АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Карибтәи адгьылбжьахақәа рҿы инхо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыцхраара
Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа реиԥш, ҳаргьы еиуеиԥшым арыцҳарақәа ирықәшәо ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо рахь абзиабара ааҳарԥшлар ҳалшоит (Иоанн 13:34, 35). Уахәаԥш аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ацхыраара шыҟарҵаз узырбо авидеонҵамҭа «Любовь в действии. Помощь пострадавшим от ураганов на Карибских островах» захьӡу. Анаҩс иҟаҵа абарҭ азҵаарақәа рҭак:
Иарбан аахоу ирнаҭаз «Ирма», насгьы «Мариа» захьӡу аԥшацәгьа Карибтәи адгьылбжьахақәа рҿы инхо аишьцәа?
Дышԥарыцхрааи Иегова арыцҳара иақәшәаз рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз рыла?
Ишԥарныри арыцҳара иақәшәаз рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз дара рахь иаадырԥшыз абзиабара?
Шаҟаҩы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхы аладырхәзеи Карибтәи адгьылбжьахақәа рҿы аԥшацәгьақәа иҟарҵаз аԥхасҭа арҽеираҿы?
Ишԥаҳалшо доусы ацхыраара аҟаҵаразы амаҵзура аҽалархәра?
Иарбан цәаныррақәоу уара иузцәырҵуа бзиабарала иҭәу аорганизациа уахьахәҭаку?