Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 апрель ад. 20—25
  • Ҳара ҳамацара ҳаҟаӡам

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҳара ҳамацара ҳаҟаӡам
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ҲАМҨАҚӘИҴОИТ
  • ИЕГОВА ҲҬАХРАҚӘА ДРЕИҶАҲАУЕИТ
  • ИЕГОВА ҲИХЬЧОИТ
  • ИЕГОВА ҲГӘЫ ИРҬЫНЧУЕИТ
  • ИЕГОВА ЕСНАГЬ ДҲАЦУП
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова «згәы ахьаа ҭоу ихәышәтәуеит»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • «Аӡәы... ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иаҳзымдыруа ахьыҟоу зыбзиоу
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 апрель ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 17

АШӘА 99 Ҵҩа змам аишьцәа

Ҳара ҳамацара ҳаҟаӡам

«Сара суцхраауеит» (ИС. 41:13).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова дҳацхрааларц азы ихы иаирхәо ԥшь-знеишьак.

1, 2. а) Избан ҳауадаҩрақәеи ҳареи ҳхала ҳаизаанхоит ҳәа ҳамшәалар зҳалшо? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

АУАДАҨРА ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо, ицәқәырԥо амшын иху анышь хәыҷ ҳантәалоушәа ҳхы ҳбозар ауеит. Аха уи ус акәӡам, ҳауадаҩрақәеи ҳареи ахаан ҳаизаанхаӡом. Бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб ҳауадаҩрақәа ибоит, насгьы урҭ риааира дышҳацхраауа ажәа ҳаиҭоит. Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа абас еиԥш иҟоу ажәа ҟәандақәа реиҳәоит: «Сара суцхраауеит» (Ис. 41:13).

2 Ари астатиаҿы Иегова дышҳацхраауа ҳалацәажәоит. Иара: 1) ҳамҩақәиҵоит, 2) ҳҭахрақәа дреиҷаҳауеит, 3) ҳихьчоит, насгьы 4) ҳгәы ирҭынчуеит. Иегова ҳақәиргәыӷуеит ҳзықәшәозаалакгьы ҳшихамышҭуа, насгьы ҳшаанимыжьуа. Ҳара ахаан ҳхала ҳаанхаӡом.

ИЕГОВА ҲАМҨАҚӘИҴОИТ

3, 4. Ҳашԥамҩақәиҵо Иегова? (Аԥсалом 48:14).

3 Шәаԥхьа Аԥсалом 48:14. Иегова идыруеит иара ида ԥсыхәа шҳамам, имҩақәҵара шаҳҭаху. Ишԥамҩақәиҵо Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа иахьа? Иара Абиблиа ҳаиҭеит (Аԥсал. 119:105). Уа иаагоу алабжьарақәа аӡбара иашақәа рыдкылареиa Анцәа игәаԥхо аҟазшьақәа реизырҳареи иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, Иегова иаҳирҵоит ауаа рыгхақәа ранаҳажьларц, еснагь аиаша ҳҳәаларц, насгьы гәык-ԥсыкала ауаа бзиа иаҳбаларц (Аԥсал. 37:8; Аур. 13:18; 1 Пиотр 1:22). Убас ҟаҳҵалар, иахьагьы агәырӷьара ҳамазаауеит, аԥхьаҟагьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауеит. Иегова ҳанизыӡырҩуа анацәеи абацәеи раҳасабала, ахатә ҩыза иаҳасабала, насгьы аҩызцәа раҳасабала еиҳа ҳаиӷьхоит.

4 Уи адагьы, Иегова Иажәаҿы ианиҵеит ҳзықәшәо аԥышәарақәа иреиԥшу аԥышәарақәа змаз, насгьы ҳцәаныррақәа иреиԥшу ацәаныррақәа змаз ауаа рыхҭысқәа (1 Кор. 10:13; Иак. 5:17). Урҭ ахҭысқәа ахәарҭа ду ҳзааргоит. Ҳрыхәаԥшып ҩ-ганк. Актәи, урҭ ахҭысқәа иаҳдырбоит ҳара ҳхала ҳшыҟам, — егьырҭгьы ҳԥышәарақәа иреиԥшу аԥышәарақәа рхыргеит (1 Пиотр 5:9). Аҩбатәи, урҭ ахҭысқәа аҵыхәтәанынӡа Анцәа ҳизиашаны ҳаанхарц, агәырӷьарагьы ҳмырӡырц азы иҟаҵатәу ҳаилдыркаауеит (Рим. 15:4).

5. Ихы иаирхәода Иегова ҳамҩақәиҵаларц азы?

5 Иегова аишьцәеи аиҳәшьцәеи рылагьы ҳамҩақәиҵоитb. Иаҳҳәап, араион ахылаԥшыҩцәа ҳгәы шьҭырхларц азы иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа ирҭаауеит. Урҭ идырхио ажәахәқәа ҳхаҵара дырӷәӷәоит, насгьы акзаара ахьчара иҳацхраауеит (Аус. 15:40—16:5). Аизара ахылаԥшыҩцәагьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара иҳацхраауеит (1 Пиотр 5:2, 3). Аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова бзиа дышбалатәу ддырҵоит, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылареи ашьцылара бзиақәа реизырҳареи ирыцхраауеит (Ажәам. 22:6). Зхаҵара ӷәӷәоу аиҳәшьцәа иқәыԥшу аиҳәшьцәа аҿырԥш бзиа ддырбоит, ихәарҭоу алабжьарақәа рырҭоит, насгьы гәыкала идырҽхәоит (Тит 2:3—5).

6. Ишԥаҳалшо Иегова ицхыраара ахә ҳаракны ишаҳшьо иҳарбар?

6 Иегова ибзиоу аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц, насгьы агәырӷьара ҳамазарц азы иаҭаху зегь ҳаиҭоит. Ишԥаҳалшо ицхыраара ахә ҳаракны ишаҳшьо иҳарбар? Ажәамаанақәа 3:5, 6 аҿы иануп: «Гәык-ԥсыкала Иегова игәра гала, иумоу аилкаара уақәымгәыӷлан». Ус ҟаҳҵозар, «иаргьы амҩа иаша [ҳа]қәиҵоит», даҽакала иуҳәозар, ирацәаны ауадаҩрақәа рҽырцәыхьчара дҳацхраауеит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Иегова ибзианы ҳахьидыруа, бзиа ҳахьибо, насгьы дасу ҳахьымҩақәиҵо! (Аԥсал. 32:8).

ИЕГОВА ҲҬАХРАҚӘА ДРЕИҶАҲАУЕИТ

7. Дышԥаҳацхраауеи Иегова иҵегьы? (Филиппаа 4:19).

7 Шәаԥхьа Филиппаа 4:19. Иегова ҳдоуҳатә ҭахрақәа мацара ракәӡам дзеиҷаҳауа. Иара идыруеит афатә, ашәҵатәы, ахыҵакырҭа ҳамазар шакәу, убри аҟынтә ҳхы, насгьы ҳҭаацәара ныҟәаҳгаларц азы иаҳбо аџьабаа дазылԥхоит (Матф. 6:33; 2 Фес. 3:12). Зны-зынла зда ԥсыхәа ыҟам ҳауоу-иаҳмоуоу ҳәа ҳгәы ҭынчымзар ауеит. Ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа цәгьарас ҳәа акгьы рыҵаӡам. Аха Иегова иҳаиҳәоит уи иахҟьаны мыцхәы ҳамгәаҭеиларц. (Шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы Матфеи 6:25 ахь иаагоу акомментари.) Избан? Избанзар ауадаҩрақәа анҳамоу Ҳанцәа ахаан ҳаанижьӡом (Матф. 6:8; Аур. 13:5). Иегова дышҳацхраауа ҳақәиргәыӷзар, иажәа шынаигӡо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит.

8. Дышԥаицхраауаз Иегова Давид?

8 Шәазхәыц Иегова Давид дышицҳраауаз. Давид Саул иҟынтә иҽаниҵәахуаз ашықәсқәа рзы ицыз ауааи иареи имԥсырц азы Анцәа зда ԥсыхәа ыҟамыз зегь риҭон. Давид уи аамҭазы Иегова дышицхраауаз даназхәыцуаз абарҭ ажәақәа иҩит: «Сара зны сқәыԥшын, уажәшьҭа сажәит, аха Анцәа ауаҩ иаша даанижьны сымбацызт, ихәыҷқәагьы ача иаҳәо исымбацызт» (Аԥсал. 37:25). Ҳәарада, шәара еиҭашәҳәар шәылшоит Иегова иуадаҩыз аамҭазы шәаргьы дышшәыцхраауаз, егьырҭ имаҵзуҩцәагьы дышрыцхраауаз узырбо имаҷымкәа ахҭысқәа.

9. Дышԥарыцхраауеи Иегова ижәлар арыцҳарақәа раан? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

9 Иегова арыцҳара аан имаҵзуҩцәа цхыраарада иаанижьӡом. Иаҳҳәап, актәи ашәышықәсазы амлакра аныҟаз, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы инхоз ақьырсианцәа амамзаара иаргәаҟуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраауан (Аус. 11:27—30; Рим. 15:25, 26). Иахьагьы уаанӡа еиԥш Иегова ижәлар агәыҭбаара аадырԥшуеит. Иегова абзиабара аарԥшны имаҵзуҩцәа ргәазҭеиҵоит арыцҳара иақәшәаз афатә, аӡы, ашәҵатәы, насгьы ахәшәқәа рзынарышьҭларц. Аргыларатә усқәа ирылахәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ааха зауз Аҳратә залқәеи аҩнқәеи еиҭашьақәдыргылоит. Иара убас Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа рхы иархәаны зыҩнқәа зцәыӡыз, насгьы зҭынхацәа ԥсыз ауаа ргәы дырҭынчуеитc.

Асахьақәа реизга «Малави инхо аишьцәа аԥсабаратә рыцҳара ашьҭахь зда ԥсыхәа ыҟам рзыршоит, рыгәгьы шьҭырхуеит»: 1) зымҽхак ҭбаау аӡхыҵра; 2) аиашьа Гьеиџь Флигл аишьцәеи аиҳәшьцәеи драцәажәоит; 3) аишьцәа афатә зҭоу асакьқәа амашьына иҭыргоит.

Ҳгәы шԥаирҭынчуеи Иегова арыцҳарақәа раан? (Шәахәаԥш абзац 9.)e


10, 11. Ишәнарҵозеи Борис ихҭыс?

10 Иегова макьана имаҵ зымуа ауаагьы дрыцхраауеит. Згәы ҭбаау Ҳанцәа ҳаиҿыԥшны, алшара шааҳаулак, ҳхаҵара ҳацеиҩызымшо ауаа абзиара рзыҟаҳҵоит (Гал. 6:10). Лассы-лассы уи ҳара иҳазкны, насгьы Ҳанцәа изкны еиҳаны аилкаара ргәазҭанаҵоит. Абар Украина инхо Борис зыхьӡу ашкол адиректор ихҭыс. Ихаҭа Иегова ишаҳаҭ шиакәымгьы, Иегова имаҵ зуа ахәыҷқәа еснагь қьиаралеи патуқәҵаралеи дрызныҟәон. Борис аиҿахысрақәа ахьыҟаз иқыҭа ааныжьны уиаҟара ишәарҭамыз аҭыԥ ахь ацара аниҭахха, ҳашьцәа уи ицхрааит. Ԥыҭрак ашьҭахь Борис Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара даҭааит. Абар иара Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны ииҳәаз: «Урҭ гәыкала срыдыркылеит, иагьсыцхрааит. Уи азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәоит!»

11 Ҳаргьы арыцҳашьара злоу жәҩантәи Ҳаб ҳаиҿыԥшны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь адагьы, арыцҳара иақәшәаз ауаа зегь рахь абзиабара ааҳарԥшлар ҳалшоит (Лука 6:31, 36). Ҳара ҳгәыӷуеит уи ргәаҵанӡа инеиуеит, насгьы Христос иҵаҩцәаны аҟалара ргәазҭанаҵоит ҳәа (1 Пиотр 2:12). Аха Христос иҵаҩцәаны иҟамларгьы, аус бзиақәа ахьыҟаҳҵо агәырӷьара ҳзаанагоит, избанзар «аӡәы... ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» (Аус. 20:35).

ИЕГОВА ҲИХЬЧОИТ

12. Ишԥаихьчо Иегова ижәлар? (Аԥсалом 91:1, 2, 14).

12 Шәаԥхьа Аԥсалом 91:1, 2, 14. Иахьа Иегова иареи ҳареи ҳаиҩызара иаԥырхагахар алшо зегь аҟынтә ҳихьчоит. Иара ахаан иуӡом Аҩсҭаа ииашоу амҵахырхәара даԥырхагахартә (Иоанн 17:15). Агәра ганы ҳаҟоуп «арыцҳара ду» аан Иегова ижәлар рхаҵара ӷәӷәаны иаанхарц дышрыцхраало, насгьы ишихьчало ала ириҭаз ажәа шынаигӡо (Аат. 7:9, 14).

13. Ҳашԥаихьчо Иегова хаҭала зегьы?

13 Ҳашԥаихьчо Иегова хаҭала зегьы? Абиблиа ала ацәгьеи абзиеи аиҩдыраашьа ҳирҵоит (Аур. 5:14). Абиблиатә принципқәа рыла ҳанхозар, уи Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара ахьчоит, ҳаԥсҭазаара агәырӷьара анаҭоит, насгьы еиуеиԥшым ашәарҭарақәа рҟынтә ҳахьчоит (Аԥсал. 91:4). Иегова аизара алагьы ҳихьчоит (Ис. 32:1, 2). Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Анцәа бзиа дырбоит, насгьы изыӡырҩуеит. Дареи ҳареи аизараҿы ҳахьеибабо, ажәабжь ахьеицаҳҳәо, ҳаԥсы ахьеицаҳшьо ҳгәы шьҭнахуеит, насгьы ацәгьара аҽацәыхьчара иҳацхраауеит (Ажәам. 13:20).

14. а) Избан Анцәа ашәарҭарақәа зегь рҟынтә ҳзимыхьчо? б) Зыгәра ҳдыргозеи Аԥсалом 9:10 аҿы иану ажәақәа? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

14 Ажәытәан Иегова зны-зынла имаҵзуҩцәа ашәарҭарақәа ирцәихьчон. Аха ус еснагь иҟаиҵаӡомызт. Дарбанзаалак ауаҩы «аамҭеи амашәыри» дақәшәар алшоит (Еккл. 9:11). Уи адагьы, Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтә шьоукы ирышьҭашәарыцалартә, иагьыршьыртә иуит. Дара Иегова изиашаны иахьаанхаз ала Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәдырӷәӷәеит (Иов 2:4—6; Матф. 23:34). Иахьа ҳаргьы ус еиԥш иҟоу аԥышәарақәа ҳрықәшәар алшоит. Аха агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ашәарҭарақәа ҳарцәимыхьчаргьы, бзиа дызбо имаҵзуҩцәа ахаан ишаанимыжьуа (Аԥсал. 9:10)d.

ИЕГОВА ҲГӘЫ ИРҬЫНЧУЕИТ

15. Ҳгәы шԥаирҭынчуеи Иегова Анцәа иҳәареи, Абиблиеи, аизарақәеи рыла? (2 Коринфаа 1:3, 4).

15 Шәаԥхьа 2 Коринфаа 1:3, 4. Зны-зынла ҳгәы каҳаны ҳаҟазар, агәҭынчымра ҳамазар, мамзаргьы иҟаҳҵаша ҳзымдыруазар ауеит. Иҟалап уажәы уадаҩрак шәымазар, насгьы шәхы заҵәны ижәбозар. Шәцәаныррақәа еилызкаауа аӡәыр дыҟоума? Ааи. Иегова шәеиликаауеит. Иара ҳгәы иҵхо идыруеит, уи адагьы, «ҳауадаҩрақәа зегь рҿы ҳгәы ирҭынчуеит». Ишԥаҟаиҵо уи? Ҳгәы иҵхо анизеиҭаҳҳәо «ауаҩы изеилымкаауа Анцәа иҭынчра» ҳаиҭоит (Флп. 4:6, 7). Иара убас Абиблиа ала иҳаиҳәо ҳанаԥхьо, уи ҳгәы арҭынчуеит. Иегова агәра ҳиргоит даара бзиа ҳшибо, насгьы аҟәыӷара ааҳарԥшларц, агәыӷрагьы ҳцәымӡырц азы иҟаҵатәу ҳаиҳәоит. Иара убас агәырҭынчра ақьырсиантә еизарақәа рылагьы иҳауеит. Уаҟа ҳара Абиблиа аҟынтә угәы шьҭызхуа азхәыцрақәа ҳаҳауеит, насгьы бзиа ҳазбо ҳҩызцәа рыцхыраара ҳауеит.

