Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • gf аур. 18, ад. 30—31
  • Наӡаӡа Анцәа уиҩызаха!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Наӡаӡа Анцәа уиҩызаха!
  • Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
  • Иеиԥшу аматериал
  • Имаҵ жәула Иегова, ахақәиҭра Анцәа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ииашаҵәҟьоу ахақәиҭрахь уназго амҩа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Анцәа уааиԥхьоит, иара уиҩызахарц
    Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
  • Алхра ахақәиҭра ахә шәшьала
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
gf аур. 18, ад. 30—31

АУРОК 18

Наӡаӡа Анцәа уиҩызаха!

Аҩыза ирҳаразы иаҭахыуп амч-алшара адҵара; аха амч-алшара адҵара аҭахыуп, иара убас, аиҩызара ацхыраара аҭара. Уара Анцәа иҩызахареи уи ацхыраара аҭареи умч-улшара ирыдуҵо Анцәа илԥха рыцзаауеит. Иисус дхазҵоз ауаа иреиҳәеит: «Аиаша ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:32). Иаанагозеи ари?

Ҩыџьа ахацәа џьанаҭ дгьыл аҿы

Уара ахақәиҭра уеигәырӷьаларц улшоит уажәгьы. Уара Аҩсҭаа ирылаирҵәо амцхаҵарақәеи амци рҟынтә ухы уақәиҭхарц улшоит. Уара ухы уақәиҭхарц улшоит иахьа миллионҩыла Иегова дыззымдыруа рыԥсҭазаарақәа зымҽхазкуа агәыӷра амамзаара аҟнытә (Римаа рахь 8:22). Анцәа иҩызцәа «аԥсра ацәшәара» аҟынтәгьы рхы иақәиҭуп (Ауриацәа рахь 2:14, 15).

Уара ахақәиҭра уеигәырӷьаларц улшоит Анцәа идунеи ҿыц аҿы. Шаҟа иссирузеи уаԥхьаҟа иуоурц иулшо ахақәиҭра! Аџьанаҭ дгьылаҿы иҟалоит аибашьрақәеи, ачымазарақәеи, ацәгьауреи рҟынтә ахақәиҭра. Ажәреи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра. Ашәареи, аргәаҟреи, аиашамреи рҟынтә ахақәиҭра. Абиблиа Анцәа изы иаҳәоит: «Унапы аартны адгьыл иқәынхо зегьы рызхара руҭоит гәыразыла» (Ԥсалом 144:16).

Анцәа иҩызцәа нхалоит наӡаӡа. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара — ари Анцәа иҩызцәахарц иашьҭоу зегьы ириҭараны иҟоу хәы змаӡам ҳамҭоуп (Римаа рахь 6:23). Уазхәыци, уара узы инымҵәаӡо аԥсҭазаара иаанаго!

Ахаҵеи аӡӷаб хәыҷи адаӷь иахәаԥшуеит, аԥҳәыс аваза лшәуеит

Уара зегьы рзы аамҭа узхалоит. Иҟалап, уара амузыкатә инструмент арҳәашьа уҵарц уҭахызаргьы. Мамзаргьы уара асахьаҭыхшьа ма ауасҭашьа уҵарц уҭахызар ҟалап. Иҟалар алшоит, уара аԥстәқәеи аҵиаақәа ирызкны удыррақәа иҵегь иурҵауларц уҭахызар. Иҟалап, уара аныҟәарақәа бзиа иубозар, еиуеиԥшым атәылақәеи ажәларқәеи убарц уҭахызар. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара абарҭ зегь алшахартә иҟанаҵоит!

Уара аҩызцәа рацәаҩны иурҳартә аамҭа уоуеит. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара Анцәа ииҩызцәаны иҟалақәаз удырыртә алшара унаҭоит. Уара еилукаараны уҟоуп урҭ рбаҩхатәрақәеи рҟазшьақәеи, даргьы уара уҩызцәа ракәхоит. Уара урҭ бзиа иубашт, даргьы бзиа урбашт (1 Коринфаа рахь 13:8). Нҵәара зқәым аԥсҭазаара адгьылаҿы ауаа зегьы урҩызахартә алшара унаҭоит! Аха зегьы иреиӷьу, ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟала Иеговеи уареи шәеиҩызара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалоит. Уиҩызаха, нас, Анцәа наӡаӡа!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра