Инашәыгӡалома шәара Иегова игәаԥхара?
Ҳара ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аамҭа ԥшааны ари аброшиура ахьҭышәҵааз, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа шәахьрабадырыз. Уи абзоурала шәара еилышәкааит ҳара ҳазҿу, насгьы ижәбеит ҳорганизациа аус шауа. Ҳақәгәыӷуеит уи шәара ишәеилнаркааит ҳәа иахьа Иегова игәаԥхара назыгӡо дызусҭоу. Ҳара шәгәазҭаҳҵоит анаҩсгьы Анцәа иеилкаара шәаҟәымҵырц, еилышәкааз шәыуацәеи шәҩызцәеи ирзеиҭашәҳәаларц, насгьы ақьырсиантә еиԥыларақәа рахь шәааҟәымҵӡакәа шәныҟәаларц (Ауриацәа 10:23—25).
Шаҟа еиҳаны Иегова дудырло, убриаҟара еиҳаны еилукаауеит шаҟа иӷәӷәаны уара бзиа уибо. Шәара уи шәхаҭа ианышәнырлак, ибзиабара аҭак ҟашәҵарц шәҭаххоит (1 Иоанн 4:8—10, 19). Аха ишԥашәылшо шәцәаныррақәа раарԥшра? Избан акырзаҵанакуа Анцәа игәаԥхашәатә нормақәа рыла анхара? Ишԥеизырҳатәу Иегова игәаԥхара анагӡаразы агәазыҳәара? Абиблиа шәыцызҵо гәахәарала дшәыцхраауеит уи зегь аилкаара, шәҭаацәеи шәареи наӡаӡатәи аԥсҭазаара шәазыԥшны Анцәа ибзиабараҿ шәхы шәыхьчаларц азы (Иуда 21).
Гәыкала шәааҳаԥхьоит аҵабырг амҩа шәанызарц, насгьы Абиблиа аҵара нашәыгӡаларц шәхы иархәаны ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз».