Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 сентиабр ад. 10—11
  • Октиабр 7—13

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Октиабр 7—13
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 сентиабр ад. 10—11

ОКТИАБР 7—13

АԤСАЛОМҚӘА 92—95

Ашәа 84, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Иегова имаҵ аура — аԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьу алхроуп

(10 мин.)

Иегова имаҵ ҳауларц даԥсоуп (Аԥс 92:1, 4; w18.04 28, абз. 5).

Иара анасыԥ ҳзаазго аӡбарақәа рыдкылара дҳацхраауеит (Аԥс 92:5; w18.11 23, абз. 8).

Иегова зықәрахь инеихьоу имаҵзуҩцәа рыхә ишьоит (Аԥс 92:12—15; w20.01 19, абз. 18).

Асахьақәа реизга: 1) аԥҳәыс Анцәа диҳәоит; 2) лара аӡы лыҽӡаалхуеит.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Исԥырхагои сыԥсҭазаара Иегова изкреи аҽӡаахреи?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 92:5. Избан арҭ ажәақәа Иегова имоу аҟәыӷара ибзианы иаадырԥшуеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (cl-U 176, абз. 18).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 4:14—25 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩи уареи шәеицәажәараан ауаа Абиблиа аӡбахә аилкаара ушрыцхраауа атәы изеиҭоуҳәарц азы алшара ԥшаа (lmd аурок 5, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡа изҭахымыз Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 8, апункт 4).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) Адоуҳатә қәҿиарақәа ҟазымҵо Абиблиа зшәырҵо ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 12, апункт 5).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 5

7. Иқәыԥшугьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәҭынчымра иаргәаҟлар алшоит

(15 мин.). Ахцәажәара.

Иқәыԥшу аӡӷаб лхы ларҟәны асаара дтәоуп.

Ҳара Иегова имаҵ ҳуазар, уи иаанагаӡом агәҭынчымра ҳаргәаҟлаӡом ҳәа. Иаҳҳәап, зны-зынла Давид агәҭынчымра ҭаха инаҭомызт. Ҳаамҭазгьы аӡәырҩы аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи аҩыза иақәшәоит (Аԥс 13:2; 139:23). Иқәыԥшу ақьырсианцәагьы агәҭынчымра иахҟьаны еиуеиԥшым иаҳбац аусқәа рыҟаҵара рзымариаӡам, иаҳҳәап, ашкол ахь аныҟәара ма аизарақәа рҭаара. Агәҭынчымра чымазарақәак узцәырнагаргьы алшоит, ма аҽшьразы ахәыцрақәа узцәырнагар ауеит.

Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәара агәҭынчымра шәаргәаҟуазар, уи аганахьала шәан, шәаб ма аԥышәа змоу ақьырсиан шәиацәажәа. Иара убас Иегова дшәыцхраарц шәиҳәала (Фп 4:6). Иара шәыҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит (Аԥс 94:17—19; Иса 41:10). Ҳахәаԥшып Стинг иҿырԥштәы.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иегова ахаангьы саанижьӡомызт». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

• Иарбан библиатә жәеинраалоу Стинг ицхрааз?

• Дышԥаицхраауаз уи Иегова?

Уи аӡӷаб лани лаби лгәы иҭоу рзеиҭалҳәоит. Дара мыццакӡакәа уи илзыӡырҩуеит.

Аҭаацәа, шәара шәхәыҷқәа агәҭынчымра аиааира шәрыцхраар шәылшоит. Ачҳара аарԥшны урҭ шәырзыӡырҩла, бзиа ишыжәбо аашәырԥшла, насгьы Иегова урҭ бзиа ишибо агәра дшәыргала (Тит 2:4; Иак 1:19). Анцәа шәхәыҷқәа рыцхрааразы амчқәа шәиҭаларц шәиҳәала.

Аизараҿы аӡәы агәҭынчымра иадҳәалоу ачымазара шимоу ҳзымдыруазар алшоит, мамзаргьы иашьак ма иаҳәшьак ирхырго ҳзеилымкаауазар ауеит. Аха ҳара аизараҿы дасу бзиа дшырбо, пату шиқәырҵо ибаларц азы ак ҟаҳҵалар ҳалшоит (Ажәм 12:25; Аур 10:24).

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 16, абз. 6—9, ад. 132 аҿы иану арамка

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 81, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра