Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 март ад. 2—16
  • Март 3—9

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Март 3—9
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 март ад. 2—16

МАРТ 3—9

АЖӘАМААНАҚӘА 3

Ашәа 8, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Еснагь Иегова игәра жәгала

(10 мин.)

Шәхы акәымкәа, Иегова игәра жәгала (Ажәм 3:5; ijwbv-U, астатиа 14, абз. 4, 5).

Иегова анапхгара шәиҭарц шәиҳәала, шәагьақәныҟәала (Ажәм 3:6; ijwbv-U, астатиа 14, абз. 6, 7).

Шәхы шәақәымгәыӷцәан (Ажәм 3:7; be-U 76, абз. 4).

Иқәыԥшу аиаҳәшьа хықәкыс иқәлыргылаша лыӡбарц азы апланшет ала аҭҵаара мҩаԥылгоит. Армарахь аҵараиурҭа аҭалара иазку аброшиурақәа шьҭоуп, арӷьарахь — еиуеиԥшым амаҵзуратә хкқәа рыҽрылархәразы ихадырҭәаауа арзаҳал, иара убас Вефиль иазку аинформациа.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Сызҿызаалакгьы, Иегова инапхгара сашьҭоума?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ажәм 3:3. Иаанагозеи гәыкала абзиабареи аиашареи ҳахәдаҿы аҿаҳәара, ҳгәаҿгьы анҵара? (w06-U 15/9 17, абз. 7).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 11:1—14 (th аурок 12).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Идырба уажәа анҿахырҵәо аицәажәара ишацҵатәу (lmd аурок 1, апункт 5).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы ҳсаит аӡбахә изеиҭаҳәа, насгьы асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа абӷьыц иҭ (lmd аурок 3, апункт 3).

6. Ажәахә

(5 мин.) w11-U 15/3 14, абз. 7—10. Атема: «Ауаа анышәзымӡырҩуа, Анцәа шәиқәгәыӷла» (th аурок 20).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 124

7. Иегова иорганизациа агәра жәгала

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ҳара Анцәа Иажәа, Абиблиаҿы, иану ақәныҟәара ҳзымариазар ҟалап. Аха Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәра зду инаӡам ауаа иҳарҭо анапхгара азыӡырҩра мариамзар ауеит, еиҳараӡак уи аҩыза анапхгара зҳарҭаз ҳзеилымкаауазар ма уи ҳақәшаҳаҭымзар.

Аӡырҩцәа Малахиа 2:7 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Избан ҳара изџьаҳамшьо Иегова ижәлар инаӡам ауаа рыла напхгара ахьриҭо?

Аӡырҩцәа Матфеи 24:45 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Избан Иегова иорганизациа иаҳнаҭо анапхгара агәра ҳгалар зҳалшо?

Аӡырҩцәа Ауриацәа 13:17 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Избан Иегова иорганизациа анапхгара арҭаларц знапы ианиҵаз аишьцәа иҳарҭо анапхгара ақәныҟәара зхадоу?

Аиашьа ԥшьҩык рыла ишьақәгылоу аҭаацәара аиашьыкь азна афатәқәа рызнеигеит. Маҷк днаскьаны инапы иҟьоит. Даргьы рнапы рҟьоит. Зегьы асабрадақәа рымӷоуп.
Аиаҳәшьа аизараҿы аҭак алҭоит. Аиашьа лҿаԥхьа амикрофон икуп. Зегьы асабрадақәа рымӷоуп.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Анапхгаратә хеилак аҟынтә аацҳара № 9 (2021 шықәса)» (ацыԥҵәаха). Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥарӷәӷәеи апандемиа аан иҳауаз анапхгара Иегова иорганизациахь ишәымоу агәрагара?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt ахы 23, абз. 9—15, ад. 184, 186 рҿы иану арамкақәа

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 57, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра