Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 ианвар ад. 14—15
  • Февраль 24 — март 2

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Февраль 24 — март 2
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 ианвар ад. 14—15

ФЕВРАЛЬ 24 — МАРТ 2

АЖӘАМААНАҚӘА 2

Ашәа 35, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ҳхатә ҭҵаара ишабалак ҳазыҟазар зҳахәҭам

(10 мин.)

Уи ала аҵабырг ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит (Ажәм 2:3, 4; w22.08 18, абз. 16).

Уи ала аӡбара бзиақәа рыдкылашьа ҳҵоит (Ажәм 2:5—7; w22.10 19, абз. 3, 4).

Уи ала ҳхаҵара ҳарӷәӷәоит (Ажәм 2:11, 12; w16.09 22—23, абз. 2, 3).

Израильтәи хаҵак аҵаркант кны аҳаԥаҽы аус иуеит.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Иҟасҵар сылшои схатә ҭҵаара еиҳаны ахәарҭа сзаанагаларц азы?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ажәм 2:7. Иаанагозеи Иегова ииашаны зхы мҩаԥызго рзы аԥырак даҩызоуп ҳәа иану ажәақәа? (it-2-U 171, абз. 3).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 10:41—52 (th аурок 12).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы асаит jw.org аҿы хаҵеи-ԥҳәыси ирыхәаша аинформациа иԥшаар шилшо ирба (lmd аурок 1, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәараан ауаҩы ицәыригаз атема зну ажурнал идгал (lmd аурок 9, апункт 3).

6. Ажәахә

(5 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 8. Атема: «Ахаҵа иԥҳәыс димԥсахроуп, аԥҳәысгьы лхаҵа» (th аурок 13).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 96

7. Иҵәахны иҟоу ахазына зыԥшаауа шәоуп ҳәа шәзуҳәар алшома?

(15 мин.). Ахцәажәара.

Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, иҵәахны иҟоу ахазына шәыԥшаар шәҭахума? Ишәҭахызар, Абиблиа ишәыднагалоит адунеи аҿы зегь раасҭа зыхә ҳараку ахазына аԥшаара — Анцәа изку адыррақәа! (Ажәм 2:4, 5). Урҭ шәыԥшаар шәылшоит, иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьаразы аамҭа алшәхлар, иара убас уи инарҵауланы иҭышәҵаалар. Уи агәырӷьара ду шәзаанагоит, зыхә ҳараку адыррақәагьы рацәаны ишәоуеит!

  • Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭалар ҳалшо, Абиблиа ҳанаԥхьо? (w24.02 32, абз. 2, 3).

  • Иарбан мыругақәоу ишәыцхраауа арҭ азҵаарақәа рҭак аԥшаара?

Ныҟәара ицо ауаҩ иеиԥш еилаҳәоу аҷкәын ахазынақәа зҭоу ашәындыҟәра ааиртуеит.

Арубрика «Иегова иҩызцәа урабадырла» аҟынтә авидеонҵамҭақәа шәыцхраауеит Абиблиаҿы шәзыԥхьо ишазхәыцлатәу аилкаара.

Иқәыԥшу аиашьа ихатә ҭҵаара мҩаԥигоит. Истол аҿы аброшиура «Была ли жизнь создана?» ықәуп.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иегова иҩызцәа урабадырла. Авель».

Аӡырҩцәа Аҟазаара 4:2—4, иара убас Ауриацәа 11:4 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥааирԥши Авель Иегова иҩыза шиакәу?

  • Ишԥаирӷәӷәоз Авель Иегова иахь ихаҵара?

  • Ишԥашәылшо шәхаҵара шәырӷәӷәалар?

АЛАБЖЬАРА

Абиблиа шәанаԥхьо, уа зыӡбахә ану ауааи, аҭыԥқәеи, амаҭәарқәеи ирызкны еиҳаны аилкаара шәҽазышәшәала. Уи атема иазкны зегь жәдыруеит ҳәа шәгәы иаанагозаргьы, ус ҟашәҵала. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара абзоурала Абиблиаҿы иану ахҭысқәа лабҿаба ижәбозшәа иҟалоит!

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt-U ахы 23, абз. 1—8; 8-тәи ахәҭахьы алагалажәа

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 102, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра