Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 ианвар ад. 6—7
  • Ианвар 22—28

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ианвар 22—28
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 ианвар ад. 6—7

ИАНВАР 22—28

ИОВ 38, 39

Ашәа 11, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Иалышәхуама аамҭа Анцәа ишамҭақәа шәрыхәаԥшларц азы?

(10 мин.)

Иегова адгьыл анишоз, иҟаиҵаз ахәшьара аиҭарц азы аамҭа алихуан (Аҟ 1:10, 12; Иов 38:5, 6; w21.08 9, абз. 7).

Амаалықьцәа Иегова адгьыли ажәҩани шишоз ахәаԥшразы аамҭа алырхуан (Иов 38:7; w20.08 14, абз. 2).

Ашамҭақәа ҳанрыхәаԥшуа, насгьы урҭ ҳанрызхәыцуа Иегова еиҳагьы игәра агара ҳалагоит (Иов 38:32—35; w23.03 17, абз. 8).

Ани аԥҳаи рбаҳчахь инеиз аԥарԥалыкь иеигәырӷьаны иахәаԥшуеит.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иов 38:8—10. Иҳаилдыркаауазеи арҭ ажәеинраалақәа Азакәанԥҵаҩ Иегова изкны? (it-1-U 810, абз. 1, 2).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мф 16:13—28 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы ацәажәара иҭахымзар, шәеицәажәара хаала ихыркәша (lmd аурок 2, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(5 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәара аан ааигәа сҭынха дыԥсит ҳәа уазҳәаз ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 9, апункт 3).

6. Ажәахә

(5 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 1. Атема: «Ари адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәеи ауаа иаадырԥшуа аҟазшьақәеи еилыкка иаҳдырбоит иаарласны зегь аҽшаԥсахуа» (th аурок 16).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 111

7. Анцәа ишамҭақәа рыхәаԥшра ҳхы мацара азымхәыцра иҳацхраауеит

(15 мин.). Ахцәажәара.

Иов Иегова иџьашьахәны иишаз ԥстәқәак дрызхәыцуеит: абегемот, аист, астраус, акрокодил, ауарбажә, аҽы, насгьы абнацә. Иов иааигәара Елиуии длазырҟәуаз хҩык ахацәеи тәоуп. Инахараны афырҭын шьҭыҵит.

Аҩсҭаа Иов дзықәиршәаз ауадаҩрақәеи иҩызцәазшәа зхы аазырԥшуаз ауаа рыкритикеи ирыхҟьаны, иара ихы мацара дазхәыцуа, насгьы иуадаҩрақәа рыда ак имбо дҟалеит.

Аӡырҩцәа Иов 37:14 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

Иҟаиҵар акәзи Иов доуҳала иӷәӷәоу ауаҩ иеиԥш дырҩегь дхәыцларц азы?

Ҳара аԥышәарақәа ҳанрықәшәо Анцәа ишамҭақәа ҳрыхәаԥшуазар, уи Иегова амч ӷәӷәа шимоу ҳханаршҭӡом, анаҩсгьы гәыкала имаҵ аура агәаҳәара ҳнаҭоит, насгьы ҳацхраара шилшо агәра ҳнаргоит (Мф 6:26).

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Еилаҳкаауазеи Иов ишәҟәы аҟынтә. Аԥстәқәа». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

Ишԥарӷәӷәо ари авидеонҵамҭа Иегова иахь ҳагәрагара?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 4, абз. 13—20

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 54, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра