АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ауаа ажурналқәа рыдгалала
2018 шықәса инаркны аларҵәаразы ажурналқәа рҭыжьымҭақәа темак ауп изызку. Арҭ ажурналқәа зегьы амаҵзуразы иҟоу ҳмыругақәа рахь иаҵанакуеит. Убри аҟынтә ажәабжь анаҳҳәо урҭ ҳхы иаҳархәалар ҳахәҭоуп. Иара убас, урҭ џьара ԥсшьара ҳанцо, ма ахәаахәҭра ҳанцо иаҳгалар ҳалшоит. Ажурналқәа ауаҩы Абиблиа ирҵаразы акәӡам изыҟоу, аха уеизгьы уи ауаа адоуҳатә фатә ахь аинтерес рызцәырнагар алшоит.
Аицәажәараан абиблиатә жәеинраала уаԥхьа, насгьы угәаанагарала ауаҩы еиҳа аинтерес изцәырызго ажурнал аҟынтә темак аӡбахә ҳәа. Иаҳҳәап, ауаҩы ахәыҷқәа имазар ма дгәырҩозар, астресс ихигозар, иа́ҳҳәар ҳалшоит: «Сара ааигәа уи атема иазкны статиа бзиак саԥхьеит. Иҟалома зхәыцрақәак шәсырбар?» Ауаҩы атемахь аинтерес изцәырҵзар ажурнал иаҳҭар ҳалшоит, ма аелектронтә версиа изаҳашьҭыр ауеит. Уи ҟаҳҵар ҳалшоит актәи аицәажәара аан. Ҳара хықәкы хадас иҳамоу апубликациақәа рыларҵәара мацара шакәымгьы, ажурналқәа ҳацхраауеит зыхә ҳараку абиблиатә дыррақәа зыԥсҭазаараҿы зхы иазырхәалар зҭаху ауаа рыԥшаараҿы (Аус. 13:48).
2018
2019
2020
Иарбан темақәоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа еиҳа зинтерес рымоу?