Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Галаҭаа рахь 1:1—6:18
  • Галатаа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Галатаа
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Галатаа

ГАЛАТАА РАХЬ АСАЛАМШӘҞӘЫ

1 Сара, апостол Павел, асаламшәҟәы шәзысыҩуеит. Апостолс салызхыз ауаҩ иакәӡам, Иисус Христоси уи иԥсы ҭазҵаз Ҳаб Ҳанцәеи роуп. 2 Ааи, сара, Павели, исыцу аишьцәеи Гала́тиа иҟоу аизарақәа асаламшәҟәы рзаҳаҩуеит.

3 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи шәыгымзааит. 4 Христос иԥсы ҳахҭниҵеит, ҳагәнаҳақәа ҳхихырц, насгьы ари адунеи* цәгьа аҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц азы. Ҳаб Ҳанцәа ус иҭаххеит. 5 Наунагӡа хьӡи-ԥшеи игымзааит. Амин.

6 Сара иџьасшьоит, Христос иааирԥшыз ҳзыԥсам ақьиара ала шәаазыԥхьаз Анцәа абас ирласны дышәхаршҭны, даҽа жәабжьк шәахьазыӡырҩуа, уи акәушәа ажәабжь бзиа. 7 Даҽа жәабжь бзиак ыҟам. Аха шьоукы Христос изку ажәабжь бзиа еицаркырц иашьҭоуп, ауадаҩрақәа шәызцәырыргарц азы. 8 Аха аӡәы — ҳара ҳаума, ажәҩан аҟынтә амаалықь иоума — ҳара ишәзеиҭаҳҳәаз ажәабжь бзиа акәымкәа, даҽа жәабжьк шәзеиҭеиҳәазар, уи акәушәа ажәабжь бзиа — дшәиизааит. 9 Ишысҳәахьоу еиԥш, дшәиизааит ишәыдышәкылаз ажәабжь бзиа акәымкәа, даҽа жәабжьк шәзеиҭазҳәо, уи акәушәа ажәабжь бзиа.

10 Уажәы сзышьҭоу ауаа ргәы аҟаҵара акәу, Анцәа игәы аҟаҵара акәу? Сзышьҭоу ауаа ргәы аҟаҵара акәызҭгьы, Христос имаҵуҩ сакәхомызт. 11 Ижәдыруазар сҭахуп, сашьцәа, ишәзеиҭасҳәаз ажәабжь бзиа зтәу ауаа шракәым. 12 Сара уи ауаа рҟынтә акәӡам ишсоуз, исзырҵазгьы ауаа ракәӡам, Иисус Христос иоуп исзаазыртыз.

13 Ишәмаҳацкәа шәыҟам аиудаизм анныҟәызгоз иҟасҵақәоз, Анцәа иеизара сҽазҵәылхны сшашьҭашәарыцоз, иқәысхырц сшашьҭаз. 14 Сара сыжәлар иатәу сықәлацәа аӡәырҩы раасҭагьы аиудаизм ныҟәызгон, дара раасҭагьы ҳабацәа рҵасқәа срықәныҟәон. 15 Аха сиира зыбзоуроу, сзыԥсам ақьиара аарԥшны салызхыз Анцәа ианиҭахха 16 сара сыла ажәабжь бзиа иауриам ирылеиҳәарц, даргьы Иԥа дырдырырц азы, иҟасҵарызеи ҳәа ауаа срыламлаӡеит, 17 сара саԥхьа апостолс иҟалахьаз апостолцәа срацәажәарц азгьы Иерусалимҟа сымцаӡеит. Инықәыршәны Аравиаҟа сцеит, нас Дамаскҟа схынҳәит.

18 Хышықәса рышьҭахь Ки́фа* дызбарц азы Иерусалимҟа сцеит, 15 мшгьы уа сицын. 19 Аха уаҳа апостолцәа ҳәа аӡәгьы дсымбаӡеит, Иҳақәиҭу иашьа Иаков ида. 20 Ишәзысыҩуа зегь иашоуп, Анцәа ибоит амц шысымҳәо.

21 Уи ашьҭахь Сириаҟеи Килики́аҟеи сцеит. 22 Иудеиа иҟаз Христос иеизарақәа хаҭала срыздырӡомызт, 23 аха ираҳахьан абас шырҳәоз: «Уаанӡа иҳашьҭашәарыцоз, насгьы аизарақәа* ықәызхырц зҭахыз уажәы ауаа ажәабжь бзиа рылеиҳәоит». 24 Абасеиԥш сыӡбахә анраҳа, Анцәа ирҳаракра иалагеит.

2 Уи ашьҭахь 14 шықәса анҵы, Варна́ва дсыманы еиҭах Иерусалимҟа сцеит, Титгьы дызгеит. 2 Убрахь уцароуп ҳәа сзаатит азоуп уахь сызцаз. Уа ҳаҭыр ду зқәу аишьцәеи сареи ҳанеиқәшәа, ирасҳәеит иауриам ирзеиҭасҳәо ажәабжь бзиа. Уи ҟасҵеит баша аџьабаа шысымбо агәра згарц азы. 3 Дара исыцыз Титҵәҟьагьы уаԥхьатә хусароуп ҳәа иарымҳәаӡеит, иара дышбырзенугьы. 4 Уи азҵаара шьҭызхыз згәы ацәгьара ҭакны аизара иалалаз роуп. Дара ҳашьцәа ракәушәа рхы аадырԥшуеит, избанзар ирҭахуп Христос Иисус иҵаҩцәа раҳасабала иҳамоу ахақәиҭра ҳамырхырц, маҵуцәасгьы ҳҟарҵарц. 5 Аха ҳара урҭ ҳарзымӡырҩӡеит, зныкгьы ҳхы раҳамҭаӡеит, ажәабжь бзиа абзоурала еилышәкааз аҵабырг шәцәымӡырц азы.

6 Аизараҿы ҳаҭыр ду зқәырҵо аишьцәа ракәзар, сара урҭ иҿыцу ҳәа акгьы сарымҳәаӡеит. Сара сзы ихадаӡам уаанӡа урҭ зусҭцәаз, избанзар Анцәа ауаа еилихӡом. 7 Дара ирбеит заԥхьатә хсам ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара дҵас ишсыду, Пиотр ажәабжь бзиа заԥхьатә хсоу рзеиҭаҳәара дҵас ишиду еиԥш. 8 Анцәа Пиотр амч ииҭеит, заԥхьатә хсоу рзы дапостолхарц, иара саргьы амч сиҭеит иауриам рзы сапостолхарц. 9 Дара еилыркааит, Анцәа сара сахь ҳзыԥсам ақьиара шааирԥшыз, убри аҟынтә аизара зку ҳәа иԥхьаӡоу — Иакови, Ки́феи*, Иоанни — Варна́веи сареи ҳнапы ҳамырхын, аус шеицаҳауло ҳәа ҳаиқәышаҳаҭхеит: ҳара — иауриам ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәаларц, дара — заԥхьатә хсоу ирзеиҭарҳәаларц. 10 Амала, иӷару аишьцәа шәрызхәыцла ҳәа ҳарҳәеит, саргьы ус аҟаҵара есымша сашьҭан.

11 Аха Ки́фа Антио́хиаҟа данаа, дышиашамыз иаахтны иасҳәеит, избанзар ииашамкәа ихы мҩаԥигеит. 12 Иаков ауаа ааишьҭаанӡа, иара иауриам дрыдтәаланы акрырыцифон. Аха урҭ анаа, иауриам акрырыцфара даҟәыҵын, дырмацәажәо далагеит, избанзар заԥхьатә хсаз дрыцәшәеит. 13 Иауриаз егьырҭ аишьцәагьы иара иеиԥш рхы мҩаԥырго иалагеит, Варна́ваҵәҟьагьы дара реиԥш ихы мҩаԥигеит. 14 Урҭ рхымҩаԥгашьа ажәабжь бзиа абзоурала еилыркааз аҵабырг ишақәымшәоз анызба, зегьы ишраҳауаз Ки́фа ус иасҳәеит: «Уара ушауриоугьы, иауриам реиԥш унхозар, нас, иауриам ауаа ауриацәа рҵасқәа зрыдуцалои?»

15 Ҳара, аханатә аахыс иауриақәоу, насгьы егьырҭ ажәларқәа рҟынтә «агәнаҳаҟаҵаҩцәа» иреиԥшым, 16 иаҳдыруеит Анцәа уаҩ иашаны ииԥхьаӡо азакәан назыгӡо шиакәым. Уи уаҩ иашаны ииԥхьаӡо Иисус Христос дхазҵо иоуп. Ҳара Христос Иисус игәра заҳгаз азакәан ахьынаҳагӡо азы акәымкәа, Христос игәра ахьаҳго азы Анцәа ҳуаа иашақәаны ҳиԥхьаӡарц азоуп. Избанзар ауаҩы азакәан иану аԥҟарақәа ахьынаигӡо азы Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дзыҟалом. 17 Ҳара Христос ила ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахарц ҳахьашьҭоу азы ҳагәнаҳаҟаҵаҩцәоуп ҳәа иҳашьҭазар, иаанагома уи Христос агәнаҳа амаҵ азиуеит ҳәа? Ҳәарада, мап! 18 Зны исырбгаз еиҭах аргылара салагазҭгьы, азакәан еилазго аӡә сакәхон. 19 Азакәан сықәныҟәон азы, азакәан азы сыԥсит, Анцәа изы сыԥсы ҭаларц азы. 20 Сара Христос ашьаҟаҿы сицыԥсит. Уажәшьҭа схазы акәӡам сзынхо, сыԥсҭазаара Христос иоуп изыдҳәалоу. Ауаҩ иеиԥш сынхонаҵы, бзиа сызбаз, зыԥсы сыхҭнызҵаз Анцәа Иԥа иахь ахаҵара аарԥшуа сынхоит. 21 Сара исҭахӡам Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара мап ацәыскыр, избанзар ауаҩы Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дҟазҵо азакәан акәӡам, азакәан акәызҭгьы, Христос баша дыԥсызшәа алҵуан.

3 Гала́таа, ахшыҩдақәа шәара! Шәызжьада абас? Ибзианы еилышәымкаахьази Иисус Христос ашьаҟаҿы дзыԥсыз. 2 Аказы сшәазҵаар сҭахуп: иԥшьоу адоуҳа зшәоуз азакәан ахьынашәыгӡо азы акәу, ишәаҳаз агәра ахьыжәгаз азы акәу? 3 Убасҵәҟьа шәыхшыҩдақәоума? Раԥхьа иԥшьоу адоуҳа шәақәгәыӷуан, уажәшьҭа шәхы аума шәзықәгәыӷуа? 4 Абриаҟара агәаҟрақәа баша ишәхыжәгама? Издыруеит баша ишышәхышәымгаз. 5 Избан иԥшьоу адоуҳа шәызҭо, насгьы шәыбжьара аус џьашьахәқәа ҟазҵо уи зегь зыҟаиҵо? Азакәан ахьынашәыгӡо азы акәу, ишәаҳаз агәра ахьыжәгаз азы акәу? 6 Дышәгәалашәыршәеи Авраам. Авраам «Иегова* игәра игеит азы, иара уи дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит».

7 Шәара ижәдыруеит Авраам иԥацәа ҳәа иԥхьаӡоу ахаҵара змоу шракәу. 8 Анцәа иҳәахьан, егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаагьы ахаҵара ахьаадырԥшуа азы уаа иашақәаны ишиԥхьаӡо. Убри аҟынтә иара заа Авраам абри аҩыза ажәабжь бзиа иеиҳәеит: «Уара ула ажәларқәа зегь ныҳәоуп». 9 Убри аҟынтә Анцәа ахаҵара змоу зегьы дрықәныҳәоит, ахаҵара змаз Авраам дышиқәныҳәаз еиԥш.

10 Азакәан иақәгәыӷуа зегь шәиуп, избанзар Аҩыраҿы иануп: «Дшәиуп азакәан-шәҟәы иану зегьы назмыгӡо ауаҩы». 11 Еилкаауп ауаҩы азакәан ахьынаигӡо азы Анцәа уи дуаҩ иашаны дшимыԥхьаӡо, избанзар иануп: «Анцәа иҿаԥхьа ииашоу ауаҩы ихаҵара абзоурала дынхалоит». 12 Азакәан аҿы ианӡам ауаҩы ахаҵара имазароуп ҳәа, уа иану «ауаҩы аԥсҭазаара иоурц азы азакәан иану наигӡалароуп» ҳәа ауп. 13 Иара убас иануп: «Дшәиуп ашьаҟа икыдырҵаз ауаҩы». Христос азакәан анынаҳагӡоз иҳақәыз ашәи ҳхихырц азы ҳара ҳҭыԥан ашәи даҵалеит. Убасала ҳахә ҳахшәааны ҳааихәеит. 14 Уи зегь зыҟаҵаз Христос Иисус ила егьырҭ ажәларқәагьы Анцәа Авраам дзықәиргәыӷыз роурц азоуп, убасала зегьы ҳхаҵара абзоурала Анцәа ҳзықәиргәыӷыз иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы.

15 Сашьцәа, абри аҩыза аҿырԥштәы шәзаазгар сҭахуп: ҩыџьа аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵалак, ибжьазҵаз ауаа ракәзаргьы, уи аӡәгьы изаԥыхуам, аӡәгьы акгьы изацҵом, акгьы изагырхом. 16 Анцәа ажәа зиҭаз Авраами уи ихылҵи роуп. Иҳәаӡам «иухылҵқәо» ҳәа, урҭ рацәаҩызшәа, «ухылҵ» ҳәа ауп ишҳәоу, избанзар аӡә иоуп изызку, уи — Христос иоуп. 17 Иара убас ишәасҳәоит: раԥхьа Анцәа Авраами иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьеиҵеит, нас, 430 шықәса рышьҭахь, ижәлар азакәан риҭеит, аха азакәан уи аиқәшаҳаҭра иамоу амч амнахӡом, Анцәа Авраам ииҭаз ажәагьы аԥсахӡом. 18 Ауаа аҳамҭа зроуа азакәан ахьынарыгӡо азы акәызҭгьы, Анцәа ажәа ахьриҭаз азы акәхомызт уи зроуа. Аха Анцәа агәыҭбаара аарԥшны Авраам аҳамҭа зииҭаз уи дақәиргәыӷхьан азоуп.

19 Изриҭазеи, нас, азакәан? Уи зриҭаз ажәлар рус цәгьақәа аанарԥшларц азоуп. Уи азакәан аус ауан, Анцәа ажәа зиҭаз ахылҵ даанӡа. Анцәа амаалықьцәа рыла Моисеи азакәан ииҭеит, нас Моисеи цҳаражәҳәаҩык иаҳасабала уи азакәан ажәлар рҟынӡа инеигеит. 20 Аха аиқәшаҳаҭра бжьазҵо аӡә иакәзар, ацҳаражәҳәаҩ даҭахӡам. Анцәагьы аиқәшаҳаҭра аныбжьеиҵоз, ихала иоуп ибжьазҵаз. 21 Азакәан Анцәа ҳзықәиргәыӷуа иаҿагылоит ҳәа аума, нас, уи иаанаго? Ҳәарада, мап! Ауаа ироуз азакәан аԥсҭазаара рнаҭозҭгьы, азакәан ахьынарыгӡо абзоурала уаа иашақәаны иԥхьаӡахон. 22 Аха Аҩыра иаанарԥшит ауаа зегьы агәнаҳа ишаҭаз, Иисус Христос дхазҵо зқәыргәыӷыз абзиарақәа ахаҵара аазырԥшуа ироурц азы.

23 Аха Христос дхаҳҵаанӡа азакәан ҳа́хьчон, Анцәа иаҳзааиртраны иҟаз ҳазыԥшнаҵы уи азакәан амчра аҵаҟа ҳаҟан. 24 Убасала азакәан Христос иахь ҳназго ҳааӡаҩ акәхеит, ахаҵара абзоурала Анцәа иҿаԥхьа ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахарц азы. 25 Уажәшьҭа Христос данхаҳҵа, ааӡаҩык иаҳзаҩызаз азакәан ҳҭахӡам.

26 Шәара зегьы Анцәа иԥацәа шәоуп, избанзар Христос Иисус дхашәҵоит. 27 Шәара зегьы аӡы шәыҽӡаашәхит, насгьы Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәҟалеит азы, Христос шәиеиԥшхеит. 28 Уажәшьҭарнахыс дыҟам иауриоу, дыҟам ибырзену, дыҟам амаҵуҩы, дыҟам зхы иақәиҭу, дыҟам ахаҵа, дыҟам аԥҳәыс, избанзар шәара зегьы аӡәк иеиԥш Христос Иисус иҵаҩцәа шәоуп. 29 Христос шәитәызар, Авраам ихылҵыз шәакәҵәҟьоуп, убри аҟынтә Анцәа Авраам дзықәиргәыӷыз шәҭынхоит.

4 Аб имазара зҭынхо аԥа дхәыҷнаҵы, амаҵуҩи иареи еиҩырго ҳәа акгьы ыҟам, зегь зтәу иара шиакәугьы, 2 избанзар аб иазалихыз аамҭа ааиаанӡа, ааӡаҩцәеи ахылаԥшыҩцәеи иҩнгьы рбоит, иаргьы дырбоит. 3 Убас ауп ҳаргьы ҳаныхәыҷқәаз ари адунеи ахәыцшьа ҳатҟәаны ҳшамаз. 4 Аха иазалхыз аамҭа анааи, Анцәа Иԥа дааишьҭит. Уи аԥҳәыс дылхылҵит, насгьы азакәан ишаҳәоз еиԥш дынхон. 5 Иара азакәан ишаҳәоз еиԥш инхоз рыхә рыхшәааны ахақәиҭра риҭеит, Анцәа ԥацәас ҳҟаиҵарц азы.

6 Шәара Анцәа иԥацәа шәоуп азы, Анцәа Иԥа ииҭаз иԥшьоу адоуҳа ҳгәы иҭеиҵеит. Уи адоуҳа иаҳнарҳәоит: «А́бба*, Ҳаб!» 7 Убри аҟынтә уажәшьҭа шәара шәмаҵуцәаӡам, Анцәа иԥацәа шәоуп. Анцәа иԥацәа аншәакәха, Анцәа аԥацәа ирықәнагоу аҳамҭа шәиҭоит.

8 Анцәа данышәзымдыруаз амцнцәақәа маҵуцәас шәрыман. 9 Уажәшьҭа Анцәа даныжәдыр, аха еиҳа ииашахон Анцәа шәара шәанидыр ҳҳәар, ишԥыкәу акгьы иаԥсам, хәарҭа злам ари адунеи ахәыцшьа шәшацныҟәо, маҵуцәас шәхы шашәҭо? 10 Шәара ак агмыжькәа амшқәеи, амзақәеи, аамҭақәеи, ашықәсқәеи шәшьоит. 11 Сшәоит ишәыдызбалаз аџьабаа баша иӡзар ҳәа.

12 Сашьцәа, саргьы зны шәара сшәеиԥшын, аха сҽысыԥсахит. Убри аҟынтә, сшәыҳәоит, шәаргьы сара сеиԥш шәҽышәыԥсах. Шәара ицәгьоу ҳәа акгьы сзыжәмуӡеит. 13 Шәара ижәдыруеит раԥхьаӡа акәны ажәабжь бзиа шәзеиҭаҳәара алшара сызҭаз счымазара шакәу. 14 Счымазара шәара шәзы иԥышәарахеит, аха схәымгашәымшьаӡеит, сышәцәымӷымхаӡеит, Анцәа имаалықь ма Христос Иисус дышшәыдышәкыларыз еиԥш ауп сышшәыдышәкылаз. 15 Иабацеи усҟан ишәымаз агәырӷьара? Агәра ганы сыҟоуп ишәылшозҭгьы, шәылақәа ҭыхны сара ишсышәҭоз. 16 Нас уажәшьҭа аиаша ахьшәасҳәо азы ишәаӷоу аӡә иеиԥш шәсыхәаԥшуама? 17 Урҭ рганахь шәиаргар рҭахуп, аха абзиара ахьышәзеиӷьаршьо азы акәӡам. Урҭ ирҭаху сара скажьны, дара шәрышьҭаларц ауп. 18 Есымша абзиара шәзыҟаҵара иашьҭоу аӡәыр дыҟазар, — сара саншәыцугьы, саншәыцымгьы, — уи даараӡа ибзиоуп. 19 Бзиа избо схәыҷқәа, сара ахшараиура иаҿу аԥҳәыс илхылго ахьаа аҩыза еиҭах исхызгоит. Уи ахьаа саргәаҟлоит зегь рыла Христос шәиеиԥшхаанӡа. 20 Ишԥасҭахыз уажәы шәааигәа сыҟазар, даҽакала сшәацәажәар, избанзар ишәыхьны иҟоу сзеилкаауам.

21 Исашәҳәа, азакәан ақәныҟәара иашьҭоу шәара: азакәан иаҳәо шәмаҳаӡои? 22 Аҩыраҿы иануп Авраам ҩыџьа аԥацәа иман ҳәа: аӡәы амаҵуҩԥҳәыс лҟынтә, егьи — ахақәиҭра змаз иԥҳәыс лҟынтә. 23 Амаҵуҩԥҳәыс лҟынтә иоуз аԥа ахәыҷқәа зегь шиуа еиԥш диит. Иԥҳәыс лҟынтә иоуз аԥа Анцәа ииҭахьаз ажәа инақәыршәаны диит. 24 Ари зегьы аҵакы амоуп. Арҭ аҳәса ҩ-еиқәшаҳаҭрак аадырԥшуеит. Руак ашьха Синаи аҿы ишьақәырӷәӷәан. Уи аиқәшаҳаҭра аҵаҟа ииуа ахәыҷқәа маҵуцәоуп. Уи аиқәшаҳаҭра — Ага́рь лоуп. 25 Ага́рь Аравиа иҟоу ашьха Синаи аалырԥшуеит. Уи иахьатәи Иерусалим даҿырԥшуп, избанзар Иерусалим ахәыҷқәеи иареи маҵуцәоуп. 26 Хыхь иҟоу Иерусалим ахы иақәиҭуп, уи ҳан ауп.

27 Аҩыра иануп: «Бгәырӷьала, ахшара дызмоуа аԥҳәыс. Быбжьы ҭыганы бгәырӷьала, ахшараиура иацу ахьаа ззымдыруа аԥҳәыс, избанзар икарыжьыз аԥҳәыс ахаҵа дызмоу лаасҭа ахшара лымоуп». 28 Сашьцәа, шәара Исаак иеиԥш Анцәа ииҳәахьаз ажәа инақәыршәаны ииз ахәыҷқәа шәоуп. 29 Аха ахәыҷқәа зегь шиуа еиԥш ииз аԥа иԥшьоу адоуҳа амч ала ииз ишьҭашәарыцара дшалагаз еиԥш ауп иахьагьы ишыҟоу. 30 Аха иаҳәозеи Аҩыра? Абар уи иаҳәо: «Амаҵуҩԥҳәыс лԥеи лареи наҟ идәылца, избанзар амаҵуҩԥҳәыс лыҷкәыни ахақәиҭра змоу аԥҳәыс лыҷкәыни абхәҭаа еицроураны иҟаӡам». 31 Сашьцәа, ҳара ҳазхылҵыз амаҵуҩԥҳәыс лакәӡам, ахақәиҭра змоу аԥҳәыс лоуп.

5 Убри аҩыза ахақәиҭра ҳаурц азоуп Христос ҳхы ҳзақәиҭитәыз. Убри аҟынтә шәҽырӷәӷәаны шәгылаз, амаҵуцәа руӷә уаҳа шәҽаҵашәымкын.

2 Сара, Павел, ишәасҳәоит: шәаԥхьатә хышәсар, Христос ишәзыҟаиҵаз хәарҭа шәнаҭом. 3 Еиҭах ишәгәаласыршәоит: заԥхьатә хызсо зегьы азакәан иаҳәо ак агмыжькәа инарыгӡалароуп. 4 Шәара — азакәан анагӡара абзоурала иуаа иашақәаны иԥхьаӡахарц иашьҭоу — Христос шәицәыхарахеит, иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиарагьы шәцәыӡит. 5 Ҳара ҳакәзар, иԥшьоу адоуҳаи иааҳарԥшуа ахаҵареи рыбзоурала Анцәа иҿаԥхьа ҳуаа иашақәаны ҳаԥхьаӡахоит ҳәа ҳаԥшуп. 6 Христос Иисус ишьҭа ихыланы ицо рзы ихадоу — ауаҩы иаԥхьатә хсоу-ихсаму акәӡам, бзиабарала иҭәу ахаҵара ааирԥшуоу-иааимырԥшуоу ауп.

7 Шәара ибзианы шәааиуан*. Ишәԥырхагахада, нас, аҵабырг инақәыршәаны анхара? 8 Ус анхара шәгәазырԥхаз шәаазыԥхьаз иакәӡам. 9 Маҷк арҵәыга амажәа зегь арҵәуеит. 10 Сара агәра ганы сыҟоуп, шәара, Иҳақәиҭу иҵаҩцәа, даҽакала ахәыцра шәшаламго. Аха ауадаҩрақәа шәызцәырызго, уи дызусҭазаалакгьы, иқәнагоу дақәшәоит. 11 Сара стәы ҳҳәозар, сашьцәа, уаанӡа еиԥш ауаа аԥхьатәхсара аҭахуп ҳәа рыласҳәозҭгьы, ӡәыр дсышьҭашәарыцалозма? Раԥхьатә хырсалароуп ҳәа рыласҳәозҭгьы, исышьҭашәарыцо Христос ишьаҟа ргәы ԥнажәомызт*. 12 Шәызжьарц иашьҭоу ракәзар, ирҭахызар, раԥхьатә зынӡа ихырҵәааит*.

13 Сашьцәа, шәара ахақәиҭра шәоурц азы шәалхын, аха уи ахақәиҭра шәгәаҳәара ҟьашьқәа рынагӡаразы шәхы иашәмырхәалан. Бзиа шәеибабаны шәымаҵ еибаула. 14 Азакәан зегь ԥҟарак алоуп излеибарку. Уи аԥҟара иаҳәоит: «Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала». 15 Аха аӡәи-аӡәи шәеибафозар, шәылақәа ҭибахуазар, шәгәышәҽаныз, зынӡа шәнибарҵәар, шәықәибахыр алшоит.

16 Сара ишәасҳәоит: адоуҳа ишшәыҵанаҳәо еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала, усҟан шәгәаҳәара ҟьашьқәа шәыҽрышәҭалаӡом. 17 Ацәеижь агәаҳәарақәа адоуҳа иаҿагылоит, адоуҳа — агәнаҳа иаҵоу ацәеижь иаҿагылоит. Дара-дара еиҿагылоит, убри азоуп ишәҭаху зышәзыҟамҵо. 18 Адоуҳа ишшәыҵанаҳәо еиԥш шәынхозар, азакәан аҵаҟа шәыҟаӡам ауп иаанаго.

19 Згәаҳәара ҟьашьқәа зыҽрызҭо ауаҩы иусқәа еилыкка иубарҭоуп. Урҭ аусқәа рахь иаҵанакуеит асексуалтә ламысдара*, иҟьашьу ахымҩаԥгашьа, ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа*, 20 аидолқәа рымҵахырхәара, аспиритизм*, аиӷара, аимак-аиҿак, ахыбаара*, аԥырқьҳәа аҵҟьара, ажәеимакра, аҳәоуеиқәымшәара, асектақәа реиҿкаара, 21 ашьыцра, арыжәтә аҽаршьра, уҽеиужьны, иаауҭаху ҟаҵо афара-ажәра, уҳәа убас иҵегьы. Уаанӡа ишшәасҳәахьаз еиԥш, уажәгьы ишәасҳәоит: ас еиԥш иҟоу аусқәа ҟазҵо Анцәа Иаҳра рбараны иҟаӡам.

22 Иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа абарҭ аҟазшьақәа роуп: абзиабара, агәырӷьара, аҭынчра, ачҳара*, ақьиара, абзиара*, ахаҵара, 23 аҟәымшәышәра, аҽынкылара. Арҭ аҟазшьақәа ирықәыӡбо закәанк ыҟам. 24 Уи адагьы, Христос Иисус иҵаҩцәа агәнаҳа иаҵоу ацәеижьи уи агәаҳәара ҟьашьқәеи ашьаҟа икыдырҵеит.

25 Иԥшьоу адоуҳа ишҳаҵанаҳәо ҳанхозар, шәааи анаҩсгьы ус ҳанхалап. 26 Ҳхы ҳараҳамклап, ҳмыҽхәалап, ҳмеицлаблап, аӡәи-аӡәи ҳаиҵамшьыцлап.

6 Аӡәы ииашам амҩа данылар, иара уи амҩа шиашам еиликаанӡагьы, шәара, доуҳала ишәу сашьцәа, уи ауаҩ амҩа иашахь дшәырхынҳә, аха уи хаала иҟашәҵа. Убри аамҭазы шәыхгьы шәацклаԥшла, шәаргьы акы шәыхнамхырц азы. 2 Шәеидара хьанҭақәа еицыжәгала, убасала Христос изакәан нашәыгӡоит. 3 Аӡәы дызлаҟам далаҟоуп ҳәа иԥхьаӡозар, ихы ижьоит. 4 Дасу иусқәа гәеиҭалааит, иара иҟаиҵо егьырҭ иҟарҵо иаҿимырԥшлааит. Усҟан иусқәа дреигәырӷьалоит. 5 Дасу иара иеидара* даҵоуп.

6 Анцәа иажәа здырҵо ауаҩы изырҵо изы акгьы дамеигӡалааит.

7 Шәхы шәымжьалан: Анцәа узхыччо иакәӡам. Ауаҩы илеиҵо ауп иааирыхуа. 8 Зцәеижь агәаҳәарақәа назыгӡо ицәеижь аҟынтә аԥсра* ааирыхуеит, Анцәа идоуҳа анапхгара иқәныҟәо уи адоуҳа аҟынтә наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит. 9 Убри аҟынтә, шәааи, ҳгәы камыжьӡакәа абзиара ҟаҳҵалап, избанзар ҳгәы каҳмыжьыр, аамҭа анааилак, аҽаҩра ҭаҳгалоит. 10 Алшара ҳаманаҵы, шәааи, зегьы абзиара рзыҟаҳҵалап. Аха еиҳарак иззыҟаҳҵалар ҳахәҭоу ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи роуп.

11 Сара ари асаламшәҟәы снапала ишәзысҩит. Ижәбома сынбанқәа шаҟа иҟәазу.

12 Ауаа рҿаԥхьа ахьӡ бзиа зырҳарц иашьҭоу шәаԥхьатә хышәсарц шәыдырцалоит, аха дара уи зыҟарҵо Христос ишьаҟазы ирмышьҭашәарыцаларц азоуп. 13 Заԥхьатә хызсо рхаҭақәа азакәан иқәныҟәаӡом, арахь ирҭахуп шәара шәаԥхьатә хышәсар, шәцәеижь иалаҽхәаларц азы. 14 Сара стәы сҳәозар, ашьаҟаҿы иԥсыз Иҳақәиҭу Иисус Христос ида акы сахыҽхәалар сҭахӡам. Иара ила адунеи сара сзы иԥсит, саргьы адунеи азы сыԥсит. 15 Ихадоу шәаԥхьатә хсоу-ихсаму акәӡам, ихадоу — Анцәа шәуаҩ ҿыцны шәахьыҟаиҵо ауп. 16 Убас еиԥш инхо зегьы — Анцәа иитәу Израиль иахәҭаку зегьы — аҭынчреи арыцҳашьареи рыгымзааит.

17 Уажәшьҭарнахыс аӡәгьы ауадаҩрақәа сызцәыримгааит, избанзар сара Иисус имаҵуҩ шсакәу узырбо адырга снуп.

18 Сашьцәа, шәара аҟазшьа бзиақәа шәымоуп. Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит. Амин.

Шәахәаԥш Ажәар.

Уи Пиотр ҳәагьы иарҳәон.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахаҵара».

Уи Пиотр ҳәагьы иарҳәон.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ауриа ма арамеи ажәоуп, иаанагоит «О, саб».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыҩуан».

Ма «изыхҟьашо хаҳәны ирзыҟаломызт».

Ма «евнухцәахааит». Уи изыдгылоз азакәан анагӡара алшара рымнахуан.

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Абырзен ажәа асе́лгеиа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ма «агәрамгара».

Ма «акрычҳара».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ма «иду аҭакԥхықәра».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «абаара».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра