«Сара сыззааз...»
Аԥшәма ашә анааиртлак, ҳазусҭцәоу, насгьы ҳзааз изеилымкаар ҟалоит. Ишԥалагатәу ацәажәара, ауаҩы акгьы дацәымшәарц? Аԥшәма аԥсшәа наиаҳәаны, ԥыҭҩык ажәабжьҳәаҩцәа ус иалагоит: «Ҳара шәара шәахь ҳаззааз ауаа ргәы иҭыхо ацәгьоурақәа ҳрылацәажәарц азы ауп. Шәгәы ишԥаанаго..?», ма «Сара сыззааз хәыда-ԥсада иҟоу Абиблиа аҵара шәыдызгаларц ауп». Ахы инаркны ҳзааз ауаҩы иеилҳаркаар, иҟалап иаҳҳәо дазыӡырҩыр.