АХӘҬА 14
Ишԥаулшо Иегова уизиашаны аанхара?
Уидгылаз Анцәа. 1 Пиотр 5:6—9
Уҽрылаумырхәлан Абиблиа иаҿагыло аҵасқәеи, ақьабзқәеи. Уара иуҭаххоит агәымшәара.
Уҽрылаумырхәлан ажәлар рполитикатә усқәа; дара Иегова Иаҳра иадгылаӡом.
Ииашоу алхра ҟаҵа — уизыӡырҩла Анцәа. Маҭфеи иҟнытә 7:24, 25
Иегова Ишаҳаҭцәа урыцыз, урацәажәала, урҭ Анцәа изааигәахара иуцхраауеит.
Иегова изку адырра иацҵала, насгьы уҽазышәала иԥҟарақәа рынагӡара.
Уара угәрахаҵара аныӷәӷәахалак, иахәҭоуп Иегова уԥсҭазаара изкреи аӡы аҽӡаахреи (Маҭфеи иҟнытә 28:19).
Уизыӡырҩла Анцәа. Уаԥхьала Абиблиа, уи аилкааразы урыҳәа Иегова Ишаҳаҭцәа уцхраарц. Ухы иархәала еилукаауа. Абас ухы мҩаԥугалар, унхалоит наӡаӡа (Иоанн иҟнытә 17:3).