Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • nwt 2 Тимофеи иахь 1:1—4:22
  • 2 Тимофеи

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • 2 Тимофеи
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
2 Тимофеи

ТИМОФЕИ ИАХЬ АҨБАТӘИ АСАЛАМШӘҞӘЫ

1 Анцәа ҳзықәиргәыӷуа, Христос Иисус ибзоуроу аԥсҭазаара аӡбахә ауаа ирыласҳәаларц азы Анцәа иҭахны Христос Иисус иапостолс иалху сара, Павел, 2 бзиа избо сыҷкәын Тимофеи уахь исыҩуеит:

Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Христос Иисуси иҳарҭо аҭынчреи иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи арыцҳашьареи угымзааит.

3 Сабацәа реиԥш зымаҵ суа Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит, сара уи ламысцқьала имаҵ зуеит, уахи-ҽни сӷьаҵәыӷьаҵәуа саниҳәо, уара узгьы сиҳәоит. 4 Улаӷырӡқәа ансгәалашәо, даараӡа узбар сҭаххоит, убара гәык-ԥсыкала сеигәырӷьоит. 5 Исгәалашәоит гәык-ԥсыкала иааурԥшуаз ахаҵара, уи аҩыза ахаҵара раԥхьа уанду Лои́деи уан Евни́кеи ирыман, агәра ганы сыҟоуп уажәгьы уи аҩыза ахаҵара шумоу.

6 Убри аҟынтә иугәаласыршәар сҭахуп: снапқәа ануқәысҵа ашьҭахь Анцәа иҟынтә иуоуз аҳамҭа анаҩсгьы амца еиԥш иаркны иумаз, 7 избанзар Анцәа иҳаиҭаз иԥшьоу адоуҳа ҳшәаԥырҳаԥуа ҳҟанаҵаӡом, уи амчи, абзиабареи, аҟәыӷареи ҳнаҭоит. 8 Убри аҟынтә Иҳақәиҭу иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара уацәыԥхамшьалан, иара изы абахҭа иҭаку саргьы усцәыԥхамшьалан, Анцәа имч уақәгәыӷны, ажәабжь бзиазы узықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара уазхиаз. 9 Иара ҳаиқәирхеит, насгьы ҳаԥшьаны ҳаҟазарц азы ҳалихит. Ҳзалихыз ҳусқәа раҳаҭыразы акәӡам, иара ус игәы иахьҭеикыз, насгьы ҳзыԥсам ақьиара ахьааирԥшыз азоуп. Иара Христос Иисус ила ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшырц иӡбеижьҭеи акыр ҵуеит, 10 аха Ҳаиқәырхаҩ Христос Иисус иаара абзоурала уажәшьҭа уи еилыкка иубарҭахеит. Иара аԥсра ықәигеит, насгьы ажәабжь бзиа абзоурала иаҳирбеит аԥсҭазаареи ԥсра зқәым ацәеижьи ҳаурц азы иҟаҳҵалар ҳалшо. 11 Уи ажәабжь ауаа ирзеиҭасҳәаларц азы жәабжьҳәаҩыс, апостолс, рҵаҩыс салхын.

12 Убри азоуп абарҭ ауадаҩрақәа зысхызгогьы, аха уи сацәыԥхашьаӡом, избанзар зыгәра згаз дыздыруеит, агәра гангьы сыҟоуп инапы ианысҵаз зегьы уи амш аҽнынӡа ахьчара шилшо. 13 Сара сҟынтә иуаҳаз ахшыҩ зҵоу* ажәақәа* урықәныҟәала, Христос Иисуси уареи аӡәк иеиԥш шәахьыҟоу абзоурала иурҳаз ахаҵареи абзиабареи аарԥшла. 14 Ихьчала иҳалоу иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала унапы ианҵоу зыхә ҳараку амазара.

15 Уара иудыруеит Азиа* инхо зегьы сшаанрыжьыз, Фиге́ли Гермоге́ни урҭ иреиуоуп. 16 Онисифо́р иҩнаҭа иатәу рахь Иҳақәиҭу арыцҳашьара ааирԥшааит, избанзар иара зныкымкәа сгәы шьҭиххьан, абахҭа сахьҭаку азгьы дысцәыԥхашьаӡомызт. 17 Уи Рим даныҟаз, симԥшаар имуит. 18 Иҳақәиҭу Иегова* аӡбара амш аҽны иара иахь арыцҳашьара ааирԥшааит. Уара иудыруеит Ефес саныҟаз шаҟа бзиара сзыҟаиҵаз.

2 Сыҷкәын, Христос Иисус иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиарала анаҩсгьы уҽырӷәӷәала. 2 Сара сҟынтә иуаҳаз, имаҷҩымкәа ашаҳаҭцәа ишьақәдырӷәӷәаз, узықәгәыӷыртә иҟоу ауаа идырҵа. Усҟан даргьы уи егьырҭ иддырҵартә иҟалоит. 3 Христос Иисус ируаҩ бзиа иеиԥш ауадаҩрақәа рыхгара уазхиаз. 4 Аруаҩ аԥара арҳара* далагаӡом, избанзар иара ииҭаху арратә маҵзурахьы дыздызкылаз игәы аҟаҵара ауп. 5 Аицлабра иалахәугьы аҳамҭа* иоуӡом, аԥҟарақәа дрықәымныҟәозар. 6 Имаашьаӡакәа адгьыл иқәаарыхуа анхаҩы илеиҵаз иаанаго аҽаҩра агьама раԥхьа иара ибароуп. 7 Есымша сажәақәа урызхәыцла. Иҳақәиҭу уи зегьы аилкаара дуцхраауеит.

8 Иухоумыршҭын Иисус Христос иԥсы шҭалаз, насгьы Давид ишьҭра дшатәыз, убри ауп ауаа ирыласҳәо ажәабжь бзиа зызкугьы. 9 Уи ажәабжь азоуп агәаҟрақәа зысхызго, насгьы ацәгьаҟаҵаҩ иеиԥш абахҭа сызҭаку, аха Анцәа иажәа зынџьырла* иузышьаҳауам. 10 Убри азы сара Анцәа иалихыз раҳаҭыр азы ачҳара аарԥшны зегь схызгоит, даргьы Христос Иисус ила еиқәхарц, насгьы наӡаӡатәи ахьӡ-аԥша роурц. 11 Абарҭ ажәақәа рыгәра угартә иҟоуп: иара даныԥсуаз ҳицыԥсызар, ҳагьицынхалоит, 12 ачҳара аарԥшны зегь ҳхаҳгозар, аҳрагьы ицҳаулоит, мап ицәаҳкыр, иаргьы мап ҳцәикуеит. 13 Ҳара ҳажәа наҳмыгӡозаргьы, иара иажәа наигӡалоит, избанзар ихы дзаҿагылаӡом.

14 Убри атәы ргәаларшәала, Анцәа иҿаԥхьа ираҳәала ажәақәа ирыхҟьаны аимак-аиҿакқәа шьҭырымхларц, избанзар урҭ аимак-аиҿакқәа хәарҭа рылам, ирзыӡырҩуагьы ирԥырхагоуп. 15 Анцәа игәы иахәо уаҩны уҟаларц азы иулшо зегь ҟаҵала, аҵабырг ажәа ауаа ииашаны идзырҵо, ҽԥныҳәа змам усуҩны уҟаларц азы аџьабаа бала. 16 Ҵакы змам, Анцәа ихьӡ лазырҟәуа ацәажәарақәа уҽырцәыхьчала, избанзар урҭ ацәажәарақәа ирыхҟьаны Анцәа длазырҟәуа аусқәа еиҳа еиҳахоит. 17 Урҭ ацәажәарақәа агангрена еиԥш ауаа ирылаҵәалоит, Гимене́ии Фили́ти урҭ ацәажәарақәа ауаа ирылазырҵәо иреиуоуп. 18 Дара аҵабырг иацәхьаҵит, аԥсҭалара ҟалахьеит ҳәагьы рҳәоит, убасала шьоукы рхаҵара рыцәдырӡуеит. 19 Аха Анцәа ишьҭеиҵаз ашьаҭа шыӷәӷәац иӷәӷәоуп, абарҭ ажәақәа зну амҳәыргьы аархоуп: «Иегова* иара иитәқәоу идыруеит», иара убас «Иегова ихьӡ иақәгәыӷуа зегьы ацәгьара мап ацәыркааит».

20 Аҩн ду аҿы ахьи араӡни ирылху ачысмаҭәа мацара акәӡам иҟоу, амҿи анышәаԥшьи ирылхугьы ыҟоуп. Чысмаҭәақәак аныҳәақәа* ирызкуп, егьырҭ — есыҽны рхы иадырхәоит*. 21 Есыҽны рхы иадырхәо ачысмаҭәа иеиԥшу ауаа зҽырцәызыхьчо, аныҳәақәа раан рхы иадырхәо ачысмаҭәа деиԥшхоит. Иара дыцқьахоит, дызтәу изы дхәарҭахоит, аус бзиақәа дырзыҟаҵазаауеит. 22 Убри аҟынтә ақәыԥшра иацу агәаҳәарақәа уҽырцәыхьчала. Иҳақәиҭу гәыкала иқәгәыӷуа урывагыланы, Анцәа игәы иахәо аусқәа рыҟаҵареи, ахаҵареи абзиабареи раарԥшреи, аҭынчра ахьчареи уашьҭаз.

23 Уи адагьы, уаҩ хәарҭа изаазымго, ҵакы змам ацәажәарақәа уҽырцәыхьчала, избанзар урҭ аимак-аиҿак ахь укылыргоит. 24 Иҳақәиҭу имаҵуҩы аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп, зегьы рзы дҟәымшәышәзароуп, арҵара дазҟазазароуп, ииашамкәа ианизныҟәо, аҽынкылара ааирԥшлароуп, 25 аҿагылаҩцәа хаала имҩақәиҵалароуп, избанзар Анцәа урҭ ахьхәырц, насгьы аҵабырг иазку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа дырҳарц азы алшара риҭар ҟалоит. 26 Усҟан дара рхы аҭыԥ аҿы иааиуеит, Аџьныш ииҭаху дирҟаҵаларц азы рыԥсы шҭоу икны ишимазгьы еилыркаауеит, ишьаҳаны измаз ишьацҳәагьы иацәцоит.

3 Иудыруаз, аҵыхәтәантәи амшқәа раан аамҭа даараӡа ишыцәгьахо. 2 Ауаа рхы мацара иазхәыцлоит, аԥара бзиа ирбалоит, иҽхәалоит, рхы ҳарарклоит, Анцәеи ауааи иҽеимкәа ирыхцәажәалоит, рҭаацәа ирзыӡырҩлаӡом, ҭабуп ҳәа рҳәалаӡом, ирзааигәоу ауаа аанрыжьлоит*, 3 агәыбылра рцәыӡуеит, нышәара зқәым ракәхоит, ауаа иҟам-ианым рзырҳәалоит, аҽынкылара рцәыӡуеит, ргәыжәла цәгьахоит, абзиара рцәымӷзаауеит, 4 рҩызцәа рҭилоит, рҳәатәы иадыргалоит, иԥагьахоит, Анцәа иаасҭа ақьафура еиҳа бзиа ирбалоит, 5 гәык-ԥсыкала Анцәа дырҭахушәа ҟарҵалоит, арахь русқәа иудырбо даҽакхоит. Ус еиԥш иҟоу ауаа рымԥан уқәымлан. 6 Урҭ рҟынтә шьоукы гызмалрыла ауаа рыҩнқәа ирыҩналоит, насгьы зхаҵара ԥсыҽу, еидарак еиԥш агәнаҳа иаҵоу, згәаҳәарақәа зыҽрызҭо аҳәса ржьоит. 7 Урҭ аҳәса еснагь ак рҵошәа, ак шьҭыркаауашәа иаҿуп, арахь аҵабырг иазку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа уаҳа ирзымҵеит.

8 Иа́нии Иа́мврии Моисеи ишиҿагылоз еиԥш ауп урҭ ауаа аҵабырг ишаҿагыло. Дара рыхшыҩ ҟьашьуп, Анцәа дыззыразым уаауп, избанзар рхаҵара инақәыршәаны инхаӡом. 9 Урҭ ус хара изцаӡом, избанзар ргаӡара зегьы ирбарҭахоит, анҭ ҩыџьа ргаӡара зегьы ишырбарҭахаз еиԥш. 10 Уара уакәзар, иусырҵоз зегь уқәныҟәон, сыԥсҭазаашьа уаҿыԥшны унхон, хықәкыс исымаз акәын уаргьы хықәкыс иумаз, ахаҵареи, ачҳареи, абзиабареи раарԥшраҿы усҿыԥшуан, сара сеиԥш ачҳара аарԥшны зегь ухугон. 11 Антио́хиеи, Ико́ниеи, Ли́стреи саныҟаз сзықәшәоз ашьҭашәарыцарақәеи ауадаҩрақәеи удыруеит. Сара урҭ ашьҭашәарыцарақәа ачҳара аарԥшны исхызгон. Иҳақәиҭу урҭ зегьы срылигеит. 12 Ааи, гәыкала Анцәа имаҵ зулар зҭаху Христос Иисус иҵаҩцәа зегьы ирышьҭашәарыцалоит. 13 Ауаа цәгьақәеи амцҳәаҩцәеи ауаа жьо, рхаҭақәагьы амц агәра го, еиҳа-еиҳа еицәаны рхы мҩаԥыргалоит.

14 Аха уара иудырҵа́з, насгьы зыгәра удыргаз ахаангьы иаанумыжьын. Уара иудыруеит уи узырҵаз зусҭцәоу, 15 насгьы аҟәыӷара узҭо Иԥшьоу Аҩыра уаниз инаркны ишудыруа. Уи аҟәыӷара Христос Иисус иахь иааурԥшуа ахаҵара абзоурала уеиқәнархоит. 16 Аҩыра зегьы Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩуп, уи хәарҭоуп ауаа аҵара рырҵаразы, иахьиашам рырбаразы, рыриашаразы, амҩа иаша рықәҵаразы, 17 Анцәа имаҵзуҩы зегь рыла деиқәшәаны, иарбан ус бзиазаалак анагӡара дазхиазарц азы.

4 Аҳраҿы аҳра аура даналаго, насгьы имчра анааирԥшуа аԥсцәеи абзацәеи рус зыӡбо Христос Иисус иҿаԥхьеи Анцәа иҿаԥхьеи иудысҵоит: 2 Анцәа иажәа ҳәала, аамҭа бзиақәа раан еиԥш аамҭа цәгьақәа раангьы уҳаҵҳаҵо уи ҟаҵала, иахьиашам дырбала, инақәырӷәӷәаны урылабжьала, агәра дыргала, убри аамҭазгьы ачҳара аарԥшла, арҵаратә ҟазарагьы ухы иархәала. 3 Иҟалоит аамҭа ауаа ахшыҩ зҵоу* аҵарақәа мап анырцәыркуа. Ргәаҳәарақәа ирыцныҟәо, дара ираҳарц ирҭаху мацара разҳәо арҵаҩцәа ирышьҭазаауеит. 4 Дара аҵабырг азыӡырҩра иаҟәыҵны, иҟам-ианым иазыӡырҩлоит. 5 Аха уара еснагь аҟәыӷара аарԥшла, ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа уриааила, ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәала, ухы уамеигӡакәа умаҵзура нагӡала.

6 Сара акәырбаннагарҭа иақәырҭәо аҩы саҩызоуп, иаарласынгьы схы сақәиҭхоит. 7 Сара ибзианы сықәԥон, сызныланы сыҩуаз амҩа аҵыхәанӡа снеит, схаҵара сыхьчеит. 8 Зегь иашарала изыӡбо Иҳақәиҭу уажәшьҭарнахыс агәыргьын сзырхианы имоуп. Уи ауаа иашақәа ироуа гәыргьынуп. Иара уи агәыргьын аӡбара амш аҽны исиҭоит. Изиҭо сымацара сакәӡам, имчра анааирԥшуа аамҭа згәы хыҭхыҭуа иазыԥшу зегьы ириҭоит.

9 Суҳәоит, иаарласны сара сахь уааирц азы иулшо зегь ҟаҵа, 10 избанзар Дима́с ари адунеи* бзиа ибан, сныжьны Фессало́никаҟа дцеит, Криске́нтгьы Гала́тиаҟа дцеит, Тит Далма́циаҟа дцеит. 11 Лука заҵәык иоуп сара сҿы иаанхаз. Уанааиуа Маркгьы думаны уааи, амаҵзураҿы ицхыраара сҭахуп. 12 Ти́хик иакәзар, Ефесҟа дсышьҭит. 13 Уанааиуа, Троа́да Карп иҿы иаансыжьыз сышәхарԥа уманы уааи, ашәҟәеикәарҳәқәагьы сзаага, еиҳарак апергамент иалху.

14 Ажьи Александр имаҷымкәа ацәгьарақәа сзиуит. Иегова* уи иаасзиухьоу зегьы рзы иқәнага дақәиршәоит. 15 Уаргьы уи ухы ицәыхьчала, избанзар иара иҽырцәгьаны иааҳҳәоз зегь даҿагылон.

16 Аҳәынҭқарцәа рҿаԥхьа схы сыхьчарц азы ажәа ансырҭа, сааигәа аӡәгьы дыҟамызт, зегьы саанрыжьит, Анцәа уи азы иаҭеимҵааит. 17 Аха Иҳақәиҭу дсыцын, амч сиҭон, Анцәа иажәа иану зегьы ирыласҳәаларц, уи жәларыс иҟоу зегьы ираҳарц азы. Иара алым асасагьы сацәихьчеит. 18 Иҳақәиҭу цәгьарас иҟоу зегь сацәихьчоит, насгьы жәҩантәи Иаҳразы сеиқәирхоит. Наӡаӡа хьӡи-ԥшеи игымзааит. Амин.

19 При́скеи, Аки́леи, Онисифо́р иҭаацәеи асалам сызрыҭ.

20 Ераст Кори́нф даангылеит, Трофим дычмазаҩхан, Миле́т даансыжьит. 21 Суҳәоит, иауазар, аӡынра ааиаанӡа усзааи.

Асалам урҭоит Евбу́л, Пуд, Лин, Клавдиа, иара убас аишьцәа зегьы.

22 Иааурԥшуа аҟазшьа бзиақәа рзы Иҳақәиҭу дуқәныҳәааит. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.

Ма «хәарҭа злоу».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ажәақәа рҿырԥшы».

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Мамзаргьы иҟалап «анхамҩатә усқәа рынагӡара».

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәыргьын».

Аиха иалху аҿаҳәага.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

Ма «ҳаҭыр зқәу аусқәа».

Ма «ҳаҭыр зқәым аусқәа рзы рхы иадырхәоит».

Ма «Анцәа даанрыжьлоит».

Ма «хәарҭа злоу».

Шәахәаԥш Ажәар.

Шәахәаԥш Ацҵа А5.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра