Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt Кәаласаа рахь 1:1—4:18
  • Колоссаа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Колоссаа
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Колоссаа

КОЛОССАА РАХЬ АСАЛАМШӘҞӘЫ

1 Анцәа иҭахны Христос Иисус иапостолс иалху сара, Павели, ҳашьа Тимофеии ҳҟынтә 2 Коло́сс инхо, иԥшьоу, гәыкала Анцәа имаҵ зуа Христос иҵаҩцәа рахь асаламшәҟәы.

Ҳаб Ҳанцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳаиҭо аҭынчреи шәыгымзааит.

3 Ҳара Анцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос Иаб, шәара шәзы ҳаниҳәо, еснагь иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, 4 избанзар иҳаҳаит Христос Иисус иахь иаашәырԥшуа ахаҵареи иԥшьоу зегь рахь ишәымоу абзиабареи рыӡбахә. 5 Шәара ус ҟашәҵоит, избанзар агәыӷра шәымоуп, ажәҩан аҿы ишәзырхиоу аҳамҭа шәазыԥшуп. Шәара уи агәыӷра аӡбахә еилышәкааит аҵабырг ажәа, ажәабжь бзиа, аншәаҳа, 6 уи шәара шәҟынӡагьы инаӡеит. Ажәабжь бзиа алҵшәақәа аанагоит, насгьы адунеи зегь иахыҵәоит. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара аӡбахә анеилышәкаа, насгьы уи закәыҵәҟьоу шәхаҭа ианыжәба аҽны инаркны, уи ажәабжь бзиа шәыбжьарагьы алҵшәақәа аанагоит, насгьы аҽарҭбаауеит. 7 Шәара уи аӡбахә шәаҳаит бзиа иаҳбо, гәыкала Христос имаҵ зуа, ҳара ҳҭыԥан ишәыцхраауа ҳашьа Епафра́с иҟынтә. 8 Уи иара убас иаҳзеиҭеиҳәеит иԥшьоу адоуҳа абзиабара аарԥшра ишшәыцхраауа.

9 Убри атәы анҳаҳа аҽны инаркны, шәара шәзы Анцәа иҳәара ҳзаҟәымҵуа убри азоуп. Ҳара Анцәа ҳиҳәоит, игәҭакы иазку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа шәырҳарц азы, иара убас аҟәыӷареи иԥшьоу Анцәа идоуҳа иунаҭо аилкаареи шәоурц азы. 10 Усҟан Иегова* имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгалоит, аус бзиақәа ҟаҵо, Анцәа еиҳагьы еиӷьны деилкаауа*, игәы иахәо ҟашәҵалоит. 11 Амч ду змоу Анцәа дшәыцхрааит, ачҳареи агәырӷьареи аарԥшны, зегь ахгаразы амч шәиҭааит. 12 Ҳаб иҭабуп ҳәа иашәҳәала, алашараҿы иҟоу иԥшьоу зықәиргәыӷыз шәаргьы шәаԥсаны шәахьыҟаиҵаз азы.

13 Иара алашьцара ҳалганы, бзиа иибо Иԥа иаҳрахь ҳаиаигеит, 14 уи ибзоурала ҳара ахақәиҭра ҳауит, ҳагәнаҳақәагьы ҳанажьхеит, избанзар ахә ҳахшәааны ҳҿихит. 15 Иара зегь рыла уаҩы ибарҭам Анцәа диеиԥшуп, зегь раԥхьаӡа Анцәа иишаз иоуп. 16 Егьырҭ зегь иара ицхырааралоуп ишшоу, ажәҩан аҿы иҟоугьы, адгьыл аҿы иҟоугьы, иаҳбогьы, иаҳамбогьы: аҳрақәа, анапхгарақәа, аҳәынҭқаррақәа, амчрақәа. Зегьы иара ицхыраарала иаԥҵоуп, изаԥҵоугьы иара изоуп. 17 Егьырҭ зегь ҟалаанӡа иара дыҟан, иара ишьҭахь иҟалаз зегьы иара ицхыраарала ишан. 18 Иара ацәеижь — аизара — дахагылоуп, зегь рылагамҭа иоуп, зегь раԥхьа зыԥсы ҭаҵаз иоуп, зегь рыла аԥхьа игылоу иоуп, 19 избанзар Анцәа иҭаххеит Христос иҿы зегь харҭәааны иҟазарц. 20 Иара иӡбеит, Христос ашьаҟаҿы икеиҭәаз ашьа абзоурала егьырҭ ашамҭақәеи иареи рыбжьара — адгьыл аҿы иҟоу ашамҭақәеи ажәҩан аҿы иҟоу ашамҭақәеи иареи рыбжьара — аҭынчра бжьаҵаны, аизыҟазаашьа бзиақәа еиҭашьақәиргыларц.

21 Уаанӡа шәара Анцәа шәицәыхаран, шәиаӷацәан, избанзар шәхы иҭаз аус цәгьақәа ракәын. 22 Аха уажәшьҭа зыԥсҭазаара шәыхҭнызҵаз ибзоурала Анцәа иареи шәареи шәеиниршәеит, иҿаԥхьа шәыԥшьаны, шәыцқьаны, грак шәымамкәа шәҟаларц азы. 23 Аха шәара анаҩсгьы Анцәа иахь ишәымоу ахаҵара инақәыршәаны шәынхалароуп, шәхаҵара ашьаҭаҿы шәыӷәӷәаӡа, шәымлакҩакӡакәа шәгылазароуп, ажәҩан аҵаҟа ашамҭақәа зегьы ирылаҳәоу ажәабжь бзиа аншәаҳа ишәоуз агәыӷра шәмырӡроуп. Сара, Павел, уи ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара дҵас исыдуп.

24 Шәара шәзы сышгәаҟуагьы, уажәшьҭа сгәырӷьоит. Сара Христос игәаҟрақәа схызгоит, аха Христос ицәеижь азы — аизара азы — агәаҟрақәа зегь макьана исхызымгаӡацт. 25 Сара уи аизара маҵзуҩыс сазыҟалеит, избанзар Анцәа уи аус снапы ианиҵеит, шәара ишәыхәарц азы. Иара гәацԥыҳәарала иажәа ауаа ирыласҳәаларц сыдиҵеит, 26 ааи, иԥшьоу амаӡа рыласҳәаларц. Уи амаӡа ажәытәтәи адунеигьы*, усҟан инхоз ауаагьы ирыздырӡомызт. Аха уажәшьҭа Анцәа уи амаӡа иара иитәқәоу, иԥшьоу, ирзааиртит. 27 Иара иҭаххеит, иԥшьоу уи амаӡа — зыхә ҳараку амазара — егьырҭ ажәларқәа рыбжьара иааиртырц. Иԥшьоу маӡас иҟоу — Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәахьыҟоу ауп, даҽакала иуҳәозар, ихьӡ-иԥша ицеиҩышәшоит ҳәа шәахьақәгәыӷуа. 28 Уи иӡбахә ҳара ауаа ирылаҳҳәоит, ҳрылабжьоит, ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара ҳхы иархәаны адыррақәа раҳҭоит, дарбанзаалак Анцәа иҿаԥхьа ишәхьоу Христос иҵаҩ иеиԥш дыԥхьаӡахарц азы. 29 Зегь сылзыршо Анцәа имч сақәгәыӷны, сара уи азы аџьабаа збоит, схы сеигӡаӡом.

2 Коло́ссаа, ижәдыруазар сҭахуп Лаоди́киа иҟоуи шәареи сшәыцхраарц азы шаҟа схызго, хаҭала сыззымдыруагьы срыцхраарц азы шаҟа схызго. 2 Уи зегь зыҟасҵо шәара зегь агәҭынчра шәоурц, абзиабара шәеиднакыларц, насгьы амазара ду шәоурц азоуп. Уи амазара Анцәа имаӡа ԥшьа аилкаареи уи иазку ииашоу, иҵаулоу адыррақәеи роуп. Уи амаӡа — Христос иоуп. 3 Зыхә ҳараку аҟәыӷареи адырреи иара иҿы иҵәахуп. 4 Исҳәо зысҳәо аӡәгьы гызмалрыла шәимжьарц азоуп. 5 Шәааигәа сыҟаӡам, схароуп, аха гәыла сшәыцуп, издыруеит шәусқәа зегь еиҿкааны ишынашәыгӡо, Христос иахь шәхаҵара шыӷәӷәоу, уи сеигәырӷьоит.

6 Иҳақәиҭу Христос Иисус игәра аныжәга, анаҩсгьы иара иеиԥш шәынхала, 7 аҵла адацқәа ӷәӷәаӡа, иҟацаӡа ишыҟоу еиԥш, шәаргьы ишышәдырҵахьоу еиԥш, шәыӷәӷәаӡа Иисус иҿы шәгылаз, шәхаҵара ӷәӷәаз, еснагь Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәарагьы шәхашәмыршҭлан.

8 Шәгәышәҽаныз, аӡәы ишьацҳәа шәамкааит, афилософиеи ҵакы змам ацәажәарақәеи шәхырымхааит. Урҭ шьаҭас ирымоу Христос иаҳирҵоз акәымкәа, ауаа ирхәыцыз аҵасқәеи ари адунеи ахәыцшьеи роуп. Шәамкааит уи ашьацҳәа, 9 избанзар Христос иҿы ауп Анцәа иҟазшьақәа нагӡаны иахьааԥшыз. 10 Иара ибзоурала, напхгарас, мчрас иҟоу зегь ирхагылоу ибзоурала, шәара зегь шәымоуп, акгьы шәыгӡам. 11 Шәара уи дхашәҵоит азы шәаԥхьатә хсоуп, аха ауаа рнапала акәӡам ишыхсоу. Уи аԥхьатәхсара иаанаго агәнаҳа иаҵоу ацәеижь ааныжьра ауп. Убасоуп Христос иитәқәоу раԥхьатә шхырсо. 12 Анцәа Христос шәицижит, иԥсрала шәҽанӡаашәх. Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәахьыҟоу абзоуралеи, Анцәа имч агәра ахьыжәго абзоуралеи, Анцәа иара иԥсы анҭеиҵоз, шәаргьы шәыԥсы ҭеиҵеит.

13 Уаанӡа шәара шәус цәгьақәа ирыхҟьаны, насгьы шәаԥхьатә ахьыхсамыз азы аԥсцәа шәырҩызан, аха Анцәа шәыԥсы ҭеиҵеит, Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәҟаларц азы. Иара гәык-ԥсыкала ҳус цәгьақәа ҳанаижьит, 14 насгьы иаҳҿагылаз азакәан анихит. Иара уи азакәан ашьаҟа икыдҵаны иаԥихит. 15 Уи абзоурала* иара аҳәынҭқарцәеи амчрақәеи бџьарда, ицәҳәы-ҟьантазӡа инижьит, насгьы ишаҵаирхаз зегьы идырбо, итҟәаны игеит.

16 Убри аҟынтә аӡәгьы азин имаӡам ишәфаша, ишәжәыша шәыҵаҳәара, мамзаргьы есышықәсатәи аныҳәақәеи, амзаҿа агылареи, асабшеи азгәаҭалатәуп ҳәа шәаҳәара. 17 Уи зегьы иҟалараны иҟоу иа́гагоуп, Христос иакәзар, иҟаҵәҟьоу ааирԥшуеит. 18 Шәгәышәҽаныз, асыс мҟаа иаҩызоушәа зхы аарԥшра бзиа избо, амаалықьцәа рымҵахырхәара згәаԥхо, акы рбазшәа иҽхәо* ирыхҟьаны аҳамҭа шәцәымӡааит. Игәнаҳау рыхшыҩ иахҟьаны, урҭ ауаа изырԥагьо ҳәа акгьы ыҟамкәа иԥагьахеит. 19 Дара Ахада идҳәалазар рҭахӡам. Иара ибзоуралоуп ацәеижь иаҭаху зегь аманы излаҟоу, иара ибзоуралоуп ацәеижь ахәҭақәа зегьы аҟәартәрақәеи аидҳәалагақәеи рыла излеибарку, излеидҳәалоу, иара ибзоуралоуп ацәеижь шеизҳауа, Анцәа ишиҭаху ишеизҳауа.

20 Христос шәицыԥсызар, ари адунеи ахәыцшьагьы ааншәыжьзар, ари адунеи иатәу реиԥш шәзынхои? Шәызрықәныҟәои абарҭ аԥҟарақәа: 21 «иумкын», «иумфан», «уаламкьысын»? 22 Арҭ аԥҟарақәа зҵанакуа иануфалак, ианужәлак иаанымхо ауп. Уи ауаа рыԥҟарақәеи рҵарақәеи роуп. 23 Урҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәо ауаа Анцәа ишимҵахырхәалатәу рхала ирыӡбоит, дара асыс мҟаа иаҩызоушәа рхы аадырԥшуеит, насгьы рцәеижь дыргәаҟуеит. Урҭ аԥҟарақәа аҟәышра рыҵоушәа убар шалшогьы, игәнаҳау агәаҳәарақәа риааира иуцхрааӡом.

3 Христос иԥсы анҭала шәаргьы шәыԥсы ҭалазар, шәааҟәымҵӡакәа ажәҩан аҿы иҟоу шәашьҭаз. Уа Христос Анцәа иарӷьараҿы дтәоуп. 2 Адгьыл аҿы иҟоу акәымкәа, ажәҩан аҿы иҟоу шәазхәыцла, 3 избанзар шәара шәыԥсит, шәыԥсҭазаарагьы Христос инапы иануп. Христоси Анцәеи аӡәк иеиԥш иҟоуп. 4 Аԥсҭазаара ҳазҭо Христос имч анааирԥшуа, зегьы еилыкка ирбарҭахоит ихьӡ-иԥша шицеиҩышәшо.

5 Убри аҟынтә ишәшьы шәцәеижь иалоу агәаҳәара цәгьақәа, асексуалтә ламысдара* шәҽашәымҭаларц, ицқьам акгьы ҟашәымҵаларц, аԥҳәыс лахь ма ахаҵа иахь агәаҳәара ӷәӷәа шәыкны шәамамзарц, уҭазырхо агәаҳәарақәа шәымамзарц, насгьы аԥсыцәгьара шәыламзарц азы. Аԥсыцәгьара аидолқәа рымҵахырхәара иаҩызоуп. 6 Ус ҟазҵо ауаа Анцәа игәы рзыԥжәоит. 7 Уаанӡа шәаргьы ус шәхы мҩаԥыжәгон, 8 аха уажәшьҭа урҭқәа зегь ааншәыжь. Иааншәыжь аԥсахеибакра, агәыԥжәара, ацәгьоура, улазырҟәуа ажәақәа, абзхәаԥсара. 9 Аӡәи-аӡәи шәеибамжьалан, ажәытә цәаҩа иацу аусқәеи иареи шәшәыхны, 10 Анцәа ишәиҭо цәаҩа ҿыцла шәҽеилашәҳәа. Ииашоу, иҵаулоу адыррақәа рыбзоурала Анцәа иеиԥшу уаҩ ҿыцны шәҟалала. 11 Ауаҩ ҿыц изы дыҟам абырзен, ауриа, заԥхьатә хсоу, заԥхьатә хсам, атәымуаҩ, аскиф*, амаҵуҩы ма зхы иақәиҭу. Христос зегь рзы зегь иакәны дыҟоуп.

12 Шәара Анцәа иалихыз, иԥшьоу, бзиа иибо ихәыҷқәа шәоуп, убри аҟынтә ишәшәышәҵа агәыбылра зҵоу арыцҳашьара, ақьиара, ахынраалара, аҟәымшәышәра, ачҳара. 13 Ачҳара аарԥшуа шәеилибакаала, гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла, агәааразы амзыз шәымазаргьы. Иегова* гәык-ԥсыкала ишшәанаижьыз еиԥш, шәаргьы егьырҭ иранашәыжьла. 14 Убри зегь инацҵаны, ишәшәышәҵа абзиабара, избанзар уи еиԥш ауаа еидызкыло ак ыҟам.

15 Христос иҭынчра шәгәаҿы аҳра аулааит, избанзар Анцәа уи аҭынчрахь шәааиԥхьеит, цәеижьк еиԥш шәыҟазарц азы. Еснагь иҭабуп аҳәарагьы шәазхиаз. 16 Шәыгәқәа Христос иажәала иҭәызааит, усҟан шәҟәышхоит. Аԥсаломқәеи Анцәа дҳаразкуа ашәақәеи ҳәо, иҭабуп ҳәа иаҳәо имҵахырхәара иазку ашәақәа ҳәо, шәыгәқәа шьҭибахла, Анцәа иажәа шәеибарҵала. Гәыкала* Иегова ашәа изышәҳәала. 17 Ишәҳәозаалакгьы, иҟашәҵозаалакгьы, Иҳақәиҭу Иисус ихьӡала иҟашәҵала, иара ила Ҳаб Ҳанцәа иҭабуп ҳәа иашәҳәала.

18 Аҳәса, ақьырсианҳәсақәа ишрыхәҭоу еиԥш, шәхацәа рҳәатәы шәацныҟәала. 19 Ахацәа, шәыҳәса бзиа ижәбала, иџьбараны шәырзымныҟәалан*. 20 Ахәыҷқәа, еснагь шәҭаацәа рҳәатәы хашәҵала, избанзар уи Иҳақәиҭу игәы иахәоит. 21 Абацәа, шәхәыҷқәа ргәы ԥышәымжәалан, ргәы камҳарц азы. 22 Амаҵуцәа, есымша шәыԥшәмацәа ирҳәо ҟашәҵала. Ауаа ргәы ҟаҳҵандаз ҳәа акәымкәа, шәанырымбогьы ирҳәо ҟашәҵала, гәык-ԥсыкала шәырзыӡырҩла, Иегова ҳаҭыр иқәызҵо реиԥш. 23 Иҟашәҵозаалак, ауаа рзы еиԥш акәымкәа, Иегова изы еиԥш, гәык-ԥсыкала иҟашәҵала, 24 избанзар ижәдыруеит ишәоуа аҳамҭа шәызҭо Иегова шиакәу. Иара уи аҳамҭа шәара шәзы ирхианы имоуп. Аԥшәымас ишәымоу Христос имаҵ жәула. 25 Ацәгьара ҟазҵо иқәнагоу дақәыршәахоит, избанзар Анцәа ауаа еилихӡом.

4 Аԥшәмацәа, шәмаҵуцәа ииашаны, ламысцқьала шәрызныҟәала, ижәдыруаз, шәаргьы ажәҩан аҿы Аԥшәма дышшәымоу.

2 Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала, уи аҟаҵара шәхашәмыршҭлан. Шәаниҳәо, иҭабуп ҳәа иашәҳәала. 3 Ҳара ҳзгьы Анцәа шәиҳәала, шәиҳәала, ауаа иажәа рылаҳәаразы, насгьы Христос изку иԥшьоу амаӡа рзаартразы амҩа ҳзааиртырц. Убри амаӡа азоуп сара абахҭа сызҭаку. 4 Анцәа шәиҳәала, уи амаӡа ишсыхәҭоу еиԥш, еилыкка ауаа рылаҳәара сылшарц азы.

5 Аизара иалахәым рҿы аус аншәымоу шәҟәышыз, шәаамҭа еиҳа ихадоу иазышәкла*. 6 Шәажәақәа еснагь ихааз, аџьыкахыш рымаз, усҟан дасу аҭак шишәҭаша жәдыруазаауеит.

7 Сусқәа шцо шәзеиҭеиҳәоит ҳара ҳаиԥш гәыкала Иҳақәиҭу имаҵ зуа, бзиа избо сашьа Ти́хик. 8 Сара уи дышәзынасышьҭуеит, ҳусқәа шцо шәеиҳәарц, насгьы шәгәы ирҭынчырц азы. 9 Уи дицны днеиуеит шәара шәтәқәа иреиуоу, гәыкала исзыҟоу, бзиа избо сашьа Они́сим. Дара иҟоу-иану зегь шәзеиҭарҳәоит.

10 Асалам шәиҭоит исыцҭаку Ариста́рх, асалам шәиҭоит Варна́ва иуа Маркгьы, уи шәара шәахь днеир, гәыкала дшәыдышәкыларц шәзаҳаҩхьан. 11 Иара убас асалам шәиҭоит Иу́ст ҳәа зарҳәо Иисусгьы. Дара зегь раԥхьатә хсоуп. Дара заҵәык роуп Анцәа Иаҳра аус аҿы исывагылоу, даараӡагьы сгәы шьҭырхуеит. 12 Асалам шәиҭоит шәара шәтәқәа иреиуоу, Христос Иисус имаҵуҩы Епафра́с. Иара еснагь шәара шәзы дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа диҳәоит, изызҳахьоу, ишәхьоу шәакәны шәыҟазарц, насгьы Анцәа игәы иҭеикыз зегь шынаигӡо агәра ганы шәыҟазарц азы. 13 Сара избоит, ишьақәсырӷәӷәаргьы сылшоит, иара ихы дамеигӡаӡакәа шәара шәзы аџьабаа шибо, Лаоди́киеи Иера́польи иҟоу рзгьы аџьабаа шибо.

14 Асалам шәиҭоит бзиа иаҳбо аҳақьым Лука, асалам шәиҭоит Дима́сгьы. 15 Асалам сызрышәҭ Лаоди́киа иҟоу аишьцәа, иара убас асалам сызрышәҭ Ни́мфеи лыҩны имҩаԥысуа аизареи. 16 Ари асаламшәҟәы шәанаԥхьалак ашьҭахь, лаодикиатәи аизараҿгьы иаԥхьартә еиԥш иҟашәҵа, нас дара ирзышьҭыз асаламшәҟәы шәаргьы шәаԥхьа. 17 Архиппгьы абас сызиашәҳәа: «Иҳақәиҭу унапы ианиҵаз аус гәык-ԥсыкала инагӡала».

18 Саргьы, Павел, асалам шәысҭоит, абар уи снапала ианысҵоит. Азынџьырқәа* шысхоу шәхашәмыршҭлан. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «иара изку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа рҳауа».

Шәахәаԥш Ажәар.

Ашьаҟа абзоурала. Мамзаргьы иҟалап «Христос ибзоурала».

Ара Павел амырҭаҭцәа иныҟәыргоз анашанатә ҵасқәа ирыдҳәалоу ажәа ихы иаирхәеит.

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Аскифцәа ҳәа изышьҭаз ацивилизациа злымсыцыз абнауаа ракәын.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «Шәыгәқәа рҿы».

Ма «шәгәы рызԥымжәалан».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аамҭа аашәхәала».

Аиха иалху аҿаҳәага.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра