АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Уара ашҳам ҭархага шуԥырхагоугьы зегь ахгара улшоит!
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауадаҩрақәа, амаӷ еиԥш, Анцәа имаҵзуҩцәа зегь ахьаа рзаанагоит (2 Тим. 3:1). Иҟаҵатәузеи Иегова ицхыраара ҳаурц азы, насгьы ауадаҩрақәа шҳамоугьы агәырӷьара ҳахьчарц азы? Уахәаԥш авидеонҵамҭа «Алашәцәа рыблақәа аатуеит», Талита Алнаши лҭаацәеи лареи рҭоурых аилкааразы. Анаҩс еилырга абарҭ азҵаарақәа:
Шҳамны илзыҟалазеи Талита?
Иарбан библиатә қәыргәыӷрақәоу Талита лҭаацәеи лареи ииашоу агәазыҟашьа ахьчара ирыцхраауа?
Ишԥаадырԥши Талита лҭаацәа Иегова иахь ирымаз агәрагара, лара данԥырҟа ашьҭахь хара имгакәа?
Рыҽшԥазыршәо Талита лҭаацәа Иегова иахь абзиабара лылааӡара, иара иорганизациа ирнаҭо рхы иархәаны?
Излоубарҭоузеи Талита доуҳала ишлызҳауа, илылоу ашҳам хьаас имкыкәа?
Угәы зызҭанаҵазеи уара Талита лҿырԥштәы?