«Ажәлар еизга»
1. Излаҳгәаладыршәозеи аобласттә, насгьы жәларбжьаратәи аконгрессқәа Израильаа Мсыр ианалҵыз иҟалаз ахҭыс?
1 Израильаа Мсыр ианҭыҵ ашьҭахь хара имгакәа Иегова Моисеи иеиҳәоит ажәлар ашьха Синаи ашьапаҿы еизарц, иажәа раҳарц азы, ишицәшәатәу рҵарц, насгьы рԥацәа Анцәа имҩа ддырҵарц (Ҩынтә. 4:10—13). Жәаҳәарада, ари ахҭыс дара рыԥсы ахьынӡаҭаз иргәалашәон, насгьы рыгәрахаҵара арӷәӷәеит. Иааиуа амзақәа рыҩныҵҟа Иегова имаҵзуҩцәа еизалоит аобласттә, насгьы жәларбжьаратәи аконгрессқәа рҿы Иегова иҿы аҵара рҵарц. Иҟаҵатәузеи урҭ аконгрессқәа ҳара ахәарҭа ҳзааргарц?
2. Ишԥаҳалшо ҳара аконгресс аҽазыҟаҵара?
2 «Ажәлар азхиазар ауп». Синаи ашьха ашьапаҿы иҟаз ахҭыс аԥхьа Иегова иҳәеит: «Ажәлар азхиазар ауп» (Ақәҵ. 19:10, 11). Убасҵәҟьа, аконгресс иазхиазар ауп апрограмма зҽалазырхәуа рыдагьы, уи аҭаара зҭаху зегьы. Иаҳҳәап, еиҳараҩык аусура иамҵыр ауп. Иҟалап, уара уҭагылазаашьа Неемиа иҭагылазаашьа иеиԥшзар. Иара аҳ Артаксеркс иҿы ҩынаҳаҩыс дыҟан, уи иус ныжьны Иерусалимҟа ацара иӡбеит ақалақь аҭӡамцқәа реиҭашьақәыргыларазы, аха иара аҳ дауимышьҭыр ҳәа дшәон. Неемиа Анцәа диҳәан, ииҳәаша дназхәыцын, игәы рӷәӷәаны аҳ диҳәарц днеит. Аҳ Неемиа иоушьҭра адагьы, аргыларазы ахарџь азауижьит! (Неем. 2:1—9). Иара убри адагьы, иазхәыцтәуп аконгресс ахьыҟало аҭыԥ аҟынӡа узго, насгьы уахьаангыло. Аизара аиҳабацәа уи аҩыза ацхыраара зҭаху игәырӷьаҵәа ирыцхраауеит. Уҽеиқәыршәа есыҽны апрограмма алагаанӡа унеиларц, насгьы иуаҳауа бзианы агәынкылара уҽазышәа (Аур. 2:1).
3. Иҳацхраауазеи ҳара аконгресс апрограммахь ҳгәы азыҟаҵара?
3 Аҽазыҟаҵара убасгьы иаанагоит ҳгәы азыҟаҵара аӡырҩреи аҵареи рзы (Езд. 7:10). Аконгресс апрограмма заа иофициалтәу асаит аҿы иҟазаауеит. Уа иҟазаауеит ажәахәқәа зегь рыхьӡқәа, насгьы ажәахәцыԥхьаӡа акы-ҩба ихадоу жәеинраалак рыцзаауеит. Убри аҟынтә аконгресс алагаанӡа мчыбжьқәак шыбжьоу, аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы апрограмма еилҳаргалар ҳалшоит. Ажәабжьҳәаҩцәа џьоукы апрограмма ркьыԥхьуеит, анаҩс аконгресс аҿы иааркьаҿны иргәаԥхаз ҭарыҩуеит.
4. Иарбан лшароу ахәыҷқәа дырҵаразы аконгресс иаҳнаҭо?
4 Шәхәыҷқәа идшәырҵала. Абиблиаҿы ишазгәаҭоу еиԥш, Анцәа израильаа ашьха Синаи ашьапаҿы ианеизигоз, иара иҭахын урҭ «рԥацәагьы аҵара ддырҵар» (Ҩынтә. 4:10). Убасҵәҟьа аконгресс аҭаацәа ирнаҭоит алшара рхәыҷқәа дырҵара. Аҭаацәа еиҷаҳалар ауп апрограмма аан ахәыҷқәа дара ирыдтәалазарц, насгьы иӡырҩларц. Аконгресс амшқәа раан хәылбыҽхала, мамзаргьы аҭаацәаратә мҵахырхәараан аконгресс апрограмма иалацәажәалар рылшоит.
5. Иарбан хәарҭоу ҳара иаҳзаанаго ҳаззыԥшу аконгресс?
5 Ашьха Синаи ашьапаҿы израильаа ахьеизаз еиҳа еиӷьны идеилнаркааит Анцәа ижәлар рыбжьара аҟазаара дара рзы шҳаҭыр дуу (Ҩынтә. 4:7, 8). Ҳаззыԥшу аконгресс убасҵәҟьа ҳара иҳацхраауеит уи азхәыцра. Хымш рыҩныҵҟа ҳара ацәҳәыра иаҩызоу Аҩсҭаа идунеи ааныжьны, адоуҳатә лахҿыхреи аиҿцәажәара бзиеи ҳауеит ҳдоуҳатә џьанаҭ аҿы (Ис. 35:7—9). Иегова имш ааигәахара ианаҿу аамҭазы, шәааи ҳаизаларц азы иҳамоу ари аҩыза алшара ҳаҩҳмыжьып!