Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 март ад. 4—5
  • Март 17—23

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Март 17—23
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 март ад. 4—5

МАРТ 17—23

АЖӘАМААНАҚӘА 5

Ашәа 122, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Асексуалтә ламысдара шәҽацәышәыхьчала

(10 мин.)

Асексуалтә ламысдара аҿагылара мариамзар ауеит (Ажәм 5:3; w00-U 15/7 29, абз. 1).

Асексуалтә ламысдара алҵшәа бааԥсқәа аанагоит (Ажәм 5:4, 5; w00-U 15/7 29, абз. 2).

Асексуалтә ламысдара шәҽацәышәыхьчала (Ажәм 5:8; w00-U 15/7 29, абз. 5).

Иқәыԥшу аиаҳәшьа лышкол аҿы аҵара лыцызҵо аҷкәын лномер иҭара мап ацәылкуеит

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ажәм 5:18, 19. Дышԥазыҟоу Иегова асекс? (lff аурок 41, апункт 1).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 12:1—12 (th аурок 5).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ақьырсианра ныҟәзымго ауаҩы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара иҭ, насгьы уи аҭаара ахьизыманшәалахо аҭыԥ асаит jw.org аҿы аԥшаара уицхраа (lmd аурок 6, апункт 4).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи аицәажәараан Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара здызкылаз, насгьы уи ахҭыс ахь аинтерес аазырԥшыз ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 9, апункт 5).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 16, арамкақәа «Ихадоу азхәыцра», «Аиҭахысра», насгьы «Ахықәкқәа». Ауаҩы дҵаауеит Иисус аԥҳәыс димазма ҳәа. Изҵаара аҭак шиԥшааша ирба (lmd аурок 11, апункт 4).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 121

7. Аибадырра аан шәеизыҟазаашьақәа цқьаз

(15 мин.). Ахцәажәара.

Аибадырра — уи ахаҵеи аԥҳәыси анеибагәаԥхо, аамҭагьы анеицырхырго ауп. Дара егьырҭ ианрыцу ма рхала ианеицу еицәажәозар ауеит, иааигәаны еибадырырц шырҭахугьы егьырҭ ирзымдыруазар ҟалоит. Аҭел, асоциалтә каҭақәа ма амессенџьерқәа рыла еицәажәозар, — уигьы аибадыррахь иаҵанакуеит. Ақьырсианцәа рзы аибадырра хәмаргаӡам, уи — аҭаацәара алаларазы ихадоу шьаҿоуп. Иҟарҵар рылшозеи еибадырырц зҭаху ҩыџьа ақьырсианцәа, рықәра зеиԥшразаалакгьы, аибадырра аан реизыҟазаашьақәа цқьазарц азы? (Ажәм 22:3).

Еиӷьны еибадырырц зҭаху зықәрабжахь инеихьоу ахаҵеи аԥҳәыси аресторан аҿы итәоуп; дара игәырӷьаҵәа акреицырфоит, иагьеицәажәоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Аҭаацәара алалара аҽазыҟаҵара. Ахәҭа 1: Сазхиоума аҭаацәара алаларазы аӡәы иабадырра?» (ацыԥҵәаха). Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Избан, аҭаацәара алалара ҳшазхиоу агәра ганы ҳаҟамзар, аӡәы иабадырра изаԥсам? (Ажәм 13:12; Лк 14:28—30).

  • Ишәгәаԥхазеи еиҳарак ани аби рыԥҳа ишлыцхрааз аҟынтә?

Аӡырҩцәа Ажәамаанақәа 28:26 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Ишԥарылшо аибадырра иаҿу асексуалтә ламысдарахь иназгар алшо аҭагылазаашьақәа рҽырцәырыхьчалар?

  • Избан аибадырра иаҿу рцәаныррақәа шаадырԥшло заа ирыӡбар зрыхәҭоу, иаҳҳәап рнапқәа еибаркны аныҟәара ма аибагәӡра аганахьала?

Аӡырҩцәа Ефесаа 5:3, 4 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Избан аибадырра иаҿу агәҽанызаара аадырԥшлар зрыхәҭоу, аҭел ма аинтернет ала ианеицәажәо?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt ахы 24, абз. 1—6

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 3, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра