь Иофа́м дыбналаны Бее́рҟа дцан, уа анхара далагеит, избанзар иашьа Авимеле́х дицәшәон.
22 Авимеле́х Израиль хышықәса аҳра иуан*. 23 Нас Анцәа Авимеле́хи Шехе́м инхоз ауааи аиӷара рыбжьалартә алиршеит, убри аҟынтә дара Авимеле́х гьангьашрала изныҟәо иалагеит. 24 Ус изыҟалаз Иероваа́л иԥацәа 70-ҩык рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа иахьыршьыз азоуп, Авимеле́х иакәзар, иашьцәа ршьа ахькеиҭәаз азы иқәнага дақәшәарц, Шехе́м инхо ракәзар, урҭ рышьра иахьицхрааз азы рықәнага иақәшәарц. 25 Шехе́м инхоз ауаа Авимеле́х ԥырхага ирҭаларц азы ашьхақәа рықәцәқәа рҿы амҩақәа кны итәан, ииасны ицозгьы дырҳәуан. Уи Авимеле́х иҟынӡа инаргеит.
26 Анаҩс Еве́д иҷкәын Гаа́л иашьцәа иманы Шехе́мҟа днеит, шехемаагьы иара иган ааныркылеит. 27 Дара аӡахәаҭрақәа рахь ицан, ажьҭаара иалагеит, нас ирҭааз ажь рхәан, аныҳәа ду ҟарҵеит. Уи ашьҭахь рынцәа иҩнахьы ицеит. Уа ирфон-иржәуан, Авимеле́хгьы дыршәиуан. 28 Еве́д иԥа Гаа́л ус иҳәеит: «Дызусҭада Иероваа́л иԥа Авимеле́х? Дызусҭада Шехе́м иахаиргылаз ицхырааҩ Зеву́лгьы? Урҭ рымаҵ заҳаури? Шехе́м иаб Хамо́р ихылҵқәаз рымаҵ ҳаулар еиӷьми! Авимеле́х имаҵ заҳаури? 29 Ари ажәлар сара исыдгылазҭгьы, Авимеле́х дахысҳәон». Уи ашьҭахь Гаа́л Авимеле́х ус иеиҳәеит: «Ур еизганы уҳабашь».
30 Ақалақь аҿы ҭауадс иҟаз Зеву́л Еве́д иԥа Гаа́л ииҳәаз аниаҳа, даараӡа иԥсахы еибакит. 31 Иара маӡала* Авимеле́х иахь ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭит, абас иарҳәарц азы: «Еве́д иԥа Гаа́л иашьцәеи иареи Шехе́мҟа иаан, ақалақь аҿы инхо уҿадыргыларц иаҿуп. 32 Убри аҟынтә ианылашьцалак, ауаа уманы уаа, ақалақь анҭыҵгьы шәҽыҵәахны шәтәа. 33 Ашьыжь шаанӡа, амра шаагылалак еиԥш, ақалақь шәақәла. Гаа́л иуаа иманы дануҿагылалак, уиааирц азы иулшо зегь ҟаҵа».
34 Авимеле́х иуааи иареи алашьцара рҽалакны иаан, Шехе́м иақәларц азы ԥшь-гәыԥкны рҽеиҩыршан, рҽыҵәахны итәеит. 35 Еве́д иԥа Гаа́л ақалақь агәашә дҭыҵны дангыла, Авимеле́х иуааи иареи рҽыҵәахны иахьтәаз аҟынтә идәықәлеит. 36 Урҭ аниба, Гаа́л Зеву́л ус иеиҳәеит: «Уԥшы, ашьха аҟынтә ауаа лбаауеит». Аха Зеву́л ус иҳәеит: «Ашьхақәа рыгага ауаа ракәушәа унарбоит».
37 Ԥыҭрак ашьҭахь Гаа́л ус иҳәеит: «Уԥши, ауаа адгьыл агәҭа иҟоу аҳаракыраҟынтә илбаауеит. Гәыԥк аҵла ду Меонни́м аганахь ала иаауеит». 38 Усҟан Зеву́л ус иҳәеит: «„Дызусҭада Авимеле́х имаҵ ҳаулартә еиԥш“ ҳәа умҳәози. Уара урҭ атәоумбаӡеит, ус ами? Уажәшьҭа уцаны урабашь».
39 Гаа́л Шехе́м инхоз раԥхьа днагылан, Авимеле́х диабашьит. 40 Авимеле́х Гаа́л дишьҭалеит, аха Гаа́л уи дицәыбналеит; иршьыз ауаа рацәан, ақалақь агәашәқәа рҟынӡа ауаа шьны икажьын.
41 Авимеле́х Ару́м даанхеит, Зеву́л иакәзар, Гаа́л иашьцәеи иареи Шехе́м иқәицеит. 42 Адырҩаҽны ауаа ақалақь иалҵит. Уи Авимеле́х иҟынӡа инаргеит. 43 Усҟан иара ауаа х-гәыԥкны ишан, ақалақь анҭыҵ иҽыҵәахны днатәеит. Ауаа ақалақь ишалҵуаз аниба, дрықәлан ишьит. 44 Авимеле́х ируааи иареи ақалақь агәашәқәа рахь еихеит, егьырҭ ҩ-гәыԥк ақалақь анҭыҵ иҟаз ирықәлан, зегь ршьит. 45 Авимеле́х аҽнынтәарак ақалақь дабашьуан, иагьигеит. Иара уа инхоз ауаа ишьит, уи ашьҭахь ақалақь ԥыххааса иқәиҵеит, аџьыкахышгьы ақәиԥсеит.
46 Шехемтәи абааш аҿы инхоз уи анраҳа, иаразнак Ел-Бери́т* иныҳәарҭаҿы иҟаз аҽыҵәахырҭахь ицеит. 47 Авимеле́х шехемтәи абааш аҿы инхоз зегьы џьарак ишеизаз аниарҳәа, 48 иуааи иареи ашьха Цалмо́н ахь ихалеит. Авимеле́х аиха аашьҭихын, аҵла амахә хҵәаны иҟәаҟәа иқәиҵан, иуаа ус реиҳәеит: «Иҟасҵо ҟашәҵала! Шәласы!» 49 Аибашьцәа аҵла амахәқәа хырҵәан, Авимеле́х ишьҭаланы идәықәлеит. Дара урҭ амахәқәа абааш иаакәыршаны ишьҭарҵан, амца ацрарҵеит. Шехемтәи абааш аҿы иҟаз ауаа зегь ҭахеит, 1 000-ҩык раҟара ахацәеи аҳәсеи.
50 Авимеле́х Теве́цҟа дцан, уи ақалақь амацәаз иҭеикит, иагьигеит. 51 Ақалақь агәҭаны абааш ӷәӷәа гылан. Ахацәеи аҳәсеи зегьы — ақалақь аҿы инхоз зегьы — иҩны уахь ицеит. Дара уа рҽыҩнаркын, ахыбрахь ихалеит. 52 Авимеле́х абааш ахь иҿынеихеит, иԥыххааса иқәиҵарц азы. Амца ацреиҵарц азы абааш аҩналарҭа данаадгыла, 53 ԥҳәыск хыхьынтәи алу лыршәын, ихы иаалырхеит, ихгьы ԥылҽит. 54 Авимеле́х иаразнак иабџьарныҟәгаҩ дааиԥхьан, ус иеиҳәеит: «Уаҳәа ҭыганы сшьы, „аԥҳәыс дылшьит“ ҳәа сзырымҳәарц азы». Убасҟан иабџьарныҟәгаҩ аҳәа илеиҵеит, иаргьы дыԥсит.
55 Израильаа Авимеле́х дшыԥсыз анырба, рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит. 56 Убасала Анцәа Авимеле́х иқәнага дақәиршәеит, 70-ҩык иашьцәа шьны, иаб ацәгьара ахьизиуз азы. 57 Шехе́м инхоз иҟарҵаз ацәгьарагьы Анцәа иаарҳәны рхы иҭаирԥеит, Иероваа́л иԥа Иофа́м ииҳәаз ашәиԥхьыӡгьы наӡеит.
10 Авимеле́х данԥсы ашьҭахь Израиль еиқәырхаҩыс дҟалеит Иссаха́р ишьҭра иатәыз До́до иԥа Пу́а иԥа То́ла. Иара ефремтәи ашьхақәа рҿы Шами́р дынхон. 2 То́ла 23 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан, нас иара дыԥсит. Уи Шами́р анышә дарҭеит.
3 Уи ишьҭахь ӡбаҩыс дҟалеит Галаа́д иатәыз Иаи́р. Иара 22 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан. 4 Иаи́р 30-ҩык аԥацәа иман. Урҭ 30 ҽада ирықәтәан. Дара 30 қалақь рыман. Урҭ ақалақьқәа иахьа уажәраанӡагьы Хавво́т-Иаи́р ҳәа ирышьҭоуп. Урҭ ақалақьқәа Галаа́д иҟоуп. 5 Уи ашьҭахь Иаи́р дыԥсит. Иара Камо́н анышә дарҭеит.
6 Израильаа еиҭах Иегова ицәымӷу аҟаҵара иалагеит. Дара Ваа́лқәеи Аста́ртақәеи рымаҵ руан, иара убас Ара́ми*, Сидони, Моа́ви рынцәахәқәеи аммо́нааи филисти́мааи рынцәахәқәеи рымаҵ руан. Дара Иегова даанрыжьит, имаҵ аурагьы иаҟәыҵит. 7 Иегова израильаа игәы рзыԥжәеит, убри аҟынтә урҭ филисти́мааи аммо́нааи ириҭеит. 8 Уи ашықәс азы урҭ израильаа ԥсгаха рырҭомызт, рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа идыргәаҟуан. Дара 18 шықәса Иордан нырцә иҟаз аморе́иаа рыдгьыл Галаа́д аҿы инхоз израильаа дыргәаҟуан. 9 Уи азмырхаӡакәа, аммо́наа Иудеи, Вениамини, Ефреми рабиԥарақәа ирабашьларц азы Иордан ируан. Израильаа рыԥсҭазаара даараӡа ицәгьан. 10 Убасҟан дара ӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова ацхырааразы иҳәара иалагеит. Дара ирҳәон: «Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵеит, избанзар уара, Ҳанцәа, уааныжьны, Ваа́лқәа рымаҵ аура ҳалагеит».
11 Иегова израильаа ус реиҳәеит: «Сара Египет шәалызгеит, шәагьеиқәсырхеит аморе́иааи, аммо́нааи, филисти́мааи, 12 сидо́нааи, амали́кааи, мадиа́нааи рҟынтә. Урҭ ԥсгаха аншәырымҭоз, шәандыргәаҟуаз, ацхырааразгьы шәансыҳәоз, сара шәеиқәсырхон. 13 Аха шәара шәааҳәны егьырҭ анцәақәа рымаҵ аура шәалагеит, убри аҟынтә уаҳа шәеиқәсырхалаӡом. 14 Шәцаны иалшәхқәаз анцәақәа ацхырааразы шәрыҳәала. Дара шәеиқәдырхалааит». 15 Аха израильаа Иегова ус иарҳәеит: «Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵеит, иуҭаху ҳазу. Амала, ҳуҳәоит, абыржәы ҳаиқәырха». 16 Дара атәым нцәақәа ықәырган, Иегова имаҵ аура иалагеит. Убри аҟынтә иара урҭ шгәаҟуаз уаҳа дзахәаԥшӡомызт.
17 Ԥыҭрак ашьҭахь аммо́наа ар еизырган, Галаа́д рлагер дыргылеит, израильаагьы еизан, рлагер Ми́цпа идыргылеит. 18 Галаа́д инхоз ажәлари аҭауадцәеи ус рҳәеит: «Ҳаԥхьа игыланы аммо́наа рабашьра ицо Галаа́д инхо зегьы дырхагылазаауеит».
11 Галаа́д иатәыз Иеффа́и деибашьҩы ӷәӷәан. Иара акаҳԥы лԥа иакәын. Иаб Галаа́д ихьӡын. 2 Галаа́д иԥҳәысгьы аԥацәа лхылҵит. Урҭ ианрызҳа Иеффа́и ддәылырцеит, абасгьы иарҳәеит: «Уара ҳаб имазара аҟынтә акгьы уоуӡом, избанзар уара даҽа ԥҳәыск улԥоуп». 3 Иеффа́и иашьцәа дырцәыбналан, Тов адгьыл аҿы анхара далагеит. Иара усурада иқәхаз ауаа рыҽидыркылеит, ԥхьагылаҩысгьы дырзыҟалеит.
4 Ԥыҭрак ашьҭахь аммо́наа израильаа ирабашьуа иалагеит. 5 Аммо́наа Израиль ианақәла, Галаа́д аиҳабацәа иаразнак Иеффа́и ишьҭаланы Тов адгьыл ахь ицеит. 6 Дара ус иарҳәеит: «Ҳуҳәоит, ухынҳәы, ҳар урхагыланы аммо́наа урабашь». 7 Аха Иеффа́и ус реиҳәеит: «Шәара убриаҟара сышәцәымӷын, саб иҩныҵәҟьа сдәылышәцеит. Уажәы, арыцҳара шәанақәшәа, сара сахь шәзааи?» 8 Галаа́д аиҳабацәа ус рҳәеит: «Убри азоуп ҳзааз. Уҳацны уцар, аммо́наагьы урабашьыр, Галаа́д инхо урхаҳаргылоит». 9 Иеффа́и ус иҳәеит: «Ибзиоуп, аммо́наа срабашьырц сшәыцны сцоит. Иегова урҭ риааира дсыцхраар, хадас сышәзыҟалоит». 10 Галаа́д аиҳабацәа ус иарҳәеит: «Иегова шаҳаҭс* дҳамазааит, дагьҳақәыӡбааит, ишуҳәаз еиԥш иҟаҳамҵар». 11 Убасҟан Иеффа́и Галаа́д аиҳабацәа дрыцны дцеит, ажәларгьы уи ар реиҳабыс дҟарҵеит. Иара Ми́цпа Иегова иҿаԥхьа иажәақәа еиҭах еиҭеиҳәеит.
12 Уи ашьҭахь Иеффа́и аммо́наа раҳ иахь ауаа ишьҭит, ус иазҵаарц: «Иуҭахи сара сҟынтә? Сыдгьыл узақәлеи?» 13 Аммо́наа раҳ Иеффа́и иааишьҭыз ауаа ус реиҳәеит: «Израиль Египет ианалҵ, Арно́н инаркны Иаво́кынӡа, Иордан аҟынӡаҵәҟьагьы, сыдгьыл ргеит. Уажәшьҭа арахь иурхынҳәыр еиҳа еиӷьхон». 14 Аха Иеффа́и еиҭах аммо́наа раҳ иахь ауаа ишьҭит, 15 ус иарҳәарц:
«Абас иҳәоит Иеффа́и: „Израильаа моа́вааи аммо́нааи рыдгьылқәа рымгаӡеит. 16 Израильаа Египет ианалҵ, ацәҳәыра иқәланы Амшын ҟаԥшь аҟынӡа ицеит, нас Каде́ш инеит. 17 Уи ашьҭахь израильаа едомтәи аҳ иахь ацҳаражәҳәаҩцәа рышьҭит, абас иарҳәарц: ‚Удгьыл ҳалсны ҳцарц азин ҳаҭ‘. Аха едомтәи аҳ азин римҭаӡеит. Израильаа моа́втәи аҳ иахьгьы ацҳаражәҳәаҩцәа рышьҭит, аха уигьы дақәшаҳаҭымхаӡеит, убри аҟынтә израильаа Каде́ш иаанхеит. 18 Израильаа ацәҳәыра иқәланы ианцоз, Едо́ми Моа́ви ираҩсны ицеит. Дара Моа́в шыҟаз мрагыларала ицан, Арно́н азааигәара рлагер дыргылеит. Урҭ Моа́в иаламлаӡеит, избанзар Арно́н Моа́в аҳәаа акәын.
19 Уи ашьҭахь израильаа Хешбо́н аҳ, аморе́иаа раҳ Сихо́н иахь ацҳаражәҳәаҩцәа рышьҭит, абас иарҳәарц: ‚Ҳуҳәоит, удгьыл ҳалсны ҳадгьыл ахь ҳцарц азин ҳаҭ‘. 20 Аха Сихо́н израильаа рыгәра имгаӡеит, идгьыл иалсны ицаргьы имуӡеит. Иара ир зегь еидикылеит, нас илагер Иаха́ц иргылан, израильаа рабашьра далагеит. 21 Израильаа Рынцәа Иегова Сихо́н ижәлари иареи израильаа ириҭеит. Израильаа урҭ ириааин, уи аҭыԥ аҿы инхоз аморе́иаа рыдгьыл ргеит. 22 Убасала Арно́н инаркны Иаво́к аҟынӡа, насгьы ацәҳәыра инаркны Иордан аҟынӡа ишьҭаз аморе́иаа рыдгьыл зегьы дара иртәхеит.
23 Израильаа Рынцәа Иегова ари адгьыл ижәлар ириҭарц азы аморе́иаа ықәицеит. Уажәшьҭа уара израильаа ықәуцар уҭахума? 24 Шәара шәынцәа Кемо́ш ишәиҭо шәымгаӡои? Убас еиԥш ҳаргьы Ҳанцәа Иегова иқәицо зегь ықәаҳцоит. 25 Узлаиеиӷьуи уара Циппо́р иԥа Вала́к, моа́втәи аҳ? Иара зныкыр израильаа ажәа рымеикхьазма, мамзаргьы драбашьхьазма? 26 Израильаа Хешбо́ни уи иаҵанакуа ақалақьқәеи, Арое́ри уи иаҵанакуа ақалақьқәеи, Арно́н аԥшаҳәаҿы ишьҭоу ақалақьқәеи рҿы инхоижьҭеи абар уажәшьҭа 300 шықәса ҵуеит. Шәабаҟаз уажәраанӡа? Уаанӡа изрымшәымхуази? 27 Сара уара уҿаԥхьа агәнаҳа ҟасымҵаӡеит, аха уара усықәлар уҭахуп. Иҟауҵо иашаӡам. Иегова, Аӡбаҩ, иахьа израильааи аммо́нааи рус еилиргааит“».
28 Аха аммо́наа раҳ Иеффа́и инаишьҭыз ауаа ирҳәаз дазымӡырҩӡеит.
29 Иеффа́и Иегова идоуҳа иоун, Галаа́ди Мана́ссиа идгьылқәеи дрылсны, Галаа́д иҟоу Ми́цпанӡа* днеит. Уантәи аммо́наа рахь дцеит.
30 Иеффа́и Иегова ажәа ииҭеит: «Аммо́наа риааира усыцхраар, 31 аиааира ганы саныхынҳәлак, сыҩны идәылҵны исԥыло Иегова дитәхоит. Сара уи ирбылуа кәырбанс* Анцәа дисҭоит».
32 Иеффа́и аммо́наа рабашьра дцеит, Иеговагьы урҭ риааира дицхрааит. 33 Иеффа́и урҭ ԥыххааса иқәиҵеит. Арое́р инаркны Минни́т аҟынӡа, Аве́л-Керами́м аҟынӡаҵәҟьагьы 20 қалақь игеит. Убасала израильаа аммо́наа ириааит.
34 Аҵыхәтәаны Иеффа́и иҩныҟа, Ми́цпаҟа, дааит. Иԥҳа ахьархьарқәа змоу адаул дасуа, дкәашо диԥылеит. Хшарас имаз лара заҵәык лакәын, уаҳа ԥагьы димамызт, ԥҳагьы димамызт. 35 Иԥҳа даниба, Иеффа́и имаҭәа ишәхаԥижәан, ҿааиҭит: «Сыԥҳа, сгәы еиҟәыбжәеит*, избанзар уажәшьҭа бареи сареи ҳаиԥырҵыр* акәхоит! Сара Иегова ажәа исҭеит, еилазгаргьы ҟалаӡом».
36 Лара лаб ус иалҳәеит: «Саб, Иегова ажәа иуҭазар, уажәа инақәыршәаны усызныҟәа, избанзар уаҳаҭыразы Иегова уаӷацәа, аммо́наа, рықәнага иақәиршәеит». 37 Анаҩс лаб ус иалҳәеит: «Амала, аказы суҳәоит: ҩымз ҳәа соушьҭ, сҩыза ӡӷабцәа сыманы ашьхаҟа сцоит, уа ахаан аҭаацәара сахьаламло азы сҵәыуалоит».
38 Лаб «бца» иҳәан, ҩымз ҳәа доуишьҭит. Лара лҩыза ӡӷабцәа лыманы ашьхаҟа дцеит, ахаан аҭаацәара дахьаламло азы дҵәыуаларц. 39 Ҩымз рышьҭахь лара лаб иахь дхынҳәит, иаргьы иажәа наигӡеит. Лара ахаан ахаҵа длымбаӡацызт. Израильгьы абри аҩыза аҵас* шьҭырхит: 40 есышықәса, шықәсык ахь ԥшьымш, израильтәи аҭыԥҳацәа Галаа́д иатәыз Иеффа́и иԥҳа лгәы шьҭырхларц* иаауан.
12 Ефре́маа рҽааидыркылан, аӡиас ирны Цафо́нҟа* иааит. Дара Иеффа́и ус иарҳәеит: «Аммо́наа рабашьра уанцоз ҳара изҳаумҳәеи? Уҩнгьы уаргьы амца шәыцраҵаны шәаҳбылуеит». 2 Аха Иеффа́и урҭ ус реиҳәеит: «Сыжәлари сареи аммо́наа ҳанрабашьуаз, шәсыцхраарц сшәыҳәеит, аха шәара шәмааиӡеит. 3 Шәшысмыцхраауа анеилыскаа, сыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, аммо́наа сырҿагылеит. Иегова урҭ риааира дсыцхрааит. Избан, нас, иахьа сара шәсабашьырц шәзааз?»
4 Иеффа́и Галаа́д инхоз зегь еизиган, ефре́маа драбашьит, дагьыриааит. Убасала «шәара, Ефреми Мана́ссиеи ирыланхо галаа́даа, ибналаны ицаз ефре́маа шәоуп» ҳәа зҳәоз ефре́маа аҵахеит. 5 Галаа́даа ефре́маа ираԥысын, Иордан арырҭа ҭыԥқәа ркит. Ибналаны ицоз ефре́маа аӡиас ирырыц анырҭахыз, галаадаа ус иразҵаауан: «Уара ефре́маа уреиуоума?» Ефрем иатәыз «мамоу» ҳәа аниҳәалак, 6 ус иарҳәон: «Иҳәа шибболе́т». Иара «сибболе́т» иҳәон, избанзар уи ажәа ииашаны изҳәаӡомызт. Усҟан даанкыланы убраҵәҟьа Иордан арырҭаҿы дыршьуан. Уи аамҭазы 42 000-ҩык ефре́маа ҭахеит.
7 Галаа́д иатәыз Иеффа́и 6 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан. Уи ашьҭахь иара дыԥсит, анышәгьы иқалақь Галаа́д дарҭеит.
8 Уи ишьҭахь Израиль ӡбаҩыс дыҟан Вифлеем иатәыз Ивца́н. 9 Иара иман 30-ҩык аԥацәеи 30-ҩык аԥҳацәеи. Иԥҳацәа иабшьҭра иатәымыз ахацәа ириҭеит, иԥацәагьы иабшьҭра иатәымыз 30-ҩык аҳәса рзааигеит. Иара Израиль 7 шықәса ӡбаҩыс дыҟан. 10 Ивца́н дыԥсит, Вифлеемгьы анышә дарҭеит.
11 Уи ишьҭахь Израиль ӡбаҩыс дыҟан Завуло́н ишьҭра иатәыз Ело́н. Иара 10 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан. 12 Нас Ело́н дыԥсит, иара Завуло́н идгьыл аҿы Аиало́н анышә дарҭеит.
13 Уи ишьҭахь Израиль ӡбаҩыс дыҟан Пирафо́н иатәыз Гилле́л иԥа Авдо́н. 14 Иара иман 40-ҩык аԥацәеи, 30-ҩык амоҭацәеи. Дара 70 ҽада ирықәтәан. Иара 8 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан. 15 Пирафо́н иатәыз Гилле́л иԥа Авдо́н дыԥсит. Иара амали́каа рышьхаҿы ишьҭаз ефре́маа рыдгьыл аҿы, Пирафо́н, анышә дарҭеит.
13 Израильаа еиҭах Иегова ицәымӷу аҟаҵара иалагеит, убри аҟынтә Иегова урҭ 40 шықәса ҳәа филисти́маа ириҭеит.
2 Уи аамҭазы Цо́ра дынхон Дан ишьҭра иатәыз Мано́и зыхьӡыз хаҵак. Иԥҳәыс ахшара длоуӡомызт, лара ахәыҷқәа лымаӡамызт. 3 Ҽнак зны Иегова имаалықь длызцәырҵын, ус леиҳәеит: «Бара ахшара дбоуӡом, ахәыҷқәагьы бымаӡам, аха бцәабтәымкәа бҟалоит, аԥагьы дбоуеит. 4 Уаҳа аҩи иџьбароу арыжәтәқәеи бымжәлан, ицқьам ҳәагьы акгьы бымфалан. 5 Бара бцәабтәымкәа бҟалоит, аԥагьы дбоуеит. Иара ихцәы химҵәалароуп, избанзар данилак инаркны Анцәа иназореи иакәхоит. Иара израильаа филисти́маа рҟынтә еиқәирхалоит».
6 Уи аԥҳәыс лхаҵа иахь дцан, ус иалҳәеит: «Сара Анцәа иуаҩы дысзааит. Уи Анцәа имаалықь диеиԥшын, иԥшра-исахьа угәы архыҭхыҭуан. Сара уабатәиу ҳәа симазҵааӡеит, иаргьы ихьӡ имҳәаӡеит. 7 Иара ус сеиҳәеит: „Бара бцәабтәымкәа бҟалоит, аԥагьы дбоуеит. Уаҳа аҩи иџьбароу арыжәтәқәеи бымжәлан, ицқьам ҳәагьы акгьы бымфалан, избанзар иара данилак инаркны дыԥсаанӡа Анцәа иназореи иакәзаауеит“».
8 Мано́и Иегова иҳәара далагеит: «Суҳәоит, Иегова, иааушьҭыз ауаҩы еиҭах даҳзааиааит, иираны иҟоу ахәыҷгьы дшаҳааӡаша ҳаиҳәааит». 9 Анцәа ду Мано́и ииҳәаз иаҳаит, Анцәа имаалықьгьы даҽазнык аԥҳәыс лахь днеит. Усҟан лара адәаҿы дыҟан, лхаҵа Мано́и лааигәара дыҟаӡамызт. 10 Аԥҳәыс дыҩны лхаҵа иахь дцан, ус иалҳәеит: «Исзааихьаз ауаҩы еиҭах дааит».
11 Мано́и иԥҳәыс длыцны уи ауаҩ иахь днеин, диазҵааит: «Уара уоума сыԥҳәыс илацәажәоз?» — «Ааи, сара соуп», — иҳәеит уи. 12 Мано́и ус иҳәеит: «Уажәақәа наӡааит! Аха ахәыҷы иԥсҭазаашьахои, насгьы иҟаиҵалар акәхои?» 13 Иегова имаалықь Мано́и ус иеиҳәеит: «Уԥҳәыс иласҳәаз зегь ҟалҵароуп. 14 Лара аӡахәа иҿало акгьы лымфароуп, аҩи иџьбароу егьырҭ арыжәтәқәеи лымжәыроуп, ицқьам ҳәагьы акгьы лымфароуп. Иласҳәаз зегьы ҟалҵалааит».
15 Мано́и Иегова имаалықь ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, уаангыл, аӡыс узаҳшьуеит». 16 Иегова имаалықь Мано́и ус иеиҳәеит: «Саангыларгьы, исфаӡом. Иегова ирбылуа акәырбан изноугар уҭахызар, изнаг». Мано́и издырӡомызт уи Иегова имаалықь шиакәыз. 17 Мано́и Иегова имаалықь ус иеиҳәеит: «Иухьӡу ҳаҳә, уажәақәа анынаӡалак, пату уқәаҳҵарц азы». 18 Иегова имаалықь ус иҳәеит: «Изуҭахи сыхьӡ? Уи џьашьахәуп».
19 Мано́и аӡыси кәырбанс инарго ачеи аашьҭихын, ахаҳә аҿы Иегова кәырбанс изнеигеит. Иара* Мано́и иԥҳәыси иареи рҿаԥхьа узыршанхоз ак ҟаиҵеит. 20 Акәырбаннагарҭаҿы амца ибзианы ианеибак, Иегова имаалықь амцабз дагәылаланы ажәҩан ахь дхалеит. Мано́и иԥҳәыси иареи ари анырба, адгьыл ахь рыҽкарыжьит. 21 Иегова имаалықь Мано́и иԥҳәыси иареи уаҳа дрызцәырымҵӡеит. Мано́и еиликааит уи Иегова имаалықь шиакәыз. 22 Мано́и иԥҳәыс ус леиҳәеит: «Бареи сареи ҳаԥсуеит, избанзар Анцәа даҳбеит». 23 Аха лара ус лҳәеит: «Иегова ҳаишьыр иҭахызҭгьы, изнаҳгаз ирбылуа акәырбани кәырбанс инарго ачеи идикыларымызт, иаҳирбазгьы ҳирбарымызт, иҳаиҳәазгьы ҳаиҳәарымызт».
24 Уи аԥҳәыс аԥа длоуит, Самсонгьы ихьӡылҵеит. Аҷкәын изҳауан, Иеговагьы уи дизылԥхон. 25 Ԥыҭрак ашьҭахь Самсон Иегова идоуҳа иоуит. Уи ҟалеит Маха́не-Дан, Цо́рои Ештао́ли рыбжьара.
14 Самсон Ти́мнаҟа дцеит, уа филистимтәи ԥҳәызбак дибеит. 2 Иара дхынҳәын, иаби иани ус реиҳәеит: «Ти́мна сахьыҟаз филистимтәи ԥҳәызбак дызбеит, ԥҳәысс дысзаажәгар сҭахуп». 3 Иаби иани ус рҳәеит: «Ҳауацәа рыбжьара ма ҳажәлар рыбжьара уаҳа аҳәса ыҟаӡами? Заԥхьатә хсам филисти́маа рҟынтә аԥҳәыс дугараны узыҟои?» Аха Самсон иаб ус иеиҳәеит: «Дсызга, избанзар уи сара дыснаалоит». 4 Иаби иани ирыздырӡомызт уи Иегова иҟынтә шакәыз, насгьы иара* уи аамҭазы израильаа ирхагылаз филисти́маа рықәнага иақәиршәарц дшашьҭаз.
5 Самсон иани иаби дрыцны Ти́мнаҟа дцеит. Ти́мна иҟаз аӡахәаҭрақәа рҟны алым цхлымуа иааиԥылеит. 6 Усҟан Самсон Иегова идоуҳа иоун, алым аӡыс еиԥш напыла еимҿижәжәеит. Аха уи иабгьы иеимҳәеит, иангьы илеимҳәеит. 7 Самсон дцан, уи аԥҳәыс длацәажәеит, дшинаалозгьы агәра игеит.
8 Ԥыҭрак ашьҭахь иҩныҟа дигарц азы данцоз, иишьыз алым дахәаԥшырц дымҩахыҵын, алым аҩныҵҟа ашьхымзаҭреи ацхеи ибеит. 9 Иара инапы азна ацха аашьҭихын, ифо дцеит. Иаби иани данрыхьӡа, урҭгьы ацха риҭеит, аха иахьынтәиааигаз реимҳәаӡеит.
10 Иаб уи аԥҳәыс лахь днеит. Самсонгьы ԥҳәыс даазго ишыҟарҵоз еиԥш ачара иуит. 11 Самсон уахь даннеи, 30-ҩык арԥарцәа хаҵаҩызцәас изалырхит. 12 Самсон урҭ ус реиҳәеит: «Цуфарак шәасҳәоит. Ачара ахьынӡацо, бжьымш рыла уи иаанаго сашәҳәар, ақәны иалху 30 харԥи 30 маҭәеи шәысҭоит. 13 Иаанаго сашәымҳәар, ақәны иалху 30 харԥи 30 маҭәеи шәара исышәҭоит». «Иҳәа, ҳазыӡырҩып уцуфара», — рҳәан иақәшаҳаҭхеит. 14 Иара ус реиҳәеит:
«Акрыфара бзиа избоз ирфо алҵит,
Иӷәӷәаз ихаау алҵит».
Дара хымш уи ацуфара иаанагоз рызҳәомызт. 15 Аԥшьбатәи амш азы Самсон иԥҳәыс ус ларҳәеит: «Бхаҵа джьаны ацуфара иаанаго ҳзеилкаа, мамзар баб иҩнгьы баргьы амца шәыцраҵаны шәаҳбылуеит. Ҳацәшәырҳәырц азоума шәызҳаԥхьаз?» 16 Усҟан Самсон иԥҳәыс дҵәыуо абас иалҳәеит: «Уара суцәымӷуп, бзиа субаӡом. Уара сыуаажәлар ацуфара роуҳәеит, аха аҭак сара исоумҳәаӡеит». Иара ус леиҳәеит: «Саби саниҵәҟьа ирасымҳәаӡеит, бара ибасҳәома, нас?» 17 Аха лара ачара ахьынӡацоз бжьымш дааҟәымҵӡакәа дҵәыуон. Абыжьбатәи амш азы иара аҭак леиҳәеит, избанзар игәы лфеит. Лара уи наганы лыуаажәлар иралҳәеит. 18 Абыжьбатәи амш азы, амра ҭашәаанӡа*, ақалақь аҿы инхоз Самсон ус иарҳәеит:
«Ацха аасҭа ихаау арбану?
Алым аасҭагьы иӷәӷәада?»
Иара ус реиҳәеит:
«Сықабла ҵакны шәымцәаӷәозҭгьы,
Ацуфара аҭак шәзеилкааӡомызт».
19 Убасҟан Самсон Иегова идоуҳа иоун, Ашкело́нҟа дцеит. Уа 30-ҩык ауаа ишьын, рымаҭәақәа ршәыхны ацуфара аҭак зҳәаз ириҭеит. Нас игәахы ԥыжәжәо иаб иҩныҟа дхынҳәит.
20 Самсон иԥҳәыс лакәзар, ачараҿы ицыз арԥарцәа руаӡәк дирҭеит.
15 Ԥыҭрак ашьҭахь ачарыц аҭагалара ианаамҭаз, Самсон иԥҳәыс дибарц азы аӡыс иманы дааит. Иара иҳәеит: «Сыԥҳәыс луадахь* снеип». Аха лаб днеимышьҭӡеит. 2 Иара Самсон ус иеиҳәеит: «Дуцәымӷхеит ҳәа сгәы иаанаган, ачараҿы иуцыз арԥарцәа руаӡәк дисҭеит. Лаҳәшьеиҵбы лара лаасҭа дыԥшӡаӡами? Суҳәоит, лара лҭыԥан уи дга». 3 Аха Самсон ус иҳәеит: «Уажәшьҭа филисти́маа ацәгьара рзызургьы, акгьы рзыҳәаӡом».
4 Самсон дцан, 300 бгахәыҷы икит, нас ҩба-ҩба бгахәыҷы рҵыхәақәа еидҿеиҳәалан, рҵыхәақәа рыбжьара факелк-факелк адҿеиҳәалеит. 5 Анаҩс афакелқәа амца диркын, иҭагаламыз филисти́маа рымхқәа рахь иоуишьҭит. Иара ачарыц аҿаҳәарақәеи, ирхымыз ачарыци, аӡахәаҭрақәеи, амаслинаҭрақәеи амца рыцреиҵеит.
6 Филисти́маа ус иҵааит: «Иҟазҵада ари?» Урҭ ус рарҳәеит: «Ари Ти́мна инхо ахаҵа имаҳә Самсон иоуп иҟазҵаз, уи Самсон иԥҳәыс ачараҿы иҟаз арԥарцәа руаӡәк дахьииҭаз азы». Филисти́маа цан, уи аԥҳәыс лаби лареи амца рыцраҵаны ирблит. 7 Убасҟан Самсон ус реиҳәеит: «Ус акәзар, сшьа зуаанӡа сҽеиқәыскӡом». 8 Нас урҭ даарылагьежьын, аӡәаӡәала зегь нирҵәеит. Уи ашьҭахь Ета́м ацаҟьа иамаз аҳаԥахьы* дцан, уа даангылеит.
9 Ԥыҭрак ашьҭахь филисти́маа аан, Иудеиа рлагер дыргылеит, нас Ле́хи иақәлеит. 10 Аиудеиаа урҭ ус иразҵааит: «Шәызҳақәлеи?» Егьырҭ ус рҳәеит: «Ҳара Самсон даҳкырц, ҳшьагьы ҳурц ҳааит». 11 Усҟан 3 000-ҩык аиудеиаа Ета́м ацаҟьа иамаз аҳаԥахьы инеин, Самсон ус иарҳәеит: «Филисти́маа шаҳхагылоу узымдырӡои? Абас заҳзууи?» Иара ус реиҳәеит: «Исзыруз ауп ирзызуз». 12 Аха урҭ ус рҳәеит: «Ҳара уԥахны уҿаҳәаны филисти́маа ураҳҭарц азоуп ҳзааз». Самсон урҭ ус реиҳәеит: «Шәықәны ажәа сышәҭ сшышәымшьуа». 13 Урҭ ус иарҳәеит: «Мамоу, уаҳшьӡом, уҿаҳәаны филисти́маа ураҳҭоит ауп».
Дара иҿыцыз ҩ-шахак рыла дҿаҳәаны дрыманы ицеит. 14 Ле́хи даннеи, филисти́маа дырбан, игәырӷьаны еибарҳәҳәеит. Самсон Иегова идоуҳа иоун, инапқәа злаҿаҳәаз ашахақәа ихыблааз ақәны рахәыцқәа реиԥш инапқәа ирхырҩны икаҳаит. 15 Иара аҽада ацламҳәа* иԥшаан, уи ала 1 000-ҩык ауаа ишьит. 16 Самсон ус иҳәеит:
«Аҽада ацламҳәала саӷацәа шьны еиқәсыжьит!
Аҽада ацламҳәала 1 000-ҩык ауаа сшьит».
17 Абри ҳәаны, ацламҳәа наҟ иршәны икаижьит, уи аҭыԥгьы Рама́т-Ле́хи* ахьӡиҵеит. 18 Уи ашьҭахь иара ӷәӷәала аӡба дакын, Иегова диҳәеит: «Уара умаҵуҩы аиааира ду иуҭеит. Нас, уажәшьҭа аӡба сакны сыԥсуама? Заԥхьатә хсамгьы срымпыҵашәома?» 19 Убасҟан Анцәа Ле́хи иҟаз аиҩхаа еимҟьартә иҟаиҵан, уантәи аӡы дәықәлеит. Самсон аӡы ижәын, имчқәа ҭалеит. Убри аҟынтә уи аӡыхь Ен-Хакко́ре* ахьӡиҵеит. Уи уажәраанӡагьы Ле́хи илеиуеит.
20 Филисти́маа рхаан Самсон 20 шықәса ӡбаҩыс дыҟан.
16 Ҽнак зны Самсон Газаҟа дцеит. Уа акаҳԥы дибан, лара лахь днеит. 2 Газа инхоз ус рҳәеит: «Самсон арахь дааит». Дара уи аҭыԥ иакәшан, ауха шаанӡа ақалақь агәашәқәа рҿы имҩа кны итәан. Дара рыԥсы ӡаны иахьтәаз ус рҳәон: «Ишаашаз еиԥшҵәҟьа даҳшьуеит».
3 Самсон ҵхыбжьонынӡа дышьҭан, нас ҵхыбжьон дҩагылан, ақалақь агәашәқәа рҿы днеин, агәашә алыкәи наҟ-ааҟ изкыз ашьаҟақәеи шамаз иҵижәеит. Нас ижәҩахыр иқәҵаны, Хевро́н аҿаԥхьа иҟаз ашьхахь ихеигалеит.
4 Аамҭак ашьҭахь иара арха* Соре́к инхоз ԥҳәыск бзиа дибеит. Лара Дали́ла лыхьӡын. 5 Филистимтәи анапхгаҩцәа лара лахь инеин, ус ларҳәеит: «Джьаны иаҳзеилкаа амч ду изҭо, ҳаииааир злаҳалшо, насгьы ҳнапаҿы дааҳгарц азы дызлаҿаҳәатәу. Усҟан дасу 1 100-1 100 ше́кель* араӡны баҳҭоит».
6 Дали́ла Самсон ус иалҳәеит: «Исаҳә, иузҭеи ари аҩыза амч, насгьы иуиааирц азы узлаҿаҳәатәуи?» 7 Самсон ус леиҳәеит: «Иаӡоу, имҩац быжь-дашк рыла сҿоуҳәар, сымч сылӡаауеит, зегь реиԥшгьы сҟалоит». 8 Филистимтәи анапхгаҩцәа иаӡаз, имҩацыз быжь-дашк лзааргеит, ларгьы уи ала дҿалҳәеит. 9 Уи аамҭазы егьи ауадаҿы филисти́маа ԥшны итәан. Дали́ла ҿаалҭит: «Самсон, филисти́маа ааит!» Усҟан иара урҭ адашқәа амца ихнаблааз ақәны рахәыцқәа реиԥш иԥиҵәҵәеит, имч маӡас иамазгьы еилкаамхаӡеит.
10 Дали́ла Самсон ус иалҳәеит: «Уара амц соуҳәеит, сужьеит. Суҳәоит, исаҳә узлаҿаҳәатәу». 11 Иара ус леиҳәеит: «Рхы иадмырхәац, иҿыцу ашахақәа рыла сҿарҳәар, сымч сылӡаауеит, зегь реиԥшгьы сҟалоит». 12 Дали́ла ашаха ҿыцқәа аашьҭыхны, Самсон дҿалҳәан, ҿаалҭит: «Самсон, филисти́маа ааит!» Уи аамҭазы филисти́маа егьи ауадаҿы иԥшны итәан. Иара инапқәа злаҿаҳәаз ашахақәа арахәыцқәа реиԥш иԥиҵәеит.
13 Уи ашьҭахь Дали́ла Самсон ус иалҳәеит: «Уара есымша амц соуҳәон, сужьон. Исаҳә узлаҿаҳәатәу». Иара ус леиҳәеит: «Бжьыџьара иԥаны исықәу сыхцәқәа аба иалаԥатәуп». 14 Усҟан лара ихцәқәа асыга иамоу ахҳәацқәа ирыбжьалырӷәӷәан, ҿаалҭит: «Самсон, филисти́маа ааит!» Иара дааԥшын, асыга ахҳәацқәеи абеи шеимаз иҿижәеит.
15 Лара ус иалҳәеит: «Бзиа бызбоит ҳәа злоуҳәои, угәы сара исыцымзар? Уара хынтә сужьахьеит, ари аҩыза амч узҭогьы соумҳәаӡеит». 16 Лара есыҽны ҭаха илҭомызт, диҟәаҵуамызт игәы кыдылхаанӡа. 17 Уаҳа ианизымчҳа, Самсон зегь лзеиҭеиҳәеит: «Сара сыхцәы хырымҵәаӡацт, избанзар сааиижьҭеи Анцәа иназореи соуп. Сыхцәы хырҵәар, сымчқәа сылӡаауеит, зегь реиԥшгьы сҟалоит».
18 Зегь аартны ишылзеиҭеиҳәаз анеилылкаа, Дали́ла иаразнак филистимтәи анапхгаҩцәа рахь ауаа лышьҭын, абас рзыналыцҳаит: «Шәааи, зегь сзеиҭеиҳәеит». Филистимтәи анапхгаҩцәагьы аԥара рыманы иааит. 19 Лара Самсон лшьамхаҿы длырцәан, ауаҩы диԥхьеит. Уи Самсон бжьыџьара иԥаны иқәыз ихцәы хиҵәеит. Уи ашьҭахь Самсон лнапаҿы дҟалеит, имчқәагьы илӡаауа далагеит. 20 Лара ҿаалҭит: «Самсон, филисти́маа ааит!» Иара дааԥшын, ус иҳәеит: «Уаанӡа еиԥш сгылап, сыхгьы еиқәсырхап». Аха издырӡомызт Иегова уаҳа дышицмыз. 21 Филисти́маа Самсон дааныркылан, илақәа ҭырхит, нас Газаҟа даарган, абҩа иалхыз ҩ-шьаҳагак рыла дыршьаҳаит. Иара абахҭаҿы ачарыц илагон. 22 Уи аамҭазы хәыҷы-хәыҷла ихцәы азҳауа иалагеит.
23 Филистимтәи анапхгаҩцәа рынцәа Даго́н акәырбан изнаргарц, насгьы ргәы дырҿыхарц еизеит. Дара ус рҳәеит: «Ҳанцәа ҳаӷа Самсон дҳаиҭеит!» 24 Ажәлар аидол анырба, рынцәа дҳараркуа иалагеит: «Ҳанцәа ҳадгьыл ҭазырцәуаз, ҳанзырҵәоз ҳаӷа дҳаиҭеит».
25 Рызхара акранырфа, акраныржә, ус рҳәеит: «Самсон шәиԥхьа, ҳгәы ирҿыхааит». Самсон ргәы ирҿыхарц азы абахҭаҟынтә даарган, аҩны агәашьақәа дрыбжьадыргылеит. 26 Усҟан Самсон инапы данкны дназга-аазгоз аҷкәын ус иеиҳәеит: «Аҩны зку агәашьақәа рахь снаг, сыҽрыдҵаны сгыларц азы». 27 Аҩны ахацәеи аҳәсеи рыла иҭәын. Филисти́маа рнапхгаҩцәа зегь уа еизеит, иара убас 3 000-ҩык раҟара ахацәеи аҳәсеи аҩны ахыб аҿы иҟан. Урҭ Самсон ихыччон.
28 Самсон Иегова диҳәеит: «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Саҳ Иегова, суҳәоит, сугәаларшәа, даҽа знызаҵәык амч сыҭ. Сынцәа, сызлак азы иадамзаргьы сшьа зурц усыцхраа».
29 Самсон аҩны зкыз агәҭантәи ҩ-гәашьак наҟ-ааҟ иааникылан, 30 ҿааиҭит: «Филисти́маа срыцҭахааит!» Нас имч зегь ааизганы, агәашьақәа дрыгәҭасит, аҩнгьы анапхгаҩцәеи уа иҩназ зегьи ирықәҳаит. Убасала иара даныԥсуаз еиҳаны филисти́маа ишьит иԥсы анҭаз аасҭа.
31 Самсон иашьцәеи иаб иҩнаҭа иатәқәаз зегьи аан, дыргеит. Иара анышә дарҭеит Цо́реи Ештао́ли рыбжьара иҟаз иаб Мано́и идамраҿы. Самсон 20 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан.
17 Ефремтәи ашьхақәа рҿы Ми́ха зыхьӡыз хаҵак дынхон. 2 Иара иан ус леиҳәеит: «Ибгәалашәома ибцәырӷьычыз 1 100 ше́кель* араӡны? Сара исаҳауан уи згаз аӷьыч дшыбшәииз. Уи араӡны сара сҿы иҟоуп, изгаз сара соуп». Усҟан иан ус иалҳәеит: «Иегова сыҷкәын диқәныҳәааит». 3 Ми́ха 1 100 ше́кель араӡны ырхынҳәны иан илиҭеит, аха лара ус лҳәеит: «Сара ари араӡны Иегова изыскуеит, сыҷкәын иҭаԥҟаны, иара убас ирҭәаны иҟарҵо аидолқәа ҟаиҵарц азы. Ари араӡны уара иусҭоит».
4 Иара араӡны иан илызирхынҳәит. Лара 200 ше́кель* араӡны аашьҭылхын, араӡны аус адызулоз анапҟаза илҭеит. Уи иҭапҟаны, насгьы ирҭәаны аидолқәа ҟаиҵеит, нас урҭ наганы Ми́ха иҩны идыргылеит. 5 Ми́ха аԥшьаҭыԥ ҟаҵаны иман. Иара аефо́ди атерафи́мқәеи* ҟаиҵеит, иара убас иҷкәынцәа руаӡәк ԥшьаҩыс дҟаиҵеит, иара иҿы ԥшьаҩыс амаҵ иуларц азы. 6 Уи аамҭазы Израиль аҳ дахагылаӡамызт, дасу ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз акәын иҟаиҵоз.
7 Иудеиа иҟоу Вифлеем дынхон Иуда ишьҭра иатәыз* иқәыԥшыз рԥыск. Иара длевитын, аамҭак аҩныҵҟагьы уа дынхон. 8 Иара даҽаџьара анхарҭа ҭыԥ иԥшаарц азы Иудеиа иҟаз Вифлеем аҟынтә дықәҵны дцеит. Ус ефремтәи ашьхақәа рҿы инхоз Ми́ха иҩнахьы днанагеит. 9 Ми́ха уи ус диазҵааит: «Уабатәиу?» Иара иҳәеит: «Сара слевитуп, Иудеиа иҟоу Вифлеем аҟынтә саауеит, анхарҭа ҭыԥ сашьҭоуп». 10 Ми́ха уи ус иеиҳәеит: «Сара сҿы уаангыл, бжьгаҩыс*, ԥшьаҩыс уҟаз. Есышықәса 10 ше́кельк* араӡни, афатәи, амаҭәеи усҭалоит». Алевитгьы иара иҿы даангылеит. 11 Алевит уи ауаҩ иҿы анхара дақәшаҳаҭхеит, ԥасгьы дизыҟалеит. 12 Ми́ха уи алевит ԥшьаҩыс дҟаиҵеит, иара иҿы ԥшьаҩыс амаҵ иуларц азы, уи алевитгьы Ми́ха иҩнаҿы дынхон. 13 Уи ашьҭахь Ми́ха иҳәеит: «Уажәшьҭа издыруеит Иегова абзиарақәа шысзыҟаиҵало, избанзар ԥшьаҩыс амаҵ зуа алевит дсымоуп».
18 Уи аамҭазы Израиль аҳ дахагылаӡамызт. Дан ишьҭра иатәқәаз анхарҭа ҭыԥ иашьҭан, избанзар израильтәи ахылҵшьҭрақәа рыбжьара макьана адгьыл рмоуӡацызт.
2 Да́наа рышьҭра иатәыз, Цо́реи Ештао́ли инхоз хәҩык ауаа алырхын, дгьылқәас иҟаз гәарҭарц азы ирышьҭит, иагьрарҳәеит: «Шәца, ҳахьынхаша дгьылк шәзыԥшаауазар гәашәҭ». Урҭ ауаа ефремтәи ашьхақәа рҿы инхоз Ми́ха иҩныҟа инеин, уи ауха уа иаангылеит. 3 Дара Ми́ха иҩны ааигәара ианыҟаз, иқәыԥшыз алевит ибжьала* дырдырит. Дара уи инаидгылан, ус иазҵааит: «Уаазгада арахь? Иҟауҵои ара? Ара узыҟои?» 4 Иара Ми́ха изыҟаиҵаз зегьы рзеиҭеиҳәеит, иагьиҳәеит: «Ми́ха иара иҿы ԥшьаҩыс амаҵ зуларц азы сидикылеит». 5 Дара уи алевит ус иарҳәеит: «Ҳуҳәоит, Анцәа уиазҵаа ҳамҩа маншәалахоу-иманшәаламхоу». 6 Аԥшьаҩы ус реиҳәеит: «Шәгәы рҭынчны шәца, Иегова шәымҩа дазылԥхоит».
7 Анаҩс урҭ ахәҩык рымҩа иацырҵеит, Лаи́шҟагьы инеит. Дара ирбеит уа инхоз ауаа сидо́наа реиԥш аӡәгьы ихьымԥшӡакәа ҭынч ишынхоз, акгьы ишацәымшәоз, аӡәгьы дышрықәымлоз, дшырԥырхагамхоз. Урҭ сидо́наа ирцәыхараны хазы инхон, егьырҭ рҿгьы ус рымаӡамызт.
8 Аԥшыхәцәа Цо́реи Ештао́ли иҟаз рашьцәа рахь ианыхынҳә, урҭ ус иразҵааит: «Ижәбеи, ишәаҳаи?» 9 Аԥшыхәцәа ус рҳәеит: «Ҳара иаҳбеит урҭ рыдгьыл даараӡа ишыбзиоу. Шәаала, ҳрықәлап! Шәыззыԥши? Аамҭа мгакәа шәцаны рыдгьыл рымшәх! 10 Уахь шәаннеилак, шәхаҭа ижәбоит уи адгьыл шыҭбаау, уа инхо ауаагьы ҭынч ишынхо. Анцәа абарақьаҭра ахьыҟоу адгьыл шәиҭеит».
11 Убасҟан Дан ишьҭра иатәыз 600-ҩык ахацәа бџьарла рҽеибырҭан, Цо́реи Ештао́ли рҟынтә идәықәлеит. 12 Урҭ Иудеиа иҟоу Кириа́т-Иеари́м рлагер дыргылеит. Убри азоуп Кириа́т-Иеари́м аҟынтә мраҭашәарахь иҟоу уи аҭыԥ иахьагьы Маха́не-Дан* ҳәа изашьҭоу. 13 Уантәи дара ефремтәи ашьхақәа рахь ицан, Ми́ха иҩныҟа инеит.
14 Лаи́штәи адгьыл гәазҭарц ицаз хәҩык ахацәа рашьцәа ус рарҳәеит: «Абарҭ аҩнқәа рҿы аефо́ди, атерафи́мқәеи, иҭаԥҟаны, насгьы ирҭәаны иҟаҵоу аидолқәеи ыҟоуп. Ишәыӡба иҟашәҵаша». 15 Дара Ми́ха иҩныҟа инеин, уа инхоз иқәыԥшыз алевит аԥсшәа иарҳәеит. 16 Уи аамҭазы Дан ишьҭра иатәыз, бџьарла еибыҭаз 600-ҩык ахацәа агәашә аҿы игылан. 17 Хәҩык аԥшыхәцәа аҩны иҩналеит, иҭаԥҟаны иҟаҵаз аидоли, аефо́ди, атерафи́мқәеи, ирҭәаны иҟаҵаз аидоли ргарц азы. (Уи аамҭазы аԥшьаҩы агәашә аҿы дгылан, бџьарла еибыҭаз 600-ҩык ахацәагьы уа идгылан.) 18 Урҭ ауаа Ми́ха иҩны иҩналан, иҭаԥҟаны иҟаҵаз аидоли, аефо́ди, атерафи́мқәеи, ирҭәаны иҟаҵаз аидоли ргеит. Аԥшьаҩы ус дразҵааит: «Иҟашәҵо закәи?» 19 Дара ус иарҳәеит: «Ашьшьыҳәа, убжьы умырган. Уҳацны уаала, ҳара ҳҿы бжьгаҩыс, ԥшьаҩыс уҟаз. Еиҳа еиӷьуи уара узы, аӡәы иҩны ԥшьаҩыс уҟазар акәу, ма израильтәи абшьҭра дук, хылҵшьҭра дук аҿы ԥшьаҩыс уҟазар акәу?» 20 Аԥшьаҩы ирҳәаз игәаԥхеит, нас аефо́ди, атерафи́мқәеи, иҭаԥҟаны иҟаҵаз аидоли аашьҭихын, урҭ дрыцны дцеит.
21 Дара рхәыҷқәеи рырахәи раԥхьа иргыланы, рмазарагьы рыманы, рымҩа иацырҵеит. 22 Ԥыҭк ианынаскьа, Ми́ха игәылацәа рҽааидыркылан, да́наа ирыхьӡеит. 23 Дара да́наа ирықәҿырҭуа ианалага, урҭ аахьаҳәын, Ми́ха ус иазҵааит: «Иҟалеи? Арҭ ауаа зеизугеи?» 24 Ми́ха ус реиҳәеит: «Шәара иҟасҵаз сынцәахәқәа сымхны ижәгеит, сыԥшьаҩгьы дсымхны дыжәгеит, иаасымаз зегь сымшәхит, еиҭа „иҟалеи?“ ҳәа шәҵаауама?» 25 Да́наа ус иарҳәеит: «Уҿы еихакы, мамзар зыԥсахы еибакны иҟоу арҭ ауаа ужәлоит, уҩнаҭа иатәугьы уаргьы шәыршьуеит». 26 Абас ҳәаны, да́наа рымҩа иацырҵеит, Ми́ха иакәзар, урҭ иара иаасҭа ишыӷәӷәаз аниба, иҩныҟа дхынҳәит.
27 Да́наа Ми́ха иҟаиҵаз рыманы, иԥшьаҩгьы дрыманы, ауаа ҭынч, акы иацәымшәо иахьынхоз Лаи́шҟа ицеит. Дара уа инхоз зегьы аҳәала иршьит, ақалақьгьы амца ацраҵаны ирблит. 28 Урҭ еиқәзырхоз ҳәа уаҩ дҟамлеит, избанзар уи аҭыԥ Сидон иацәыхаран, насгьы уа инхоз хазы инхон, егьырҭ рҿгьы ус рымаӡамызт. Ари ҟалеит арха Бет-Рехо́в. Нас да́наа уи ақалақь еиҭашьақәдыргылан, уа анхара иалагеит. 29 Дара уи ақалақь Израиль ихылҵыз раб Дан ихьӡ ахырҵеит. Уаанӡа уи ақалақь Лаи́ш ахьӡын. 30 Уи ашьҭахь да́наа аидол дара рҿы идыргылеит. Моисеи иԥа Гершо́м иҷкәын Ионафа́н иԥацәеи иареи ракәзар, да́наа рабшьҭраҿы ԥшьаҩцәас иҟалеит, уи адгьыл аҿы инхоз тҟәаны иргаанӡагьы ԥшьаҩцәас иҟан. 31 Ми́ха иҟаиҵаз аидол урҭ рҿы игылан, Анцәа ду иҩны Сило́м иҟанаҵы.
19 Израиль аҳ данахагыламыз аамҭазы ефремтәи ашьхақәа рҿы инахараны инхоз левитк Иудеиа иҟоу Вифлеем аҟынтә ԥҳәыск ԥҳәысс дигеит. 2 Лара лхаҵа длыԥсахуа далагеит, нас лхаҵа даанлыжьын, Иудеиа иҟоу Вифлеем инхоз лаб иҩнахьы дхынҳәит. Уа лара ԥшьымз дыҟан. 3 Нас лхаҵа дирхынҳәырц иҭаххан, длацәажәарц азы лара лахь дцеит. Иара имаҵуҩи ҩ-ҽадаки иманы ддәықәлеит. Лара лхаҵа лаб иҩнахьы дналгеит, лаб уи даниба, диеигәырӷьеит. 4 Иабхәа, иқәыԥшыз уи аԥҳәыс лаб, уи ахаҵа хымш уа даангыларц диҳәеит. Дара акрырфеит, акрыржәит, уи аухагьы уа даангылеит.
5 Аԥшьбатәи амш аҽны рымҩа иқәларц ашьыжь шаанӡа игылеит, аха иқәыԥшыз аԥҳәыс лаб имаҳә ус иеиҳәеит: «Акрыф, нас шәцап». 6 Дара латәан, акрырфеит, акрыржәит. Уи ашьҭахь аԥҳәыс лаб уи алевит ус иеиҳәеит: «Суҳәоит, уаха уаангыл, ибзиангьы уԥсы шьа». 7 Алевит сцоит ҳәа дандәықәла, иабхәа даангыларц диҳәеит, иаргьы уи аухагьы уа даангылеит.
8 Ахәбатәи амш аҽны шаанӡа дҩагылан, амҩа дықәларц иҽеибиҭеит. Аха иқәыԥшыз аԥҳәыс лаб ус иеиҳәеит: «Амҩа уқәлаанӡа, акы унацҳа». Дара латәан акрыфара иалагеит, хәылбыҽханӡагьы имгылаӡеит. 9 Уи ауаҩ иԥҳәыси имаҵуҩи иманы дцарц даныҩагыла, иабхәа ус иҳәеит: «Абар ихәларц акгьы агым. Суҳәоит, уаха шәаангыл, иаарласны илашьцоит. Уаҵәы ашьыжь шаанӡа шәгыланы шәыҩныҟа шәдәықәлап». 10 Аха алевит даҽа уахык аангылара иҭахымхаӡеит. Иара иҩҽадакгьы, иԥҳәысгьы, имаҵуҩгьы иманы ддәықәлеит. Дара Иеву́сынӡа, даҽакала иуҳәозар, Иерусалимынӡа, инеит.
11 Иеву́с ианазааигәахоз, амш ахәларахь инеиуан. Амаҵуҩы иԥшәма ус иеиҳәеит: «Иеву́саа рықалақь ахь ҳамҩахыҵны уаха уа ҳаангылар?» 12 Аха иԥшәма ус иҳәеит: «Израильаа ахьнымхо атәым қалақь аҿы ҳаангылаӡом. Ҳамҩа иацҵаны Ги́ваҟа ҳцоит». 13 Анаҩс иациҵеит: «Шәааи Ги́ванӡа ма Ра́манӡа ҳцап, урҭ ақалақьқәа руак аҿгьы ҳаангылап». 14 Урҭ рымҩа иацырҵеит. Амра аҭашәамҭазы вениами́наа ахьынхоз Ги́ва азааигәара инеихьан.
15 Уи ауха Ги́ва иаангыларц инеин, ақалақь ашҭаҿы инатәеит, аха аӡәгьы аҩныҟа шәааи ҳәа реимҳәаӡеит. 16 Уи ауха ҭаҳмадак имхы аҟынтә даауан. Уаанӡа иара ефремтәи ашьхақәа рҿы дынхон, аха нас вениами́наа ахьынхоз Ги́ва ақалақь аҿы анхара далагеит. 17 Аҭаҳмада ақалақь ашҭаҿы уи ахаҵа дибан, ус диазҵааит: «Уабатәиу? Уабацо?» 18 Уи ахаҵа ус иҳәеит: «Ҳара Иудеиа иҟоу Вифлеем аҟынтә ҳаауеит, ефремтәи ашьхақәа рҿы инахараны ишьҭоу аҭыԥ ахь ҳцоит. Сара уаҟоуп сахьынхо, аха Иудеиа иҟоу Вифлеем сыҟан. Сара Иегова иҩныҟа сцоит*, аха аӡәгьы аҩныҟа уааи ҳәа сеиҳәаӡом. 19 Ҳара аҽадақәа рхәы ҳамоуп, рызхара аҭәагьы ҳамоуп. Сара сзы, исыцу аԥҳәыс лзы, смаҵуҩы изы ачеи аҩи ҳамоуп, зегь ҳамоуп». 20 Аҭаҳмада ус иҳәеит: «Бзиала уаабеит, умҩахыҵ сыҩныҟа*, сара ак шәыгсыжьуам, амала, абра иумыршан». 21 Иара уи иҩныҟа дигеит, аҽадақәагьы рхәы риҭеит. Нас ршьапқәа рыӡәӡәан, акрыфара, акрыжәра итәеит.
22 Акрыфара ишаҿыз, ақалақь аҿы инхоз уаа хәымгақәак аҩны иакәшан, ашә асра иалагеит. Дара уа инхоз аҭаҳмада ус иарҳәон: «Уҩны иааиз ахаҵа арахь дҳаздәылга, ҳицышьҭалар ҳҭахуп». 23 Усҟан аҩны аԥшәма ддәылҵын, ус реиҳәеит: «Сашьцәа, сшәыҳәоит, ацәгьара жәымун. Ари ауаҩ сысас иоуп. Иҟашәымҵан абри аҩыза ахәымгара. 24 Хаҵа имцац сыԥҳа дыҟоуп, уи ауаҩ иԥҳәысгьы дыҟоуп, урҭ шәысҭоит, ишәҭахызар, амш рылажәга, аха уи ауаҩ абри аҩыза ахәымгара изыжәымун».
25 Аха урҭ ауаа аҭаҳмада изыӡырҩыр рҭахӡамызт, убри аҟынтә алевит иԥҳәыс дааникылан, ашә ахь днаганы длыгәҭасын, дриҭеит. Аухантәарак дара уи амш лыларгон, иҟоу зегь лзаарцон, ашамҭазы наҟ доурышьҭит. 26 Ашьыжь шаанӡа лара лыԥшәма дахьыҟаз аҩнахьы днеин, ашә аԥхьа дкаҳаит, шаанӡагьы уа дышьҭан. 27 Лыԥшәма имҩа иациҵарц азы ашьыжь дангыла, иԥҳәыс лнапқәа ашәхымс иқәҵаны ашә аԥхьа дышкажьыз ибеит. 28 Иара: «Бгыл, ҳцароуп», — ҳәа леиҳәеит, аха лара ҿылҭуамызт. Усҟан аҽада длақәиҵан, иҩныҟа ддәықәлеит.
29 Аҩны даннеи, аҳәызба ду аашьҭихын, иԥсыз иԥҳәыс 12 џьара деиҩишан, израильтәи абиԥарақәа зегьы хәҭак-хәҭак рзишьҭит. 30 Уи збаз зегьы ус рҳәон: «Израильаа Египет ианалҵ инаркны иахьа уажәраанӡа ари аҩыза ҟамлаӡацызт, иагьырымбацызт. Шәазхәыц уи, шәеилацәажәа, иҟаҳҵашагьы ҳашәҳәа».
20 Убасҟан израильаа зегьы, Дан инаркны Бее́р-Ше́ванӡа, иара убас Галаа́д инхозгьы Иегова иҿаԥхьа Ми́цпа еизеит. Урҭ зегьы аӡәк иеиԥш иааит. 2 Уа израильтәи абиԥарақәа зегьы рҟынтә ажәлар рхадацәа ыҟан. Анцәа ижәлар реизарахь иааит аҳәала еибыҭаз 400 000-ҩык аруаа.
3 Вениами́наа израильаа Ми́цпаҟа ишааз раҳаит.
Израильаа ус рҳәеит: «Иаҳзеиҭашәҳәа ари аҩыза ахәымгара бааԥс шыҟалаз?» 4 Иршьыз аԥҳәыс лхаҵа, алевит, ус иҳәеит: «Сара сыԥҳәыс дсыманы вениами́наа иртәу Ги́ваҟа снеит, ауха уа саангыларц азы. 5 Ги́ва инхоз* ауаа еизан, уи ауха сахьыҟаз аҩны иакәшеит. Дара сыршьыр рҭахын, аха уи аҭыԥан, сыԥҳәыс амш лыларгеит, ларгьы дыԥсит. 6 Убасҟан лара 12-џьара деиҩысшан, израильтәи абшьҭрақәа зегьы хәҭак-хәҭак рзысышьҭит, избанзар урҭ ауаа Израиль ихьымӡӷу аус хәымга ҟарҵеит. 7 Уажәшьҭа, израильаа, шәеилацәажәа, иҟаҵатәугьы шәҳәа».
8 Ажәлар зегьы аӡәк иеиԥш иҩагылан, ус рҳәеит: «Ҳара ҳҟынтә аӡәгьы иқьалахь дцаӡом, иҩныҟагьы дхынҳәӡом. 9 Иҟаҳҵо абри ауп: аҵәы ҭаԥсаны вениами́наа иртәу Ги́ва ҳақәлоит. 10 Израильтәи абиԥарақәа зегь рҟынтә 100-ҩык рҟынтә 10-ҩык, 1 000-ҩык рҟынтә 100-ҩык, 10 000-ҩык рҟынтә 1 000-ҩык алҳхуеит, ар фатәыла еиқәдыршәарц азы. Усҟан ар Ги́ва иақәлоит, насгьы уа инхо иҟарҵаз аус хәымгазы иахьдырхәуеит». 11 Израильаа ақалақь иақәларц азы аӡәк иеиԥш еизеит.
12 Израильтәи абиԥарақәа зегьы вениами́наа рахь ауаа рышьҭит, абас рарҳәарц: «Абри аҩыза ахәымгара бааԥс ҟалартә шԥалшәыршеи? 13 Ги́ва инхо ауаа хәымгақәа ҳашәҭ, иаҳшьырц, насгьы Израиль ацәгьара ықәаҳгарц азы». Аха вениами́наа рашьцәа израильаа ирзымӡырҩӡеит.
14 Вени́аминаа рықалақьқәа рҟынтә Ги́ваҟа иааит, израильаа ирабашьырц азы. 15 Уи аҽны урҭ рықалақьқәа рҟынтә 26 000-ҩык аҳәала еибыҭаз вениами́наа еизеит, Ги́ва инхоз, иреиӷьыз 700-ҩык аибашьцәа аламҵаӡакәа. 16 Уи ар аҿы иҟан иреиӷьыз 700-ҩык аибашьцәа, урҭ арымақәан. Дара ахаҳә аршәга ала ахаҳә андыршәуаз, ахцәхәыцҵәҟьа иақәдыршәон.
17 Израильаа ракәзар, вениами́наа аламҵаӡакәа, 400 000-ҩык ҟалеит. Урҭ зегьы аԥышәа змаз, аҳәала еибыҭаз аибашьцәа ракәын. 18 Дара Вефи́льҟа иаан, Анцәа иазҵааит: «Ҳаԥхьа игыланы вениами́наа рабашьра ицода?» Иегова ус реиҳәеит: «Иуда ишьҭра цоит».
19 Уи ашьҭахь израильаа ашьыжь игылан, Ги́ва иабашьырц азы рлагер дыргылеит.
20 Израильаа вениами́наа ирабашьырц азы идәықәлеит, дара Ги́ва аҿаԥхьа аибашьразы рҽеиқәыршәаны инагылеит. 21 Вениами́наа Ги́ва иалҵын, уи аҽны 22 000-ҩык израильаа ршьит. 22 Аха израильтәи аибашьцәа агәымшәара аадырԥшын, актәи амш аҽны иахьгылаз аҭыԥ аҿы еиҭах аибашьразы рҽырхианы игылеит. 23 Израильаа цан, хәылбыҽханӡа Иегова иҿаԥхьа иҵәыуон. Дара Иегова ус иазҵааит: «Ҳашьцәа, вениами́наа, рабашьра еиҭах ҳцарыма?» Иегова иреиҳәеит: «Шәца, шәрабашь».
24 Убри аҟынтә адырҩаҽны израильаа еиҭах вениами́наа ирабашьырц идәықәлеит. 25 Уи аҽны вениами́наа Ги́ва иалҵны урҭ ирԥылан, аҳәала еибыҭаз еиҭа 18 000-ҩык израильаа ршьит. 26 Усҟан израильаа зегьы Вефи́льҟа ицеит. Уи аҽны дара Иегова иҿаԥхьа итәаны иҵәыуон, хәылбыҽханӡа ичгон, насгьы Иегова ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи изнаргон. 27 Уи ашьҭахь израильаа иҟаҳҵарызеи ҳәа Иегова иазҵааит, избанзар уи аамҭазы Анцәа ду иеиқәшаҳаҭра аковчег уа иҟан, 28 Ааро́н иԥа Елеаза́р иҷкәын Финее́сгьы аковчег аԥхьа амаҵ иуан. Дара ус иҵааит: «Ҳашьцәа, вениами́наа, рабашьра еиҭах ҳцару-ҳамцару?» Иегова иҳәеит: «Шәца, избанзар уаҵәы урҭ шәыриааиртә иҟасҵоит». 29 Усҟан израильаа Ги́ва иакәшаны рҽыҵәахны итәеит.
30 Адырхаҽны израильаа вениами́наа ирабашьырц идәықәлан, уаанӡа еиԥш, Ги́ва аҿаԥхьа аибашьразы рҽырхианы игылеит. 31 Вениами́наа урҭ ианырԥыла, израильаа урҭ Ги́ва иацәыхараны ирго иалагеит. Вениами́наа уаанӡа еиԥш израильаа ирықәлан, амҩа дуқәа рҿы ԥыҭҩык ршьит. Урҭ амҩақәа руак Вефи́льҟа ицон, егьи — Ги́ваҟа. Дара 30-ҩык раҟара израильаа ршьит. 32 Вениами́наа ус рҳәеит: «Уаанӡа еиԥш иаҳцәыбналаны ицоит». Израильаа ракәзар, ус рҳәеит: «Ҳхьаҵлап, ақалақь иацәыхараны амҩа дуқәа рахь иаҳгап». 33 Израильаа зегьы Ваа́л-Тама́рҟа ицан, уа аибашьразы рҽырхианы игылеит. Ги́ва иакәшаны зҽыҵәахны итәақәаз ракәзар, жәылара идәықәлеит. 34 Иреиӷьыз израильтәи аибашьцәа 10 000-ҩык Ги́ва иажәлан, аибашьра ӷәӷәа алагеит. Вениами́наа арыцҳара шырзыԥшыз рыздырӡомызт.
35 Иегова израильаа рҿаԥхьа вениами́наа ԥыххааса иқәиҵеит. Уи аҽны израильаа аҳәала еибыҭаз 25 100-ҩык вениами́наа ршьит.
36 Израильаа хьаҵуа ианалага, вениами́наа урҭ ириааиуаз џьыршьеит, аха израильаа зхьаҵуаз, Ги́ва иакәшаны итәаз иахьрықәгәыӷуаз азоуп. 37 Зҽыҵәахны итәаз Ги́ваҟа идәықәлеит, анаҩс урҭ рҽааиҩыршан, ақалақь аҿы инхоз зегьы аҳәала иршьит.
38 Израильаа ақалақь иакәшаны итәаз рашьцәеи дареи еибырҳәахьан ақалақь аҟынтә иҩеиуа алҩа дыргас ишырзыҟало.
39 Ажәылара аан израильаа хьаҵуа ианалага, вениами́наа урҭ ирықәлан, 30-ҩык раҟара ршьит. Дара ирҳәеит: «Израильаа уаанӡа еиԥш ихьаҵуеит». 40 Аха уи аамҭазы, ақалақь аҟынтә израильаа дыргас ирымаз алҩа ҩеит. Вениами́наа рышьҭахьҟа ианынаԥш, ақалақь зегь амца шакыз рбеит. 41 Усҟан израильаа ааҳәын, вениами́наа ирҿагылеит, вениами́наа арыцҳара ишақәшәаз анырба, ишәеит. 42 Дара хьаҵын, ацәҳәырахь ицеит, аха израильаа уагьы ирабашьуан. Ааигәа-сигәа иҟаз ақалақьқәа рҟынтәгьы ауаа аибашьцәа рыҽрыдыркылеит. 43 Израильаа вениами́наа ирыкәшеит, ирыцрымҵӡакәагьы ирышьҭан. Дара урҭ Ги́ва аҿаԥхьаҵәҟьа, ақалақь мрагыларатәи аган ала иԥыххааса иқәырҵеит. 44 Иҭахеит 18 000-ҩык вениами́наа, урҭ зегьы еибашьцәа ӷәӷәақәан.
45 Вениами́наа ааҳәын, ацәҳәырахь, ацаҟьа Риммо́н ахь, иҩны идәықәлеит. Израильаа амҩақәа рҿы 5 000-ҩык вениами́наа ршьит. Дара урҭ Гидо́м аҟынӡа ирышьҭан, еиҭа 2 000-ҩыкгьы ршьит. 46 Уи аҽны иааизакны аҳәала еибыҭаз 25 000-ҩык вениами́наа ҭахеит. Урҭ зегьы еибашьцәа ӷәӷәақәан. 47 Аха 600-ҩык хьаҵны ацәҳәырахь, ацаҟьа Риммо́н ахь, ицеит. Дара ацаҟьа Риммо́н аҿы ԥшьымз иҟан.
48 Израильаа вениами́наа рахь ихынҳәын, ақалақь аҿы иаанхаз зегьы, ауаагьы арахәгьы, аҳәала иршьит. Уи адагьы, дара амҩан ақалақьқәа зегь рблит.
21 Израильаа Ми́цпа иқәны абас рҳәеит: «Ҳара ҳҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы иԥҳа вениами́наа дриҭаӡом». 2 Ажәлар Вефи́льҟа иааит. Дара уа хәылбыҽханӡа Анцәа ду иҿаԥхьа итәаны рыбжьы рдуны аҵәыуара иаҿын. 3 Дара абас рҳәон: «Израильаа Рынцәа Иегова, ишԥаҟалеи абри аҩыза? Избан иахьа Израиль абшьҭрак зықәӡааз?» 4 Адырҩаҽны дара шаанӡа иҩагылан, акәырбаннагарҭа дыргылеит, нас ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи наргеит.
5 Израильаа ҵааит: «Иегова иҿаԥхьа зегь ҳанеизаз, израильтәи абшьҭрақәа рҟынтә имааида?» — избанзар дара қәны ирҳәахьан Иегова иахь Ми́цпа имнеиз дшыршьуа. 6 Израильаа Вениамин ишьҭра иатәыз рашьцәа ирыхьыз ргәы днархьит. Дара ус рҳәон: «Иахьа Израиль абшьҭрак ацәыӡит. 7 Ҳара Иегова иҿаԥхьа ҳақәны иаҳҳәахьеит ҳаԥҳацәа вениами́наа ишраҳамҭо, уажәшьҭа иаанхаз вениами́наа рзы аҳәса абаҳаԥшаауеи?»
8 Дара ҵааит: «Израильаа рабшьҭрақәа рҟынтә Иегова иахь Ми́цпа имааида?» Убасҟан еилкаахеит ажәлар ахьеизаз алагер ахь Иаве́ш-Галаа́д инхоз рҟынтә аӡәгьы дшымааз. 9 Ажәлар анырыԥхьаӡа, Иаве́ш-Галаа́д инхоз рҟынтә аӡәгьы дшыҟамыз еилыркааит. 10 Убасҟан ажәлар зегь раасҭа иӷәӷәаз 12 000-ҩык аибашьцәа алырхын, ус рарҳәеит: «Шәца, Иаве́ш-Галаа́д инхо зегь шәшьы, аҳәсагьы ахәыҷқәагьы налаҵаны. 11 Абар иҟашәҵаша: ахацәа зегь шәшьы, иара убас аҳәсагьы, хаҵа имцац рыда». 12 Иаве́ш-Галаа́д инхоз рыбжьара 400-ҩык аӡӷабцәа рыԥшааит. Урҭ ханаа́нтәи адгьыл аҿы ишьҭаз Сило́м иҟаз алагер ахь иааргеит.
13 Ажәлар зегь ацаҟьа Риммо́н аҿы иҟаз вениами́наа рахь ацҳаражәҳәаҩцәа рышьҭын, еинышәарц рыдыргалеит. 14 Усҟан вениами́наа хынҳәит. Израильаа Иаве́ш-Галаа́д аҟынтә иргаз аӡӷабцәа урҭ ирырҭеит, аха аӡӷабцәа рхыԥхьаӡара маҷын. 15 Ажәлар вениами́наа ирыхьыз ргәы днархьит, избанзар Иегова израильтәи абшьҭрақәа еиҩишеит. 16 Ажәлар реиҳабацәа ус рҳәеит: «Вениами́наа рыҳәса зегь ҳшьит, иабааҳгари уажәшьҭа иаанхаз вениами́наа рзы аҳәса?» 17 Анаҩс ус рҳәеит: «Иаанхаз вениами́наа рыдгьыл дара ирҭынхароуп, рабшьҭра Израиль имыӡырц азы. 18 Аха ҳаԥҳацәа урҭ иҳазрыҭаӡом, избанзар израильаа иқәны ус рҳәеит: „Зыԥҳа вениами́наа дрызҭо дшәиуп“».
19 Анаҩс ус рҳәеит: «Есышықәса Сило́м Иегова изку аныҳәа мҩаԥысуеит. Уи Вефи́ль аҩадахьы, Вефи́ль аҟынтә Шехе́мҟа ицо амҩа аҟынтә мрагыларахь, насгьы Лево́на аладахьы ишьҭоуп». 20 Дара вениами́наа абас рарҳәеит: «Шәцаны аӡахәаҭрақәа рҿы шәҽыҵәахны шәтәа, 21 силомтәи аҭыԥҳацәа кәашо ианаақәлалак, аӡахәаҭрақәа рҟынтә шәаацәырҟьаны, аӡәаӡәа мҵарсны ижәга. Нас вениами́наа рыдгьыл ахь шәхынҳәы. 22 Урҭ рабацәа ма рашьцәа ааины ҳара ҳҿы иашшыр, ус раҳҳәоит: „Ҳшәыҳәоит, ҳаилышәкаа, ҳара ҳанеибашьуаз зегьы рзы аҳәса ҳзымгаӡеит, шәаргьы урҭ аҳәса рыҭара шәылшаӡом, избанзар усҟан ахара шәыдлоит“».
23 Вениами́наа убасҵәҟьа ҟарҵеит, аҭыԥҳацәа аныкәашоз, дасу аӡӷабцәа мҵарсны ԥҳәысс иргеит, анаҩс рыдгьылқәа рахь ихынҳәит. Дара ақалақьқәа еиҭашьақәдыргылеит, уа анхарагьы иалагеит.
24 Израильаагьы рабиԥарақәеи рҭаацәарақәеи рахь ихынҳәит, дасу идгьыл ахь дцеит.
25 Урҭ аамҭақәа раан Израиль аҳ дахагылаӡамызт, дасу ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡоз акәын иҟаиҵоз.
Мамзаргьы иҟалап «аҽада дшақәтәаз лнапқәа анеинылҟьа».
Ма «Неге́в».
Иаанагоит «аӡы ахыҵхырҭақәа».
Иаанагоит «ақәхразы иалху».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аихатәы ҽыуардынқәа».
Ма «уара уахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааҳарԥшуеит».
Иаанагоит «иҵәыуо».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ирзиҭиит».
Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Иԥшьоу ашьаҟа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Ара́м-Нахараи́м».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Ара́м».
38 см раҟара иҟаз, икьаҿыз амышьхәылҵ акәзар ҟалап. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Мамзаргьы иҟалап «ахаҳәԥҽырҭа».
Мамзаргьы иҟалап «аҳауа злаҩнадырсуаз аԥенџьыр ала».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».
Зԥынҵа ҵарыз алаба.
Шәахәаԥш Ажәар.
Уи арахә рцәа иалырхуан. Шәахәаԥш Ажәар.
Иҟалап убасала ауаҩы Анцәа ажәа шииҭаз ма иҽшизикыз ааирԥшуазҭгьы.
Мамзаргьы иҟалап «хыџхыџуан».
Мамзаргьы иҟалап «аписар иҩыга зку».
Ма «иҟарҵо рзымдыруа иҟан».
Шәахәаԥш Ажәар.
Мамзаргьы иҟалап «адгьыл аҵаҟа аҵәахырҭақәа».
Ма «лабала дасны игәылиршәшәон».
Е́фак 22 л иҟан.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭынчра умаз».
Иаанагоит «Иегова — аҭынчра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «бжьышықәса зхыҵуа аҩбатәи ацәҵыс».
Шәахәаԥш Ажәар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҩбатәи ацәҵыс».
Иаанагоит «Ваа́л ихы ихьчалааит (дықәԥалааит)».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Атәыҩа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атәыҩа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «атәыҩа».
Уахынла асааҭ 10 раҟара инаркны ҵхыбжьон асааҭ 2 раҟара рҟынӡа.
19,4 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ма «гәыбылрала иҭәу абзиабара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иан лаб иҭаацәара».
Мамзаргьы иҟалап «адгьылқәа зтәу».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыбаҩи шәцәеи».
800 г раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Мамзаргьы «ҭауадк иеиԥш ихы мҩаԥигон».
Ма «гызмалрыла».
Ваа́л-Бери́т ҳәагьы еицырдыруа анцәахәы.
Ма «Сириеи».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «изаҳауа иакәны дыҟазааит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Ми́цпенӡа». Ми́цпа Ми́цпе ҳәагьы ирыҩуеит.
Иҟалап зыӡбахә иҳәо Анцәа имаҵ аура дшазикуа акәзар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыбшьит».
Ма «наҟ бсышьҭыр».
Ма «аԥҟара».
Ма «ддырҽхәаларц».
Мамзаргьы иҟалап «аӡиас ирны, аҩадаҟа идәықәлеит».
Анцәа иакәзар ҟалап.
Зыӡбахә цо Анцәа иакәзар ҟалап.
Мамзаргьы иҟалап «аҩныҵҟатәи ауада дыҩналаанӡа».
Ма «аҩныҵҟатәи луадахь».
Ма «аҩхаахьы».
Ааигәа иԥсыз аҽада ацламҳәа акәын. Ихьахьхьала иҩаӡамызт, ихәашхәаша ицаӡомызт.
Иаанагоит «ацламҳәа ахькажьу ахәы».
Иаанагоит «иӷьаҵәыӷьаҵәуа иаҳәо иӡыхь».
Шәахәаԥш Ажәар.
12,5 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
12,5 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
2,3 кг раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ма «аҩны ирымаз анцәахәқәеи; аидолқәеи».
Ари иаанаго иара Иуда ишьҭра иазалхыз адгьыл аҿы дшынхоз акәзар ауеит.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «абыс».
114 г. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ма «ицәажәашьала».
Иаанагоит «Дан илагер».
Мамзаргьы иҟалап «Иегова иҩнаҿы амаҵ зуеит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭынчра умаз».
Мамзаргьы иҟалап «адгьылқәа зтәыз».