Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 март ад. 14—15
  • Апрель 29 — маи 5

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Апрель 29 — маи 5
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 март ад. 14—15

АПРЕЛЬ 29 — МАИ 5

АԤСАЛОМҚӘА 34, 35

Ашәа 10, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Иегова еснагь дсырҽхәалоит»

(10 мин.)

Давид ауадаҩрақәа данрықәшәозгьы, Иегова дирҽхәон (Аԥс 34:1; w07-U 1/3 22, абз. 11).

Давид ихы акәымкәа, Иегова дирҽхәон (Аԥс 34:2—4; w07-U 1/3 22, абз. 13).

Давид Иегова данирҽхәоз, уи иааигәа иҟаз ауаа рхаҵара арӷәӷәон (Аԥс 34:5; w07-U 1/3 23, абз. 15).

Давид аҳаԥаҿы иуаажәлар драцәажәоит.

Давид Ахиш (ма Авимелех) иҟынтә ацәҳәырахь данца, аҳ Саул инапхгара згәамԥхоз 400-ҩык раҟара ауаа иара иахь ииасит (1См 22:1, 2). Иҟалап Давид ари аԥсалом аниҩуаз урҭ ауаа ракәызҭгьы зыӡбахә имаз (Аԥс 34, ахҳәаа).

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Ишԥасылшо иааиуа аиԥылараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы саниацәажәало Иегова дсырҽхәалар?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 35:19. Ҵакыс ирымоузеи Давид иажәақәа: «Амзыз рымаӡамкәа сызцәымӷу еихәаԥшны имлацәҟәыслааит»? (w06-U 15/5 20, абз. 2).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мф 23:1—22 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҟынтә зхәыцрак иоуҳәаанӡа, аицәажәара хыркәшахоит (lmd аурок 1, апункт 4).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. (lmd аурок 2, апункт 4).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwfq-U 59 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «На основании чего Свидетели Иеговы решают, отмечать какой-то праздник или нет?» (th аурок 17).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 59

7. Аизарақәа рҿы Иегова ирҽхәаразы иҳамоу х-лшарак

(15 мин.). Ахцәажәара.

Асахьақәа реизга «Аиаҳәшьа аизараҿы Иегова длырҽхәоит»: 1) аизара алагаанӡа лара ҩыџьа аиҳәшьцәа драцәажәоит; 2) аизара аан аиашьа иқәиргылаз азҵаара аҭак ҟалҵоит; 3) лара аизараҿы иҟоу ауаа дрылагыланы гәыкала ашәа рыцылҳәоит.

Аизарақәа рҿы ҳара Иегова ирҽхәаразы зеиԥшыҟам алшара ҳамоуп. Абар уи ҟаҳҵалар злаҳалшо х-знеишьак.

Ҳазлацәажәо ала. Аӡәы шәаниацәажәо Иегова шаҟа дқьиоу шәҳәала (Аԥс 145:1, 7). Ишәыхәаз зхәыцрак шәаҳазар ма шәаԥхьазар? Мамзаргьы ажәабжьҳәараҿы аинтерес зҵоу хҭыск шәақәшәазар? Аӡәы шәгәы зырӷәӷәаз ак шәеиҳәазар ма иҟаиҵазар? Мамзаргьы Анцәа иишаз акы даара ишәгәаԥхазар? Арҭ зегьы Иегова иҳаиҭаз ҳамҭақәоуп (Иак 1:17). Заа аизарақәа рахь шәнеила, уи егьырҭ рзеиҭаҳәаразы аамҭа шәымазарц азы.

Ҳҭакқәа рыла. Еизарацыԥхьаӡа ҭакк иадамзаргьы аҟаҵара шәҽазышәшәала (Аԥс 26:12). Шәара ишәылшоит азҵаара аҭак нҭкааны иҟашәҵар, ихадоу азхәыцра иашьҭанеиуа даҽа зхәыцрак шәҳәар, абиблиатә жәеинраала ма асахьа шәахцәажәар, мамзаргьы аматериал шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәар шшәылшо шәалацәажәар. Аҭак азҭарц зҭаху рацәахар алшоит, убри аҟынтә ҩба-хԥа ҭак шәырхиа. Ҳҭакқәа 30 секунд ирҭаӡалар, еиҳаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи Анцәа ирҽхәара алшара роуеит (Аур 13:15).

Ашәаҳәарала. Аҳра ашәақәа гәыкала ишәҳәала (Аԥс 147:1). Аизараҿы аҭак есымша ишәзыҟамҵаргьы, еиҳараӡак аизараҿы ажәабжьҳәаҩцәа рацәазар, ашәаҳәаразы еснагь алшара шәымоуп. Ашәа ибзианы ишәызҳәаӡом ҳәа шәгәы иаанагозаргьы, агәра ганы шәыҟаз ишәылшо зегь ҟашәҵозар, уи Иегова игәы шыҟанаҵо (2Кр 8:12). Ашәақәа заа аҩны шәҽырзыҟашәҵалар шәылшоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ҳара ҳҭоурых: ԥхьаҟа ҳцоит. Иегова ашәала дҳарҽхәоит (ахәҭа 1)». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

Излоубарҭоузеи Иегова дзырҽхәо ашәақәа рҳәара ҳорганизациа ҳаамҭазтәи аҭоурых алагамҭазы ихадоу ароль шааннакылоз?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 9, абз. 1—7; 3-тәи ахәҭахьы алагалажәа, насгьы ад. 70 аҿы иану арамка

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | 2024 шықәсазтәи арегионалтә конгресс азы ашәа, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра