Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb25 маи ад. 4—5
  • Маи 12—18

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Маи 12—18
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2025
mwb25 маи ад. 4—5

МАИ 12—18

АЖӘАМААНАҚӘА 13

Ашәа 34, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ацәгьоуцәа ркәаҷаб шәажьар жәымун

(10 мин.)

Ацәгьоуцәа ирԥеиԥшу аԥсроуп (Ажәм 13:9; it-2-U 709, абз. 5, 6).

Аус цәгьақәа бзиоушәа аазырԥшуа ауаа шәырмацәажәалан (Ажәм 13:20; w12-U 15/7 12, абз. 3).

Иегова ауаа иашақәа дырзылԥхоит (Ажәм 13:25; w04-U 15/7 31, абз. 6).

Асахьақәа реизга «Иегова имаҵ зымуа ахаҵеи Иегова ишаҳаҭу шьоуки рыԥсҭазаашьақәа реиҿырԥшра»: 1) ахаҵа уахынла аклуб аҿы ажәра даҿуп, дагьыкәашоит; 2) ԥыҭрак ашьҭахь иижәыз цәгьала дҟанаҵан, ахәшәқәа рыжәра даҿуп; 3) аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҳауа цқьаҿы аамҭа еицырхыргоит. Урҭ шәаҳәоит, икәашоит, акрырфоит; 4) адырҩаҽны ҩыџьа аишьцәа ажәабжь еицырҳәоит.

Ари адунеи ирыднагало зегь иашьҭоу ауаа рыԥсҭазаара аинтерес аҵоушәа, хьаада-баада иҟоушәа убар алшоит, аха уи ус акәӡам. Анасыԥҵәҟьа змоу Иегова имаҵ зуа ауаа роуп

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ажәм 13:24. Ишԥаҳнарбо ари ажәеинраала абзиабареи ахьырхәреи шеидҳәалоу? (it-1-U 1290, абз. 2).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

(4 мин.) Мк 14:43—59 (th аурок 10).

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ааигәа иҟалаз хҭыск аӡбахә ҳәаны ацәажәара уалага. Ауаҩы даҽа темак ахь аинтерес шимоу гәоуҭазар, Абиблиа аҟынтә уи ианаало зхәыцрак изеиҭаҳәа (lmd аурок 2, апункт 5).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы аизарахь ааԥхьара иҭ (lmd аурок 2, апункт 3).

6. Ажәахә

(5 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 9. Атема: «Ахәыҷқәа рҭаацәа ирзыӡырҩлар, патугьы рықәырҵалар, аԥеиԥш бзиа рзыԥшызаауеит» (th аурок 16).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 77

7. Ииашоу ауаа рылашара жжаӡа икаҷҷоит

(8 мин.). Ахцәажәара.

Анцәа Иажәа — иҵаулоу адыррақәеи аҟәыӷареи ирхыҵхырҭоуп. Уи ҳамҩа арлашалартә аналҳаршо, анасыԥҵәҟьа ҳауеит. Уи аҩыза анасыԥ ари адунеи иаҳнаҭаӡом.

Авидеонҵамҭа «Ари адунеи ахаҭа иамам злаҳнаҭои?» аҟынтә асахьа. Аиаҳәшьа Гаинаншина ашьац дылатәаны ажәҩан даҵаԥшуеит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ари адунеи ахаҭа иамам злаҳнаҭои?». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥаҳнарбо Гузель Гаинаншина лҭоурых, ауаа иашақәа рылашара, ацәгьоуцәа ркәаҷаб аасҭа ишеиӷьу? (Ажәм 13:9).

Ари адунеи ишәыднагалар алшо азхәыцреи, Иегова имаҵ ауразы ишәыдышәкылаз аӡбарақәа рыхьхәреи аамҭа рықәшәмырӡлан (1Ин 2:15—17). Ишәоуз еиҳа ихадоу адыррақәа шәрызхәыцла (Фп 3:8).

АҬААЦӘАРАТӘ МҴАХЫРХӘАРАҾЫ ИҞАШӘҴАЛАР ШӘЫЛШО

Лассы-лассы арубрика «Аҵабырг ауаа рыԥсҭазаашьа аԥсахуеит» аҟынтә акы-ҩба видеонҵамҭа шәрыхәаԥшла, насгьы Абиблиа иану аҵабырг шаҟа ахә ҳараку шәазхәыцла.

8. Аизара аҭахрақәа

(7 мин.)

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

(30 мин.) bt ахы 26, абз. 9—17

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 43, Анцәа иҳәара

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра