Атеократиатә маҵзура ашкол: аиҭахысра
Анаҩстәи азҵаарақәа еилыргахоит 2013 шықәса декабр 30 рзы иалаго амчыбжь азы. Ахыц иҭаку арыцхә иаанарԥшуеит азҵаара анеилыргаз, Ашкол ҳҽаназыҟаҳҵо уи ҭаҳҵаарц азы.
1. Иҳацхраауазеи ҳара аҳәынҭқарратә мчрақәа рахь аҟәымшәышәра аарԥшра? (Тит 3:2) (ноиабр 4, w03 1/4 ад. 25, абз. 18, 19).
2. Иаҳнарҵозеи ҳара Павел иажәақәа, Филимон 4, 5, 7 иану? (ноиабр 4, w08 15/10 ад. 31, абз. 1, 2; w92 15/4 ад. 25, абз. 2).
3. Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа иԥсшьарахь анеира? (Аур. 4:9—11) (ноиабр 11, w11 15/7 ад. 28, абз. 16, 17).
4. Иаҳнарҵозеи ҳара аиаша-ҵабырг шьақәзырӷәӷәоз Самуили, Анцәа изиашаз аԥааимбарцәеи, аӡбаҩцәеи рҿырԥшы? (Аур. 11:32, 33) (ноиабр 18, w11 1/1 ад. 25, абз. 5, 6)
5. Избан Иаков изиҩыз «жәҩан ахьтә уаҩы изылыԥхо аҟәыӷара, зегь раԥхьаӡагьы, ицқьоуп, изҩыдоуп» ҳәа? (Иак. 3:17) (ноиабр 25, w11 15/8 ад. 30, абз. 15).
6. Изусҭцәадаз убарҭ «иҟам», даҽакала иуҳәозар иԥсхьаз, «агәырӷьаҿҳәаша жәабжь» заҳәаз? (1 Пиот. 4:6) (декабр 2, w08 15/11 ад. 21, абз. 7)
7. Иарбан ԥҟароу «жәытә уасиаҭуп» ҳәа Иоанн дызлацәажәо, уи аамҭазгьы «иҿыцу» ҳәа зыӡбахә иҳәо 1 Иоанн 2:7, 8 рҿы? (декабр 9, w08 15/12 ад. 27, абз. 6).
8. Изҵанакуада атитулқәа «Альфеи Омегеи», насгьы «Ираԥхьатәиу, Иҵыхәтәантәиу»? (Аатра 1:8, 17) (декабр 16, w09 15/1 ад. 30, абз. 6)
9. Ишԥамҩаԥысуеи Анцәа идоуҳала иалху амҳәыр раархара? (Аатра 7:3) (декабр 23, w07 1/1 ад. 31, абз. 2).
10. Избан ҳара агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо, Аҳра анапхгара иаанагараны иҟоу заа иҳәаз азылԥхарақәа шынагӡахо, насгьы ишԥаҳнырыр акәу ҳара уи адырра? (Аатра 21:5, 6) (декабр 30, re ад. 303, абз. 9).