Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 ианвар ад. 14—15
  • Февраль 26 — март 3

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Февраль 26 — март 3
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 ианвар ад. 14—15

ФЕВРАЛЬ 26 — МАРТ 3

АԤСАЛОМҚӘА 11—15

Ашәа 139, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ақәымчра ахьыҟамло адунеи аҿы шәаныҟало аамҭа шәхаҿы иаажәгала

(10 мин.)

Ауаа азакәан пату ахьақәрымҵо иахҟьаны адунеи аҿы ақәымчра рацәахеит (Аԥс 11:2, 3; w06-U 15/5 18, абз. 3).

Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, иаарласны Иегова ақәымчра аҵыхәтәа шԥиҵәо (Аԥс 11:5; wp16.4-U 11).

Иегова ҳшеиқәирхо ала ажәа шҳаиҭаз ҳазхәыцуазар, ачҳара аарԥшны адунеи ҿыц азыԥшра ҳзымариахоит (Аԥс 13:5, 6; w17.08 7, абз. 15).

Аӡӷаб абнаҿы аҵла амҵан дыцәоуп. Лхаҿы амахәқәа руак аҿы апантерагьы ҭынч ицәоуп.

АЛАБЖЬАРА. Шәаԥхьа Иезекииль 34:25, насгьы акгьы шәацәымшәалар ахьшәылшо адунеи аҿы шәаныҟало аамҭа шәхаҿы иаажәг (kr-U 236, абз. 16).

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 14:1. Избан ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу ахәыцшьа ақьырсианцәа рзгьы изшәарҭоу? (w13-U 15/9 19, абз. 12).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мф 19:1—15 (th аурок 2).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара иҭ (lmd аурок 5, апункт 3).

5. Ацәажәара шәалага

(1 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара иҭ (lmd аурок 3, апункт 4).

6. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара аниуҭалак ашьҭахь аинтерес ааирԥшуеит (lmd аурок 7, апункт 4).

7. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 13, арамкақәа «Ихадоу азхәыцра», «Аиҭахысра», насгьы «Ахықәкқәа». Арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҿы иаагоу астатиақәа руак ухы иархәаны ауаҩы иеилыркаа Анцәа амцдинхаҵара дшазыҟоу (th аурок 12).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 8

8. «Аҟәыӷара абџьар аасҭа еиӷьуп»

(10 мин.). Ахцәажәара.

Авидеонҵамҭа «Агәрахаҵара змамыз ракәымкәа, измаз шәырҿыԥшла: Ламех иакәымкәа, Енох» аҟынтә аб. Иара ихаҿы иааигоит Енох дызшьырц зҭаху ауаа рҟынтә аҳаԥаҿы иҽшиҵәахуа.

Ҳара иаҳбоит адунеи аҿы ақәымчра еиҳа-еиҳа ишырацәахо, уи агәаҟра ззаанагаз ҳабжьарагьы иҟоуп. Иегова идыруеит уи агәҭынчымра ӷәӷәа ҳазцәырнагар шалшо, насгьы ҭынч, акгьы ҳацәымшәо ҳанхаларц шаҳҭаху. Ҳацхрааразы ихы иаирхәо азнеишьақәа руак — уи Иажәа, Абиблиа ауп (Аԥс 12:5—7).

Абиблиаҿы аҟәыӷара зҵоу алабжьарақәа рацәаны иануп. Екклезиаст 9:18 аҿы иануп аҟәыӷара «абџьар аасҭа еиӷьуп» ҳәа. Ҵаҟа иаагоуп ҳхы ахьчара иҳацхраауа Абиблиа аҟынтә принципқәак:

  • Ек 4:9, 10. Ишәарҭоу аҭыԥқәеи аҭагылазаашьақәеи рҿы шәымацара шәаанымхалан.

  • Ажәм 22:3. Ауаа еиҳа иахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы еснагь шәгәышәҽаныз.

  • Ажәм 26:17. Шьоукы ажәа анеимаркуа шәыҽрылашәымгалалан.

  • Ажәм 17:14. Аҭагылазаашьа аҽарцәгьозар, аамҭа мгакәа уантәи шәца. Аҿагылара шьҭызхуа ауаа ахьеизаз аҭыԥ ааигәара шәымнеилан.

  • Лк 12:15. Шәмал шәыхьчарц азы ахаан шәхы ашәарҭара иҭашәмыргылалан.

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА «Агәрахаҵара змамыз ракәымкәа, измаз шәырҿыԥшла: Ламех иакәымкәа, Енох». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

Ишԥаицхрааи Енох иҿырԥшы ишәарҭоу аҭыԥ аҿы инхо аҭаацәара ахада ииашоу аӡбара адкылара? (Аур 11:5).

Иҟоуп ҭагылазаашьақәак ақьырсиан ихы, мамзаргьы имал ихьчарц азы ак ҟасҵароуп ҳәа иԥхьаӡар аналшо. Аха убри аамҭазгьы аӡәгьы димшьырц, насгьы ашьакаҭәаразы ахара идымларц азы илшо зегь ҟаиҵароуп (Аԥс 51:14). (Шәахәаԥш 2017 шықәса, ииуль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».)

9. Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ааԥхьара иазку акампаниа алагоит асабша, март 2 рзы

(5 мин.) Аизара ахылаԥшҩы иажәахә. Ирзеиҭаҳәа иҷыдоу ажәахә, Иисус Христос иԥсра агәаларшәара, насгьы шәеизара иаҵанакуа атерриториаҿы ажәабжьҳәаратә маҵзура шеиҿкаахо. Ажәабжьҳәаҩцәа иргәаларшәа марти апрельи рзы дара 15 сааҭ алхны, ицхырааҩу пионерс амаҵ рулар шрылшо.

10. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 6, абз. 9—17

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 40, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра