АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уԥсҭазаарала Иегова дҳаракла!
Аԥсҭазаара — зыхә ҳараку ҳамҭоуп. Ҳаԥсҭазаарала ҳара иааҳарԥшуеит уи ахә ҳшьоу иҳамшьоу. Ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳауп, убри аҟынтә иаҳҭахуп ҳҟазареи ҳалшарақәеи рыла Иегова дҳараҳкларц, Иара иоуп уи аԥсҭазаара ҳазҭаз (Аԥсал. 35:10 [36:9, АдҾ]; Аат. 4:11). Аха есыҽнытәи ҳусқәеи егьырҭ агәҭынчымрақәеи ирыхҟьаны, иҳамоу адоуҳатә хықәкқәа аҩбатәи аҭыԥ ахь ииасыр ҟалоит (Марк 4:18, 19). Ҳара зегьы ҳхы ҳазҵаар бзиоуп: «Исҭаҵәҟьома сара Иегова зегь иреиӷьу? (Ос. 14:2). Иарбан ҭыԥу сыԥсҭазаараҿы аусуреи акариереи иааныркыло? Иарбан доуҳатә хықәкқәоу исымоу? Ишԥасылшо амаҵзураҿы сыҽсырҭбаар? Уҽахьуԥсахша убозар, Иегова дуцхраарц уиҳәала. Агәра ганы уҟаз: Иегова уԥсҭазаарала есыҽны дҳароукуазар, анасыԥи агәахәареи уоуеит! (Аԥсал. 60:9 [61:8, АдҾ]).
Иззуукуада уара уҟазара?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИУМОУ АҞАЗАРА ИЕГОВА ИМАҴ АУРАЗЫ УХЫ ИАРХӘАЛА», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Избан иумоу аҟазара Аҩсҭаа идунеи иоуҭар зҟәыӷарам? (1 Иоанн 2:17).
Аҽшԥаԥсахуеи Иегова зегь иреиӷьу изҭо рыԥсҭазаара?
Иабаулшо Иегова имаҵ аураҿы иумоу аҟазареи алшарақәеи ухы иаурхәар?