АБИОГРАФИА
Иегова «ҳахьеиҭарҳаз ашәҭра» дҳацхраауан
«ШӘАХЬЕИҬАРҲАЗ шәышәҭла». Ишԥарыцхраауаз ари алабжьара акыршықәса рыҩныҵҟа Иегова иорганизациаҿы еиуеиԥшым адҵақәа зауаз Швециа иатәу Ма́тси Анн-Катри́ни?
Ка́ссхольм Матси Анн-Катрини 1979 шықәсазы Галаад ашкол аҿы аҵара рҵон. Уброуп дара аҵара дзырҵоз Џьек Ре́дфорд иҟынтә уи алабжьара ахьраҳаз. Анаҩстәи ашықәсқәа раан, дара зныкымкәа иҿыцу аҭыԥқәа рахь ииаганы «еиҭарҳахьан». Дара Заир, Иран, Мьианма, Танзаниа, Уганда, иара убас Маврики Анцәа имаҵ руан. Урҭ аҭыԥқәа зегьы рҿы дара шәҭуан. Шәааи урҭ рҭоурых еилаҳкаап.
Иаҳзеиҭашәҳәа аҵабырг шеилышәкааз.
Матс: Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьраан саб Польша дынхон, насгьы акатоликатә уахәамаҿы ирҳәози иҟарҵози шеиқәымшәоз ибон. Иара лассы-лассы ус иҳәон: «Џьара иҵабыргу адинхаҵара ыҟамкәа ауӡом». Аамҭак ашьҭахь сара еилыскааит саб дышиашаз. Сара ирацәаны ашәҟәқәа аасхәон, урҭ рыбжьара зцәа иаҵәаз шәҟәык сықәшәеит. Уи иахьӡын «Истина, ведущая к вечной жизни». Уи ашәҟәы ахьӡ иаразнак аинтерес сызцәырнагеит, уахык алагьы саԥхьеит. Ашьыжь сара еилыскааит аҵабырг шысыԥшааз!
Ари зегь ҟалеит апрель, 1972 шықәсазы. Уи ашьҭахь сара ирацәаны Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз алитература саԥхьеит, сызҵаарақәагьы рҭак соуит. Сара Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәаз ахәаахәҭҩы иеиԥш схы збон. Зыхә ҳараку абырлаш ааихәарц азы иара имаз зегь иҭиит. Саргьы иреиҳау аҵараиурҭа салганы ҳақьымс сҟаларц исымаз ахықәкы «сҭиит». Уи зыҟасҵаз «абырлаш» иеиԥшу аҵабырг аасхәарц азоуп (Матф. 13:45, 46). Декабрь 10, 1972 шықәсазы сара аӡы сыҽӡаасхит.
Шықәсык ала сани, саби, сашьеиҵби аӡы рыҽӡаархит. Ииуль, 1973 шықәсазы сара пионерс амаҵ аура салагеит. Ҳаизараҿы апионерцәа рыбжьара дыҟан иԥшӡаз, Анцәа имаҵ аура бзиа избоз Анн-Катрин зыхьӡыз иаҳәшьак. Ҳара бзиа ҳаибабеит, насгьы 1975 шықәсазы ҳаибагеит. Анаҩс, 4 шықәса рыҩныҵҟа ҳара Швециа иҟоу ақалақь ԥшӡа Стремсунд аҟны амаҵ еицаҳуан.
Анн-Катрин: Саб аҵабырг еиликааит Стокгольм ауниверситет аҿы аҵара аниҵоз. Усҟан сара хымз ракәын исхыҵуаз. Аха саб еснагь аизарахь, насгьы ажәабжьҳәарахь сигон. Сан уи лгәаԥхаӡомызт. Лара Иегова ишаҳаҭцәа ауаа иддырҵо шиашам аалырԥшыр лҭахын, аха акгьы лзалымҵӡеит. Аамҭак ашьҭахь лара аӡы лыҽӡаалхит. Саргьы 13 шықәса анысхыҵуаз аӡы сыҽӡаасхит. 16 шықса анысхыҵуаз пионерс амаҵ аура салагеит. Сара ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭахыз ақалақь У́мео амаҵ зуан. Ԥыҭрак ашьҭахь иҷыдоу пионерс амаҵ аура салагеит.
Ачара ашьҭахь Матси сареи ԥыҭҩык ауаа Иегова ишаҳаҭцәаны аҟалара ҳрыцхрааит. Урҭ рыбжьара дыҟан Ма́ивор. Лара данқәыԥшыз инаркны Абиблиа лҳарҵон. Лара аспорт аҿы ақәҿиарақәа ҟалҵартә еиԥш алшара лыман, аха даҽа мҩак алылхит. Маивори саҳәшьеиҵби пионерс амаҵ аицура иалагеит. 1984 шықәсазы дара Галаад ашкол иалгеит, иахьа уажәраанӡагьы Еквадор миссионерцәас амаҵ еицыруеит.
Шәара ирацәаны атәылақәа рҿы миссионерс амаҵ жәухьеит. Шәхы ишԥашәырхәоз «Шәахьеиҭарҳаз шәышәҭла» ҳәа ишәырҭаз алабжьара?
Матс: Ҳмаҵзура ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳара лассы-лассы ҳаиаганы «ҳаиҭарҳауан». Аха ҳахьыҟазаалак «ҳдацқәа ауҳажьуан», даҽакала иуҳәозар, Иисус иҿыԥшра ҳҽазаҳшәон, еиҳараӡак ахынраалара аарԥшраҿы (Кол. 2:6, 7). Ҳара ҳазыԥшӡамызт амаҵ ахьаҳуаз аҭыԥ аҿы иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ҳара ҳшашьцылахьоу еиԥш, рыҽҳақәыршәаны зегь ҟарҵалоит ҳәа. Уи аҭыԥан ҳара ҳҽазаҳшәон еилаҳкаарц избан дара абас зыҟарҵо, даҽакала акәымкәа. Ҳара иаҳҭахын ркультуреи рхәыцшьеи еиҳа еиӷьны еилаҳкаарц. Шаҟа Иисус ҳаиҿыԥшуаз аҟара, убриаҟара еилаҳкаауан ҳара «ҳашәҭларц азы» иаҭаху зегь шҳамоу (Аԥсал. 1:2, 3).
Аизарақәа ҳарҭааларц азы ҳара ирацәаны ҳныҟәалар акәын
Анн-Катрин: Аҵла еиҭаганы ианеиҭарҳалак, иазҳаларц азы амра аҭахуп. Ҳара еснагь «мрас» иаҳзыҟаз Иегова иакәын (Аԥсал. 84:11). Иара ҳамҭас иҳаиҭеит бзиабарала ҳзырԥхоз ирацәаҩны аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Иаҳҳәап, Тегеран (Иран) иҟаз ҳаизара хәыҷ аҟны асасдкылара шаадырԥшуаз ҳбеит. Уаанӡа Абиблиа аҟны ианыз ахҭысқәа рҟны акәын уи аҩыза ахьҳаҳахьаз. Ҳара ҳгәырӷьаҵәа Иран ҳаанхарын, аха 1980 шықәсазы уа Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ацәыркит. Ҳара атәыла ҳалҵырц азы 48 сааҭ ракәын иҳамаз. Уи ашьҭахь Африкаҟа, Заирҟа ҳдәықәырҵеит (уажәы Адемократиатә Республика Конго).
Заир ҳанынхоз аамҭа бзиа. 1982-тәи ашықәс
Сара Африкаҟа ҳашдәықәырҵоз ансаҳа, аҵәыуара салагеит. Сара исаҳахьан уа амаҭқәеи ачымазарақәеи шырацәоу, уи даара саршәон. Аха уа акыршықәса амаҵ зухьаз, иаҳзааигәаз ҩыџьа ҳҩызцәа абас ҳарҳәеит: «Шәара ахаан Африка шәымцаӡацт. Шәзымцари, игәашәҭ! Уи бзиа ишәымбозар жәбап». Ус иагьыҟалеит. Африка инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи згәы аартыз, аԥхарра зҵаз уаан. Фышықәса рышьҭахь, ҳус мап ахьацәыркыз иахҟьаны Заир ҳақәҵыр анакәха, Иегова абас сиҳәон: «Иҟалозар, Африка ҳааныжь».
Амиссионертә маҵзура иацу агәырӷьара атәы ҳзеиҭашәҳәа.
Ари афургон Танзаниа ҩныс иҳаман. 1988-тәи ашықәс
Матс: Раԥхьаӡа схаҿы иааиуа егьырҭ атәылақәа рҟны амаҵ зуа амиссионерцәеи ҳареи ҳаиҩызара ауп. Уи адагьы, агәырӷьара ҳзааргон иҳамаз абиблиатә ҵарақәа. Зны-зынла ҳара 20-20 библиатә ҵарақәа ҳаман, насгьы ахаан иаҳхашҭӡом Африка инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳара ҳахь иаадырԥшуаз абзиабареи асасдкылареи. Ҳара Танзаниа иҟаз аизара ҳанаҭаауаз, ҳмашьына «Фольксваген-Комби» аиҭанеиааиразы адагьы, ҩнык еиԥш ҳхы иаҳархәон. Ҳара уи аишьцәа руаӡәк игәарԥ иҭаҳаргылон. Дара иаадырԥшуаз асасдкылара уамашәа иубартә иҟан: ирымаз шмаҷызгьы, иаҳҭаху зегь ҳарҭон, «ирылшоз аиҳагьы» ҳзыҟарҵон (2 Кор. 8:3). Уи адагьы, Анн-Катрини сареи даара иаҳгәаԥхон хәылбыҽхала ҳанеидтәалоз. Амш анҵәамҭазы ҳзықәшәаз аинтерес зҵоу ахҭысқәа еибаҳҳәон, уи азы Иегова ҭабуп ҳәагьы иаҳҳәон.
Анн-Катрин: Сара еиҳараӡак агәырӷьара сызҭоз жәларбжьаратәи ҳҭаацәара еиӷьны иахьеилыскааз ауп. Ҳара иҿыцу абызшәақәа ҳҵон (урҭ иреиуан луга́нда, суахи́ли, фарси́, насгьы афранцыз), еиуеиԥшым акультурақәагьы ҳрабадыруан. Абиблиа зҳарҵоз ауаа ҩызцәа бзиақәаны иаҳзыҟалон, дареи ҳареи ҳажәҩахыр еибыҭаны Иегова имаҵ еицаҳуан (Соф. 3:9).
Ҳара убла хызкуа, иԥшӡоу Иегова ишамҭақәа ҳрылагәырӷьон. Иҿыцу тәылак ахь ҳдәықәырҵацыԥхьаӡа, ҳара ныҟәара идәықәырҵаз реиԥш ҳхы ҳбон, Иегова — аекскурсиа ҳзымҩаԥызго аӡә иеиԥш. Иара иакәмызҭгьы, ҳаԥсҭазаара абас аинтерес аҵаны, гәахәарыла иҭәны изыҟаломызт.
Ҳара Танзаниа еиуеиԥшымыз ауаа ажәабжь рзеиҭаҳҳәон
Иарбан уадаҩрақәоу шәзықәшәоз, насгьы урҭ шԥашәхыжәгоз?
Матс: Ауадаҩрақәа руак — иаҳхаҳгаз атропикатә чымазарақәа роуп, урҭ ируакуп ашыӡ. Уи адагьы Анн-Катрин изныкымкәа хырԥашьа змамыз аоперациақәа лзыҟарҵеит. Иара убас зықәрахь инеихьаз ҳҭаацәагьы ҳгәы иалан. Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәакьақәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, акрычҳареи, агәырӷьареи, абзиабареи аарԥшны урҭ реиҷаҳара аиҳараӡак рхахьы иахьыргаз (1 Тим. 5:4). Ҳара ҳҭаацәа ҳшырцәыхаразгьы, излаҳалшоз ала ҳрыцхраауан, аха зны-зынла дара рзы еиҳаны иахьаҳзыҟамҵоз иахҟьаны ҳхы ахара адаҳҵон.
Анн-Катрин: 1983 шықәсазы, Заир амаҵ анаҳуаз, ӷәӷәала ахолера чымазара сыхьит. Аҳақьым Матс ус иеиҳәеит: «Иахьаҵәҟьа атәыла далганы дыжәга!» Адырҩаҽны ҳара Швециаҟа аидарамҩангага ҳаирпланла ҳаԥрит, избанзар даҽа реиск ыҟаӡамыӡт.
Матс: Ҳара ҳгәы иаанагон ҳмиссионертә маҵзура аҵыхәтәа ааит ҳәа. Уи ҳгәы ҳнархьуан, аҵәыуарагьы ҳаҿын. Аха аҳақьым ҳшақәимыргәыӷуазгьы, Анн-Катрин дыбзиахо далагеит. Шықәсык ашьҭахь ҳара Заирҟа ҳхынҳәит, аха уажәы — Лубумба́ши иҟаз, суахили бызшәала иахьцәажәоз аизара хәыҷы ахь.
Анн-Катрин: Лубумбаши амаҵ анаҳуаз сара сцәастәымкәа сыҟан, аха ахшара дҳауаанӡа ҳхәыҷы дыԥсит. Ҳара ахшараиура ҳгәы иҭаӡамызт, аха ҳхәыҷы дахьаҳцәыӡыз ааха ӷәӷәаны исзыҟалеит. Ихьанҭаз уи аамҭазы Иегова ҳаззыԥшымыз ҳамҭак ҳзыҟаиҵеит. Ҳара уаанӡа аасҭа акырӡа еиҳаны Абиблиа ҵарақәа ҳауит. Шықәсыкгьы мҵӡацызт еиԥш ҳаизараҿы ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара 35-ҩык рҟынтә 70-ҩык рҟынӡа еизҳаит. Ҳаизарақәа рахь уаанӡа еиԥш 40-ҩык ракәымкәа, 220-ҩык аҭаауа иалагеит. Ҳара ҳхы зегьы ажәабжьҳәара иазаҳашьҭит, Иегова дшаҳзылԥхозгьы ҳбон. Уи даара сгәы арҭынчит, схьаагьы ахгара исыцхрааит. Ҳара иахьа уажәраанӡагьы ҳхәыҷы ҳизхәыцуеит, иӡбахәгьы ҳҳәоит. Ҳара даара ҳазыԥшуп адунеи ҿыц аҿы Иегова ҳгәы иҭоу ахьаа анҳхаиршҭуа.
Матс: Аамҭак азы Анн-Катрин акгьы лылымшо, лымчқәа каԥсо далагеит. Убри аамҭазы сара скьатеи аҟны акьыба чымазара аԥшьбатәи астадиа шамаз рбеит, убри азы иаразнак сыԥҟатәхеит. Уажәшьҭа хар сымамкәа схы збоит. Анн-Катрин лакәзар, Иегова имаҵзураҿы илылшо зегь ҟалҵоит.
Ҳара еилаҳкаауеит арҭ реиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ирықәшәо ҳамацара шҳакәым. 1994 шықәсазы Руанда агеноцид аныҟала, ахҵәацәа рлагер аҿы инхоз ирацәаҩны аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳарҭаауан. Убри аҩыза аҭагылазаашьа шрымазгьы, дара ахаҵареи, ачҳареи, асасдкылареи аадырԥшуан. Уи ҳара агәра ҳнаргеит Иегова иуаажәлар зықәшәозаалакгьы дрыцхраар шилшо (Аԥсал. 55:22).
Анн-Катрин: 2007 шықәсазы Уганда иҟаз афилиал Иегова изыркуан, ҳара уахь ҳанца, даҽа трагедиак ҳақәшәеит. Апрограмма анынҵәа ашьҭахь 25-ҩык раҟара амиссионерцәеи вефиль аҿы амаҵ зуази ҳареи Наиро́биҟа (Кениа) амҩа ҳақәлеит. Кениатәи аҳәаа ҳаназааигәаха, ҳазныз амҩахь аидарамҩангага амашьына аацәырҟьан, иҳасит. Амашьынаныҟәцаҩ, иара убас даҽа хәҩык аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иара уаҵәҟьа иҭахеит, даҽа иаҳәшьак ԥыҭрак ашьҭахь ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит. Акыр иаҳзаԥсаз урҭ ҳҩызцәа даара игәхьааҳгоит, насгьы ҩаԥхьа ҳанеибабо аамҭа ҳазыԥшуп! (Иов 14:13—15).
Ԥыҭрак ашьҭахь сыхәрақәа ӷьеит. Аха уеизгьы, Матси сареи иҳацыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи иҳауз астресс ҳарчмазаҩит. Сара ашәара шьҭысхит, уахынла санааԥшлак, сгәы аангылозшәа збон. Уи даара саршәон, аха убри аамҭазы Матси сареи ӷәӷәала Иегова ҳиҳәон, насгьы Абиблиа аҟынтә бзиа иаҳбоз ажәеинраалақәа ҳрыԥхьон. Уи зегьы ҳгәы арҭынчуан. Уи адагьы, аҳақьымцәа даара иҳахәеит. Ҳара уажәы акырӡа ҳеиӷьуп, насгьы Иегова ҳиҳәоит убарҭ реиԥш иҟоу аԥышәарақәа ирықәшәо ргәы ашьҭыхра ҳалшарц.
Шәара лассы-лассы ишәҳәоит Иегова акәтаӷь аӡақәа реиԥш шәахьныҟәигоз азы ауадаҩрақәа рыхгара шәылшеит ҳәа. Иаанагозеи уи?
Матс: Суахили бызшәала ирҳәоит: «Тумебэ́буа ка́ма мая́и маби́чи». Уи иаанагоит «ҳара акәтаӷь аӡақәа реиԥш ҳныҟәыргон». Ауаҩы акәтаӷь аӡақәа аниго ицәԥҽыр ҳәа дшәаны дахӡыӡаауеит. Убас еиԥшҵәҟьа ҳара еиуеиԥшым адҵақәа анҳарҭоз, Иегова дҳахӡыӡаауан. Ҳара еснагь зда ԥсыхәа ыҟам аасҭа еиҳангьы иҳаман. Уи адагьы, Анапхгаратә хеилак иҳарҭо ацхыраара ала Иегова бзиа ҳшибо, дышҳавагылоу ҳбоит.
Анн-Катрин: Ааи, Иегова иҳагу идыруеит. Исгәалашәоит, зны Швециантәи аҭел иаҳзасын, саб ахәшәтәырҭа дышҭашәаз сарҳәеит. Матс уажәааигәоуп амалиариа данацәынхаз, макьанагьы имчқәа кәадан. Аҩныҟа ҳазлацоз абилеҭ ахәгьы ҳамаӡамызт, убри аҟынтә амашьына ҳҭиирц ҳгәы иҭан. Аха иаалырҟьаны аҭел абжьы геит: иаҳдыруаз хаҵеи-ԥҳәыси ҳҭагылазаашьа анраҳа, билеҭк ҳзаархәарц рыӡбеит. Анаҩс зықәрахь инеихьаз даҽа иаҳәшьак аҭел даҳзасит, лара иҳалҳәеит «Егьырҭ рыцхырааразы» ҳәа зныз лкәалаԥ хәыҷы аҿы аԥара ҵәахны ишлымаз. Убас минуҭқәак рыла Иегова ҳауадаҩра иӡбеит! (Аур. 13:6).
Шәара 50 шықәса инареиҳаны шәаамҭа зегьы Иегова имаҵзура иазышәкуан. Ишәҵеи шәара уи аамҭа иалагӡаны?
Мианма амаҵ ҳуеит
Анн-Катрин: Сара еилыскааит амч ҳазҭо аҭынчра аарԥшреи Иегова иахь агәрагареи шакәу. Иегова игәра ҳгозар, ҳара ҳаибашьра иара иеибашьра акәхоит (2 Аш. 20:15, 17; Ис. 30:15). Иҳауаз адҵа зеиԥшразаалакгьы, уи гәыкала инаҳагӡон. Иегова ҳхаҿы ишаҳзаамгоз еиԥш даҳзылԥхон.
Матс: Урок хадас иалзгаз — ҳзықәшәозаалакгьы, Иегова ҳиқәгәыӷлароуп, насгьы иҟаиҵо гәаҳҭалароуп (Аԥсал. 37:5). Иара ахаангьы иажәа неимыгӡеит ҳәа сгәы иаанаго иҟаимҵаӡацызт. Ҳара уажәы Мианма Вефиль аҿы амаҵ ҳуеит, Иеговагьы дышҳацхраац дҳацхраауеит.
Исҭахуп иқәыԥшу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рхатә ԥышәала ирбарц Иегова имаҵзураҿы еиҳаны ианыҟарҵо, дшырзылԥхо. Ҳара агәраганы ҳаҟоуп дара Иегова инапы рҽанырҵар, «иахьеиҭеиҳалакгьы, ишышәҭло».