Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 сентиабр ад. 27—32
  • Аиҷаҳареи ақьиареи аарԥшуа Иегова шәиҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аиҷаҳареи ақьиареи аарԥшуа Иегова шәиҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ШӘҬААЦӘАРАҾЫ АИҶАҲАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • АИЗАРАҾЫ АИҶАҲАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ АИҶАҲАРА ААШӘЫРԤШЛА
  • Зегьзымчу аиҷаҳара ааирԥшуеит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Шәҭаацәара насыԥ амазар алшоит
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Зықәрахь инеихьоу аҳәса шәанацәа реиԥш шәырзыҟаз, иқәыԥшу — шәаҳәшьцәа реиԥш
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2021
  • Наӡаӡатәи аҭаацәалазааразы иаҭаху ҩ-цаԥхак
    Аҭаацәаратә насыԥ амаӡа
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 сентиабр ад. 27—32

Аиҷаҳареи ақьиареи аарԥшуа Иегова шәиҿыԥшла

«Насыԥ имоуп арыцҳа иахь аиҷаҳара аазырԥшуа» (АԤСАЛОМ 41:1, АдҾ).

АШӘАҚӘА: 130, 107

ИШԤАҲАЛШО АИҶАҲАРА ААРԤШРА...

  • ҳҭаацәараҿы?

  • аизараҿы?

  • ажәабжьҳәараҿы?

1. Ишԥаадырԥшуеи Иегова ишаҳаҭцәа бзиа ишеибабо?

АДУНЕИ ахьынӡанаӡааӡо инхо Иегова имаҵзуҩцәа зегьы ҭаацәарак иахәҭакуп. Дара бзиа еибабоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи роуп (1 Иоанн 4:16, 21). Зны-зынла дара рашьцәеи раҳәшьцәеи рзы ахамеигӡара ду аадырԥшуеит, аха лассы-лассы рыбзиабара зныԥшуа улаԥш иҵамшәо хыԥхьаӡара змам аусқәа роуп. Иаҳҳәап, дара рашьцәа ргәы шьҭызхуа ак рҳәоит, мамзаргьы ақьиара аадырԥшуеит. Егьырҭ ҳанреиҷаҳауа ҳара жәҩантәи Ҳаб ҳаиҽыԥшуеит (Ефесаа рахь 5:1).

2. Дышԥаиҿыԥшуаз Иисус иаб, абзиабара аарԥшраҿы?

2 Иисус иаб инагӡаны диҿыԥшуан. Иара еснагь ауаа рахь ақьиара ааирԥшуан. Иара иҳәеит: «Шәааи Сара сахь, игәаҟуа, аидара хьанҭа иаҵоу — Сара шәсырраҳаҭуеит» (Матфеи 11:28, 29). Ҳаргьы Иисус ҳаиҿыԥшны ацхыраара зҭаху ҳреиҷаҳауазар, Иегова дҳаргәырӷьалоит, уи инеиҳангьы ҳхаҭагьы насыԥ ҳамазаауеит (Аԥсалом 41:1, АдҾ). Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит ҳҭаацәараҿы, аизараҿы, насгьы ажәабжьҳәараҿы аиҷаҳара ааҳарԥшлар шҳалшо.

ШӘҬААЦӘАРАҾЫ АИҶАҲАРА ААШӘЫРԤШЛА

3. Ишԥаилшо ахаҵа иԥҳәыс лахь аиҷаҳара ааирԥшлар? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

3 Ахацәа ҿырԥшыгазар ауп аҭаацәараҿы аиҷаҳара шаарԥшлатәу аганахь ала (Ефесаа рахь 5:25; 6:4). Абиблиаҿы иануп ахацәа рыҳәса рахь аиҷаҳареи аилкаареи аадырԥшлар шрыхәҭоу (1 Пиотр 3:7). Аилкаара аазырԥшуа ахаҵа идыруеит иԥҳәыси иареи злеиԥшым шырацәоугьы, иара иԥҳәыс лаасҭа еиҳа дшеиӷьым (Аҟазаара 2:18). Иара иԥҳәыс лцәаныррақәа дрызхәыцуеит, насгьы пату лықәиҵоит. Канада инхо аиаҳәшьа лхаҵа изы илҳәоит: «Иара еснагь сцәаныррақәа дрызхәыцуеит, насгьы ахаангьы иҳәаӡом бара ус бымхәыцлар ауп ҳәа. Иара убас иара еснагь зҿлымҳарала дысзыӡырҩуеит. Сгәаанагара ариашара дансыцхраауагьы, еснагь ақьиара ааирԥшуеит».

Ахаҵа иԥҳәыс длызиашаны даанхоит, избанзар бзиа дибоит, насгьы ацәгьара ицәымӷуп

4. Ишԥаилшо ахаҵа иԥҳәыс лцәаныррақәа дышрызхәыцуа ааирԥшыр, егьырҭ аҳәса дшырзыҟоу ала?

4 Зыԥҳәыс лцәаныррақәа ирызхәыцуа ахаҵа ахаан егьырҭ аҳәса ихы ргәаирԥхартә дашьҭалаӡом, насгьы дара рахь иахәҭам аинтерес ааирԥшлаӡом (Иов 31:1). Иара асоциалтә каҭақәа рылагьы уи ҟаиҵалаӡом, насгьы иахәҭам асаитқәа дырҭалаӡом. Ааи, иара иԥҳәыс длызиашаны даанхоит, избанзар бзиа дибоит, иара убасгьы Иегова бзиа дибоит, насгьы ацәгьара ицәымӷуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 18:15 [19:14, АдҾ]; 96:10 [97:10, АдҾ].)

5. Ишԥалылшо аԥҳәыс лхаҵа иахь аиҷаҳара аалырԥшлар?

5 Ахаҵа хадас ихагылоу Иисус Христос абзиабара аарԥшраҿы диҿыԥшуазар, иԥҳәыс илзымариахоит пату иқәҵара (Ефесаа рахь 5:22—25, 33). Аԥҳәыс лхаҵа пату аниқәылҵо ицәаныррақәа рызхәыцра лҽазылшәалоит, иара убас аизара аусқәа данырҿу ма ауадаҩрақәа аниӡбо, иара иахь ақьиара аалырԥшлоит. Британиа инхо аиашьа иҳәоит: «Сгәы ак аныҵхо сыԥҳәыс уи иаразнак игәалҭоит, усҟан лара лҽазылшәоит Ажәамаанақәа 20:5 ирну апринцип ақәныҟәара. Зны-зынла сгәы иҭоу аилкааразы, уи аизара иадҳәалоу имаӡоу аинформациа акәымзар, ианаало аамҭа ачҳара аарԥшны дазыԥшуп».

6. Ишԥаҳалшо ахәыҷқәа ауаа рызхәыцреи ақьиара аарԥшреи дҳарҵар, насгьы хәарҭас ирнаҭозеи уи дара?

6 Хаҵеи-ԥҳәыси рхәыҷқәа аҿырԥш бзиа ддырбоит пату анеиқәырҵо. Иара убас дара рхәыҷқәа иддырҵалар ауп егьырҭ ауаа ишрызхәыцлатәу, насгьы ақьиара шаарԥшлатәу. Иаҳҳәап, аҭаацәа ирылшоит рхәыҷқәа иддырҵар Аҳратә зал аҿы а́ҩра шыҟамло, мамзаргьы аиҩызаратә еиԥылараҿы афатә аиҳабацәа иргаанӡа иԥшыр шрыхәҭоу. Ҳәарада, аизара иалахәу зегьы иҳалшоит аҭаацәа рыцхраара. Убри аҟынтә ахәыҷы аиҷаҳара ааирԥшызар, иаҳҳәап, ашә ҳзааиртызар, дҳарҽхәар ауеит. Уи ахәыҷы игәалаҟазаара шьҭнахуеит, насгьы «аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо» еиҳа ишнасыԥу аилкаара ицхраауеит (Аусқәа 20:35).

АИЗАРАҾЫ АИҶАҲАРА ААШӘЫРԤШЛА

7. Ишԥааирԥши Иисус аиҷаҳара идагәоу ауаҩ иахь, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара уи?

7 Зны Иисус Жәақалақьра ааигәара даныҟаз ауаа бзеилахәа-дагәак дизнаргеит (Марк 7:31—35). Иисус уи дихәышәтәит, аха раԥхьа ажәлар дрылигеит. Избан? Иҟалап уи ауаҩы дахьдагәаз азы ажәлар ду рыгәҭа агылара дацәыԥхашьозҭгьы. Иисус уи ицәаныррақәа еиликаауан, убри аҟынтә раԥхьа «ажәлар днарылганы» дигеит, анаҩс дихәышәтәит. Ҳәарада, ҳара Иисус иеиԥш аџьашьахәқәа ҳзыҟаҵом, аха ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҭахрақәеи рцәаныррақәеи ҳрызхәыцлар, насгьы ақьиара ааҳарԥшлар ауп. Апостол Павел иҩит: «Аӡәи-аӡәи ҳагәцареибакып, бзиабарала ҳҽеимаҳдап, наҟ-ааҟ, ҳара-ҳара ҳабжьара, абзиара-ахирра бжьаҳҵап» (Ауриацәа рахь 10:24). Иисус идагәаз ауаҩы ицәаныррақәа еиликаауан, убри аҟынтә қьиарала дизныҟәеит. Ааи, иара зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳаиҭеит!

Абзиабара ҳгәазҭанаҵоит зықәрахь инеихьоу, насгьы зхы иамыхәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц азы иҳалшо зегь аҟаҵара

8, 9. Ишԥааҳарԥшыр ҳалшо зықәрахь инеихьоуи зхы иамыхәои ҳашреиҷаҳауа? (Иаажәга аҿырԥштәқәа.)

8 Аиҷаҳара аашәырԥшла зықәрахь инеихьоу, насгьы зхы иамыхәо рахь. Ақьырсианцәа зегь раԥхьаӡа иргыланы изышьҭоу ирацәаны аусқәа рынагӡара акәымкәа абзиабара аарԥшра ауп (Иоанн 13:34, 35). Абзиабара ҳгәазҭанаҵоит зықәрахь инеихьоу, насгьы зхы иамыхәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц азы иҳалшо зегь аҟаҵара, иаҳҳәап, урҭ аизарақәеи ажәабжьҳәареи рыҽрыладырхәларц азы рыцхраара. Ҳара уи ҟаҳҵоит иаҳзыманшәаламзаргьы, насгьы дара ҳара ҳаиԥш ирацәаны амаҵ рзымуазаргьы (Матфеи 13:23). Маикл зыхьӡу зшьапқәа змыхәо аиашьа иҳәоит иҭаацәареи аизареи ирҭо ацхыраара ахә ҳаракны ишишьо. Иара иациҵоит: «Дара исырҭо ацхыраара абзоурала сара исылшоит аизарақәа реиҳарак рҭаара, насгьы ажәабжьҳәаратә ус аҽалархәра. Еиҳарак сара исгәаԥхоит ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара».

9 Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы Вефиль аҿы зықәрахь инеихьоу ма зхы иамыхәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ыҟоуп. Уа амаҵ зуа ахылаԥшыҩцәа урҭ рахь абзиабара аадырԥшуеит. Дара урҭ ирыцхраауеит асаламшәҟәқәеи аҭелқәеи рыла ажәабжьҳәара аҽалархәра. 86 шықәса зхыҵуа Билл ихароу аҭыԥқәа рҿы инхо ауаа асаламшәҟәқәа рзиҩуеит, иара иҳәоит: «Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит асаламшәҟәқәа рыҩразы алшара ахьҳамоу». 90 шықәса раҟара зхыҵуа Ненси илҳәоит: «Сара сзы арҭ асаламшәҟәқәа егьырҭ иреиԥшӡам. Уи смаҵзура ауп. Ауаа аҵабырг еилыркаар ауп!». 1921 шықәсазы ииз Етел илҳәоит: «Ахьаа сыԥсҭазаара иахәҭакхеит. Зны-зынла аҽеилаҳәараҵәҟьа сылшом». Ус шакәугьы, лара аҭел лхы иархәаны ауаа ажәабжь рзеиҭалҳәоит, аицәажәара ацҵара зҭахқәоугьы лымоуп. Лара уи агәырӷьара ду лзаанагоит. 85 шықәса зхыҵуа Барбара илҳәоит: «Сгәамбзиара иахҟьаны иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжьҳәара аҽалархәра даара исцәыцәгьоуп. Аха ҭелла ажәабжь ахьысҳәо абзоурала ауаа срацәажәалар сылшоит. Иҭабуп, Иегова!» Иҳаҩсыз ашықәс азы тәылак аҿы Вефиль амаҵ зуа зыхә ҳаракны иаҳшьо зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵзура 1 228 сааҭ азыркит, 6 265-ҩык асаламшәҟәқәа рзырҩит, 2 000-ҩык аҭел ирзасит, 6 315 публикациа ршеит! Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит рҽазышәарақәа Иегова даара игәы ишахәаз! (Ажәамаанақәа 27:11).

10. Ишԥаҳалшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аизарақәа рҟынтә еиҳаны ахәарҭа алхра ҳрыцхраар?

10 Аиҷаҳара аашәырԥшла ақьырсиантә еизараҿы. Аиҷаҳара анааҳарԥшуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхраауеит аизарақәа рҟынтә еиҳаны ахәарҭа алхра. Ишԥа? Актәи, урҭ ҳарԥырхагамхаларц азы ианаамҭоу аизарахь ҳнеиуазар. Зны-зынла ҳазқәымгәыӷуаз ҭагылазаашьақәак ирыхҟьаны ҳагхар ауеит. Аха лассы-лассы ҳагханы ҳнеиуазар, ҳазхәыцыр ауп уи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ишырныруа, иара убас урҭ ҳашреиҷаҳауа ааҳарԥшырц азы иҟаҳҵар ҳалшо. Ишәхашәмыршҭлан аизарақәа рахь ҳаазыԥхьо Иеговеи Иисуси шракәу (Матфеи 18:20). Убри аҟынтә ҳҽагмырхакәа ҳнеиуазар, пату шрықәаҳҵо ааҳарԥшуеит!

11. Избан аизараҿы адҵақәа зманы иқәгылоу аишьцәа 1 Коринфаа рахь 14:40 иану апринцип иқәныҟәалар зрыхәҭоу?

11 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь аиҷаҳара ааҳарԥшуазар Абиблиа иану алабжьара ҳақәныҟәалоит: «Абарҭқәа зегьы ишрыхәҭоу аиԥш, аамысҭашәарала имҩаԥыслароуп» (1 Коринфаа рахь 14:40). Аизараҿы адҵақәа зманы иқәгылоу аишьцәа ари алабжьара иқәныҟәоит рыдҵақәа ианаамҭоу ихдыркәшозар. Убас ала дара рышьҭахь адҵа змоу аиашьа иахь, иара убас аизара зегь ахь аиҷаҳара аадырԥшуеит. Шәазхәыц аизара ианаамҭоу инымҵәозар, егьырҭ уи рнырыр шалшо. Шьоукы рыҩныҟақәа рахь ихынҳәырц азы амҩа акыраамҭа иқәзар ауп. Егьырҭ автобус иахьӡар ауп ма шьапыла имаҷымкәа ицар ауп. Даҽа шьоукы рыгәрахаҵара рыцеиҩызымшо рхатә ҩыза аҩны дырзыԥшызар алшоит.

Анапхгара зхахьы изго аишьцәа шәреиҷаҳала

Зны-зынла ҳорганизациаҿы аҭакԥхықәрақәа рацәаны изду, мамзаргьы зегь иаҳдыруа аиашьа ҳаизара ма ҳконгресс даҭаар алшоит. Иҟалап иара араионтә хылаԥшҩы иакәзар, Вефиль аҿы амаҵ иуазар, Афилиал акомитет ма Анапхгаратә хеилак далахәзар, мамзаргьы Анапхгаратә хеилак дацхраауазар. Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп ас еиԥш иҟоу аишьцәа рџьабаа ахә шаҳшьо аарԥшра (1 Фессалоникаа рахь 5:12, 13). Ҳара уи ааҳарԥшуеит еицырдыруа ауаа реиԥш акәымкәа ҳашьцәа реиԥш ҳанырзыҟоу.

Аха шьоукы ус ҟарҵом. Избан ус заҳҳәо? Дара урҭ аишьцәа апатреҭ аҭыхра рыдырцалоит, мамзаргьы ирмазҵааӡакәа иҭырхуеит, анаҩс урҭ апатреҭқәа аинтернет аҿы иқәдыргылоит, иара убас рышәҟәқәа ма рбиблиақәа рнапы аҵарҩырц ирыҳәоит. Ҳәарада, ҳара ари аҩыза аҟаҵара ҳҭахӡам. Ус зхы мҩаԥызго ари адунеи иатәу ауаа роуп (Ефесаа рахь 2:1, 2).

Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа ахӡырымгареи ахынраалареи рымазарц, еиҳарак иорганизациаҿы акрызҵазкуа аҭакԥхықәрақәа зду аишьцәа! (Матфеи 23:11, 12). Убри аҟынтә, шәааи, аҭакԥхықәрақәа зду аишьцәа ахынраалара злоу амаҵзуҩцәа реиԥш ҳрыхәаԥшлап, насгьы аҽҭыхра мчыла ирыдҳамцалалапa. (Шәахәаԥш албаага.) (Михеи 6:8; 1 Коринфаа рахь 10:31).

a Шәахәаԥш аброшиура «Аиашьаратә бзиабара анаҩсгьы иаашәырԥшла» (bw566) аҿы иаагоу арамка «Абзиабара иԥшӡамкәа ахы мҩаԥнагом», адаҟьа 27.

12. Избан аизара аиҳабацәа аҳаҭыри абзиабареи изрыԥсо? (Шәахәаԥш арамка «Анапхгара зхахьы изго аишьцәа шәреиҷаҳала».)

12 Аизара аиҳабацәа аизареи ажәабжьҳәареи рҿы аџьабаа ду рбоит, убри аҟынтә дара аҳаҭыри абзиабареи ирыԥсоуп. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:12, 13.) Ҳәарада, урҭ шәара шәзы иҟарҵо ахә ҳаракны ишәшьоит. Уи аашәырԥшыр шәылшоит шәырзыӡырҩуазар, насгьы ирыдыркыло аӡбарақәа шәрыдгылозар. Дара уи иаԥсоуп, избанзар Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟазҵо реиԥш ишәыхӡыӡаауеит (Ауриацәа рахь 13:7, 17).

АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ АИҶАҲАРА ААШӘЫРԤШЛА

13. Иаҳнарҵар алшозеи Иисус ауаа дшырзыҟаз?

13 Аԥааимбар Исаиа Иисус изкны иҳәеит: «Иара ихжәахьоу акалам ԥиҵәаӡом, иҿыцәаауа ақәнытә фҭил ирцәаӡом» (Исаиа 42:3). Иисус ауаа бзиа ибон аҟынтә дара рахь агәрыцҳашьара ааирԥшуан. Иара еиликаауан згәы каҳаны иҟаз, насгьы «ихжәахьоу акалам» ма «иҿыцәаауа ақәнытә фҭил» иеиԥшыз ауаа рцәаныррақәа, убри аҟынтә дара рахь ақьиареи аиҷаҳареи ааирԥшуан. Ахәыҷқәаҵәҟьагьы иацәажәара ргәаԥхон (Марк 10:14). Ҳәарада, ҳара иҳалшом Иисус иеиԥш ауаа реилкаара ма дырҵара! Аха ҳара иҳалшоит урҭ рахь аиҷаҳара ааҳарԥшлар хаала ҳрацәажәозар, ирзыманшәалоу аамҭа алҳхуазар, насгьы ирацәаны аамҭа рымҳамхуазар.

Иаҳҳәо ажәақәеи урҭ шаҳҳәои ақьиареи аиҷаҳареи рныԥшуазар ауп

14. Избан ауаа ҳашрацәажәо ҳазхәыцлар зҳахәҭоу?

14 Ауаа ҳашрацәажәо. Иахьа игәымбылџьбароу, аҵарҭыша агара бзиа избо акоррупциеи, аполитикеи, адинқәа рнапхгаҩцәеи ирыхҟьаны миллионҩыла ауаа «уаҳа нарылымшо иааԥсаны» иҟоуп (Матфеи 9:36). Убри аҟынтә аӡәырҩы ауаа аӡәымзар-аӡәы игәра ргаӡом, насгьы абзиара ҟалоит ҳәа иақәгәыӷуам. Убри азоуп иаҳҳәо ажәақәеи урҭ шаҳҳәои ақьиареи аиҷаҳареи рныԥшуазар захәҭоу! Аӡәырҩы ауаа ҳажәабжь азыӡырҩра зырҭаху Абиблиа ибзианы иахьаҳдыруа мацара азы акәӡам. Урҭ ирбоит гәык-ԥсыкала дара рахь аинтерес шааҳарԥшуа, насгьы пату шрықәаҳҵо.

15. Ишԥаҳалшо ҳҭыԥ аҟны инхо ауаа ҳашреиҷаҳауа ааҳарԥшыр?

15 Ҳҭыԥ аҿы инхо ауаа рахь аиҷаҳара ааҳарԥшыр шҳалшо азнеишьақәа рацәоуп. Азҵаарақәа анықәҳаргыло, ҳара ақьиареи аҳаҭырқәҵареи ааҳарԥшлар ауп. Иашьак ауаа ахьыԥхашьо аҭыԥ аҿы пионерс амаҵ иуан, убри аҟынтә урҭ имырԥхашьарц азы иара иқәиргыломызт зҭак рзыҟамҵар алшоз азҵаарақәа. Иара иҳәомызт: «Ижәдыруама шәара Анцәа ихьӡ?» ма «Ижәдыруама шәара Анцәа Иаҳра закәу?». Уи аҭыԥан иара иҳәон: «Абиблиа аҟынтә сара еилыскааит Анцәа ахьӡ шимоу. Ишәҭахума уи еилышәкаар?» Ари адгалара зехьынџьара иузыҟаҵом, избанзар еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ауаа еиԥшӡам, насгьы зегьы рхатә культура рымоуп. Аха ҳара ҳҭыԥ аҿы инхо ауаа рахь еснагь ақьиареи апатуқәҵареи ааҳарԥшлар ауп. Убри азы урҭ ибзианы иаҳдыруазар ауп.

16, 17. Ишԥааҳарԥшыр ҳалшо ақьиара ауаа рахь а) ҳаннеиша анаҳаӡбо? б) шаҟа аамҭа ҳрацәажәаша анаҳаӡбо?

16 Ауаа ҳанырҭаауа. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәо ауаа ҳнеира иазыԥшӡам. Убри аҟынтә даара ихадоуп ҳацәажәара анырзыманшәалоу аамҭазы анеира (Матфеи 7:12). Иаҳҳәап, бзиа ирбома ауаа шәҭыԥ аҿы аԥсшьара мшқәа раан ацәара? Ааи акәзар, иҟалап еиӷьзар раԥхьа ажәабжьҳәара амҩаду аҿы шәалагар, мамзаргьы ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, ма уаанӡа шәзацәажәахьаз ауаа ари аамҭазы шәацәажәара ишазхиоу жәдыруазар, урҭ шәырҭаар.

17 Шаҟа аамҭа ҳрацәажәо. Аӡәырҩы ауаа даара еилахоуп, убри аҟынтә ирацәаны аамҭа рымҳамхлароуп. Акыраамҭа ҳрацәажәалар аасҭа иааркьаҿны ҳрацәажәалар еиҳа еиӷьхоит, еиҳараӡак раԥхьатәи ҳаицәажәара аан (1 Коринфаа рахь 9:20—23). Ауаа ирбозар дара шеилахо шеилаҳкаауа, даҽазны ҳацәажәара еиҳа иазхиазаауеит. Ажәабжьҳәараҿы Анцәа идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ааҳарԥшуазар, ииашаҵәҟьаны Анцәа аус ицҳаулоит. Иҟалап аӡәы аҵабырг иеилыркааразы Иегова ихы ҳаирхәаргьы (1 Коринфаа рахь 3:6, 7, 9).

18. Иарбан зылԥхарақәоу ҳзықәгәыӷыр ҳалшо, егьырҭ ҳреиҷаҳауазар?

18 Шәааи иҳалшо зегь ҟаҳҵалап ҳҭаацәареи, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ажәабжьҳәараҿы иаҳԥыло ауааи рахь аиҷаҳара ааҳарԥшларц азы. Ус ҟаҳҵалар уажәгьы, ҳаԥхьаҟагьы ирацәаны азылԥхарақәа ҳамазаауеит. Аԥсалом 41:1, 2 (АдҾ) иануп: «Насыԥ имоуп арыцҳа иеиҷаҳауа; арыцҳара аан Иегова уи дихьчоит. Иегова дихылаԥшлоит, иԥсы еиқәирхоит. Насыԥ змоу ҳәа изырҳәоит уи адгьыл аҿы».

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Ҳара ауаа ҳреиҷаҳауеит: Ҳара урҭ рҭахрақәеи рцәаныррақәеи инарҵауланы ҳрызхәыцуеит, насгьы ақьиара ааҳарԥшуеит. Уи ала иааҳарԥшуеит дара бзиа ишаҳбо, насгьы ҳашреиҷаҳауа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра