АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | 1 ПИОТР 3—5
Зегьы рҵыхәтәа ааигәоуп
Ҳара агәырҩа ду ашәхымс ҳалагылоуп. Иҳацхраауазеи ҳара доуҳала ҳаӷәӷәаны аанхара иахьагьы, ҳаԥхьаҟагьы?
Еснагь Анцәа уиҳәала; иухоумыршҭлан анцәаиҳәара еиуеиԥшым ахкқәа шыҟоу. Уахь иаҵанакуеит ирҳаракра, аџьшьара аарԥшра, насгьы ӷәӷәала иҳәара.
Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь абзиабара еизырҳала, насгьы шәеиҩызара рӷәӷәала
Агәыҭбаареи асасдкылареи аарԥшла
УХЫ УАЗҴАА: «Иарбан ҭагылазаашьақәоу абзиабареи асасдкылареи аасырԥшыр ансылшо, аҭыԥантәи, насгьы егьырҭ атәылақәа рҟынтә иааз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь?»