Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb24 сентиабр ад. 14—15
  • Октиабр 28 — ноиабр 3

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Октиабр 28 — ноиабр 3
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2024
mwb24 сентиабр ад. 14—15

ОКТИАБР 28 — НОИАБР 3

АԤСАЛОМҚӘА 103, 104

Ашәа 30, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Иегова ҳашсабоу игәалашәоит

(10 мин.)

Иегова арыцҳашьара илоуп, убри аҟынтә иҳәатәы мацара иаиргаӡом (Аԥс 103:8; w23.07 21, абз. 5).

Агха анҳахьуа Иегова игәы ҳахшәаӡом (Аԥс 103:9, 10; w23.09 6—7, абз. 16—18).

Иегова ҳамч зқәымхо дазыԥшӡам (Аԥс 103:14; w23.05 26, абз. 2).

Ахаҵа дмыццакӡакәа лгәы иҭоу еиҭазҳәо иԥҳәыс дылзыӡырҩуеит.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Сышԥаизныҟәо схатә ҩыза? Сҳәатәы иасыргоума, мамзаргьы Иегова сиҿыԥшуоу?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 104:24. Иҳаилнаркаауеи ари ажәеинраала Иегова ак ишаларц азы имоу алшара аганахьала? (cl-U 55, абз. 18).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 5:18—29 (th аурок 11).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 3, апункт 4).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Абиблиа аҵара иақәшаҳаҭхаз ауаҩы авидеонҵамҭа «Шәааҳаԥхьоит Абиблиа аҵарахьы!» ирба, анаҩс уи шәахцәажәа (th аурок 9).

6. Ажәахә

(5 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 6. Атема: «Ахаҵа „ихы бзиа ишибо еиԥш“ иԥҳәыс бзиа дибалароуп» (th аурок 1).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 44

7. Ишԥеилаҳкаари ҳамч зықәхо?

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ҳара Иегова изы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо, уи иара даргәырӷьоит, ҳаргьы анасыԥ ҳнаҭоит (Аԥс 73:28). Аха ҳалшарақәа ҳәаак шрымоу ҳазымхәыцуазар, агәҭынчымреи агәкаҳареи ҳазцәырҵлар алшоит.

Авидеонҵамҭа «Ҳалшарақәа еилаҳкаалар, еиҳау аҟаҵара ҳалшоит» аҿы иарбаз иқәыԥшу аиаҳәшьа.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ҳалшарақәа еилаҳкаалар, еиҳау аҟаҵара ҳалшоит». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә? (Мх 6:8).

  • Авидеонҵамҭа «Ҳалшарақәа еилаҳкаалар, еиҳау аҟаҵара ҳалшоит» аҟынтә асахьа. Иқәыԥшу аиаҳәшьа лҩызеи лареи акафе аҿы итәаны Абиблиа зҵо аԥҳәыс Иегова бзиа дшибо агәра лдыргоит.
  • Илыцхраазеи авидеонҵамҭаҿы иарбаз аиаҳәшьа иқәлыргылаз ахықәкы аҭышәантәалара аарԥшны дазнеиларц?

ЕИЛЫШӘКААР ШԤАШӘЫЛШО ШӘЫМЧ ЗЫҚӘХО?

  • Шәхы егьырҭ ирыҿшәмырԥшлан (Гл 6:4). Егьырҭ шаҟа ҟарҵо иахҟьаны шәаргьы убри аҟара ҟашәҵалароуп, ма дара реиԥш шәыҟазароуп ҳәа шәымхәыцлан. Урҭ шәықәлацәа ракәзаргьы, ма шәҭаацәаратә ҭагылазаашьақәа еиԥшызаргьы, уеизгьы шәхы рыҿшәмырԥшлан. Иҟалап шәара Анцәа имаҵ аураҿы шәымч зықәхо еиҳазар ма еиҵазар.

  • Иҿыцу акы хықәкыс иқәшәыргыл (Рм 12:1; 1Кр 7:31). Иҟалап раԥхьа Анцәа имаҵ аураҿы уск ҳамч ақәхаӡом ма уи ҳгәаԥхарым ҳәа ҳгәы иаанагозар. Аха иҿыцу акы алагара шәымшәалан (Мл 3:10).

  • Еиҳа имаҷу ахықәкқәа ықәшәыргыл. Иаҳҳәап, еилышәкаар шԥашәылшо пионерс амаҵ аура шәымч ақәхо ма иақәымхо? Шәара ишәылшоит мызқәак рыҩныҵҟа абжьааԥны аасҭа еиҳаны ажәабжь шәҳәалар ма ицхырааҩу пионерс шәҟалар. Иара убас шықәсык пионерс амаҵ аура хықәкыс иқәшәыргылар ауеит. Ус еиԥш иҟоу амаҵзура шәымч шақәымхо жәбар, ма шықәсык пионерс амаҵ аныжәулак ашьҭахь уи шышәзацымҵо еилышәкаар, уеизгьы иқәшәыргылаз имаҷу ахықәкқәа ахьынашәыгӡаз агәырӷьара шәзаанагоит (Ек 6:9).

  • Ак аԥсахра шәазхиаз. Ҳҭагылазаашьақәеи ҳалшарақәеи лассы-лассы рҽырыԥсахуеит, убри аҟынтә иқәшәыргыло ахықәкқәа шәеиҭарызхәыцла. Иҟалап урҭ ԥсахтәхар.

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 17, абз. 8—12, ад. 137 аҿы иану арамка

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 55, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра