Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt 2 Фессалоникаа рахь 1:1—3:18
  • 2 Фессалоникаа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • 2 Фессалоникаа
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Фессалоникаа

ФЕССАЛОНИКАА РАХЬ АҨБАТӘИ АСАЛАМШӘҞӘЫ

1 Сара, Павел, Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иртәу Фессало́ника иҟоу аизарахь асаламшәҟәы сыҩуеит. Силуа́нгьы* Тимофеигьы ара исыцуп.

2 Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи шәыгымзааит.

3 Аишьцәа, ҳара шәара шәзы еснагь Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп. Уи иашоуп, избанзар шәхаҵара аӷәӷәахара иаҿуп, ишәыбжьоу абзиабарагьы аизҳара иаҿуп. 4 Убри азоуп ҳара Анцәа иеизарақәа рҿы ҳшәылаҽхәо шәыӡбахә заҳҳәо. Иаҳҳәоит ачҳареи ахаҵареи аарԥшны, шәзықәшәо ашьҭашәарыцарақәеи агәаҟрақәеи шышәхыжәго. 5 Уи зегь ишьақәнарӷәӷәоит Анцәа иӡбара шиашоу, насгьы Анцәа Иаҳра иаԥсоу шәакәны шәшыԥхьаӡахо, уи Аҳра азы ауп шәара шәызгәаҟуагьы.

6 Анцәа диашоуп азы, иара агәаҟрақәа шәрықәзыршәо агәаҟра иақәиршәоит. 7 Игәаҟуа шәтәы ҳҳәозар, иара шәаргьы ҳаргьы ҳгәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит, Иҳақәиҭу Иисус амцаԥшь дагәылаланы, амч ӷәӷәа змоу имаалықьцәа ицны ажәҩан аҟынтә имчра анааирԥшуа. 8 Анцәа дыззымдыруа, насгьы Иҳақәиҭу Иисус изку ажәабжь бзиа здызымкыло ауаа Иисус ирықәнагоу иақәиршәоит. 9 Дара ақәыӡбара рзыԥшуп, наӡаӡа иқәгахоит. Дара уаҳа ахаан Иҳақәиҭу илаԥш иҵашәаӡом, имчра дугьы уаҳа ирбараны иҟаӡам. 10 Иԥшьоу иашьцәеи иареи ахьӡ-аԥша роурц данаауа, дхазҵаз зегьы дџьашьаны ихәаԥшлоит. Шәаргьы урҭ рыбжьара шәҟалоит, избанзар ишәзеиҭаҳҳәаз агәра жәгеит.

11 Убри аҟынтә ҳара шәара шәзы еснагь Анцәа ҳиҳәоит, ишәиҭаз ааԥхьара шәаԥсаны шәиԥхьаӡарц, насгьы имч ала ииҭаху абзиарақәа зегь ҟаиҵарц, иара убас шәхаҵара ишәнарҟаҵо аусқәа наигӡарц. 12 Усҟан Анцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала, Иҳақәиҭу Иисус ихьӡ шәара шәыла иҳаракхоит, иареи шәареи аӡәк иеиԥш шәахьыҟоу азы шәаргьы ахьӡ-аԥша шәоуеит.

2 Сашьцәа, шәара шәгәы хыҭхыҭуа Иҳақәиҭу Иисус Христос иаара шәазыԥшуп, насгьы иара ҳицзарц азы ҳшеизгахо жәдыруеит, убри аҟынтә ҳшәыҳәоит: 2 Иегова* имш ааихьеит ҳәа зҳәо шәхәыцшьа рыԥсахыр, идырҩашьар шәымун. Уи ажәабжь Анцәа иҟынтә ауп ҳәа рҳәаргьы, ҳара иаҳҩызшәа ззырҳәо асаламшәҟәаҿы уи ҳаԥхьеит ҳәа рҳәаргьы, хьаас иҟашәымҵан.

3 Аӡәы шәижьар шәымун, избанзар уи амш ааиӡом Анцәа иҿагыло рхы цәырыргаанӡа, азакәанеилагаҩ — аҭахара ззыԥшу ауаҩы — ихы ааирԥшаанӡа. 4 Уи аӷа ауаа нцәас ирыԥхьаӡо зегь, изымҵахырхәо зегь раасҭа ихы ҳареикуеит. Иара Анцәа иныҳәарҭаҿы дтәаны, дынцәоушәа ихы ааирԥшлоит. 5 Шәара шәҿы саныҟаз абри зегь шшәасҳәоз шәгәаламшәаӡои?

6 Уажәшьҭа шәара ижәдыруеит уи даанызкыло, иаамҭа ааиаанӡа аргама иусқәа дрылагар зымуа. 7 Ааи, азакәанеилагаҩ иусқәа рынагӡара далагахьеит, аха урҭ макьана имаӡоуп. Аха уи даанызкыло дцаанӡа ауп, нас иаатуеит. 8 Данцалак, азакәанеилагаҩ иусқәа аргама дрылагоит. Аха Иҳақәиҭу Иисус дшааз еилыкка ианубарҭахо, иажәақәа ирымоу амч ала* уи дишьуеит, дыцҟьа-шәҟьа дықәиҵоит. 9 Азакәанеилагаҩ Аҩсҭаа ицхыраарала узыршанхо аусқәеи, узжьо адыргақәеи, аџьашьахәқәеи ҟаиҵоит, 10 гызмалрыла амц иҳәоит. Уи зегьы иҭахо ауаа ажьоит. Дара ҭахоит, избанзар еиқәзырхо аҵабырг бзиа ирымбаӡеит, ирыдрымкылаӡеит. 11 Убри азоуп Анцәа урҭ ржьар залиршо, амц агәра ргаларц, 12 насгьы аҵабырг агәра мгаӡакәа, ацәгьара бзиа иахьырбаз азы ирықәнагоу иақәшәарц.

13 Аха ҳара еснагь шәара шәзы Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәалароуп, Иегова бзиа иибо ҳашьцәа, избанзар Анцәа аханатә шәалиххьан, шәеиқәирхарц азы. Иара идоуҳала шәыԥшьаны шәҟаиҵеит, избанзар аҵабырг агәра жәгеит. 14 Иара иаҳҳәо ажәабжь бзиа ихы иархәаны, аиқәхара шәоурц азы шәааиԥхьеит, Иҳақәиҭу Иисус Христос иеиԥш шәаргьы ахьӡ-аԥша шәоурц азы. 15 Убри аҟынтә, аишьцәа, шәыӷәӷәаӡа шәгылаз, ажәала аума, ҳасаламшәҟәқәа рыла аума, ишәоуз амҩақәҵарақәа* шәрықәныҟәала. 16 Иҳақәиҭу Иисус Христоси бзиа ҳазбаз, ҳзыԥсам ақьиара аарԥшны зеиԥшыҟам агәыӷра ҳазҭаз, наӡаӡа ҳгәы зырҭынчуа Ҳаб Ҳанцәеи 17 шәгәы дырҭынчлааит, насгьы аус бзиақәа рыҟаҵарази ажәа бзиақәа рҳәарази амч шәырҭалааит.

3 Аҵыхәтәаны, сашьцәа, исҳәарц исҭаху абри ауп: ҳара ҳзы Анцәа шәиҳәала, Иегова* иажәа ауаа ирласны ирылаҵәаларц, насгьы шәара шәеиԥш ҳаҭыр ақәҵаны ирыдыркылаларц азы. 2 Иара убас шәиҳәала ишәарҭоу ауаа цәгьақәа ҳарцәихьчаларц, избанзар ахаҵара змамгьы ыҟоуп. 3 Аха Иҳақәиҭу уиқәгәыӷыртә дыҟоуп, иажәа наигӡоит. Иара шәирӷәӷәоит, насгьы Аҩсҭаа* шәицәихьчоит. 4 Ҳара, Иҳақәиҭу ишьҭанеицәа, агәра ганы ҳаҟоуп ишәаҳҳәо уажәгьы ишыҟашәҵо, анаҩсгьы ишыҟашәҵало. 5 Иҳақәиҭу анаҩсгьы шәыгәқәа ахырхарҭа риҭалааит, Анцәа бзиа дыжәбаларц, насгьы Христос ишьҭа шәхыланы шәцаларц азы иаҭаху ачҳара шәымазарц азы.

6 Аишьцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡала ишәаҳҳәоит: ишахәҭам зхы мҩаԥызго, ҳара ҳҟынтә ишәоуз* амҩақәҵарақәа* ирықәымныҟәо аиашьа имԥан шәықәымлалан. 7 Шәара ибзианы ижәдыруеит иаҳҿышәҵааша, избанзар шәара шәҿы ҳаныҟаз ҳара ишахәҭам ҳхы мҩаԥаҳгаӡомызт, 8 насгьы амалаҳәа акраҳфаӡомызт. Ҳара ԥхӡашала аџьабаа бо, уахгьы-ҽынгьы аус ҳуан, уадаҩрак шәалаҳамҵарц азы. 9 Ус зыҟаҳҵоз шәара шәҟынтә ацхыраара аиура азин ахьҳамамыз азы акәӡам. Иҳаман. Аха убасала аҿырԥшы шәаҳҭар ҳҭахын. 10 Шәара шәҿы ҳаныҟаз абас шәаҳҳәахьан: «Аусура зҭахым акрагьимфалааит». 11 Аха ҳара иҳаҳауеит шәыбжьара шьоукы ишахәҭам рхы шымҩаԥырго, аус шырымуа, ирусым рус шаларҵо. 12 Ус еиԥш иҟоу ауаа инақәырӷәӷәаны ираҳҳәоит, насгьы Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡала ирабжьаҳгоит ҭынч инхаларц, насгьы рчахә рхатә џьабаала идырҳаларц.

13 Шәара, аишьцәа, шәгәы камыжькәа анаҩсгьы абзиара ҟашәҵала. 14 Ари асаламшәҟәаҿы иаҳҳәаз иқәымныҟәо ауаҩы длаԥшықәҵаны дшәымаз, аамҭа ицышәхышәымгалан, ихымҩаԥгашьа дацәыԥхашьарц азы. 15 Аха ӷас дшәымԥхьаӡалан, анаҩсгьы шәашьа иеиԥш шәилабжьала.

16 Аҭынчра Иақәиҭу еснагь зегь рыла аҭынчра шәиҭалааит. Еснагь Иҳақәиҭу дшәыцзааит.

17 Асалам шәысҭоит сара, Павел. Абар уи снапала ианысҵоит. Сара ус сысаламшәҟәқәа зегьы рҿы иҟасҵоит, сара ишызҩыз жәдыруазарц азы.

18 Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.

Иара убас Си́ла ҳәагьы ишьҭан.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «иҿы иҭыҵуа адоуҳа ала».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишәдырҵаз аҵасқәа».

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».

Мамзаргьы иҟалап «ироуз».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҵасқәа».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра