Маи 8—14
ИЕРЕМИА 35—38
Ашәа 33, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Авдемелех ақьиареи агәымшәареи раарԥшраҿы дҿырԥшыгоуп» (10 мин)
Иер. 38:4—6. Седекиа ауаа рҿаԥхьа ашәара иҽаҭаны, ауаа цәгьақәа Иеремиа ҳәынҵәала иҭәыз, иҵаулаз ажра дҭарыжьырц азин риҭеит, уа дыԥсырц азы (it-U «Седекия», абз. 17).
Иер. 38:7—10. Авдемелех Иеремиа дицхраарц азы агәымшәара ааирԥшит (w12-U 1/5 31, абз. 2—3).
Иер. 38:11—13. Авдемелех ақьиара ааирԥшит (w12-U 1/5 31, абз. 4).
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
Иер. 35:19. Избан Иегова арехавитцәа дзырзылԥхаз? (it-U «Рехавиты»).
Иер. 37:21. Дышԥаиеиҷаҳауаз Иегова Иеремиа, насгьы ҳгәы арӷәӷәар шԥалшо уи, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо? (w98-U 15/1 18, абз. 16, 17; w95-U 1/8 5, абз. 5, 6).
Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): Иер. 36:27—37:2
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Раԥхьатәи аҭаара (2 мин ма еиҵаны): wp17.3-U (ацәа). Аиҭанеиразы ашьаҭа шьҭаҵа.
Аиҭанеира (4 мин ма еиҵаны): wp17.3-U (ацәа). Аиҭанеиразы ашьаҭа шьҭаҵа.
Абиблиа аҵара (6 мин ма еиҵаны): jl аурок 26.
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Анцәа имҵахырхәаразы иҳамоу аҭыԥқәа ҳреиҷаҳауеит» (15 мин). Аизара аиҳабы азҵаарақәеи аҭакқәеи ихы иархәаны имҩаԥиго ахцәажәара. Идырба авидеонҵамҭа «Анцәа имҵахырхәаразы иҳамоу аҭыԥқәа ҳреиҷаҳауеит», анаҩс астатиа аҟынтә азҵаарақәа еилырга, насгьы шәеизараҿы Аҳратә зал ахархәара акомитет иалахәу аиашьа икьаҿу аинтервиу имх. (Шәеизараҿы уи аҩыза аиашьа дыҟамзар, аинтервиу имх аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор. Аҳратә зал зхы иазырхәо шәеизара мацара акәзар, имх аинтервиу Аҳратә зал ахылаԥшразы аҭакԥхықәра зду аиашьа.) Иарбан усқәоу ааскьа иҟаҵаз Аҳратә зал арҽеиразы, насгьы иҟаҵатәузеи еиҭа? Иҟарҵар акәзеи ахыбрақәа рырҽеиреи рхылаԥшреи рҿы аҟазара змоу, мамзаргьы ацхыраара ҟазҵар зҭаху? Ишԥаҳалшо ҳара зегьы, ҳҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, Аҳратә зал аиҷаҳара?
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): cf ахы 8, абз. 1—9
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 125, анцәаиҳәара