Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 сентиабр ад. 5—16
  • Сентиабр 16—22

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Сентиабр 16—22
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 сентиабр ад. 5—16

СЕНТИАБР 16—22

АԤСАЛОМҚӘА 85—87

Ашәа 41, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

Аҳ Давид дӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова диҳәоит.

1. Анцәа иҳәара ҳацхраауеит ауадаҩрақәа рыхгара

(10 мин.)

Иегова агәырӷьара шәиҭарц шәиҳәала (Аԥс 86:4).

Иегова шәизиашаны шәаанхарц азы шәиҳәала (Аԥс 86:11, 12; w12-U 15/5 25, абз. 10).

Иегова шәыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо агәра жәгала (Аԥс 86:6, 7; w23.05 13, абз. 17, 18).


ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Ауадаҩрақәа санрықәшәо, Анцәа еиҳа ирацәаны сиҳәома?» (Аԥс 86:3).

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 86:11. Еилаҳкаауеи агәы иазкны Давид иажәақәа рҟынтә? (it-2-U 783, абз. 5).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 3:1—15 (th аурок 12).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 3, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡа адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа игәы ишыҵхо зҳәаз ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 7, апункт 4).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 15, апункт 5. Абиблиа зурҵои уареи еибышәҳәа усқәак ирыхҟьаны иааиуа амчыбжь азы уаныҟамло Абиблиа аҵара шымҩаԥысуа (lmd аурок 10, апункт 4).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 83

7. «Угәы камыжькәа ажәабжь ҳәала»

(5 мин.) Ахцәажәара.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Избан зны-зынла ажәабжь аҳәара ҳгәамԥхозар залшо?

  • Избан ҳгәы камыжькәа ажәабжь ҳҳәалар закәу?

8. Ауаа Абиблиа аҵара рыдгалара шәаҟәымҵлан

(10 мин.) Ахцәажәара.

Аиаҳәшьа атакси аангыларҭаҿы ԥҳәыск ажәабжь бзиа лзеиҭалҳәоит.
Хаҵеи-ԥҳәыси «Хәыда-ԥсада имҩаԥысуа абиблиатә курс» ҳәа зну алитература зқәу астенд иадгыланы ажәабжь рҳәоит; ираҩсны ицо аԥҳәыс астенд дахәаԥшуеит.
Хаҵеи-ԥҳәыси ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәараан хаҵак аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» идыргалоит.

Ишәылшама ари амза азы имҩаԥысуа иҷыдоу акампаниа аан аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ала Абиблиа аҵара алагара? Ишәылшазар, уи ҳәарада агәырӷьара шәзаанагеит, егьырҭгьы ргәы шьҭнахит. Аха макьана Абиблиа зшәырҵо аӡәгьы дшәымамзар, баша аџьабаа жәбошәа шәгәы иаанагар ҟалоит. Иҟашәҵар шәылшозеи, уи аҩыза шәақәшәазар?

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «„Анцәа имаҵзуҩцәа шҳакәу ааҳарԥшуеит... ачҳара анааҳарԥшуа“. Ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәо». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Иҳацхраар шԥалшо 2 Коринфаа 6:4, 6, баша аџьабаа ҳбошәа ҳгәы иаанагозар?

  • Иарбан ԥсахрақәоу ажәабжьҳәараҿы иҟаҳҵар ҳалшо, Абиблиа аҵара алагара ҳзалымҵуазар?

Ишәхашәмыршҭлан: агәырӷьара ҳзаазго шаҟа Абиблиа аҵарақәа ҳрылагаз ма урҭ шаҟа мҩаԥаҳго акәӡам. Ҳара агәырӷьара ҳзаазго Иегова иаҳбо аџьабаа даараӡа ахә ахьишьо ауп (Лк 10:17—20). Убри аҟынтә шәмаашьаӡакәа анаҩсгьы иҷыдоу акампаниа шәхы алашәырхәла, «избанзар шәара ижәдыруеит Иҳақәиҭу шәџьабаа ахә ҳаракны ишишьо» (1Кр 15:58).

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 15, абз. 13, 14, ад. 121 аҿы иану арамка

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 39, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра