Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 ииуль ад. 4—5
  • Ииуль 15—21

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ииуль 15—21
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 ииуль ад. 4—5

ИИУЛЬ 15—21

АԤСАЛОМҚӘА 63—65

Ашәа 108, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Уара гәыкала иааурԥшуа абзиабара аԥсҭазаара аасҭа еиӷьуп»

(10 мин.)

Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара аԥсҭазаара аасҭа ахә ҳаракны иаҳшьоит (Аԥс 63:3; w01-U 15/10 15—16, абз. 17, 18).

Иегова гәыкала бзиа ҳбаны иаҳзыҟаиҵо ҳазхәыцлар, уи еиҳа ахә ҳаракны иаҳшьалоит (Аԥс 63:6; w19.12 28, абз. 4; wp15 15/10 28, абз. 7).

Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара ахә анаҳшьо, уи ирҽхәара ҳгәазҭанаҵалоит (Аԥс 63:4, 5; w09-U 15/7 16, абз. 6).

Аиаҳәшьа Абиблиа даԥхьоит. Ашьҭахьтәи асахьаҿы лара: 1) дгәырӷьаҵәа, дычча-ччо иаҳәшьак ажәабжь лыцылҳәоит; 2) аизараҿы аҭак ҟалҵоит.

АҬААЦӘАРАТӘ МҴАХЫРХӘАРАҾЫ ИҞАШӘҴАЛАР ШӘЫЛШО. Шәалацәажәа Иегова хаҭала шәара шәахь гәыкала абзиабара шааирԥшуа.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 64:3. Ҳгәы шԥазҭанаҵо ари ажәеинраала ауаа рахь ақьиара аарԥшны хаала рацәажәара? (w07-U 15/11 15, абз. 6).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мф 27:1—23 (th аурок 12).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Аԥшәма уара убызшәа издырӡом (lmd аурок 3, апункт 4).

5. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҟынтә зхәыцрак изеиҭаҳәара уахьӡаанӡа аицәажәара хиркәшоит (lmd аурок 2, апункт 4).

6. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы зинтерес имоу атема еилкаа, насгьы даҽазны шәеиқәшәарц еибышәҳәа (lmd аурок 1, апункт 5).

7. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(4 мин.) ijwfq-U 51 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Почему Свидетели Иеговы снова приходят к людям, которые раньше не проявляли интереса к их вести?» (lmd аурок 4, апункт 3).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 154

8. Анцәа бзиа дшаҳбо иҳарбар шҳалшо

(15 мин.). Ахцәажәара.

Абиблиаҿы иануп Иегова «гәыкала иҟоу абзиабара ала иҭәу Нцәоуп» ҳәа (Аԥс 86:15). Уи аҩыза абзиабара аарԥшразы узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны уҟазароуп, апринципқәа урықәныҟәалароуп, гәыкала уҟазароуп, агәыбылрагьы улазароуп. Иегова ауаа зегь бзиа ибоит, аха гәыкала бзиа иибо имаҵзуҩцәа заҵәык роуп, даҽакала иуҳәозар, ҷыдала изыҟоу (Аԥс 33:18; 63:3; Ин 3:16; Аус 14:17). Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара ахә шаҳшьо иҳарбоит, иаргьы бзиа даҳбозар. Ишԥаҳалшо гәыкала Иегова бзиа ибара? Иԥҟарақәа ҳрықәныҟәалароуп, аҵаҩцәа разыҟаҵара адҵагьы уахь иналаҵаны (Мф 28:19; 1Ин 5:3).

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ажәабжьҳәараҿы абзиабара ааҳарԥшуеит». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа.

Ҳгәы шԥазҭанаҵо абзиабара ажәабжь бзиа аҳәара:

    Авидеонҵамҭа «Ажәабжьҳәараҿы абзиабара ааҳарԥшуеит» аҟынтә асахьа. Авидеонҵамҭаҿы иаҳбаз аб дкарахан аусура ашьҭахь адиван аҿы дыцәоуп.
  • ҳааԥсаны ҳаныҟоу?

  • Авидеонҵамҭа «Ажәабжьҳәараҿы абзиабара ааҳарԥшуеит» аҟынтә асахьа. Аб иԥа диманы ажәабжьҳәара дцеит, урҭ ахьнеиз аҩны аԥшәма дрықәыҳәҳәоит.
  • ианаҳҿагыло?

  • Авидеонҵамҭа «Ажәабжьҳәараҿы абзиабара ааҳарԥшуеит» аҟынтә асахьа. Авидеонҵамҭаҿы иаҳбаз ан лыԥҳеи лареи адәқьан аҿы аусуҩы илацәажәоит.
  • ҳусқәа ҳанырҿу?

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 12, абз. 14—20

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 79, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра