ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА
Егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа рахь азхьарԥшқәа шәхы иашәырхәала
Аиҭага «Адунеи Ҿыц» аҿы егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа рахь азхьарԥшқәа ыҟоуп. Урҭ Абиблиа иану азхәыцрақәа аки-аки шеиқәшәо удырбоит. Урҭ азхьарԥшқәа иудырбоит жәеинраалак иазкны еиҳаны аинформациа уԥшаар ахьулшо егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа ахьану. Ажәа ашьҭахь иаагоу анбан хәыҷ иунарбоит ари ажәеинраалаҿы егьырҭ ажәеинраалақәа рахь азхьарԥш шаагоу. Шәхы иашәырхәо икьыԥхьу Абиблиа акәзар, адаҟьа агәҭаны иҟоу аколонкаҿы уи анбан шәыԥшаа, уи егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа аҵаҩзаауеит. Абиблиа шәахьаԥхьо асаит jw.org аҿы, мамзаргьы апрограмма JW Library® аҿы акәзар, егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа аатырц азы анбан шәақәыӷәӷәа.
Егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа рахь азхьарԥшқәа рыцхыраарала, иаҳҳәап, абас еиԥш иҟоу аинформациа ҳаԥшаар ҳалшоит:
Хҭыск аӡбахә егьырҭ ашәҟәқәа рҿгьы ианану. Азхьарԥш иунарбоит хҭыск аӡбахә Абиблиаҿы иҵегьы иахьану. Иаҳҳәап, шрыхәаԥш 2 Самуил 24:1, насгьы 1 Ашықәсынҵа 21:1.
Ацитата. Азхьарԥш иунарбоит иарбан библиатә хәҭоу фразак ма ажәак ахьынтәиаагоу. Иаҳҳәап, шрыхәаԥш Матфеи 4:4, насгьы Ҩынтәзакәан 8:3.
Инаӡахьоу аԥааимбаражәа. Азхьарԥш аԥааимбаражәа ахьану ажәеинраалеи уи шынаӡаз ахьану ажәеинраалеи еиднаҳәалоит. Иаҳҳәап, шрыхәаԥш Матфеи 21:5, насгьы Захарии 9:9.