Дызусҭада Иисус Христос?
«АҚЬЫРСИАНРА ныҟузго аӡәырҩы Уи аҟушра злаз, иналукааша рҵаҩны иҟаз аӡәы шиакуз иақушаҳаҭуп. Гуҩбарада, ари даара акрызҵазкуа хаҭароуп ауаҩытәыҩса иҭоурыхаҿы» (ажәар «Уорлд буқ»). Дарбан зыӡбаху ҳәоу араҟа? Уи ақьырсианра ашьаҭа зкыз Иисус Христос иоуп. Ижәдыруама, иара дызусҭоу? Ишакузаалакгьы, уи шәара шәыҧсҭазаара дацхраауама?
Иисус Анцәа имаҵ шиуаз атәы аарҧшуп Аевангелиақуа ҳәа хьӡыс измоу аҭоурыхтә усумҭақуа ҧшьба рҟны. Абарҭ ажәабжьқуа рыгурагара иаҧсоума? Иеицырдыруа аҭоурыхҭҵааҩы Уилл Диурант, Аевангелиа цқьа ианҭиҵаа ашьҭахь, иҩит абас: «Уаҧшаҵәык иҟаз уаа хархьқуак абысҟак иҕуҕуаз, уздызҧхьалоз ахаҭара, абысҟак иҳаракыз аетикеи агуацҧыҳәара узҭоз аешьаратә еизыҟазаашьақуеи рхуцит ҳәа ахаҿаагара еиҳа иуадаҩуп, Аевангелиақуа рҟны иаарҧшу аџьашьахуқуа зегьы раасҭа».
Аха уеизгьы, миллионҩыла Мрагылареи егьырҭ адунеи ахуҭақуеи рҟны инхо ауаа Иисус Христос изкны маҷқуак рдыруеит. Иҟалап, урҭ уи аамҭала дшынхоз харҵозаргьы, аха ари хаҭала дара рыҧсҭазаара ишадҳәалоу иазхуцуам. Даҽа џьоукых Иисус ихаҭара хшыҩзышьҭрак аҭатәым ҳәа рыҧхьаӡоит, иара ишьҭанеицәа ҳәа ахьӡ зхыу рхы шымҩаҧарго рбоит азы. Ҿырҧштәыс иаагозар, аиапон жәлар абас рҳәашт: «Урҭ Нагасаки атомтә бомба ақурыжьит, уаҟа ақьырсианцәа еиҳа ирацәаҩын, Иапониа егьырҭ ақалақьқуа рҟны аасҭа».
Аха аҳақьым ахара идҵара ахуҭоума, ачымазаҩ игу бзиам ҳәа, уи идиҵо зегьы хьаас имкуазар? Ҳәарада, мап. Абар, уажәшьҭа акрааҵуеит, ақьырсиантә дунеи есымша иаҳҧыло ауадаҩрақуа риааиразы иҳацхраашаз Иисус иабжьгарақуа хьаас иҟанамҵоижьҭеи. Убри аҟнытә Иисус мап ицәкра шәахымццакын, қьырсианцәас зхы зыҧхьаӡо ауаа уи иреиҳәо ахьынарымгӡо азы мацара. Еиҳа иеиҕьуп, шәара шәхала уи дызусҭоу аилкаара шҽазышәкыр. Абиблиа аартны шәагулаҧш, нас иагьыжәбап, Иисус ииашаҵәҟьаны дзакуу, шәыҧсҭазаара аҧсахрагьы шилшо.
Иисус егьырҭ ауаа бзиа ишбалатәу ҳирҵоит
Иисус Христос дырҵаҩы дуӡӡан, 2 000 шықуса раҧхьаҟа Палестина дынхон. Иҧсҭазаара заатәи ашықусқуа рганахьала иаадыруа зынӡа имаҷуп (Маҭфеи 1, 2 ахқуа; Лука 1, 2 ахқуа). Иисус 30 шықуса анихыҵ инаркны Анцәа имаҵура далагеит, уи хықукыс имаз «аиаша азышаҳаҭра» акун (Иоанн 18:37; Лука 3:21—23). Анцәа имаҵура акуӡан иагьзызкыз аҵыхутәантәи хышықусеи бжаки Иисус адгьылаҿы иҟазаара, иҧсҭазаара аазырҧшуа аҭоурыхтә жәабжьқуа рыҧшьбагьы изларҳәо ала.
Иисус Анцәа имаҵ аниуаз, иҵаҩцәа идирбеит аҧсҭазаара иацу еиуеиҧшым ауадаҩрақуа риааираҿы уаҩы ицхраауа, хадара злоу аҧҟара. Ари аҧҟара иагулоу абзиабароуп. Иисус ашьха ашьапаҿы иҟаиҵаз — аҭоурыхаҿы зегь реиҳа иеицырдыруа — иажәаху ала идирҵон, иаҳзааигуоу рахь абзиабара шааҳарҧшлаша. Уи иҳәеит: «Ауаа зегь рыла ишәызныҟуаларц шышәҭахыу еиҧш, шәаргьы убас шәрызныҟуала» (Маҭфеи 7:12, АҾ). Ари ахьтәы ҧҟара ҳәа иашьҭоуп. Иисус, «ауаа» аниҳәоз, зегьы рыӡбаху иман, иара убас аҕацәагьы. Абри ажәаху аҟны уи иҳәеит: «шәаҕацәа бзиа ижәбала... шәыҧхазҵало... рзгьы Анцәа шәиҳәала» (Маҭфеи 5:44, АҾ). Нас, абри аҩыза абзиабара иазымӡбуа иҟоума иахьатәи ауадаҩрақуа акыр? Уи ус шакуу агра ганы дыҟан индиатәи аполитикатә усзуҩы Мохандас Ганди. Уи абас иҳәон: «[Ауаа] Христос ашьха ашьапаҿы иҟаиҵаз иажәаху аҟны идирҵоз шьаҭас икны, изеинышәар, усҟан адунеи шынеибакыу иацу ауадаҩрақуа ҳаӡбрын». Ааи, Иисус ишыдирҵоз еиҧш, абзиабара ааҳарҧшлар, ари ауаҩытәыҩса ицәа иалоу аграқуа наҟ илнацар алшоит.
Иисус абзиабара шааирҧшуаз
Иисус ауаа идирҵози иара иусқуеи иеиқумшәо иҟамызт. Уи, раҧхьа иргыланы, ихы амацара акумкуа, егьырҭ дрызхуцуан, абзиабара аус аҟны иаарҧшуа. Зны Иисус иҵаҩцәеи иареи ауаа рацәа ишрыцхраауаз убысҟак еилахеит, акрыфахаҵәҟьа аамҭа рмоуӡакуа. Иисус, иҵаҩцәа аҧсшьара шырҭахыз баны, урҭ дрыцны иҧхьакырҭаз аҭыҧахь иҿынеихеит. Аха дара уахь ианнеи, игуарҭеит ажәлар уажәгьы ишырзыҧшыз. Иисус ихаҭыҧан шәыҟазҭгьы, абри аҩыза шәышҧазнеирыз?.. Иисус «абарҭ ауаа игу иаарыцҳанашьеит», нас уи «урҭ ирацәаны ахшыҩ дырҵара далагеит» (Марк 6:30—34, ИА). Ааи, уи агурыцҳашьара ҕуҕуа илаз егьырҭ рыцхраара игуазҭанаҵеит.
Аха Иисус егьырҭ ирзеиҕьхаша абзиара иҟаиҵоз адоуҳатә мҩақуҵара мацара аҽҭанагӡомызт. Иара аус аҟны дыцхырааҩын. Зны уи амш ахуларахь инеиаанӡа изыӡырҩуаз 5000-ҩык (аҳәсеи ахуҷқуеи аламҵакуа) акрырҿеиҵеит. Даҽазныхгьы уи 4000-ҩык акрырҿеиҵеит. Уи адагьы, аҧхьатәиаан ху-чаки ҩ-ҧсыӡки ракун имаз, аҩынтәраан — бжь-чаки ҧсыӡқуаки (Маҭфеи 14:14—21; 15:32—38; Марк 6:35—44; 8:1—9). Ари џьашьахууп, шәҳәашт! Ааи, Иисус аџьашьахуқуа рырҿиара илшон.
Уи анаҩсан, Иисус ачымазцәа маҷҩымкуа ихушәтәуан, урҭ рыҩнуҵҟа алашәцәа, ацыркьцәа, ацәеилабаацәа, адагуацәа ыҟан. Уи иҧсуазгьы рыҧсы ҭеиҵон! (Лука 7:22; Иоанн 11:30—45). Ҽнак-зны ацәеилабаара змаз аӡәы Иисус иҟны днеин, диҳәо далагеит: «Срыцқьара улымшари, знык Уара иугуаҧханда!» Иҟаиҵази Иисус? Уи инапы наргӡаны, дынилакьысын иеиҳәеит: «Ааи, исҭахыуп, уцқьаха» (Марк 1:40, 41, В. Н. Кузнецова леиҭагамҭа, 1993). Иисус даара иҭахын, егьырҭ дрыцхрааларц, абарҭ аџьашьахуқуагьы иаадырҧшуан уи агуаҟцәа рахь имаз ибзиабара.
Аџьашьахуқуа ҟалашьа рымаӡам шәҳәарыма? Аха урҭ реиҳараӡак Иисус зегьы рыбла ишабоз иааирҧшуан. Џьара ахара абаидаҳҵари ҳәа еснагь иара ишьҭаз иаҕацәаҵәҟьагьы уи аџьашьахуқуа ирҿиом ҳәа рызҳәомызт (Иоанн 9:1—34). Убри инаҷыданы, аџьашьахуқуа хықукык рыман. Урҭ ауаа Иисус Анцәа иҟынтә дшаашьҭу агурагараҿы ирыцхраауан (Иоанн 6:14).
Иисус иҧсҭазаареи уи идирҵози иаармарианы, гунхуҵысҭала ҳшырзааҭгылазгьы, иареи ҳареи бзиабарала ҳнеилаҵәеит, иагьаҳҭахыуп, егьырҭ рахь абзиабара ааҳарҧшларц, иара ихаҭа ишыҟаиҵоз еиҧш. Аха Иисус уи амацарала акум ҳаҧсҭазаара дшацхраауа. Иисус ауаҩы бзиа дышбатәу дзырҵоз баша рҵаҩы дук иакумызт. Уи иҳәон, адгьылахь дааиаанӡа Анцәа ихшаазаҵәу иҧа иаҳасабала ажәҩан аҟны дшынхоз (Иоанн 1:14; 3:16; 8:58; 17:5; 1 Иоанн 4:9). Убри инеиҳангьы, Иисус иахьагьы иҧсы ҭоуп. Ари даара акраҵанакуеит ҳара ҳзы. Абиблиа излаҳәо ала, Иисус иҧсы ҭалеит, уажәы уи Анцәа Иаҳра аҳас дамоуп (Аартра 11:15). Иара иҳәеит: «Наӡаӡатәи ҧсҭазаарас иҟоу Уара, иаӡәыкыу Анцәа иашеи, нас Уара иааушьҭыз Иисус Христоси рдырра ауп» (Иоанн 17:3, «Аиҭага Ҿыц»; 20:31). Шәазхуци: Иисус Христос изкыу адырра шәара ишәзаанагар алшоит наӡаӡатәи аҧсҭазаара Џьанаҭ аҿы! Аха ари ҟалашьас иамоузеи? Дзеилышәымкаарызеи Иисус иҵегь инеиҳаны, насгьы шәзахуамҧшрызеи, «Христос ибзиабара агуацҧыҳәара шаҳнаҭо» иара иҿыҧшра? (2 Коринфаа рахь 5:14, АҾ). Абри аус аҟны гуахуарала ишәыцхраарын Иегова Ишаҳаҭцәа (Иоанн 13:34, 35).
Абиблиатә цитатақуа аагоуп «Иахьатәи Аиҭага» (ИА, 1997) аҟынтә, иара убас англыз бызшәала иҭыжьу «Адунеи Ҿыц Аҧшьаҩырақуа Реиҭага» (АҾ) аҟынтә.