Абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнқәеи, насгьы ахәышәтәырҭақәеи рҿы иҟоу абыргцәа шәхашәмыршҭын
1. Избан абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнқәеи ахәышәтәырҭақәеи рҿы иҟоу ауаа ажәабжь бзиа зырзеиҭаҳәатәу?
1 Зықәрахь инеихьоу рҟынтәи згәабзиара уашәшәырахо ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахоит (Еккл. 12:1—7). Абыргцәа аӡәырҩы абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнқәеи ахәышәтәырҭақәеи рҿы иҟоуп, убри аҟынтә ҩнаҭацыԥхьаӡа мацара ажәабжь ҳҳәозар, урҭ абыргцәа шаҳаҭра ҳазрыҭаӡом. Уахь иаҵанакуеит иара убас зықәрахь инеихьоу аҭаацәа ирылымшо ианыҟалалак, рхәыҷқәа ма рыуацәа рахь риасра ахьаԥу аҳәынҭқаррақәа. Иҟалап абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнаҿы инхо зықәрахь инеихьоу ма ахәышәтәырҭақәа рҿы иҟоу абыргцәа уажәшьҭа аныҟәара рцәыцәгьазар, насгьы агәынкылара рымамзар, аха реиҳараҩык Иегова изку адыррақәа рыдыркылартә, насгьы бзиа дырбартә иҟоуп. Ишԥаҳалшо «ҳазқәыргәыӷу шынаӡахо» атәы ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәар? (Тит 2:13).
2. Иабаулшо абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнқәеи ахәышәтәырҭақәеи рҭыӡҭыԥқәа рыԥшаара?
2 Ари аус излалагатәу. Абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнқәеи ахәышәтәырҭақәеи рҭыӡҭыԥқәа узымдыруазар, урҭ адҵааларҭаҿы иуԥшаар улшоит. Амаҵзуратә хылаԥшҩы еиҿикаауеит ианаало ажәабжьҳәаҩцәа арҭ аҭыԥқәа ирҭаарц. Заа ҳазхәыцны ибзианы ҳҽазыҟаҳҵозар, насгьы Иегова ҳиқәгәыӷуазар, лассы-лассы иҳалшар ауеит гәыԥ-гәыԥла Абиблиа аҵара алагара (Ажәам. 21:5; 1 Иоан. 5:14, 15).
3, 4. а) Изыдҵаалатәыда абиблиатә ҵара амҩаԥгаразы? б) Ишԥадеилыркаатәу иарбан ҵарақәоу имҩаԥаҳго?
3 Изыдҵаалатәыда ас еиԥш иҟоу аҵарақәа́ рымҩаԥгаразы? Ари абыргцәеи аусзуҩцәеи ахьырацәоу даара идуу усурҭа ҭыԥзар, адиректор ҳиацәажәарц азы еиӷьхоит раԥхьа амаӡаныҟәгаҩ ҳидҵаалар. Аха абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩны хәыҷызар, иаҳҳәап абыргцәа маҷны иахьынхо, насгьы ҩыџьа-хҩык аусзуҩцәа ахьыҟоу, еиӷьхоит аҩны зтәу хаҭала иацәажәара анҳалшо аамҭазы ҳнеир.
4 Иеилыркаа уара Абиблиа аԥхьареи уи алацәажәареи згәаԥхо ауаа рацәажәара хәыда-ԥсада, хатәгәаԥхарала уаамҭа шазукуа. Еилкаа мчыбжьык ахь знык 30-ҟа минуҭ ицо абиблиатә ҵарақәа ирҭааларц зҭаху аӡәыр дыҟазар. Еиуеиԥшым апубликациақәа ухы иаурхәар шауагьы, аӡәырҩы иазгәарҭеит еиҳарак имарианы иҩу ашәҟәқәа шанаало, иаҳҳәап «Адунеи иқәынхоз зегь раасҭа еицырдыруа ауаҩы». Уара уи ашәҟәы адиректор иурбар улшоит, насгьы абиблиатә ҵарақәа мҩаԥугарц ануҭаху амши, аамҭеи, аҭыԥи рзы уиацәажәар ауеит. Нас иара уи иазку алаҳәара аусмҩаԥгатәқәа рымзар ианиҵар илшоит. Уацәыԥхамшьан Иегова ишаҳаҭ шуакәу аҳәара. Уи аамҭазгьы адиректор иаҳәа уара анцәаимҵаныҳәара амҩаԥгара угәы ишҭам, аха абиблиатә ҵара шакәу имҩаԥуго.
5. Ишԥаулшо абиблиатә ҵарақәа аинтерес аҵаҵаны, насгьы ахәарҭа аманы имҩаԥугаларц?
5 Ари аҩыза аҵара шымҩаԥгатәу. Аҵарақәа шымҩаԥысло аҭыԥ аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иахьыԥшуп, убри аҟынтә уи аҭагылазаашьа уҽақәуршәароуп, насгьы аҟәыӷара аарԥштәуп. Абиблиатә ҵара мҩаԥызго изхысуа апубликациа екземплиарқәак ааганы ирзишар ауп, нас аҵара аамҭа анынҵәалак урҭ еизигалар ауп. Аӡәы ашрифт ду ала иҭыжьу апубликациа иҭаххар ауеит. Абзацқәа урыԥхьалар алшоит, насгьы абжьааԥны абиблиатә ҵара анымҩаԥаҳго еиԥш, дара ргәаанагара рҳәарц азы азҵаарақәа руҭалар ауеит. Абзацқәеи абиблиатә жәеинраалақәеи рыԥхьара зҭаху, насгьы ибзианы изаԥхьо идугалар ҟалоит. Аҵара амҩаԥгараан зегьы ацәажәара иалархәла, алахҿыхреи аиҩызареи аарԥшла. Адиректор азин имхны, зны-зынла Абиблиахь рыгәрагара зырӷәӷәо, насгьы абиблиатә сиужетқәа ирымоу ахәарҭа узырбо ҳорганизациа афильмқәа дурбалар ауеит. Аҭагылазаашьа ианаалозар, абиблиатә ҵара икьаҿу анцәаиҳәарала уалагалар, насгьы уалгалар улшоит. Ажәабжьҳәаҩцәа шьоукы рыпрограммахь Аҳра ашәақәагьы аларҵоит.
6. Ишԥаҟаҵатәу ажәаҿархьрақәа рҭак?
6 Иҟаҵатәузеи аӡәы абиблиатә ҵараҿы изыԥхьо, мамзаргьы изыхцәажәо дақәшаҳаҭымзар? Аҭак аныҟауҵо, агәеилых бзиа аарԥшла (Кәал. 4:6). Иҟалап ианаало абиблиатә жәеинраала аԥхьара алшара уоур. Зны-зынла еиӷьхар ауеит ауаҩы иҭабуп ҳәа наиаҳәаны, абиблиатә ҵара анынҵәалак ашьҭахь, уи азҵаара хазы алацәажәара идгалазар.
7. Иҟаҵатәузеи ауаҩы азҵаара шьҭихуазар, мамзаргьы иҷыдоу аинтерес ааирԥшуазар?
7 Зны-зынла ауаҩы азҵаара ықәиргылар илшоит, мамзаргьы еиҳаны еиликаарц агәаҳәара иоур ауеит. Иаҳәшьак абри аҩыза знеишьак лхы иалырхәоит: «Ари даара зҵаара бзиоуп. Шәааи иҳамоу аматериал аҵыхәтәанынӡа ҳахысып, уи ашьҭахь шәызҵаара ҳахцәажәап». Лассы-лассы аинтерес аазырԥшуа ауаҩы хаҭала Абиблиа ирҵаразы даҽа ҭыԥки аамҭеи алаҳхыр ҳалшоит.
8. Ишԥанҵатәу гәыԥ-гәыԥла, насгьы хаз-хазы имҩаԥысуа абиблиатә ҵарақәа?
8 Ишаԥу еиԥш еиӷьуп абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнахьы, мамзаргьы ахәышәтәырҭақәа рахь Абиблиа арҵара амҩаԥгаразы инеиц неилар. Гәыԥ-гәыԥла имҩаԥысуа абиблиатә ҵарақәа зхы рылазырхәуа ажәабжьҳәаҩцәа зегьы раамҭа аҳасабрба ианырҵар рылшоит. Абиблиатә ҵарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа амҩаԥысра ианалагалак, абиблиатә ҵара амҩаԥгаҩ аҳасабрба ианиҵар илшоит библиатә ҵарак еиԥш, насгьы уи мҩаԥысцыԥхьаӡа ҩынтә аҭаара аниҵалар ҟалоит. Аҵара зылшо ауаҩы хаҭала Абиблиа анидырҵо, уи аҳасабрба ишаабац еиԥш ианырҵоит.
9, 10. Иарбан ҟазшьақәоу абиблиатә ҵарақәа мҩаԥызго имазар ихәҭоу? Иҳаилыркаа.
9 Абиблиатә ҵарақәа ҭакԥхықәрала рызнеира. Еиӷьуп гәыԥ-гәыԥла еиҿкаау абиблитә ҵарақәа рзы амши аамҭеи алхзар. Арҭ аҭыԥқәа рҿы инхо ауаа, насгьы аусзуҩцәа абиблиатә ҵара иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥысло, насгьы ианаамҭоу ишалагало, ишалгало иақәгәыӷлоит (Матф. 5:37). Убри аҟынтә иааҳарԥшлароуп аҭакԥхықәра, насгьы ҳаиҿкаазар ауп. Аамҭа ишаҳнарбо еиԥш, гәыԥ-гәыԥла ишьақәгылоу абиблиатә ҵарақәа аԥышәа змоу ҩыџьа ажәабжьҳәаҩцәа имҩаԥыргалар еиӷьуп (Еккл. 4:9, 10). Арҭ аҭыԥқәа рҿы ауаа рацәазар, еиҳаны ажәабжьҳәаҩцәа аҭаххар ауеит.
10 Даараӡа ихадоуп аиҩызареи ауаа рахь хаҭала аинтереси раарԥшра (Флп. 2:4). Раԥхьа уаннеиуа, зегьы урабадырырц аамҭа алх. Ианҵа зегьы рыхьӡқәа, насгьы уҽазышәа даҽазны шәанеиқәшәонӡа урҭ ргәынкылара. Иазгәаҭатәуп абыргцәа шьоукы шгәаауа, ирзымдыруа ауаа рыхьӡ мацара ҳәаны ианрацәажәо. Иааурԥшуа ачҳареи азҿлымҳареи ирыбзоураны, зегьы рхы бзианы ирбалоит.
11. Ишԥарылшо гәыԥ-гәыԥла аҵара мҩаԥызго ақьырсианцәа аусзуцәеи ауацәеи пату рықәҵара?
11 Иара убас аусзуҩцәеи урҭ аҭыԥқәа рҿы инхо ауаа рҭынхацәеи рахь апатуқәҵареи ақьиареи аарԥшлатәуп. Абиблиатә ҵара аамҭа азалхзар, уи адиректор уиацәажәаанӡа иумԥсахыр еиӷьуп. Аамҭа-аамҭала адиректор уиазҵаала имҩаԥуго аҵара иахырҳәаауа. Аҵара анымҩаԥуго аамҭазы абыргцәа рҭынхацәа неизар, урҭ урабадыр. Ирзеиҭаҳәа ари абиблиатә ҵара хықәкыс иамоу. Агәра дырга урҭ рҭынха уара гәык-ԥсык ала ушизыҟоу. Ирыдгал даргьы азыӡырҩырц.
