АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 101—104 (102—105, АдҾ)
Иегова игәалашәоит ҳара анышә ҳшалху
Давид исахьарку ажәақәа ихы иаирхәеит, Иегова шаҟа дыгәшаҭаҩу ааирԥшырц азы
102:11 (103:11, АдҾ)
Адгьыли аеҵәақәеи шаҟа рыбжьоу хшыҩла ишаҳзеилымкаауа еиԥш, ҳара Иегова иааирԥшуа азиашара зныԥшуа абзиабара шаҟа иҵаулоу аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилкааауам
102:12 (103:12, АдҾ)
Мрагылара мраҭашәара ишацәыхараӡоу еиԥш, Иегова ҳагәнаҳарақәа зегьы ҳцәыхареитәит
102:13 (103:13, АдҾ)
Аб ахәра зауз иԥа дышрыцҳаишьо еиԥш, Иегова агәнаҳақәа ирыхҟьаны згәы каҳаны иҟоу, насгьы гәык-ԥсык ала иахьхәуа рахь агәшаҭара ааирԥшуеит