Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 ианвар ад. 3—16
  • Ианвар 8—14

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианвар 8—14
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 ианвар ад. 3—16

ИАНВАР 8—14

ИОВ 34, 35

Ашәа 30, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Аиашамра ҳанақәшәо иҳацхраауа

(10 мин.)

Ишәхашәмыршҭлан: Иегова ахаан ииашамкәа ихы мҩаԥигаӡом (Иов 34:10; wp19.1-U 8, абз. 2).

Ауаа цәгьақәа иҟарҵалакгьы ауеит ҳәа угәы иаанагар алшоит; аха Иегова иҟынтә акгьы узыҵәахӡом (Иов 34:21—26; w17.04 11, абз. 5).

Аиашамра иақәшәаз рыцхрааразы зегь иреиӷьу алшара, — уи Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәара ауп (Иов 35:9, 10; Мф 28:19, 20; w21.05 7, абз. 19, 20).

Иегова ишаҳаҭу хаҵеи-ԥҳәыси иӷару ауаа ахьынхо аҭыԥ аҿы хаҵак иҷкәыни иареи ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәоит. Рышьҭахь аҩнеихагыла дуӡӡақәа убарҭоуп.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иов 35:7. Ииҳәарц ииҭахызи Елиуи, «иоуазеи уи [Анцәа] уара уҟынтә» ҳәа аниҳәа? (w17.04 28, абз. 3).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мф 15:21—39 (th аурок 10).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 10, апункт 3).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ахәыҷқәа змоу ауаҩы изеиҭаҳәа асаит jw.org аҿы аҭаацәа рзы ихәарҭоу аинформациа шиԥшааша (lmd аурок 1, апункт 4).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 13, апункт 5 (lmd аурок 11, апункт 3).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 58

7. Шәҽалашәырхәуама иформалтәым ажәабжьҳәара?

(15 мин.). Ахцәажәара.

Автобус аҿы аиаҳәшьа илыдтәалоу аӡӷаб ажәабжь бзиа лзеиҭалҳәоит, насгьы лҭел аҿы ак ллырбоит.

Апостол Павел Тимофеи иеиҳәеит: «Анцәа иажәа ҳәала... уҳаҵҳаҵо уи ҟаҵала» (2Тм 4:2). «Уҳаҵҳаҵо уи ҟаҵала» ҳәа еиҭагоу абырзен ҟаҵарба зны-зынла рхы иадырхәон еснагь ихианы игылаз, змаҵзура назыгӡоз ахьчаҩ ма аруаҩ иӡбахә анырҳәоз. Арҭ ажәақәа ибзианы иаадырԥшуеит ауаҩи ҳареи ҳаицәажәара Абиблиа иазку атемахь аиагара еснагь ҳшазхиоу.

Иегова иахь иҳамоу абзиабара, насгьы иаҳзыҟаиҵо абзиарақәа зегь рыхә ҳаракны иахьаҳшьо ҳгәазҭанаҵоит иҟазшьа ԥшӡақәа рыӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара.

Аӡырҩцәа Аԥсалом 71:8 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

Иегова изкны ауаа ирзеиҭашәҳәарц ишәҭахузеи?

Ауаа рахь иҳамоу абзиабарагьы иформалтәым ажәабжьҳәара аҽалархәра ҳгәазҭанаҵоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Шәҩыла ауаа аҵабырг шырыԥшааз». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥарыцхрааи иформалтәым ажәабжьҳәара шәҩыла ауаа Абиблиа иану аҵабырг аԥшаара?

  • Ишԥарыцхрааи аҵабырг уаанӡа ауахәамахь иныҟәоз ауаа?

  • Ишԥаҳацхраауеи ауаа рахь абзиабара, алшара шааҳаулак еиԥш ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара?

  • Шәгәы ишԥаанаго, избан иформалтәым ажәабжьҳәара — уи ауаа Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәаразы лшара бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 4, ад. 33 аҿы иану арамка

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 138, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра