Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 91
  • Иисус ашьха аҟны идирҵоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иисус ашьха аҟны идирҵоит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус 12-ҩык апостолцәа алихуеит
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 91

АЖӘАБЖЬ 91

Иисус ашьха аҟны идирҵоит

УИХӘАԤШИ Иисус. Уажәы уи Галилеиа ашьхақәа руак аҟны ауаа идирҵоит. Зегь реиҳа уи изааигәаны итәоуп иҵаҩцәа. 12-ҩык апостолцәас иалхыуп. Апостолцәа — Иисус иҵаҩцәа ҷыдақәа роуп. Иудыруама, урҭ ирыхьӡқәоу?

Симон Пиотр, уи иашьа — Андреи. Егьырҭ аешьцәа гәакьақәа ирыхьӡуп Иакови Иоанни. Иҟоуп даҽа ҩыџьа апостолцәа, урҭ ирыхьӡуп Иакови Симони. Егьырҭ ҩыџьа апостолцәа рыхьӡқәа еиԥшуп — Иуда. Руаӡәк Иуда Искариот ихьӡуп, егьи — Иуда Фаддеи. Егьырҭ апостолцәа рыхьӡқәа абас иҟоуп: Филипп, Нафанаил (Варфоломеи ҳәагьы иарҳәоит), Маҭфеи, Фома.

Самариантә даныхынҳә, Иисус раԥхьаӡа акәны ажәабжьҳәара далагоит: ‘Жәҩантәи Аҳра ааигәахеит’. Иудыруама, ари закәытә аҳроу? Ари Анцәа иеиҳабыра ахаҭаҵәҟьа ауп. Иисус — ари аиҳабыра аҳ иоуп. Жәҩанынтә напхгара ҟаҵо, Иисус адгьылаҿы аҭынчра шьақәиргылоит. Анцәа иаҳра ианаамҭахо, адгьыл зегьы иссиру џьанаҭны иҟалоит.

Уажәы Иисус ауаа аҳра атәы дирҵоит. ‘Абас ауп Анцәа шәиҳәаларц шшәыхәҭоу,— иреилиркаауеит урҭ.— Жәҩан иҟоу ҳ-Аб, хьӡи-ԥшеи аиуааит ухьӡ. Иаиааит уаҳра. Иҟалааит угәаԥхара, хыхь ажәҩан аҟны еиԥш, ҵаҟа адгьыл аҿгьы’. Ари аныҳәара аӡәырҩы ‘Иҳақәиҭу иныҳәара’ ҳәа иашьҭоуп. Даҽа џьоукых ‘ҳ-Аб’ ҳәа иашьҭоуп. Иузеиҭаҳәома ари Анцәа иҳәара шынеибакәу?

Иисус ауаа идирҵоит, аӡәи-аӡәи шеизныҟәалаша. ‘Ауаа шәызныҟәаларц шышәҭахыу еиԥш, шәаргьы убас шәрызныҟәала’. Иугәамԥхаӡои, уара егьырҭ гәыкала ианузныҟәо? Убри аҟнытә Иисус иҳаиҳәоит, ҳаргьы убасҵәҟьа егьырҭ ҳрызныҟәалароуп ҳәа. Зеиԥшыҟам акәымхаӡои, зегьы гәыкала иахьеизыҟоу џьанаҭ дгьыл аҟны анхара?

Маҭфеи, ахқәа 5—7; 10:1—4.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра