АУРОК 14
Иарбан рҵароу апионерцәа рзы иазгәаҭоу?
Еиду Аштатқәа
Галаад Ашкол (Паттерсон, Ниу-Иорк аштат)
Панама
Атеократиатә ҵара акрааҵуеит Иегова ишаҳаҭцәа алардыруеижьҭеи. Аҳра иазку ажәабжь аҳәара заамҭа рацәаны иазызкуа рзы иаԥҵоуп иҷыдоу ашколқәа. Урҭ рыбзоурала арҭ ажәабжьҳәаҩцәа рмаҵзура харҭәааны анагӡара рылшоит (2 Тимофеи 4:5).
Апионертә маҵзура ашкол. Апионер шықәсык аҩныҵҟа иаамҭа зегь азкны амаҵ иуазҭгьы, уи даарыԥхьоит фымш ицо арҵаратә курс ахь, уи мҩаԥысуеит ааигәа иҟоу Аҳратә зал аҿы. Ари ашкол хықәкыс иамоу — апионер еиҳа Иегова изааигәахара ицхраара ауп, иара амаҵзура аганқәа зегь рҿы еиҳа аҟазара иоуеит, Анцәа дизиашаны анаҩсгьы имаҵ иулоит.
Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол. Ҩымз ицо ари ашкол хықәкыс иамоуп аԥышәа змоу апионерцәа аҵара дырҵара, урҭ ацхыраара ахьаҭаху аҭыԥ аҿы амаҵзура иазхиоуп. Дара ирҳәоит: «Абар сара сахьыҟоу! Сышьҭы сара!» Урҭ адунеи иқәынхоз зегь иреиҳаз Ажәабжьҳәаҩ ду Иисус Христос иҿыԥшуеит (Исаиа 6:8; Иоанн 7:29). Даҽаџьара ииасуа ажәабжьҳәаҩцәа иахьиасуа иҟоу аҭагылазаашьақәа ирызхиазар ауп. Уатәи акультуреи, аҳауеи, афатәи ауаҩы дзышьцылахьоу зынӡа иеиԥшымзар ауеит. Абызшәа ҿыц аҵара рықәшәаргьы ҟалоит. Ари ашкол ахь ааԥхьара роуеит 23 шықәса инаркны 65 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҭаацәара иалам аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, иара убас хаҵеи-ԥҳәыси. Уи ашкол дара ирыцхраауеит амаҵзураҿы ирыхәо адоуҳатә ҟазшьақәа реизырҳара, насгьы Иеговеи уи иеиҿкаареи еиҳа еиӷьны рхы иадырхәартә алшара рызҭо ашьцылара бзиақәа рырҳара.
Ахьчаратә Бааш абиблиатә школ Галаад. Ажәа «Галаад» иаанагоит «ахәада-ашаҳаҭ», ма «ашаҳаҭра рацәа». 1943 шықәсазы ари ашкол анаԥырҵа инаркны 8 000-ҩык инареиҳаны аушьҭымҭацәа миссионерцәаны ишьҭын «адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо» шаҳаҭра руларц (Аусқәа 13:47). Алҵшәақәа дара рхы еиҭарҳәоит. Аушьҭымҭацәа раԥхьаӡа акәны Перу ианнеи, уа еизара заҵәыкгьы ыҟамызт, уажәы 1 000 еизара иреиҳауп! Ҳмиссионерцәа Иапониа амаҵ аура ианалага, уа Ашаҳаҭцәа жәаҩыкгьы ыҟамызт, иахьа 200 000 иреиҳауп. Хәымз ицо ари аҵара аан астудентцәа Анцәа Иажәа инарҵауланы иҭырҵаауеит. Ари ашкол ахь ааԥхьара роуеит иҷыдоу апионерцәа, амиссионерцәа, афилиал аҟны амаҵ зуа, насгьы араионтә хылаԥшыҩцәа. Инарҵауланы имҩаԥысуа ари арҵара урҭ ажәабжьҳәаҩцәа адунеи зегь ахьынӡа-наӡааӡо Анцәа иеиҿкаара арӷәӷәара иазыҟанаҵоит.
Хықәкыс иамоузеи Апионертә маҵзура ашкол?
Изызкыда Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол?