АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИЕРЕМИА 49, 50
Иегова ахынраалара аазырԥшуа дырзылԥхоит, аԥагьара злоу ахьирхәуеит
50:4—7
Иегова иахьхәыз израильаа атҟәара аҟынтә ианиргьежьуа, рыблақәа агәырӷьаратә лаӷырӡы рхыҳәҳәылоит.
Дара иргәалашәоит ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра, насгьы ииашоу амҵахырхәара еиҭашьақәдыргыларц азы Иерусалимҟа ихынҳәуеит.
50:29, 39
Аԥагьара злоу Вавилон Иегова ижәлар рахь уаҩ иимбац агәымбылџьбара ахьаанарԥшыз азы, хьырхәрада изаанхом.
Заа ишҳәаз еиԥш, Вавилон уаҩ дахьнымхо ҭыԥны иҟалеит.