12, 13. Еиҭашәҳәа абыргцәа рыҩнаҿы ажәабжьҳәара иаанаго алҵшәақәа узырбо ахҭысқәа.
12 Алҵшәақәа. Араионтә хылаԥшыҩцәеи ажәабжьҳәаҩцәеи иаарыцҳауеит ари аҩыза амаҵзуратә хкы алҵшәа бзиақәа шацу. Ас еиԥш иҟоу библиатә ҵарак ахь раԥхьаӡа акәны 20-ҩык раҟара ауаа неит. Абас 6-ҩык Абиблиа аҵара иалагеит. Ԥҳәыск ԥыҭрак ашьҭахь аӡы лыҽӡаалхит. Абыргцәа ахьынхо даҽа ҩнык аҿы имҩаԥысуаз абиблиатә ҵара иабзоураны, 85-шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс аизарахь аныҟәара далагеит, аҽӡаахрагьы шылҭаху лҳәеит. Даҽа ҭыԥк аҿы Иегова ишаҳаҭцәа гәыԥ-гәыԥла имҩаԥыргоз аҵарақәа мап анацәырк, абыргцәа уи адиректор иҟынӡа инаргеит. Аҵыхәтәаны абиблиатә ҵара амҩаԥгара иацҵан, насгьы уахь 25—30-ҩык ауаа неиуа иалагеит.
13 Абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнқәеи, насгьы ахәышәтәырҭақәеи рҿы иҟоу абыргцәа рахь иааҳарԥшуа абзиабара дара мацара ракәӡам изныруа. Иаҳҳәап, аусзуҩцәа лассы-лассы абиблиатә ҵара иалатәоуп, насгьы зны-зынла рҽаналадырхәуагьы ыҟоуп. Арҭ аҭыԥқәа рҿы иҟоу абыргцәа рахь хаҭала аинтерес анааҳарԥшуа, ҳара егьырҭгьы ашаҳаҭра бзиа раҳҭоит (1 Пиот. 2:12). Абыргцәа рыҩны аиҳабы Абиблиа аҵара хықәкыс иамаз анеиликаа, ус иҳәеит: «Шәабаҟаз уажәраанӡа? Шәанбазхиоу ари аус алагара?» Даҽа еиҳабык иҳәеит: «Сара исҭахуп ас еиԥш иҟоу аҵара ҳҭыԥ аҿы абыргцәа рыҩнқәа зегьы рҿы имҩаԥыжәгаларц. Иегова ишаҳаҭцәа рмаҵзура иахәҭакуп ажәлар ахәарҭа рзаазго хәыда-ԥсада имҩаԥырго аҵара». Агаваиақәа рҿы иҟоу абыргцәа рыҩны ахьӡала Иегова ишаҳаҭцәа хатәгәаԥхаралатәи рмаҵзуразы иранашьан аҳаҭыртә бӷьыц, уи абӷьыц аҿы дара «уаа хазынақәоуп» ҳәа рыӡбахә ҳәан уа инхо абыргцәа рзы.
14. Избан ҳара изҳахәҭоу зықәрахь инеихьоу ауаа рыцхраара агәаҳәара ҳамазарц?
14 Иегова абыргцәа ихьӡ арҳаракразы иааиԥхьоит (Ԥс. 148:12, 13). Ари рыҵанакуеит абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнқәа, насгьы ахәышәтәырҭақәа рҿы иҟоу ауаагьы. Иҟоума шәара шәеизара иаҵанакуа атерриториаҿы абарҭ рҩызцәа аҭыԥқәа? Аҭыԥантәи аизара аиҳабацәеи, насгьы абыргцәа рыҩнқәеи ахәышәтәырҭақәеи реиҳабацәа рыцхырааралеи, ҳара иҳалшар ауеит уа иҟоу ауаа ашаҳаҭра бзиа раҳҭар. Зықәрахь инеихьоу ауаа анаҳгәалашәо, усҟан Иегова ҳаиҿыԥшуеит (Ԥс. 71:9, 18).