Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt 1 Фессалоникаа рахь 1:1—5:28
  • 1 Фессалоникаа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • 1 Фессалоникаа
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
1 Фессалоникаа

ФЕССАЛОНИКАА РАХЬ АКТӘИ АСАЛАМШӘҞӘЫ

1 Сара, Павел, Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иртәу Фессало́ника иҟоу аизарахь асаламшәҟәы сыҩуеит. Силуа́нгьы* Тимофеигьы ара исыцуп.

Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳаиҭо аҭынчреи шәыгымзааит.

2 Еснагь Анцәа шәыззегь шәзы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит ҳаниҳәо шәанҳгәалашәо. 3 Ҳаб Ҳанцәа иҿаԥхьа ҳара ахаан иаҳхашҭӡом ахаҵареи абзиабареи аарԥшуа, шаҟа аџьабаа жәбоз, Иҳақәиҭу Иисус Христос иахь ишәымоу агәыӷра абзоурала ачҳара аарԥшны шаҟа агәаҟрақәа шәхыжәгоз. 4 Анцәа бзиа иибо ҳашьцәа, ҳара иаҳдыруеит Анцәа шәшалихыз. 5 Ажәабжь бзиа аншәзеиҭаҳҳәоз, баша ажәақәа ракәӡамызт иаҳҳәоз, иаҳҳәоз иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала акәын ишаҳҳәоз. Ҳара агәра ганы ҳаҟан иаҳҳәоз шҵабыргыз. Иаҳҳәоз ажәабжь шәара даараӡа ишәыцхрааит. Шәара ижәдыруеит шәаҳаҭыразы ҳзеиԥш уаахаз. 6 Шәара ҳара шәаҳҿыԥшит, Иҳақәиҭугьы шәиҿыԥшит, избанзар имаҷымкәа агәаҟрақәа шәышрықәшәазгьы, Анцәа иажәа шәгәырӷьаҵәа ишәыдышәкылеит. Уи аҩыза агәырӷьара иԥшьоу адоуҳа ауп иузҭо. 7 Убасала Македониеи Аха́иеи инхо ахаҵара змоу зегьы рзы шәҿырԥшыгахеит.

8 Шәара шәыбзоурала Иегова* иажәа заҳаз Македониеи Аха́иеи инхо рымацара ракәӡам, егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы ираҳаит. Анцәа иахь ишәымоу ахаҵара атәы зехьынџьара ираҳаит, убри аҟынтә ҳара уаҳа иаҳҳәаша ҳамаӡам. 9 Зегьы еиҭарҳәоит раԥхьаӡа акәны шәареи ҳареи ҳшеиқәшәаз, шәидолқәа мап шырцәышәкыз, зыԥсы ҭоу Ҳазшаз Анцәа ду имаҵуцәа шәакәхарц азы, 10 еиҭарҳәоит Анцәа зыԥсы ҭеиҵаз Иԥа Иисус ажәҩан аҟынтә шәшизыԥшу. Иара иааираны иҟоу Анцәа игәыԥжәара аҟынтә ҳаиқәирхоит.

2 Ҳашьцәа, шәара шәхаҭақәагьы ибзианы ижәдыруеит ҳара шәара шәахь баша ҳшымнеиз. 2 Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара Фили́пп ақалақь аҿы даараӡа ҳгәаҟит, иҟоу зегь ҳзаарцеит. Аха Анцәа агәымшәара ҳаиҭеит, иажәабжь бзиа шәзеиҭаҳҳәарц азы, ӷәӷәала ишаҳҿагылазгьы. 3 Ишәаҳҳәо шьаҭас иамоу ииашам ак акәӡам, ҳгәы ацәгьара ҭакӡам, шәаҳжьарцгьы ҳашьҭаӡам. 4 Анцәа ихаҭа ажәабжь бзиа аҳәара ҳаԥсоуп ҳәа иԥхьаӡеит, убри азоуп иаҳҳәо убас изаҳҳәо, ус изаҳҳәо ауаа ргәы ҟаҳҵарц азы акәӡам, ҳагәқәа ҭызҵаауа Анцәа игәы ҟаҳҵарц азоуп.

5 Шәара ижәдыруеит феидак ҳауп ҳәа ҳашәҿагәыбзыӷуа ҳшышәмацәажәоз, шәшаҳамжьоз, уи Анцәа ибоит! 6 Иара убас шәара шәоума, даҽа шьоук роума, лымкаала иҳазныҟәалоит ҳәа ҳазыԥшӡамызт, Христос иапостолцәа раҳасабала ҳхарџь ахҩара шәҳацхраалоит ҳәа ҳазыԥшыр шҳалшозгьы. 7 Уи аҭыԥан хаала ҳшәызныҟәон, ан агәыԥҳәы иаҵоу лысаби хаала дышихӡыӡаауа еиԥш ҳшәыхӡыӡаауан. 8 Ҳгәы шәзыбылуеит азы, Анцәа иажәабжь бзиа шәаҳәара мацара адагьы, ҳхы-ҳаԥсы шәаҳҭар ҳҭаххеит, избанзар даараӡа бзиа шәаҳбеит.

9 Ҳашьцәа, шаҟа аџьабаа ҳбоз жәдыруеит. Анцәа иажәабжь бзиа аншәылаҳҳәоз, уахгьы-ҽынгьы аус уа, ҳхала ҳхы ныҟәаҳгон, уадаҩрак шәалаҳамҵарц азы. 10 Шәара шәеиԥш, Анцәагьы дшаҳаҭуп, шәара шәҿы, ахаҵара змоу шәҿы, ҳаныҟаз, уҳақәгәыӷыртә ҳшыҟаз, ҳхымҩаԥгашьа шыцқьа-шәқьаз, ак ҳавубо ҳшыҟамыз. 11 Шәара ижәдыруеит аб ихәыҷқәа дшырзыҟоу еиԥш ҳшышәзыҟаз: зегьы шәгәы шьҭаҳхуан, шәгәы ҳарӷәӷәон, ҳшәылабжьон, 12 Анцәа ихьӡ-иԥшеи Иаҳреи роурц азы иааиԥхьо имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгаларц азы.

13 Ҳара еснагь Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, ҳара ҳҟынтә Анцәа иажәа аншәаҳа, уи ауаҩы иажәа еиԥш акәымкәа, иара шыҟаҵәҟьоу — Анцәа иажәа еиԥш — иахьшәыдышәкылаз. Уи ажәа шәара, ахаҵара змоу, ишәыцхраауеит. 14 Ҳашьцәа, шәаргьы Иудеиа иҟоу Анцәа иитәу ақьырсиантә еизара зықәшәаз аԥышәарақәа шәрықәшәеит. Иудеиа иҟоу ҳашьцәа аиудеиаа шрызныҟәаз еиԥш, шәаргьы шәызланхо ауаа рҟынтә аума шәхыжәгахьеит. 15 Аиудеиаа Иҳақәиҭу Иисуси аԥааимбарцәеи ршьит, ҳаргьы иҳашьҭашәарыцон. Дара Анцәа игәы ҟарҵаӡом, зегьы ԥырхага рызҭаша ауп иҟарҵо, 16 избанзар дара иауриам ажәабжь бзиа рылаҳәара иаҳԥырхагоуп, уи ажәабжь урҭ еиқәнархоит. Убасала рыгәнаҳақәа еиҭа агәнаҳа ацырҵоит. Аха иаарласны Анцәа игәыԥжәара рыхьӡоит.

17 Ҳашьцәа, шәареи ҳареи аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа ҳанеиԥырырх, гәыла-ԥсыла шәара шәҿы ҳшыҟазгьы, шәаҳбарц азы иҳалшоз зегь ҟаҳҵон, избанзар даараӡа шәаҳбар ҳҭахын. 18 Убри аҟынтә иаҳҭахын шәара шәахь ҳнеир. Сара, Павел, уи знык акәым, ҩынтәгьы сгәы иҭаскхьан, аха Аҩсҭаа ҳамҩа аиркуан. 19 Иҳақәиҭу Иисус даныхынҳәуа, гәыӷырҭас, гәырӷьарас, ҳзеигәырӷьо ҳамҭас иҳауада? Шәара шәакәӡами? 20 Ааи, шәара ҳахьӡ-ҳаԥшеи ҳгәырӷьареи шәоуп.

3 Шәахьаҳамбоз уаҳа иаҳзычҳауамызт азы, ҳхала Афина ҳаанхар еиҳа еиӷьуп ҳәа ҳаӡбан, 2 Христос изку ажәабжь бзиа ауаа ирылазҳәо, Анцәа имаҵ зуа ҳашьа Тимофеи шәара шәахь дҳашьҭит, шәирӷәӷәарц, шәгәы шьҭихырц, убас ала шәхаҵара ҳарӷәӷәарц, 3 урҭ ауадаҩрақәа ирыхҟьаны шәыԥсыҽымхарц. Шәара ибзианы ижәдыруеит ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа рыцәцара шҳалымшо. 4 Шәара шәҿы ҳаныҟаз, ҳара зныкымкәа иаҳҳәахьан ауадаҩрақәа ҳашрықәшәо, ус иагьыҟалаҵәҟьеит, уи жәдыруеит. 5 Убри азоуп аԥшра уаҳа зсылымшоз, Тимофеигьы шәара шәахь дзынасышьҭыз. Агәра ганы сыҟазар сҭахын анаҩсгьы гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ шыжәуа, Аџьныш* агәнаҳа шәирҟаҵарц азы шәышхимхыз. Ус акәызҭгьы, ҳџьабаа баша аӡы иагон.

6 Тимофеи ааигәоуп шәара шәҟынтә данаҳзаа, ажәабжь бзиақәагьы ҳзааигеит, гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ шыжәуа, абзиабара шаашәырԥшуа ҳаиҳәеит. Иаҳзеиҭеиҳәеит еснагь гәахәарыла ҳшышәгәалашәо, ҳара ҳаиԥш, шәаргьы ҳажәбар шышәҭаху. 7 Сашьцәа, шәхаҵара аӡбахә анҳаҳа, ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи ҳашрықәшәогьы, ҳгәы шьҭыҵит. 8 Уажәшьҭа ҳаԥсы ҭоуп, избанзар Иҳақәиҭу иҵаҩцәа реиԥш ачҳара аарԥшны зегь шышәхыжәго ҳдыруеит. 9 Анцәа идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит шәара шәзы, избанзар даараӡа ҳшәыргәырӷьоит. 10 Уахгьы-ҽынгьы ҳӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа ҳиҳәоит, шәбара ҳалшарц азы, шәхаҵара арӷәӷәаразы ишәыгу ак ыҟазар, шәыцхраара ҳалшарц азы.

11 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисуси шәара шәахь анеира иҳацхрааит, 12 иара убас Иҳақәиҭу еиҳагьы бзиа шәеибабаларц дшәыцхрааит, егьырҭ зегь рахь ишәымоу абзиабара еизирҳааит. Ааи, бзиабарала шәҭәызааит, ҳаргьы бзиа шәшаҳбо еиԥш, 13 шәгәы ӷәӷәазарц, Иҳақәиҭу Иисус иԥшьоу имаҵуцәа иманы даныхынҳәуа, Ҳаб Ҳанцәа иҿаԥхьа ак шәывубо шәыҟамзарц, шәыԥшьазарц азы.

4 Ҳашьцәа, ҳара Анцәа игәы иахәо шыҟаҵалатәу шәҳарҵеит, убас иагьыҟашәҵоит. Уажәшьҭа, ҳшәыҳәоит, Иҳақәиҭу Иисус ихьӡала акы иеиԥшымкәа ҳшәыҳәоит, анаҩсгьы шәҳаҵҳаҵо убас ҟашәҵала. 2 Шәара ижәдыруеит иарбан мҩақәҵарақәоу Иҳақәиҭу Иисус иҟынтә ишәаҳҭаз.

3 Анцәа иҭахуп шәыԥшьазарц, насгьы асексуалтә ламысдара* шәҽацәышәыхьчаларц. 4 Дасу ицәеижь* даԥшәымазарц азы иҟаҵатәу идыруазар ауп, уи ԥшьаны, ицқьаны ихьчаларц азы. 5 Анцәа дыззымдыруа ауаа реиԥш шәыԥсы қымқымуа, шәыҽшәызнымкыло, агәаҳәара ҟьашьқәа шәыҽрышәымҭалароуп. 6 Аӡәымзар-аӡәы иашьа ԥырхага изҭо, иахәҭам ак ҟаимҵалароуп. Иегова* ус ҟазҵо зегьы рықәнага иақәиршәоит. Уи атәы шәаҳҳәахьан, ӷәӷәалагьы шәгәышәҽанаҳҵахьан. 7 Анцәа ҳзааиԥхьаз ицқьам ԥсҭазаарала ҳанхаларц азы акәӡам, ҳаԥшьазарц азы ауп. 8 Убри аҟынтә арҭ алабжьарақәа мап рцәызкуа мап зцәикуа ауаҩ иакәӡам, мап зцәикуа иԥшьоу адоуҳа ҳазҭо Анцәа иоуп.

9 Еишьцәаҵас бзиа шәшеибабалаша атәы аҩра аҭахӡам ҳәа ҳгәы иаанагоит, избанзар Анцәа ихаҭа бзиа шәшеибабалаша шәирҵеит. 10 Ҳәарада, шәара Македониа иҟоу аишьцәа зегь бзиа ижәбоит, аха уеизгьы, ҳашьцәа, еиҳаны абзиабара аашәырԥшларц шәгәазҭаҳҵоит. 11 Ишшәаҳҳәахьоу еиԥш, ҭынч шәынхала, ишәусым шәус алашәымҵалан, шәхатә џьабаала шәхы ныҟәыжәгала. 12 Усҟан шәхымҩаԥгашьа бзиа азы инаԥшуа ауаа ҳаҭыр шәықәырҵалоит, ишәыгхо ҳәагьы акгьы ҟалаӡом.

13 Ҳашьцәа, иаҳҭахуп иԥсхьоу ирзыԥшу жәдыруазарц, агәыӷра змам егьырҭ ауаа реиԥш шәымгәырҩаларц. 14 Иисус дшыԥсыз, насгьы иԥсы шҭалаз агәра ҳгозар, иԥсыз иҵаҩцәагьы Анцәа рыԥсы шҭеиҵо агәра ҳгоит, иара* ицзарц азы. 15 Иегова иажәа инақәыршәаны ҳара ишәаҳҳәо абри ауп: Иҳақәиҭу даныхынҳәуа аамҭазы ҳара ҳҟынтә зыԥсы ҭазаауа иԥсхьоу раԥхьа ҳаԥсы ҭалаӡом, 16 избанзар Иҳақәиҭу ихаҭа Анцәа ибыкь кны ажәҩан аҟынтә дылбаауеит, ибыжь ду — архангел ибжьы — иргоит, ааԥхьара ҟаиҵоит. Усҟан иҵаҩцәаны ишыҟаз Христос ицыԥсыз зегь раԥхьаӡа рыԥсы ҭалоит. 17 Уи ашьҭахь ҳара ҳҟынтә зыԥсы ҭазаауа аԥҭақәа ҳрылаланы дара рахь ҳхалоит, Иҳақәиҭуи ҳареи ажәҩан аҿы ҳаиқәшәарц азы: Иҳақәиҭуи ҳареи еснагь ҳаицыҟазаауеит. 18 Абарҭ ажәақәа рыла шәгәы шьҭибахла.

5 Ҳашьцәа, аамҭеи аҿҳәареи ртәы аҩра аҭахым ҳәа ҳгәы иаанагоит. 2 Шәара ибзианы ижәдыруеит Иегова* имш аӷьыч уахынла дшааиуа еиԥш ишааиуа. 3 Ауаа «Абар аҭынчра! Ашәарҭара ыҟаӡам!» — ҳәа анырҳәало аамҭазы иқәгахоит. Уи иаалырҟьаны иҟалоит, ахшара дзоураны иҟоу аԥҳәыс лхьаақәа иаалырҟьаны ишцәырҵуа еиԥш. Убасҟан дара зеиқәхаӡом. 4 Аха шәара, аишьцәа, алашьцараҿы шәыҟаӡам, убри аҟынтә аӷьыч игәиҽанӡамкәа ашара шихьӡо еиԥш акәӡам уи амш шәара шәзы ишааиуа. 5 Шәара зегьы алашара аԥацәеи амш аԥацәеи шәоуп. Ҳара аҵхи алашьцареи аԥацәа ҳакәӡам.

6 Убри аҟынтә, шәааи, егьырҭ реиԥш ҳмыцәалап, уи аҭыԥан ҳҷаԥшьалап, ҳахшыҩгьы аус аҳарулап. 7 Избанзар ицәо уахынлоуп ианыцәо, изжәуагьы уахынлоуп иашьны ианыҟоу. 8 Ҳара амш аԥацәа ҳауп азы, шәааи, ҳахшыҩ аус аҳарулап, ахаҵареи абзиабареи ргәышԥыхьчага ҳшәаҳҵап, аиқәхаразы агәыӷра ахыхьчага еиԥш иаҳхаҳҵап. 9 Анцәа ҳзалихыз игәыԥжәара ҳхигарц азы акәӡам, Иҳақәиҭу Иисус Христос ила ҳаиқәирхарц азоуп. 10 Иара ҳара ҳзы дыԥсит, ҳацәазаргьы* ҳацәамзаргьы, иара ҳицҟазарц азы. 11 Убри аҟынтә аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, шәеибарӷәӷәала, шәара ус иагьыҟашәҵоит.

12 Ҳашьцәа, ҳшәыҳәоит, шәыбжьара аџьабаа збо, Иҳақәиҭу имаҵ аураҿы напхгара шәзызуа, ишәылабжьо пату рықәышәҵала. 13 Ус еиԥш иҟоу еиҳагьы ҳаҭыр рықәышәҵала, иҟарҵо зегь азы бзиа ижәбала. Шәыбжьара аҭынчра ыҟаз. 14 Иара убас, аишьцәа, ҳшәыҳәоит, имӡырҩуа шәрылабжьала*, згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭышәхла, иԥсыҽу шәырӷәӷәала, зегь рахь ачҳара аашәырԥшла. 15 Ацәгьа шәзызуз ацәгьа изышәымун, шәыбжьара еснагь абзиара аҟаҵара шәашьҭаз, егьырҭгьы абзиарақәа рзыҟашәҵала.

16 Еснагь шәгәырӷьала. 17 Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала. 18 Зегьы рзы иҭабуп ҳәа иашәҳәала. Убри ауп Анцәа Христос Иисус иҵаҩцәа рҟынтә дыззыԥшугьы. 19 Амца иаҩызоу Анцәа идоуҳа шәмырцәан. 20 Аԥааимбаражәақәа тәамбашақә шәырзымнеилан. 21 Зегь гәашәҭала, ииашоу-ииашаму еилышәкаала, еснагь ииашоу аҟаҵара шәашьҭаз. 22 Цәгьарас иҟоу зегь шәхы ацәышәыхьчала.

23 Аҭынчра Анцәа зегь рыла шәиԥшьааит. Ҳашьцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос даныхынҳәуа, шәгәи, шәыԥси*, шәцәеижьи зегь рыла ибзиазааит, ицқьазааит. 24 Шәаазыԥхьаз уиқәгәыӷыртә дыҟоуп, иара ус иагьыҟаиҵоит.

25 Аишьцәа, ҳара ҳзы Анцәа иҳәара шәаҟәымҵын.

26 Аишьцәа зегьы гәыцқьала игәӡны аԥсшәа рашәҳәала.

27 Иҳақәиҭу ихьӡала акы иеиԥшымкәа сшәыҳәоит ари асаламшәҟәы аишьцәа зегьы шәырзаԥхьарц.

28 Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.

Иара убас Си́ла ҳәагьы ишьҭан.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Ахыхҩы».

Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥҳал».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Иисус.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «аԥсра ҳҭанагаланы ҳацәазаргьы».

Ма «ргәырҽанышәҵала».

Ма «шәыԥсҭазаареи».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра