Апрель 1—7
1 КОРИНФАА РАХЬ 7—9
Ашәа 136, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Аҭаацәара аламзаара ҳамҭоуп» (10 мин)
1 Кор. 7:32. Аҭаацәара иалам ақьырсиан аҭаацәаратә ԥсҭазаара иадҳәалоу аусқәа имаӡам (w11-U 15/1 18, абз. 3).
1 Кор. 7:33, 34. Аҭаацәара иалоу ақьырсиан есыҽнытәи аусқәа дрызхәыцуеит (w08-U 15/7 27, абз. 1).
1 Кор. 7:37, 38. Иегова имаҵ ауразы аҭаацәара иаламло ақьырсиан идикылаз аӡбара еиҳа еиӷьуп, ԥҳәысаагара, ма хаҵацара зыӡбаз раасҭа (w96-U 15/10 12, абз. 14).
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
1 Кор. 7:11. Иарбан ҭагылазаашьақәоу аҭаацәара иалоу ақьырсианцәа хаз-хазы анхара ргәазҭазҵо? (lv 219—221).
1 Кор. 7:36. Избан ақьырсианцәа рқәыԥшра ашықәсқәа аниаслак ашьҭахь аҭаацәара иалалар еиҳа изеиӷьу? (w00-U 15/7 31, абз. 2).
Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟны?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): 1 Кор. 8:1—13 (th аурок 5)
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла (10 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба авидеонҵамҭа «Абиблиатә жәеинраала уаԥхьаанӡа уахцәажәа», насгьы уахцәажәа аброшиура «Уҟазара еиӷьтәла» аҟынтә аурок 4.
Ажәахә (5 мин ма еиҵаны): w12-U 15/11 20. Атема: «Действительно ли те, кто решил не вступать в брак, получили дар безбрачия сверхъестественным образом?» (th аурок 12).
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Аҭаацәара аламзаараҿы агәырӷьара шәыԥшаала» (15 мин). Идырба ари авидеонҵамҭа. Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа: иарбан уадаҩрақәоу изықәшәо аҭаацәара иалам ақьырсианцәа аӡәырҩы? (1 Кор. 7:39). Иарбан ҿырԥш бзиоу иаҳзынлыжьыз Иеффаи иԥҳа? Изықәиргәыӷуазеи Иегова «ауаа цқьақәа»? (Аԥсал. 84:11). Ишԥарылшо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аизараҿы аҭаацәара иалам ргәы ашьҭыхра? Иарбан лшарақәоу аҭаацәара иалам ақьырсианцәа амаҵзураҿы ирзаатуа?
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 61; jyq ахы 61
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 42, анцәаиҳәара