МАИ 6—12
АԤСАЛОМҚӘА 36, 37
Ашәа 87, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. «Ауаа цәгьақәа ирыхҟьаны угәы каумыжьлан»
(10 мин.)
Ҳара ауаа цәгьақәа ирыхҟьаны ҳгәаҟуеит (Аԥс 36:1—4; w17.04 11, абз. 4).
Урҭ ргәаӷ ҳкуазар, ҳхы иазеицәоу ҟаҳҵоит (Аԥс 37:1, 7, 8; w22.06 10, абз. 10).
Иегова ҳзықәиргәыӷуа агәра ҳгозар, уи агәҭынчра ҳнаҭоит (Аԥс 37:10, 11; w03-U 1/12 13, абз. 20).
ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Ақәымчреи агәымбылџьбарареи рыӡбахә ахьырҳәо ажәабжьқәа амцхә сырмыхәаԥшӡои ма сырмыԥхьаӡои?»
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
Аԥс 36:6. Ииҳәарц ииҭахызи аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова ииашара «ашьха дуӡӡақәа» [ма «Анцәа ишьхақәа», албаага] ианрыҿирԥш? (it-1-U 505, абз. 4).
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Мф 23:23—39 (th аурок 10).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 1, апункт 5).
5. Аинтерес еизшәырҳала
(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡа изҭахымыз Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 9, апункт 4).
6. Ажәахә
(5 мин.) ijwbv-U 45. Атема: «Ҵакыс ирымоузеи Аԥсалом 37:4 аҿы иану ажәақәа?» (th аурок 13).
Ашәа 33
7. Шәазыҟаҵома шәара арыцҳара?
(15 мин.). Ахцәажәара.
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо лассы-лассы иҟалалоит аԥсабаратә рыцҳарақәеи атехногентә катастрофақәеи. Урҭ ирыхҟьаны аӡәырҩы ауаа, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеигьы уахь иналаҵаны, ирзааигәоу ауаа ԥсуеит ма ирымоу рцәыӡуеит (Аԥс 9:9, 10). Арыцҳара аныҟало уздырӡом. Убри аҟынтә ҳара уи ҳазхиазароуп.
Арыцҳара ахгара иҳацхраауа рхиатәупa. Иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи иҵегьы?
Гәыла-хшыҩла шәҽазыҟашәҵа. Шәаргьы арыцҳара шәақәшәар шалшо еилышәкаала, насгьы уи шәақәшәар иҟашәҵо шәазхәыц. Шәмал мыцхәы бзиа ишәымбалан. Уи абзоурала рыцҳарак аныҟало ҟәыӷарала ахымҩаԥгара шәылшоит, насгьы шәмал ахьчара аҭыԥан, шәхы шеиқәшәырхашеи, егьырҭ шәышрыцхраашеи шәазхәыцлоит (Аҟ 19:16; Аԥс 36:9). Уи адагьы, арыцҳараан шәмал ак ахьыр, мыцхәы шәгәырҩалаӡом (Аԥс 37:19).
Доуҳала шәҽазыҟашәҵа. Иегова дшәыцхраар шилшо, насгьы уи даараӡа ишиҭаху ала шәыгәрагара шәырӷәӷәала (Аԥс 37:18). Еснагь ишәгәалашәыршәала Иегова имаҵзуҩцәа шымҩақәиҵало, насгьы дышрыцхраало, урҭ ирымоу зегь рцәыӡыргьы (Иер 45:5; Аԥс 37:23, 24).
Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаигӡо агәра ганы ҳаҟазар, «иара арыцҳара аан ҳбаагәара» иакәны дҟалоит (Аԥс 37:39).
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Шәазыҟаҵома шәара арыцҳара?». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Дышԥаҳацхраауеи Иегова арыцҳарақәа раан?
Ишԥаҳалшо арыцҳара ҳҽазыҟаҳҵар?
Ишԥаҳалшо арыцҳара аан ааха зауз ҳрыцхраар?
8. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) bt-U ахы 9, абз. 8—16