Албаага
a Иегова аԥааимбар Захариа угәы зырхыҭхыҭуа абарақәа иирбеит. Урҭ Захариа ихаҭагьы, Анцәа ижәларгьы ргәы шьҭнахит, насгьы ауадаҩрақәа ишрықәшәозгьы ицқьоу амҵахырхәара аиҭашьақәыргылара ирыцхрааит. Захариа иибаз абарақәа, ҳаргьы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы гәыкала Иегова имаҵ аура иҳацхраар рылшоит. Ари астатиаҿы урҭ абарақәа руак еилҳаргоит — алашарбагеи ҩ-хәшаҵлаки ирызку. Иара убас урҭ иаҳдырҵо еилаҳкаауеит.