16. Ишәнарҵозеи Неитани Присциллеи рҿырԥшы?

16 Шәааи Иегова имаҵзуҩцәа Абиблиа ала ргәы ширҭынчуа, насгьы дышрыцхраауа узырбо аҿырԥштәы ҳахәаԥшып. Шықәсқәак раԥхьа Еиду Аштатқәа рҿы инхо Не́итани Присци́ллеи ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь ииасырц рыӡбеит. Неитан иҳәоит: «Агәра ганы ҳаҟан Иегова дшаҳзылԥхо». Аха иҿыцу аҭыԥ аҿы аусура аԥшаара мариамызт. Уи адагьы, рҩыџьагьы иаалырҟьаны ргәабзиара иадҳәалаз ауадаҩрақәа рызцәырҵит. Уи иахҟьаны аҩныҟа ихынҳәыр акәхеит. Аха уаҟагьы аԥара рызхаӡомызт. Неитан еиҭеиҳәоит: «Иегова дҳацхрааӡом ҳәа ахәыцра салагеит. Дзаҳзылымԥхои ҳәа схы сазҵаауан. Игәамԥхо ак ҟасҵозар ҟалап ҳәагьы схәыцуа салагеит». Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Неитани Присциллеи иуадаҩыз уи аамҭазы Иегова ишаанимыжьыз, дышрыцыз еилыркаауа иалагеит. Неитан иҳәоит: «Иуадаҩыз уи аамҭазы Абиблиа алабжьара бзиа узҭо аҩыза еиԥш иаҳзыҟалеит. Ҳара ҳауадаҩрақәа ракәымкәа, Иегова урҭ рыхгара дышҳацхраауа ҳхы азаҳашьҭит. Уи аԥхьаҟагьы ҳшаанимыжьуа агәра ҳнаргеит».

17. Лгәы шԥаирҭынчуаз Иегова Хельга зыхьӡу аиаҳәшьа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Иара убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳгәы дырҭынчыр ауеит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Ҳлабадырып Венгриа инхо Хе́льга зыхьӡу аиаҳәшьа. Лыԥсҭазаараҿы шықәсыла ицоз ауадаҩрақәа рацәаны илыман. Уи иахҟьаны лгәы каҳауан, акгьы даԥсамызшәагьы лбон. Аха уи аамҭа анылгәалалыршәо Хельга еилылкаауеит Иегова аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла лгәы ширҭынчуаз. Лара илҳәоит: «Сара ирацәаны ауадаҩрақәа сыман, аусураҿы цәгьала сааԥсон, ахәыҷ чымазаҩ дсыман... Аха сымчқәа сылӡаауазшәа анызбоз, Иегова еснагь дсыцхраауан. Иегова сгәы ширҭынчло ажәа сиҭеит, аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟа иажәа наимыгӡаӡакәа мышкгьы мцаӡеит. Лассы-лассы уи азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ихы иаирхәон. Акырынтә ажәа ҟәандақәа зныз СМС-аацҳарақәеи аоткрыткақәеи соуан. Уи адагьы, сандырҽхәоз еиҳараӡак агәышьҭыхра анысҭахыз аамҭа иақәшәон!»

Асахьақәа реизга «Зықәрахь инеихьоу аиашьа игәы зырҭынчуа»: 1) ахәыҷқәа иара изы иҭырхыз асахьақәа дрыхәаԥшуеит; 2) аиашьа СМС-аацҳара изишьҭуеит; 3) хаҵеи-ԥҳәыси апиццеи егьырҭ афатәқәеи изнаргеит; 4) аиашьа аҭел дизасуеит; 5) аӡӷаб џьанаҭ дгьыл лхаҿы иааганы алым асахьа ҭылхуеит, уи аиашьа ҳамҭас илҭарц азы.

Ргәы ирҭынчыр шԥаилшо Иегова егьырҭ ауаа уара ула? (Шәахәаԥш абзац 17.)


18. Ишԥаҳалшо егьырҭ ауаа ргәы ҳарҭынчлар?

18 Егьырҭ ауаа ргәы анҳарҭынчуа Ҳанцәа ҳаиҿыԥшуеит. Иҟаҳҵар ҳалшозеи дара рзы? Ҳара иҳалшоит ибзианы ҳарзыӡырҩлар, ҳажәақәа арыцҳашьара рныԥшлартә еиԥш ҳрацәажәалар, насгьы ианаҭаху ҳрыцхраалар (Ажәам. 3:27). Ҳара арыцҳара иақәшәаз дарбанзаалак, макьана Иегова имаҵ имуазаргьы, ҳицхраар ҳҭахуп. Иаҳзааигәоу шьоукы рыцҳарак ианақәшәо, ианычмазаҩу, мамзаргьы ргәы ак аныҵхо, сасра ҳрызнеиуеит, ҳарзыӡырҩуеит, насгьы Абиблиа аҟынтә ргәы шьҭызхша зхәыцрак рзеиҭаҳҳәоит. «Агәырҭынчра Анцәа» Иегова ҳаиҿыԥшны, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аԥышәарақәа рыхгара ҳрыцхраауеит. Уи адагьы, иааҳарԥшуа ақьиара макьана Иегова дхазымҵо ргәаҵанӡа инеир алшоит. Иҟалап дара Ҳанцәа иӡбахә еиҳаны еилыркаар рҭаххаргьы (Матф. 5:16).

ИЕГОВА ЕСНАГЬ ДҲАЦУП

19. Иҟаиҵозеи Иегова ҳара ҳзы? Ишԥаҳалшо иара ҳаиҿыԥшлар?

19 Иегова бзиа дызбо зегьы дрыцхраауеит. Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳамацара ҳаанижьӡом. Аби ани рхәыҷы бзиа дшырбо еиԥш, Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа еснагь дрыцуп. Иара ҳамҩақәиҵоит, ҳҭахрақәа дреиҷаҳауеит, ҳихьчоит, насгьы ҳгәы ирҭынчуеит. Абзиабара злоу жәҩантәи Ҳаб ҳаиҿыԥшны ҳаргьы ауаа ауадаҩрақәа ианрықәшәо ҳрыцхраауеит. Ари адунеи аҿы ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи ҳрықәымшәар залшаӡом. Аха агәра ганы ҳаҟоуп Иегова дышҳацу, избанзар иара ихаҭа иҳәеит: «Умшәан, избанзар сара суцуп» (Ис. 41:10). Арҭ ажәақәа агәра ҳдыргоит ҳхала ҳшыҟам, Иегова еснагь дышҳацу!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ҳашԥамҩақәиҵо Иегова?

  • Дышԥареиҷаҳауеи Иегова ҳҭахрақәа?

  • Ҳашԥаихьчо, насгьы ҳгәы шԥаирҭынчуеи Иегова?

АШӘА 100 Гәаартыла урҭ шәыдышәкылала

a Шәахәаԥш 2011 шықәса, апрель 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҿы иану астатиа «Принимайте решения, которые прославляли бы Бога».

b Шәахәаԥш 2024 шықәса, февраль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Иегова инапхгара еснагь агәра жәгала», адаҟьақәа 22—24, абзацқәа 11—14.

c Ааигәа иҟалаз ахҭысқәа шәыԥшаарц азы асаит jw.org аҟны аԥшааратә цәаҳәаҿы ианышәҵа ажәақәа «ацхыраара аҭара».

d Шәахәаԥш 2017 шықәса, февраль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аԥсабаратә рыцҳара аан ааха зауз Малави инхо аишьцәа зда ԥсыхәа ыҟам рзааргеит, адоуҳатә цхыраарагьы рырҭеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра