Маи 6—12
2 КОРИНФАА РАХЬ 4—6
Ашәа 128, анцәаиҳәара
Алагалажәа (3 мин ма еиҵаны)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Гәкажьра ҟаҳамҵароуп» (10 мин)
2 Кор. 4:16. Иегова «еснагь» ҳирҿыцуеит (w04-U 15/8 25, абз. 16, 17).
2 Кор. 4:17. Иахьа ҳзықәшәо «аамҭалатәи ҳара ҳгәаҟрақәа хьаагатәым, урҭ усҟак рыҵаркуа иҟам» (it-U «Стойкость», ахеиҵа «Как сохранять», абз. 2).
2 Кор. 4:18. Ҳара ҳхы рзыҳашьҭлароуп ҳаԥхьаҟа Аҳра иаҳзаанаго азылԥхарақәа.
Адоуҳатә бырлашқәа ҳаԥшаауеит (8 мин)
2 Кор. 4:7. Иарбан хәы змам мазароу ҳара «анышәаԥшь ҳаԥшьаҿы» иҵәахны иҳамоу? (w12-U 1/2 28—29).
2 Кор. 6:13. Ишԥаҳалшо ҳгәы-ҳаԥсы аартра? (w09-U 15/11 21, абз. 7).
Еилукаазеи уара Иегова изкны ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟынтә?
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу уара еиҭа иуԥшааз ари амчыбжь азы ҳзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха аҟны?
Абиблиа аԥхьара (4 мин ма еиҵаны): 2 Кор. 4:1—15 (th аурок 12)
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла (10 мин). Аӡырҩцәа злахәу ажәахә. Идырба авидеонҵамҭа «Ииашаны уаԥхьала», анаҩс аброшиура «Уҟазара еиӷьтәла» аҟынтә уахцәажәа аурок 5.
Ажәахә (5 мин ма еиҵаны): w04-U 1/7 30—31. Атема: «Ҟәыӷароума аӡы иӡааху ақьырсиан аӡы иӡаахым ажәабжьҳәаҩ иахь аромантикатә еизыҟазаашьақәа реизырҳара?» (th аурок 7).
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Исылшо зегь ҟасҵоит» (8 мин). Идырба ари авидеонҵамҭа. Уи ашьҭахь аӡырҩцәа уразҵаа: гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ шԥеиуаз аиашьа Фостер данқәыԥшыз, насгьы имч анҭаз? Рыҽшԥарыԥсахи анаҩс иҭагылазаашьақәа? Иҽшԥазишәо иара уажәтәи иҭагылазаашьақәа рҿы илшо зегь аҟаҵара? Иунарҵозеи уара аиашьа Фостер иҿырԥштәы?
Аҭыԥтә ҭахрақәа (7 мин).
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин): jy-U ахы 65; jyq ахы 65
Уажәтәии иааиуеи аиԥыларақәа рыхцәажәара (3 мин)
Ашәа 65, анцәаиҳәара